Sputnik амчыбжь: Бжьаниа ипресс-конференциа, афымцалашара арцәара, COVID-19

© Sputnik / Роберт ДжопуаИнгур ГЭС
Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ахҳәааҟаҵараҿы реиҳа ихадоу ахҭысқәа абҵара 16- 22 рзы.

Ари амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит ҩ-сааҭктәи апресс-конференциа, Апарламент аҿы ирылацәажәеит аенергосистема апроблемақәа, "Амшынеиқәафымцамч" изакәанмыз амаининг фермақәа аҳақәа ирҿыргеит, Амилаҭтә банк агәаларшәагатә монетақәа ҭнажьит.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ҩ-сааҭк апресса рыҿцәажәаразы

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит ҩ-сааҭктәи апресс-конференциа мҩаԥигеит абҵара 17 рзы. Атәыла ахада дрылацәажәеит Владимир Путини иареи реиԥылара, атәылаҿ иҟоу аенергокризис, акриптовалиута амаининг аҿагылара, Аинвестпрограммала ацхыраара.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан аԥыжәара змаз зҵааран Аԥсны ашәарҭадара азҵаара – арратә мчрақәеи атехникеи рҭагылазаашьа.

Бжьаниа Путин изеиҭеиҳәеит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә пункт "Ԥсоу" иҟоу апроблемақәа ртәгьы. Изызхьаԥшыз темахеит агәабзиарахьчара. Бжьаниа иҳәеит ишазааҭгылаз Аԥсны акардиологиатә центр аԥҵара азҵаара. Владимир Путин аидеиа дадгыло иҳәеит иахәҭоу аусбарҭақәа анапынҵа шрыҭахо.

Аенергетика апроблемақәа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы еиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ацхыраара анаҭоит ЕгрыГЕС аҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥысраан ҳәа.

Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ЕгрыГЕС аремонт аан урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса заҟа ҟало атәы иҳәеит

Аусурақәа цонаҵы афымцамч ахәԥса иартәараны иҟоуп миллиардки бжаки рҟынӡа.

Атәыла ахада игәаанагарала аԥсуа енергетика апроблемақәа иахьакәӡам ианцәырҵ. Апроблемақәа иреиуоуп афымцалашара ахә амшәара.

25 шықәса раахыс ауал иартәеит миллиардки 800 миллион мааҭ. 800 миллион мааҭ ауал ҟаҵан 2017 шықәса раахыс. Ахада игәаанагарала уи акриптовалиута аҟаҵара иазхоуп.

Апандемиа аҿагылара

Аԥсны COVID-19 хылаԥшра аҭоуп. Ииасыз амчыбжь азы иӡбан уи иазырхахарц 150 миллион мааҭ Урыстәылатәи ацхыраараҟынтә.

Ашықәс нҵәаанӡа иаахәахоит:

  • Аҳауаҭарсгақәа 10 (15 миллион мааҭ рҟынӡа)
  • арентгендиагностикатә шьақәгылақәа хԥа (15 миллион мааҭ рҟынӡа)
  • ахәшәқәа, ахыхьчагақәа, аныхратә материалқәа (зынӡа 65 миллион мааҭ рыхә)
  • ПЦР-цәаҳәақәа реиқәыршәагақәа (11 миллион мааҭ рыхә)
  • Гәдоуҭатәи COVID-центр аҵәыҵәри рыла аиқәыршәара (16 миллион мааҭ)

Иазыԥхьагәаҭоуп Гагреи Очамчыреи араионқәа рҿы алабораториақәа раартра.

Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла ԥхьаҟагьы ацхыраара шыҟанаҵо. Алаҵаҟаҵара апроцесс Аԥсынгьы аҵанакуеит ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны ААР аматериалтә цхыраара

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аицԥаразоужьраз аиқәшаҳара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы иацлоит 70% рыла, иагьеиӷьтәхоит аусбарҭа аматериал-техникатә еиқәыршәара. Сынтәа мацара иалнаршоит 40 ак автотранспорт ҷыда аахәара.

Алашьцара уаныҵахо

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы. Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ф-сааҭк рҟынтәи ԥшь-сааҭк рҟынӡа иркьаҿуп абҵара 21 инаркны. "Амшынеиқәафымцамч" аҟны ирҳәеит уи шалыршахаз изакәанымкәа ацәаҳәақәа аҽрыдҵара ахьыԥкыз. Иаанкылан 85 оператор, ззеиԥш мычхара 30,95 МВт иҟаз. Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа иаауа иалагаанӡа аамҭа-аамҭалатәи арцәарақәа мҩаԥыслоит. Закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽаԥшьрақәа раарԥшразы акомиссиа аусура ԥхьаҟагьы иацҵахоит.

Ингур ГЭС. - Sputnik Аҧсны
Логәуа: амаинерцәа русура 2021 шықәса лаҵарамзанӡа иԥктәуп

Абҵара 18 рзы Апарламент аҿы аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуеи алархәны аенергетикаҿы иҟоу апроблемақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥыргеит.

Адепутатцәа аенергокризис амаинингтә бизнес иадырҳәалеит. Кристина Озганԥҳа илҳәеит иахьазы амаинерцәа рхы ишадырхәо 100 мегаваттк, изылшо 40 мегаватт ахаҭыԥан.

Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба иажәақәа рыла амаининг хархәагақәа Аԥсныҟа раагара иалагеит 2016 шықәса рзы.

  • Убри ашықәс инаркны 2019 шықәсанӡа арахь иҭагалан 21 218 хархәага.
  • Ажьырныҳәа аахыс 43-нызқь инарзынаԥшуа хархәага
  • Жбҭаарамза 21 инаркны аҳәааҿы ҩнызқь цыра зтәу ирымхуп

Адепутат Батал Табаӷәуа ажәалагала ҟаиҵеит илегалым абизнес мҩаԥызго аҭакԥхықәра рыдҵалатәуп ахархәагақәа рымхра аҟынӡа ҳәа. Апарламент аилатәараҿы "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иазгәеиҭеит амаинерцәа русура 2021 шықәса лаҵарамзанӡа иаанкылатәуп ҳәа.

Аилатәара хыркәшо Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа ажәалагала ҟаиҵеит ақәҵара адкыларазы. Адокумент аус адулахоит.

Убри аан ауаа ирыларҵәан аинформациа аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа амаинингтә ферма лымоуп ҳәа. Абҵара 21 рзы Озганԥҳа Instagram аҿтәи лдаҟьаҿ аҳәамҭа ҟалҵеит.

"Сара исыздырам амаинингтә ферма шсымам агәра шышәсыргаша. Сажәа иаша агәра шәымгозар. Убри азы, шәара исшәырба уи аферма ахьыҟоу, нас еицаҿаҳхып шәаргьы саргьы" ҳәа лыҩуеит лара Instagram аҿы.

Аҳаиртә баӷәаза ахәшьара

Абҵара 18 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура (Росавиациа) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Сторчев.

Президент Абхазии Аслан Бжания принял заместителя руководителя Федерального агентства воздушного транспорта  (Росавиация)  Олега Сторчевого - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа аҳаиртә баӷәаза аусура ахацыркразы Росавиациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ диҿцәажәеит

Аслан Бжьаниа Олег Сторчев иԥылараан иазгәеиҭеит ари атема аҳәынҭқарра еиҳа аԥыжәара знаҭо азҵаарақәа ишыруаку.

Уажәы Росавиациа аделегациа Аԥсныҟа иааит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акапиталтә ремонт аҟаҵареи атехникатә ҭагылазаашьа ашьақәыргылареи рыҭҵааразы.

Аплато ахь анеира

Абҵара 22 рызтәи аҭагылазаашьала, Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 5380-ҩык. Аԥсны акоронавирустә чымазара аплато ахь ицәырҵит иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Ари аҩыза атенденциа 20-мшы иреиҳаны иҟоуп, убри азы иаҳҳәар ҳалшоит акоронавирустә цәаҳәа аҽариашеит, аплато ҳәа изышьҭоу ахь ҳцәырҵит ҳәа. Аԥсны COVID-19 аизҳара ыҟам, аха убри аан зынӡа ачымазцәа рхыԥхьаӡара акыр иагхеит ҳәагьы узыҳәаӡом, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ишаҿугьы иҳәеит Ҵахнакьиа.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иазԥхьагәанаҭеит COVID-19 азы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо

Убри аан акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа ирыцҵахоит абҵара 24 рышьҭахьгьы ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Абаза-ТВ аинтервиу анеиҭоз. Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, ари азы аӡбамҭа аднакылоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб, анаҩс атәыла ахада Аслан Бжьаниа дахәаԥшырц азы идыргалоит.

Амчыбжьтәи арҳәра

Абҵара 18 рзы аҭырқәа хаа-мыхаақәа ахьырҭиуа адәқьан рҳәын. Ахҭыс ҟалеит уахынланы, ақалақь аҿы афымцалашара андырцәа. Идырым џьоукы ашә ԥҽны афонд "Ашана" азы еизгаз, 50 нызқь мааҭ рҟынӡа иҟаз аԥара зҭаԥсаз аԥареизакырҭа ықәганы иргеит.

Амилициа аҟәатәи аҟәшаҿы ирҳәеит Ҭырқәтәылатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан аҿы аҭыԥ змаз аӷьычразы аматериал еизганы аусҭҵааратә ҟәшахьы инашьҭуп ҳәа.

Агәалашәаратә монетақәа

Абҵара 18 рзы агәалашәаратә монетақәа "Аԥсны аԥстәқәа" ҭыжьуп.

Дизаинерс дыҟоуп асахьаҭыхыҩ Тимур Ҟаитан, амонетақәа ҭыжьуп Гознак. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Асериа шьақәгылоуп быжь-монетак рыла.

Амонетақәа рҟны иарбоуп: кавказтәи адомбеи, ахьшьыцба, ардәына еиқәаҵәа, абнацгәы, абӷаџьма уҳәа аԥстәқәа.

Амонетақәа раахәара алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы. Урҭ рыхәԥса макьаназы ишьақәыргылам.

Амчыбжь ацәыӡ

Абҵара 16 рзы аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Ҭеимураз Ачыгәба иԥсҭазаара далҵит. Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәак рыҩнуҵҟа Ҭеимураз Ачыгәба акоронавирустә инфекциа иманы Гәдоуҭатәи агоспиталь дҭан.

Теймураз Ачугба - Sputnik Аҧсны
Сима Дбарԥҳа Ҭеимураз Ачыгәба изы: иҭҵаарадырратә ҩымҭақәа рыла аиаша шьақәиргылон

Ҭеимураз Али-иԥа XIX-XX ашәышықәсақәа рызтәи Аԥсны аетнографиеи аҭоурыхи русхк аҟны иналукааша ҵарауаҩын. Инапы иҵижьхьан аҩымҭа хатәрақәа.

Аҵарауаҩ илшамҭақәа инарылукаауа иҟоуп амонографиа "XIX-XX ашәышықәсақәа раан аԥсуаа ретникатә ҭоурых", Аԥсны аҵакыраҿы аҭыԥ змаз аетникатә еиҭакрақәа зегьы инарҵауланы иаазырԥшуа.

Ҭеимураз Ачыгәба Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә ҵысра далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" (1988–1992) анапхгара далахәылан, раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ифонд аиҳабы дихаҭыԥуаҩын, ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.

Ҭеимураз Ачыгәба – аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик. Иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 рзы, 74 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0