"Амшынеиқәафымцамч" амаининг гәаҭарақәа рзы аматериалқәа Аҳәынҭстандарт ахь инанашьҭуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейды по майнингу
Рейды по майнингу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аекономика аминистр лнапы ианиҵеит азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо административтә нырраз ауснагӡатәқәа зхы иазырхәо аҳәынҭусбарҭақәа русураҿы реинырра еиҿылкаарц.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган "Амшынеиқәафымцамч" анапы ианылҵеит амаининг-фермақәа ргәаҭарақәа рзы аматериалқәа азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо административтә нырраз ауснагӡатәқәа зхы иазырхәарц азин змоу Аҳәынҭстандарт ахь инанашьҭырц. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

Парламент Абхазии ратифицировал Соглашение с Сирией об отмене виз для дипломатов - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Апарламент актәи аԥхьарала аенергетикаҿ аилагарақәа рзы ахара арџьбарара аднакылеит

Аԥсны аекономика аминистрраҿы аилацәажәара мҩаԥган Аиустициа аминистрра, Аԥсны ААР, Аҳәынҭстандарт, "Амшынеиқәафымцамч" рхаҭарнакцәа алархәны.

Иазгәаҭан 2020-шықәсеи 2021 шықәса ажьырныҳәамзази "Амшынеиқәафымцамч" агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла 588 акт шылырҩааз. Аха агәаҭарақәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳан, зегьы рзы актқәа ылҩаамызт.

Аҟазауаа ирҳәеит агәаҭаратә актқәа рыҟамзаара зыхҟьаз амаининг-фермақәа рыԥшәмацәа рышьақәыргылара ахьалымшаз шакәу.

Аекономика аминистр илҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" асанкциақәа ахы ишазмырхәо, уи закәаншьаҭада афымцамчхара ахархәара аҭыԥ шамаз ашьақәырӷәӷәареи аматериалқәа азинхьчаратә усбарҭақәа рахь анашьҭреи мацара шакәу лшарас иамоу.

Аслан Бжания посетил диспетчерскую  Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2021
Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Кристина Озган "Афымцамчхылаԥшра" анапы ианылҵеит аамҭа мгакәа игәаҭоу амаининг-обиектқәа рсиа шьақәнаргыларц, асиа азинхьчаратә усбарҭақәа ирзынанашьҭырц, урҭ оперативтә режимла аобиектқәа рыԥшәмацәа ма абенефициарцәа рхаҭарақәа шьақәдыргыларц.

"Аилак алшарақәа дууп. Урҭ ахархәара рыҭатәуп. Асанкциақәа мҩаԥгалатәуп. Иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгаразы азинмчра маҷымкәа ишәымоуп", - лҳәеит Кристина Озган.

Аԥсны аҳәынҭстандарти Аԥсны АҶАеи русзуҩцәа рнапы ианҵан аенергообиектқәа ршәарҭадара агәаҭара мҩаԥыргарц.

Аминистр иазгәалҭеит закәаншьаҭада афымцамч ахархәара азҭо раарԥшразы апроцесс алахәылацәа зегьы еиныррала русура мҩаԥыргалар шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0