"Аԥсуара еиҳау адыррақәа ыҟам": апрофессор Оздан Аҩӡԥҳа лҭоурых

© Foto / из личного архива семьи Оздан АвидзбаОздан Авидзба
Оздан Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Анапаҵаҩра
Аӡыхь еиԥш ицқьаз ҳхатәы бызшәа ҳзырҳаз, ҳҭоурых ҳагәылазырԥшыз, ҳаԥсуара иаҵоу адоуҳамч атәы ҳазҳәаз аҭаҳмадацәа рыбзоурала, ҳгәаҵаҿы иит ҳаԥсадгьыл ахь ҵҩа змам абзиабара.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа хыԥхьаӡарала 500 нызқь-ҩык иреиҳауп рҳәоит. Угәы иаамыхәарц залшом урҭ рыбжьара, Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра аргылареи аҿиареи аус аҟны злагала ӷәӷәоу аԥсуаа ахьыҟоу. Хаҭала сара срабадырхьеит аполитикаҿы, аҵарадырраҿы, акультураҿы, аспортаҿы, аргылараҿы, абизнесаҿы уҳәа аихьӡарақәа змоу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа. Лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп Сақариатәи ауниверситет апрофессор Оздан Аҩӡԥҳа.
© Foto / из личного архива семьи Оздан АвидзбаОздан Аҩӡԥҳа лҭаацәеи лареи
Оздан Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Оздан Аҩӡԥҳа лҭаацәеи лареи
Оздан Фарықә-иԥҳа Аҩӡба диит Германиа, Лангенфельд ақалақь аҟны. Лаби лан Леила Аргәынԥҳаи ирааӡеит хәҩык ахшара, аԥеи ԥшьҩык аԥҳацәеи.
Оздан Аҩӡԥҳа қәҿиарала абжьаратә школ даналга, дҭалоит Киольнтәи ауниверситет асоциал-педагогикатә факультет. Анаҩс далгоит амагистратура, илыхьчоит адоктортә диссертациа. Аамҭақәак рзы аусқәа луан Киольн ауниверситет аҿы рҵаҩыс, аҭаацәа рыхьчара аминистрраҟны аспециалистс.
Оздан аҩнра данца, лыԥшәма Али-Ихсан Сергьегьиа (Ҷықьиԥа) дицны Ҭырқәтәылаҟа дааит. 2000 шықәса раахыс уа дынхоит. Сақариатәи ауниверситетқәа руак аҟны астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьоит. Аԥснынтәи уаҟа аҵара зҵоз астудентцәа гәыԥҩыкгьы лекторс дрыман. Дравторуп аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы.
Сельчук Сымсым  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Арепатриациа
"Аԥсны аҭоурых змырӡуа": Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи
Оздан лыжәла аҭоурых далацәажәо илҳәеит иахьа Германиа ишынхо Аҩӡаа рабиԥарақәа жәохә. Дара зегьы аибабара шрыбжьоу, иара убас рхатәы бызшәа еиқәырханы ишрымоу. Оздан лхаҭа аҷҷаҳәа аԥсышәала дцәажәоит. Германиа еицырдыруаз, ҳаҭыр зқәыз чынуаҩын Оздан лаб иашьеиҳабы Чеҭин, уи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны консулс дыҟан.
Амҳаџьырра аан, Оздан Аҩӡԥҳа лабду иабду Шәлимани, иашьа Ҳалии, раб иашьа Ҳаџьамыҟәеи, уи иԥацәа Маҭамеи, Салмаҟи еиманы Ҭырқәтәыла Синоп иӡхыҵит. Аашықәса Барҭын ақалақь иҟан, устәи Диузџье иааны, аԥсуаа Гәыма ҳәа изышьҭаз ақыҭаҿы рыуаажәлар рыгәҭа инхеит. Уаантәи 1967 шықәсазы Оздан лҭаацәа Германиаҟа ицеит. Ԥсабарала Гәыма ақыҭа еиԥшыз аҭыԥ нхарҭас иалырхит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, аԥсуа быргцәа рансамбль "Нарҭаа" агострольқәа рыманы Германиа ианыҟаз, аколлектив иалаз еихшаны ҳџьынџьуаа ирыдыркылеит. Аԥснытәи асасцәа ахьымҩахыҵыз еиуахеит Оздан лаб иҩнаҭагьы.
"Ҳара ҳаҩны аԥсуа быргцәа ҩымчыбжь иаҳҭан. Уи гәырӷьара духеит ҳҭаацәаразы. Аӡыхь еиԥш ицқьаз ҳхатәы бызшәа ҳзырҳаз, ҳҭоурых ҳагәылазырԥшыз, ҳаԥсуара иаҵоу адоуҳамч атәы ҳазҳәаз аҭаҳмадацәа рыбзоурала ҳгәаҵаҿы иит ҳаԥсадгьыл ахь ҵҩа змам абзиабара, ҳгәы рзыблит ҳауаажәлар", - ҳәа азгәалҭоит Оздан.
Оздан Аҩӡԥҳа ҩыџьа ахшара дрануп, лԥа Баҳаџьани лыԥҳа Бериеи. Лыԥшәма Али-Ихсан Сергьегьиа (Ҷықьиԥа) абизнес инапы алакыуп. Иашьцәеи иареи Адаԥазар ақалақь аихатәы ашәқәеи аԥенџьырқәеи ахьыҟарҵо афабрикақәа рымоуп. Али-Ихсан аԥсуаа раӷьырак ахьынхо, ҳџьынџьуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ақыҭа датәуп.  Ақалақь аҟны аԥсуара аиқәырхара уадаҩуп ҳәа иԥхьаӡаны иара иаб иҩны инацәыхарамкәа аҩнҿыц ргыланы анхара далагеит.
"Ҳара Сақариа ақалақь аҟны ҳанхон акыршықәса, аха ақыҭагьы ҳадҳәалан. Ишыжәдыруа еиԥш атәым дгьыл аҟны ахатәы бызшәеи аҵаси реиқәырхара уадаҩуп. Ахәыҷқәа аԥсшәа рҵарц, насгьы ҳқьабызқәа рылаҳааӡарц ӡбаны ақыҭахь нхара ҳааит. Аиаша шәасҳәап ахәыҷқәа абасцәҟьа еигәырӷьоит ҳәа сыҟамызт. Калдахәара аԥсуа Дернеқь иаҭаауа иалагеит, ачарақәа раан амаҵ руеит, ацәгьеи абзиеи рҿы рыуаажәлар ирылагылоуп", -ҳәа лгәы еизҳауа ақыҭа ԥсҭазаара далацәажәоит Оздан.
© Foto / из личного архива семьи Оздан АвидзбаОздан Аҩӡԥҳа
Оздан Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Оздан Аҩӡԥҳа
Оздан лыгәҭакқәа ансыцеиҩылшоз иазгәалҭеит, анаҩстәи лыҭҵаарадырратә усумҭазы Аԥсны дааны ажәытә ргыларақәа рыҭҵаара шылгәиҭоу.
"Апандемиа шаанҵәалак сгәы иҭоуп Аԥсны сцаны ажәытә ргыларақәа – аҩнқәа рыҭҵааразы аекспедициа амҩаԥгара. Еидыскыло аматериал хаз шәҟәны аҭыжьрагьы сазхәыцхьеит", - лҳәеит лара.
Апрофессор Оздан Аҩӡԥҳа иахьа Сақариа лыӡбахә ззымдыруа дыҟам. Аха лара илымоу аҵара ду аԥхьа аԥсуара лыргылоит, уи еиҳау адыррақәа ыҟам ҳәа иԥхьаӡаны. Аинаала, аамсҭашәа, зыԥшра зсахьа ухнахуа аԥсуа  ԥҳәыс ҟәыш лыгәҭаккәа нагӡахааит. Акзаҵәык сгәы еихьызшьуа, Оздан, ара Аԥсны дахьҳалагылам ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0