Аиааира амши азакәандареи: амилициааи, адепутатцәеи, аветеранцәеи реимак иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукВечерняя набережная Сухума
Вечерняя набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 ауха Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахысра инамаданы амилициааи, аибашьра аветеранцәеи, адепутати реидысларазы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аиааира амш азгәаҭара ҩымчыбжьаҟа шагыз, Sputnik Аԥсны аҿы изҩит Гагратәи амилициа ахаҭарнакцәа Санкт-Петербургынтәи ҳтәыла иаҭааз аԥсшьаҩы Артиом Русских иганахь иаадырԥшыз ахамакәачра иазкыз анҵамҭа. Аусҭҵаара нап аркуп аԥсшьаҩы иганахь анапышьҭыхреи абџьар ахархәареи аҭыԥ ахьамаз иахҟьаны.
Машина ДПС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Амилициа аиубилеи аламҭалазтәи ахҭысқәа…
Рацәак аԥшыха ҳмоукәа, ҳмилициеи аԥсуа ветеранцәеи адепутати реидыслара иазкыз аҭыӡшәа ааҿиеит. Аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, исҳәарц сҭахуп абџьар ишакәым ахархәара сшадгылаҩым аазырԥшуа анҵамҭақәа акырынтә ишыҟасҵахьоу. Аибашьра аветеранцәа рҭаацәарақәа ҳрыҵаркуеит сыԥшәмеи сареи, аха 1993 ш. Аиааира анаҳга анаҩс, сыҩны абџьар ахәыҷқәа иахьырбо икҿагыламызт, уи адагьы, шықәс ҿыцума, Аиааира амш аума, исымбацт схәыҷқәа раб аҟәҟәаҳәа дхысуа.
Аҭынч ԥсҭазаараҿы ауаҩы икьарахә идҳәаланы амҩаду данану, мамзаргьы ақьафурҭақәа рахь даннеиуа, "апонт" ҳәа изышьҭоу акәны сахәаԥшуеит. Ҳазҭагылоу аамҭазы аныҳәақәа раан ахысрақәа еиҳа имаҷхеит, аха ус акәзаргьы, ана-ара ахысбыжьқәа гоит аныҳәақәа раамҭазы. 
Сынтәа ҳаԥылон Аиааира 28 шықәса ахыҵра. Есышықәсеиԥш, сынтәагьы амедицина-санитартә баталион иалахәу аҭыԥҳацәа Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҿы ҳаиқәшәеит. Ҳахәылԥаз ахацәа-аветеранцәа аналахәу ыҟоуп, аха урҭ егьа рқьаф ыҟазаргьы, знымзар-зны ихысуа исымбац. Амедиаҳәшьцәа ҳаизараҿы арыжәтә мыцхәы аӡәгьы ихы иаирхәом, амала алахҿыхра ацуп. Абас иаҳхаагоит еснагь аныҳәа. 
Аиааира амш адырҩаҽны шаанӡа, асоциалтә даҟьа Facebook ахархәаҩцәа-анонимцәа ицәырыргеит ажәабжь амилициааи аветеранцәеи Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы еидыслеит ҳәа. Аофициалтә информациа акәзар, уи цәырҵит феисбукаа ари азҵаара ахҳәаақәа нароуны ианарҭа ашьҭахь. Усоуп еснагь, раԥхьа аинформациа анонимцәа ицәырыргоит, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра уи ашьҭра инхыланы аҳәамҭа ҟарҵоит. Сызлацәажәо азҵаатәы аԥсуа политикцәа ракәзаргьы, ишьҭԥаа иргахьеит Аԥсны аиҳабыра кәанызануанаҵы. 
Ақырҭуа гвардеец Даҭо Кәарацхьелиа иныҳәаҿа ааигәа иахьныркылоз аԥсуа қыҭа Аӡҩыбжьа аветеранцәа Аиааира амш азгәарҭарц Аҟәа иҟан. Дара дрыцын рдепутат Гарри Кокаиа. Ишыжәдыруа еиԥш, аҵыхәтәантәи аамҭазы иара иоппозициатәу адепутатцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Абџьар аныҟәгара азин змаз адепутат иабџьар хысит Аиааира аҳаҭыраз (иахьанӡагьы исзеилкааӡом иара иакәу, ицыз ракәу ихысыз). Ус акәзаргьы, азакәанқәа аԥызҵо, иара абџьар ахархәаразы аԥҟарақәа зыҩуа ирхаҭарнаку адепутат азин шыҟамгьы иабџьар ҭҟьеит. 
Аӡәы иҳәашт, иамоузеи ҳәа, ихысуа маҷҩума ҳәа. Избан азакәан иқәныҟәараны иҟоу ауаҩы абџьар ас ихы изаирхәо? Иаҳирбозеи уи ала иара ҿырԥштәыс? Закәанла дыхьчоуп, уилакьысыр ҟалаӡом азы ишиҭаху дныҟәар ауама? Абас зҵаара шәкы цәырҵуеит. Абри азакәанеилагара амшын аԥшаҳәаҿы иаднагалеит амилициа ахаҭарнакцәа, хаҭала Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҩызцәеи иареи. Абраҟагьы, иахьа иҳамоу аинформациа ала анапышьҭыхра амҩала ицеит аус. 
Иахьазы, Аӡҩыбжьа ақыҭа аилазаара иҟарҵаз аҳәамҭа ишаанарԥшуа ала, аибашьра аветеранцәеи адепутати гәымбылџьбарыла ааха ӷәӷәа рыҭоуп амилициа рганахьала. Аԥсуа милициа, иара ишаҟазшьоу еиԥш, анапы шьҭнахт азакәан ишақәнагоу ақәныҟәара аҭыԥан.
Жьҭаара 1 азы имҩаԥысыз изаамҭанытәим Жәлар Реизара ари аус азы акгьы азымыӡбеит. Ус акәзаргьы, Апарламент акәша-мыкәша имҩаԥысуаз ахҭысқәа урыхәаԥшыр, иумбарц залшом аоппозициатә мчқәа ари аус акыр зҿлымҳара шарҭаз. Дарбан оппозиционеру ари аҩыза азҵаатәы заҩзыжьуа?! Аҳәамҭа ҟанаҵахьеит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ашәахьа Апарламент аԥхьа ажәлар еизарц. Апрокуратура акәзар, еснагь иҳаҳауа "аусҭҵаара нап аркуп" аҳәеит. Аветеранцәа рӷьырак злахәу апартиа "Амцахара" акәзар, макьана аҳәамҭа ҟанамҵаӡацт, абжьы аргом, изыдгылоу амчра агәы иалсыр ҳәа ишәозар акәхап...
Пресс-конференция ветеранов ОВНА в связи с инцидентом 30 сентября 2021 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ауаа амитинг ахь ицәырҵырц 
Абар ҳала ишабо даҽа кризиск ҳаԥхьа иаацәырҵит. Аӡҩыбжьаа ирҭахуп, хымԥада, иагьырӡом аветеранцәа ааха рызҭаз амилициа аусзуҩцәа аминистр аԥхьа дыргыланы русура иамырхырц (ма русура ааныркыларц). Аминистр Дбар иакәзар, телехәаԥшрала иқәгылараҿы ахара ихахьы иганы акгьы имҳәеит, амала аветеранцәа ацхыраара риҭарц дшазыхиоу азгәеиҭеит. Ари аҳәамҭа зынӡа ишыргәамԥхаз ҳдырдырит Аӡҩыбжьа ахаҭарнакцәа АРСМИРА ирымаз ақәгылараҿы.
Шәахәаԥш, адепутат еилеигаз азакәан закәанла аӡбара аҭыԥан, напышьҭыхрала ахы шархаз. Аӡҩыбжьаа АРСМИРА иҟарҵаз аҳәамҭа ишаҳнарбо ала, амилициа аусзуҩцәа аветеранцәа еилараан Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы иааныжьны ицеит. Абраҟоуп иахьыҵәаху амилициа апрофессионализм ззырҳәо ишацәыхароу аазырԥшуа ахҭыс. 
Амилициаа ҳара ҳзакәан инақәыршәаны ируалуп ауаатәыҩса рыхьчара, ргәабзиарагьы надкыланы.
Аамҭа цоит, апрокуратура уажәнатә имԥшыкәа амитингқәа рышьаҭа рҳаанӡа абжьы аргар цәгьамызт, аха, аӡҩыбжьаа ишырҳәо ала, дара макьана аӡәгьы рҿахәы рҿыимхыцт. 
Иахьа феисбуктәи идаҟьаҿы аҳәамҭа цәыригеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахада Руслан Ҳашыг. Иара ишазгәеиҭо ала, мҩас иҟоу - азакәан ауп, аминистри уи аидыслара иалахәыз егьырҭи русура аанкылара, иара убас, ахҭыс иалахәыз адепутат иус иахәаԥшырц азы, дзыхьчо аԥҟара аамҭала ихыхзарц. 
Адепутат анысҳәа, абарҭ ахҭысқәа инарываргыланы, иҳауит аинформациа Жәлар Реизара адепуат Алмасхан Арӡынба жьҭаара 1 ауха Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашҭаҿы 20-нтә раҟара аҟәҟәаҳәа дынхысын, имашьына длақәтәаны дышьҭхысаа дцеит ҳәа. Шәазхәыц, абри аҩыза ахархьуаҩ иԥа иҟаиҵар изыруа?! Ахьышәҭҳәа дҳәынҷаны ддырбаандаҩуеит. Аха адепутат иҟаиҵалакгьы ҟамлои?! Ажәлар ирбоит азакәан зехьынџьара еиԥшны ахархәара шамам, ҳара ҳзыхьчо ҳәа иаҳаԥхьаӡо амилициеи адепутатцәеи рхаҭа ԥҟарада аҟазаара рҭахуп. 
Иахьа шьыбжьышьҭахьынӡа, ахада иоума, аԥыза-министр иоума абарҭ ахҭысқәа рзы аӡәгьы ибжьы имыргацызт, атәыла ахада иакәзар, усуратә визитла Урыстәылаҟа дцаны дыҟан жьҭаара 1 аахыс. Аха иахьа Аԥсныҟа дхынҳәын аилатәара мҩаԥигеит. Аминистр Дбар иакәзар, ахада иахь аҳәара ҟаиҵеит, аус ҭырҵаауанаҵы иусура аанкылазарц. Бжьаниа уи дақәшаҳаҭхеит. Дбар агәыӷра ааирԥшит аидыслара иалахәыз адепутатцәагьы абри амҩа ылырхып ҳәа. 
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәарала аамҭала дамхуп ахысразы ашьаусҭҵаара цонаҵы
Ашәахьаҽны Жәлар Реизараҿы еиҭахәаԥшраны иҟоуп Аӡҩыбжьа ақыҭа аилазаара рышәҟәы. Иахьазы аҳәара уадаҩуп ахҭысқәа шыҟалаша, аха амитинг мҩахьы амышьҭра амчра ахаҭа анапы иануп. Аслан Бжьаниа адҵа ҟаицеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыкәша-мыкәша ашәарҭадара ахылаԥшра ҷыда аиурц азы. 
Сыҩтәы саналагоз, баша исымҳәеит ақырҭуа гвардеец Даҭо Кәарацхьелиа иӡбахә. Усҟан уи иныҳәаҿа аанкыло, апарк ихьӡ ахҵара игәы шазыҳәо зҳәаз аусдкылаҩ Акәын Қәраа ақыҭа аветеранцәа "уиашам, ус умҳәар акәын" рызиамҳәеит. Аԥара ахьыҟоу аиаша ҿнаҭӡом рымҳәои. Сгәанала, абри иҟалаз ахҭыс бумерангҵас аветеранцәа ирзыгьежьит, иазнархәыцыр.
Ҳазлацәажәоз ахҭыс акәзар, азакәан ишаҳәо ианымҩаԥымс, ҽаҩраҭагалантәи ареволиуциатә хыԥша дәықәлар алшоит. Ареволиуциа ҳара иаҳмыхәо усуп, аҭоурых ишаҳнарбо ала…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0