Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Ашьа узжьом": апрофессор Бераҭ Аӡынԥҳа лҭоурых

© Foto / Саида ЖибаБераҭ Аӡынп,ҳаи лан Ҭулаи Шәмыҭп,ҳаи
Бераҭ Аӡынп,ҳаи лан Ҭулаи Шәмыҭп,ҳаи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ, Сҭампыл ақалақь, Мармаратәи ауниверситет апрофессор Бераҭ Иашьар-иԥҳа Аӡынԥҳа еиҭалҳәеит даныхәыҷыз инаркны Аԥсныҟа аара дшазгәышьуаз, аха уи агәҭыха аибашьра ишарлашьцаз.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Бераҭ хышықәса анылхыҵуаз инаркны лаб Иашьар Аӡынбеи лан аубых ҭыԥҳа Ҭулаи Шәмыҭԥҳаи лассы-лассы дрыманы ицалон аԥсуаа ахьеизалоз, чароума, ԥсроума, еизароума уҳәа рахь. Дара рыԥҳазаҵә илыларааӡон лџьынџьдгьыли лыуаажәлари рахь абзиабара, илдырҵон аҵас иаҵанакуаз акәамаҵамақәа.
Сертап Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
"Сашьцәа сеимаркуан": ҳџьынџьуаҩ Серҭаԥ Ажьиба Аԥсныҟа дшааз иазкны
Бераҭ лаб Иашьар Ҳасан-иԥа Аӡынба иӡбахә Ҭырқәтәылеи Аԥсни измаҳахьадаз. 1969-1973 шықәсқәа рзы иара Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатс дыҟан. Дыруаӡәкын раԥхьаӡакәны Кавказ Ахеидкылақәа рышьақәыргылареи ауаажәлар реизааигәатәреи аус иазааԥсаз.
"Аԥҳа лзы иԥхашьаразаргьы ҟалап аб ирҽхәара, аха исымҳәаргьы сгәы иауам иааԥсара шыӷәӷәоу атәы. Кавказ Адернеқьқәа реиҿкаареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи усҟантәи аамҭазы зегьы ирылшомызт. Иара игәра ргеит, иҳәатәы иацныҟәеит. Адернеқьқәа "аҩбатәи ҳаҩны" ҳәа азырҳәо иалагеит аӡәырҩы. Хаҭала сара сзы ныҳәак иаҩсуан сҭаацәа уахь саныргоз. Уаҟоуп иахьысҵаз ԥсыуаҵас акәашара, иахьеизсырҳаз схатәы бызшәа, иахьҿыхаз сыԥсадгьыл гәакьахь ҵҩа змам абзиабара, иахьииз агәахәтәы Аԥсныҟа ацаразы", - илгәалашәоит Бераҭ.
© Foto / Саида ЖибаБераҭ лҭаацәеи лареи
Бераҭ лҭаацәеи лареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бераҭ лҭаацәеи лареи
Иашьар Аӡынба еиуеиԥшым амаҵура дуқәа ныҟәигон аҟнытә, аамҭала иҭаацәеи иареи Анкара инхон, иԥҳа уаҟа абжьаратә школ далгоит. Анаҩс Бераҭ дҭалоит Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак, араԥ бызшәеи алитературеи рфакультет. Уи ашьҭахь, ҩаԥхьа Сҭампыл Мармаратәи ауниверситет захьӡу аҿы аекономисти азиндырҩи рзанааҭқәа лоуеит.
© Foto / Саида ЖибаБераҭ Аӡынп,ҳа
Бераҭ Аӡынп,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бераҭ Аӡынп,ҳа
Иахьа Бераҭ ари аҵараиурҭаҟны дыпрофессоруп, дрыԥхьоит алекциақәа. Дравторуп иакымкәа аекономиказы ацхыраагӡатә шәҟәқәа. Бераҭ лусумҭақәа раӷьырак рыла астудентцәа аҵара ддырҵоит. Лоушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы имаҷҩым аԥсуаагьы.
Зелиха Ажиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
"Ҳабжьы ақәҳаргеит": ҳџьынџьуаҩ Зелиҳа Ажьиԥҳа аибашьраан Аԥсныҟа дшааз иазкны
"Сара срызгәдууп ҳҵараиурҭаҟны азанааҭқәа зауа аҿар. Аха сыуаажәлар ирхаҭарнакцәоу акалашәа среигәырӷьоит. Дара рааӡареи рхымҩаԥгашьеи рыла рҩызцәа ираԥыргоит, уи угәы амырԥхарц залшом", - инаҵылшьит Бераҭ.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1993 шықәсазы активла ажәлар раӡәкра иашьҭаз Ҳақы Ажьиба ицны иааит уахи-ҽни зыԥсадгьыл хәыцырҭас измаз Бераҭ лҭаацәеи лареи. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Аҟәа аӷа инапаҵаҟа иҟан аҟнытә, Гагреи Гәдоуҭеи заҵәык роуп иахьаҭааз.
"Саныхәыҷыз аахыижьҭеи знык Аԥсны сцандаз ҳәа схәыцуан, аха схахьгьы исзаагомызт сыԥсадгьыл арыцҳара ишҭагылоу збоит ҳәа. Усҟан сгәы абжа ԥсит, аамҭак ашьҭахь ҳашҵәыуоз Ҭырқәтәылаҟа ҳхынҳәит, аха есыуаха Аԥсны сеиԥхыӡуан. Зны ауаа ҿаԥхаҿаччо избон, зны - илаӷырӡашо. Ари ахьаа аибашьра анеилга ауп маҷк саноунажь", - еиҭалҳәоит лара.
© Foto / Саида ЖибаБераҭ Аӡынп,ҳаи лан Ҭулаи Шәмыҭп,ҳаи
Бераҭ Аӡынп,ҳаи лан Ҭулаи Шәмыҭп,ҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бераҭ Аӡынп,ҳаи лан Ҭулаи Шәмыҭп,ҳаи
Бераҭ Аӡынԥҳа иахьа Сҭампыл имҩаԥысуа аԥсуа еизарақәа раӷьырак лхы рылалырхәуеит. Ианааидтәало атәым дгьыл аҟны аԥсуара шеиқәдырхаша, абызшәа шыдмырӡша, Аԥсны иахәаратәы иҟарҵаша аусқәа ирылацәажәоит.
Оздан Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
"Аԥсуара еиҳау адыррақәа ыҟам": апрофессор Оздан Аҩӡԥҳа лҭоурых
"Анцәа сиҳәоит алшара сиҭарц ишысҭаху еиԥш Аԥсны аимдара, сашьцәа рыԥшаара. Саб игәы абжа ахьыҟаз, саргьы доуҳатә мчык уахь исыхоит. Зегь акоуп ашьа кшоит, уи узжьом", - ҳәа нацылҵеит ҳџьынџьуаҩ.
Бераҭ Аӡынԥҳа иазгәалҭеит дшазыхиоу илымоу адыррақәа рыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ацхраара.
© Foto / Саида ЖибаБераҭ Аӡынп,ҳа
Бераҭ Аӡынп,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бераҭ Аӡынп,ҳа
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аԥсны аҭоурых змырӡуа": Сельчук Сымсым иҟазаратә нысымҩеи иабшьҭра аҭоурыхи
"Сабдуцәа рышьҭа сыхгылеит": абла ҳақьым Зеқьи Лацәышба иҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0