Аслан Бжьаниа акассатә техника ахархәаразы азакәан инапы аҵеиҩит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота Пенсионного фонда РФ в Чите
Работа Пенсионного фонда РФ в Чите - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Анапаҵаҩра
"Аԥсны ахәшәарақәа раан агәаҭара-кассатә техника ахархәаразы" азакәан амчра аиуеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Ареспублика иахьаҵанакуа агәаҭара-кассатә система ақәыргыларазы аусурақәа хыркәшахароуп 2024 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Аԥсны ахәшәарақәа раан агәаҭара-кассатә техника ахархәаразы" азакәан инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аԥсны Апарламент аҿы ахԥатәи аԥхьарала "Аԥсны ахәшәарақәа раан агәаҭара-кассатә техника ахархәаразы" азакәан рыдыркылеит цәыббра 29 азы. Амчра аиуеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Аԥсны Апарламент аҿы ахԥатәи аԥхьарала акассатә техника ахархәаразы азакәан рыдыркылеит
Аилыркаагатә документ инақәыршәаны аусбарҭа иаиуеит алшара Аԥсны имҩаԥысуа атранзакциақәа зегьы онлаинла рхылаԥшра. Уи ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы ихәарҭоуп, иагьрыгнархоит ашәахтә гәаҭарақәа рхыԥхьаӡара. Азакәан ишазԥхьагәанаҭо акоммерциатә банкқәа рҟны амашьынақәа рышьақәыргылара, уи иабзоураны абиуџьет аԥара алазгало ауаа рыблала ирбоит рԥара абиуџьет ахь ицоу имцоу.
Апроект иара убасгьа иаҷыдоуп иараҿы иазыԥхьагәаҭо анормақәа акредиттә еиҿкаарақәагьы ахьаҵанакуа.
Акредиттә еиҿкаарақәа рҿы агәаҭара-кассатә система ақәыргылареи ахархәареи аԥарашәаҩцәа аоперациа шымҩаԥго азы QR-код асканерҟаҵарала агәрагара рнаҭоит, ашәахтә усбарҭақәа ракәзар, абиуџьет иалагалатәу аԥарақәа реикәыршара днарбоит.
Иара убасгьы ККТ-система алагаларала атранзакциақәа рзы онлаин информациа ҟарҵалоит, абиуџьет алагалақәа рзы аманиторинг амҩаԥгара еиҳау аҩаӡарахь ихаргалоит.
Ахылаԥшра-кассатә техника рхы иадырхәаралоуп Аԥсны аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи, Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәз, уи аҟынтә зхы иақәиҭтәызарц алзыршо аиқәыԥхьаӡа иаҵанакуа рыда.
Ажәабжьқәа зегьы
0