Sputnik амчыбжь: ахада игәаҭаратә ныҟәара, аветеранцәа зықәшаҳаҭым, атурсезон аихшьаала

© Sputnik / Асмат ЦвижбаАслан Бжания проинспектировал объекты энергетики, ремонтируемые по Инвестпрограмме
Аслан Бжания проинспектировал объекты энергетики, ремонтируемые по Инвестпрограмме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿы жьҭаара 18-24 рзы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳ́әаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва иҟазаара аихшьаалақәа ҟаиҵеит, Аинвестпрограммала аргыларақәа ргәаҭара мҩаԥигеит. Иара убасгьы ииасыз амчыбжь азы Аӡҩыбжьатәи аветеранцәа ахада дҵаны изықәдыргылеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр дамимхыр ҿҳәарада аҿагыларатә акциа шыҟарҵо азы адырра иҭаны. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аматериалқәа рҿы.
Sputnik

Аҩныҟа ахынҳәра ашьҭахь

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь аихшьаалақәа ҟаиҵеит. Ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥигаз аиԥыларақәеи урҭ рылҵшәақәеи ртәы.
Ахада Москваҟа иныҟәара изҵаара хаданы иҟан 2025 шықәсанӡатәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма ҿыци уажәы имҩаԥысуеи аицәажәарақәа. Бжьаниа иажәақәа рыла 2025 шықәсазы Аԥсны ибжьаратәу аулафахәы Краснодартәи атәылаҿацәтә улафахәы – 40 000 мааҭ, иаҟарахоит.
Хара имгакәа Аԥсни Аԥсны газла аиқәыршәараз апроекттә институти рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхараны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
"Аԥсны аҳаиртә еимадара ахацыркра азҵаарақәа рганахь ала иҳәаақәҵан апроект анагӡара аԥҟареи асхемеи. Иара иазԥхьагәанаҭоит анорматив-зинтә ҭышәныртәалара, апроект-сметатә документациа аус адулара, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа анапрыҵаҩра. "Абаӷәаза ареконструкциа апроект азырхиахоит 2022 шықәсазы", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны аусеицура азҵаарақәа, Аԥсны ар рмодернизациаз аныхрақәагьы абрахь иналаҵаны.

Ахада игәаҭаратә ныҟәара

Иаҳхысыз амчыбжь азын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвистициатә программала, Гагре Гәдоуҭеи араионқәа рыҟны зеиҭашьақәыргылара иаҿу ахыбрақәа дырҭааны игәеиҭоит.
Урҭ рыбжьара иҟоуп ареспубликаҿы еиҳа идуу астанциа маҷқәа иреиуоу "Бзыԥ-220". Уа иқәыргылоуп атрансформатор ҿыц, абҵарамзазы аҽакгьы ықәыргылахоит. Аиҭашьақәыргыларатә план иаҵанакуеит астанциа маҷқәа зегьы, 250 мегаватт еиҳау. Иахьазы амчхара 80-90 мегаватт амоуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит 2022 шықәса анҵәамҭаз. Астанциа маҷ зегьы аиҭашьақәыргылара 540 миллион мааҭ иаԥсахоит. Уажәазы аҳарџь абжа ахархәара аҭоуп
Ахада иара убасгьы даҭааит авольтҳарак цәаҳәа "Ԥсоу". Ара ааигәа иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны афымцацәаҳәатә шьаҟақәа хәба ааха роуит, урҭ ԥсахын.
Аслан Бжьаниа даҭааит зымчхара 16 мегаватт иҟоу астанциа маҷ "Гьечрыԥшь". Ари афымцатә станциа маҷ акриптовалиута арҳаразы атехнопарк амаҵ азнаулоит ҳәа азгәаҭоуп. Ахада инапынҵала урыстәылатәи аган ахь ажәалагалақәа азырхиан. Аекономика аминистр Озган лажәақәа рыла аобиект ауааԥсыра ирԥырхагамкәа автономнтә лашараиуразы аҩбатәи ахәҭа аусура иаларгахоит.
 Подстанция Бзып-220 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Аслан Бжьаниа амаинерцәа фымцалашарала еиқәзыршәар зылшо астанциа маҷ даҭааит
Аслан Бжьаниа даҭааит Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зеиҭашьақәырылара иаҿу Ольденбург ипарк. Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еиҭеиҳәеит апарк аҵакыраҿы аиҭашьақәырыларатә усурақәа шцо. Иахьазы ашьаҟақәа ықәыргылоуп, иазгәаҭоуп ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара. Иара убас, афымцацәаҳәақәа ԥсахуп, арлашагақәа ықәыргылоуп, амшын иахьаԥну амҩақәа рчаԥараны иҟоуп.
Бжьаниа игәеиҭеит Гагра, Адыгаа рымҩаҟны аӡымҩангага шышьҭарҵо. 900 метра иҟоу аӡымҩангага 100 ҭаацәарак ӡыла реиқәыршәара алшо иҟалоит.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿтәи аимак хҽуам

Апарламент адепутат Гарри Кокаиа, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аветеранцәа алахәны цәыббра 30 азы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс ацәажәара ду ахылҿиааит.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат ажәҩанахь данхыс ашьҭахь.Иара убри ауыха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины ахысра мҩаԥигеит.
Ветераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Аибашьра аветеранцәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәара ицара дҵаны иқәдыргылоит
Жьҭаара 11 азы апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы иқәгылараан иҳәеит ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра. Иара убри аҽны Аӡҩыбжьа ақыҭауаа еизаны амитинг мҩаԥыргеит, атәыла анапхгарахь аделегациа нарышьҭит Дбар имаҵура дамхзарц.
Жьҭаара 12 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа мҩақәнаҵеит Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿ ашьаус-харадҵара аҭыԥ амоу иамаму ашьақәыргыларазы.
Жьҭаара 18 азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбратә коллегиа Апрокурор хада Адгәыр Агрба инашьҭымҭа аднакылеит. Апрокуратура хада адыррақәа рыла цәыббра 30 ауыха Гарри Кокаиа иумҭа ахәҭаҷқәа ҩба – абжьахрақәеи амчра ахаҭарнакцәа ахьымӡӷ дыргареи ирыҵаркуеит. Адепутат Алмасхан Арӡынба иумҭа – Аԥсны ААР аҿаԥхьа 20 - нтә ахысра - абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Аԥшьаша жьҭаара 21 азы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеидкылатә еиҿкаара АРСМИРА аҟны имҩаԥыргаз абрифинг аҟны ирҳәеит аҿагыларатә акциа амҩаԥгара ргәы ишҭоу. Абрифинг иалахәын аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Зураб Кокаиеи Дмитри Абыхәбеи, иара убас Жәлар реизара адепутат Гиви Кәарҷиеи.
Дара дҵаны иқәдыргылеит иаарласны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц.

Аруаа рҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны хымштәи Жәларбжьаратәи арратә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ииасыз амчыбжь азы. Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи. Аҽазыҟаҵарақәа хымш имҩаԥысуан, ихыркәшахеит Ҵабал аҽазыҟаҵарҭаҿы.
Военные учения ЮВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Аԥсны Жәларбжьаратәи арратә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аԥхынаамҭа аихшьаалақәа

Акурорттә сезон мҩаԥысит. Уажәы аихшьаалақәа рыҟаҵара иаҿуп. 1,5 миллионҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит 2021 шықәсазы ҳәа азӷәарҭоит Аԥсна атуризм аминистрраҿы.
"Сынтәатәи акурорттә сезон азы 1,5 миллионҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит. Ари аинвесторцәеи атуристтә бизнес знапы алакуи русеицура ргәанарԥхоит. Ҳара абри ахырхарҭала ҳусура иацаҳҵалоит" иҳәеит Ҭеимураз Хышба радио Sputnik аинтервиу аҭо.
Акурорт сезон шиасызгьы аԥсшьаҩцәа арахь амҩа иқәуп. Убас Гагра абҵарамзазы икьаҿу аныҟәарақәа ртоп-10 иаҵанакит. Аиҳараҩык анхәацәа бзиа ибаны рыԥсы ршьоит Кавказтәи аӡҵәыҵәқәа рҿы, анаҩс – Ҟрым, 27%, нас – Магадан, 13%. Гагра ари ареитинг аҿы ахәбатәи аҭыԥ ааннакылоит.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москваҟа иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥигеит аԥгаԥсатә усхк аиӷьтәра иазырхоу аурыс-аԥсуа комиссиа алахәылацәеи иареи реиԥылара.
Министр туризма Теймураз Хишба в рамках рабочей поездки в Москву провел встречу с членами рабочей группы при Президенте Республики Абхазия по подготовке предложений по совершенствованию страховой отрасли.
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Москва имҩаԥысит аԥгаԥсазы аԥсуа-аурыс усутә комиссиа раԥхьатәи аилатәара
Аиԥылараан ирылацәажәеит 2021 шықәсатәи атуристтә сезон аихшьаалақәа, Аԥсны аҵакыраҿы зыԥсы зшьо урыстәылаа рыԥгаԥсаҟаҵара аиҿкаара азҵаарақәа. Уи адагьы аиԥылара алахәылацәа ргәаанагарақәа еимырдеит Аԥсны аҵакыраҿы амедицинатә цхыраара аиҿкаара азҵаарақәа ирыҵаркуа астатистикатә информациеи, аԥгаԥсатә аалыҵқәеи рганахь ала.
Аиԥылараҿ иара убасгьы еиқәшаҳаҭхеит атуристцәа рыԥсшьараан ршәарҭадара, рыплани ажәалагалақәеи разырхиаразы.

Британиантәи ажәабжь

Аԥсны аԥаратә музеи иазку астатиа кьыԥхьуп британиатәи анумизматикатә журнал "Coin News Magazine" аҿы, абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рмаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.
Уи адагьы Лиана Агрԥҳа лажәақәа рыла, анумизматикатә журнал "Coin News Magazine" аԥхьаҩцәа Аԥсны иаҭаарц рабжьыргоит, иара убас Аԥсны аԥаратә музеи онлаин-аекскурсиала иҩнаԥшырц.
Музей денег открыли в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Британиатәи анумизматикатә журнал аҿы икьыԥхьуп Аԥсны аԥаратә музеи иазку астатиа

Иури Воронов игәаларшәара

Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысит Аҟәа. Аконференциа алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Международная конференция, посвященная 80-летию Юрия Воронова в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Иури Воронов 80-шықәса ихыҵра иазку Жәларбжьаратәи аконференциа аусура мҩаԥысуеит Аҟәа
"Иури Николаи-иԥа ааԥсара ззымдыруаз ҵарауаҩын, Аԥсни Кавказ зегьы рҭоурых аҭҵаара дашьҭан, иԥсҭазаара зегьы доуҳала, дала-шьала дызларсыз Аԥсни Урыстәылеи рымаҵ аура иазкын. Иури Николаи-иԥа Воронов иԥсҭазааратә мҩа кьаҿзаргьы, илашан. 26 шықәса ҵуеит рыцҳарыла дҭахеижьҭеит. Ихаҭареи Аԥсны аҭоурых аҿы, аҭҵаарадырраҿы, акультураҿ, ауаажәларратә хәыцраҿы, амилаҭтә қәԥараҿы иааникылоз аҭыԥ иахьа иаҳагьы иккаӡа иубоит", - ҳәа азгәеиҭоит атәыла ахада.
Иури Воронов – аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара далахәылан, данҭаха ашьҭахь ианашьан Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара.

Ажәытә ԥшаах

Нанҳәамза анҵәамҭазы аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ, ҳера V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа. Жьҭаара 21 азы ари аҭоубыҭ хыртын. Аҭоубыҭ ахаҵа иԥсыбаҩ ҭан.
"Аҭоубыҭ аҩныҵҟа уаҳа акгьы ыҟамызт избанзар ақьырсиан аамҭа иатәуп. Усҟан дыԥҳәысымзар иԥсыз акгьы ицҭарҵомызт. Абаҩқәа рыла дхаҵоуп ҳәа уҳәартә иҟоуп" - иҳәеит археолог Александр Скаков.
Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Гиуенос аҭыԥ аҿы иԥшааз атсалых ҭоубыҭ аҵарауаа ихдыртит
Ажәабжьқәа зегьы
0