Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашәҟәы малуп": ашколтә библиотекақәа рымш иазкны

© Sputnik / Саида ЖибаГагратәи ап,суа школ абиблиотека
Гагратәи ап,суа школ абиблиотека  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ашколтә библиотекақәа рымш азгәарҭо иалагеит ИУНЕСКО аԥшьгарала 1999 шықәса инаркны. Ажурналист Саида Жьиԥҳа дазааҭгылоит Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1 абиблиотека аусушьа атәы.
Гагратәи абжьаратә школ №1 абиблиотека беиоуп арҵага шәҟәқәа рыдагьы аԥсуа сахьаркыратәи анаукатәи усумҭақәеи, Нхыҵ Кавказтәи алитературеи, аурыс классикеи, ахәыҷҭәы литературеи рыла. Зынӡа 4298 шәҟәы рыла афонд шьақәгылоуп. Абиблиотека 12 шықәса раахыс напхгара алҭоит занааҭла ипсихологу, акраамҭа ахәыҷбаҳчаҿы логопедс аус зухьаз Мимоза Қаҩԥҳа.
© Sputnik / Саида ЖибаМимоза Қаҩԥҳа
Гагратәи ап,суа школ абиблиотека  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Мимоза Қаҩԥҳа
"Ҳашколтә библиотека иамоу ашҟәқәа зегьы ҳара ҳзы ималуп. Ҳфонд аамҭа-аамҭала ихаҳарҭәаауеит ҳтәылаҿы иҭыҵуа ашәҟәқәа рыла. Уи аҿы ллагала ӷәӷәоуп ҳашкол адиректор Хана Гәынԥҳа", - лҳәоит абиблиотека аиҳабы.
Мимоза Қаҩԥҳа лажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа арҵага шәҟәқәа рнаҩс зҿлымҳара арҭоит ахәыҷҭәы литература, иара убас имаҷҩым аклассикатә рҿиамҭақәа аинтерес ззаҵоу.
Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2018
Сариа Ԥлиаԥҳа: ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп
"Аҵаҩцәа аԥсуа ма аурыс сахьаркыратә литература андырхынҳәуа иаԥхьоу иамыԥхьоу аилкааразы аиҿцәажәара мҩаԥызгоит. Арҿиамҭа иазкны азҵаарақәа анрысҭо агәра згоит баша ашәҟәы шырымгаз, уи хымԥада агәахәара ду снаҭоит. Убас лыӡбахә сҳәар сҭахуп 6-тәи акласс аҵаҩы Анна Қапԥҳа. Лара уамашәа иубаратәы убысҟак ашәҟәаԥхьара бзиа илбоит, ԥыҭҩыкгьы лҿыԥшындаз ааугәахәаратәы. Анна аурыс рҿиамҭа данаԥхьогьы аилырга аԥсышәала иҟалҵоит. Аԥхьара иазҿлымҳау ашәҟәы пату шақәиҵо алагьы дудыруеит", - лажәа иацылҵоит Мимоза Қаҩԥҳа.
Абиблиотекаҿы иҟоуп ашәҟәқәа анҭыҵ иугар иҟамло, уи еиҳарак аҭоурыхтә наукатә усумҭақәа роуп. Ашколхәыҷқәа аԥышәарақәа рҽаназыҟарҵо ирҭаху атемақәа Мимоза иларҳәоит, лара алитература зегьы ԥшааны, адаҟьақәа алҩааны ирылҭоит. Араҟа рхы аус адырулоит иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалара зҽазыҟазҵо аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәагьы.
Девушка читает книгу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Ажанр маҷқәа раамҭа: асоциалтә ҳақәеи ашәҟәи реиндаҭлара иазкны
"Ахәыҷқәа, иаҳҳәап 37-тәи аамҭақәа ирызку атемақәа ирыдҵаалозар, еиҳа ргәы аҵанӡа инеирц азы, схаҭа, идырӡыз аӡәырҩы рҭоурых арзеиҭаҳәара салагоит. Даргьы аинтерес анырклак ирго ашәҟәқәа еиҳа алҵшәа рнаҭоит", - инаҵылшьит абиблиотека аиҳабы.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ашколқәа рҟны еиуеиԥшым амаҭәарқәа рзы Урыстәыла иҭыҵуа арҵага шәҟәқәа ахархәара рымоуп. Урҭ аҭаацәара рхарџь ала иаархәоит. Ахәыҷы аиҳабыратәи акласс ахь диасыцԥхьаӡа иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иҩызцәеи иареи еимырдоит. Абиблиотека макьаназы аӡәгьы иаимҭаӡацт.
Гагра араион Ахадара рфинанстә цхыраарала, Мимоза Қаҩԥҳа лнапхгарала жәашықәса раахыс ашкол аҿы ҩымз рахьтә знык иҭыҵуеит "Аҿар рыбжьы" захьӡу, ашкол аԥсҭазаара аазырԥшуа агазеҭ.
© Sputnik / Саида ЖибаГагратәи ап,суа школ иҭнажьуа агазеҭ Аҿар рыбжьы
Гагратәи ап,суа школ иҭнажьуа агазеҭ Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Гагратәи ап,суа школ иҭнажьуа агазеҭ Аҿар рыбжьы
"Ҳашкол аҟны имаҷҩым зхатәы жәеинраалақәеи ажәабжьқәеи зыҩуа ахәыҷқәа. Дара рбаҩхатәра еихарҳаларц, насгьы рҩызцәа рҿыԥшырц азы рҩымҭақәа ари агазеҭ аҟны иӡыраагоит. Убас ҳашкол аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы, иаҳҳәап Ашықәс ҿыц, Аҳәса рымш, Арҵаҩы имш уҳәа аҵаҩы ила иабо ақьаад ахь ииаганы игәаанагара ацҵаны акьыԥхь ахь иҳаиҭоит. Агазеҭ абзоурала аӡәырҩы ажурналистика ахырхарҭала азанааҭқәа алырххьан, сынтәагьы 11-тәи акласс аҵаҩы Хьыбла Сабакьиаԥҳагьы ажурналистика дшазхьаԥшыз лҳәеит", - инаҵылшьит агазеҭ "Аҿар рыбжьы" аредактор Мимоза Қаҩԥҳа.
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
"Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара иалҵшәахеит": арҵаҩы Мирена Гәымԥҳа лырҿиаратә мҩа
Ари агазеҭ аҟны зхатәы статиақәа зкьыԥхьуа ахәыҷқәа хымԥада ашәҟәыԥхьара иазҿлымҳау роуп. Дара ржәар беиамзар, аинформациа аиҭаҳәашьа рзымдыруазар, имхәыцуазар, агазеҭ иахьа уажәраанӡа еиқәхаӡомызт.
Иахьатәи ҳаамҭазы аҿар еиҳа аинтернет иазхьаԥшуеит, аха Гагратәи аԥсуа школ аҟны ашәҟәыԥхьара атрадициа еиқәханы иахьыҟоу узыргәырӷьаша акы акәны иҟоуп. Уи аҿы хымԥада рлагара ӷәӷәоуп арҵаҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0