Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тҟәарчал араион ақыҭақәа рҿы алашара ахә ашәара 80 процент инаӡоит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРосстандарт ввел новые правила проверки счетчиков
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцалашара ахәԥса 40 копеи ыҟоуп киловаттк азы, аиҳабыра гәҭакыс ирымоуп афымцамч ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны атарифқәа рышьҭыхра.
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тҟәарчал араион ақыҭақәа рҿы алашара ахә ашәара ақалақь аҿы аасҭа еиҳаракуп. Абри атәы иҳәеит Атәыла ахада имҩаԥигоз аилацәажәараҿы ТҟәарчалРЕС аиҳабы Герман Каҷараа.
"Ақалақь аҿы алашараз 25-30 процент роуп изшәо, 80 процент ақыҭақәа", – иҳәеит Каҷараа.
Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс араион аҿы 4 миллионки 981 нызқьмааҭ еизыргахьеит.
Счетчик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Аԥсны
Избан Аԥсны алашара аԥара ахшәаара зырҭахым
Каҷараа еиҭеиҳәеит акриптовалиута арҳара азин ааныркылаанӡа 32 мегаватт алашара шнырхуаз, уи ашьҭахь - 14 мегаватт.
Аслан Бжьаниа аԥареизгаразы иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит. Ақыҭақәа рхадацәа ирыдиҵеит ашықәс нҵәаанӡа ауалқәа зегь еизыргарц.
"Аԥаралхра алшом ҳәа ирҳәо агәра згаӡом. Ус еиԥш зҳәо аусура зҭахым иоуп. Алашара шәырцәо шәалагар, иршәоит. Ма ақыҭақәа рхадацәа амаҳхлап", - ҳәа иҳәеит иара.
Бжьаниа иҳәеит иааиуа ахәышықәса рыҩнуҵҟа алашара ахә 2 мааҭк рҟынӡа ишышьҭыҵуа.
Мелис Джинджолия - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал Тҟәарчал араион афымцақәыӷәӷәара иазкны
"Амилициаа уахи-ҽни амаинерцәа ирышьҭоуп. Арахь аӡәгьы иреиҳәаӡом амаинингқәа ахьықәгылоу. Иҟоу ргәаԥхозар акәхап", - иҳәеит Ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0