Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Атәыла ахада игәаҭарақәа, Гагра ауаҩы иҭахара, афымцалашара аиура аԥкра

© Sputnik / Томас ТхайцукДиспетчерская черноморэнерго
Диспетчерская черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еснагь аиԥш иазнархиеит абҵара 15-21 рыҩнуҵҟа аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион иаҭаара, аиҳабыра рҿы аиҭакрақәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русура, Гагра иҟалаз ахҭыс, Ажәлар рпатриоттә еидгыла аԥҵара уҳәа Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Атәыла хада игәаҭарақәа

Аԥшьаша, абҵара 18 рзы Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигеит Гәылрыԥшь араион аҿы. Иара аинфраструктуратә хыбрақәа рҿы Аинвестпрограмма амҩаԥысшьа шцои, иара убас Аинвестпрограммала иҟарҵо амҩақәеи гәеиҭеит.
Укладка дорожного полотна   - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Аԥсны
Бжьаниа Гәылрыԥшь араион аҿы Аинвеспрограммала иҟарҵо амҩақәа гәеиҭеит
Ахада даҭааит Баҳадыр Баӷба ихьӡ зху 1,5 километра иҟоу амҩа. Иара убасгьы ибеит 3,5 километр иҟоу Акурорт амҩа. Анаҩс, Аҳәынҭқарра ахада даҭааит аҳабла Миасниково. Араатәи амҩаду 2022 шықәсазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа арбан, аха 2021 шықәсазы заанаҵы аусурақәа мҩаԥыргартә аҭагылазаашьа аныҟала акаҭран ықәырҵеит.
Гәылрыԥшь араион Допуқыҭ нанҳәа 15-16 рзтәи аӡхыҵраан ацҳа ықәнаӡәӡәеит, амҩаду хада иацәхыкхеит ақыҭақәа хәба.
Ишьақәыргылоу ахарџьнҵала Допуқыҭ ацҳа аиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭ артәоит, иҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан.
Бараҭелиа ахада изеиҭеиҳәеит 2021 шықәсазы араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа 101,6 процент, ма 160 миллиони 982 нызқьмааҭ шартәо. Урҭ рҟынтәи 57 миллиони 998 нызқьмааҭ ахатә лагалоуп.
Ииасыз ашықәс иаҿурԥшуазар 8 миллионк рыла еиҳауп. Ашәахтәлагала 139 процент рыла инагӡоуп, иартәоит 65 миллион мааҭ. Абиуџьет аныхратә хәҭа 96 процент инагӡоуп, иартәоит 156 миллиони 736 мааҭ. Ари ҵыԥх аасҭа 13,3 процент еиҳауп.
Сынтәатәи аԥхынразы амшцәгьақәа ирыхҟьаны араион аҿы ахатәы ҩынқәа хԥа аӡы рыҵалеит. Аԥхасҭа миллионки 300 нызқь мааҭи артәеит, ҳәа иҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа Аслан Бжьаниа иԥылараан.
Мост в Допукыт - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Аԥсны
Гәылрыԥшьтәи араион ахада аԥхынтәи амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа ртәы далацәажәеит
Урҭ рыдагьы ааха роуит аҳабла маҷ ДСК аҿы аҩнеихагылақәа ҩба. Бараҭелиа иажәақәа рыла арҭ аҩнқәа рҿы инхо амаҭәахәқәа рыҭан рхала ахыб аиҭашьақәыргыларазы. Уи азы ахада ирезервтә фонд аҟынтәи ирыҭан 290 000 мааҭ.
Ааха аиуит Кациқыҭтәи ашкол ахыб. Аԥхасҭа ахә шьан х-миллионки 850 нызқь мааҭ. Ахыб макьанагь ишьақәыргылам. Кәыдрытәи аиҩхааҿы 30 рҟынӡа аҭыԥқәа ҿыбгеит. Ааха аиуит лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟа аҵакыра. Ари аҭыԥ иҭахаз рҭынхацәа роуп изрыцқьаз.

Акадртә ԥсахрақәа

Абҵара 17 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵеиҩиз аусԥҟала адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Инал Арӡынба.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Инал Арӡынба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрc дҟаҵоуп
Бжьаниа ипресс-маҵзура иазгәанаҭоит уаанӡа аминистрс иҟаз Даур Ақаҩба аҽа усурак ахь дшиагоу.
Абҵара 18 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аминистр ҿыц Инал Арӡынба дыдирдырит. Атәыла ахада иҳәеит дшақәгәыӷуа анапхгаҩ ҿыци аколлективи русеицура маншәалахап ҳәа, уи алҵшәа бзиақәа аанарԥшып ҳәа.
Даур Ақаҩба иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит русеицуразы.
Арӡынба атәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит изыҟаҵоу агәрагаразы, иҳәеит адәныҟатәи аполитикаҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩу, аха имҩаԥгахо аусура алҵшәа аанарԥшып ҳәа дшақәгәыӷуа.

Акоронавируси алаҵаҟаҵареи рҭагылазаашьа

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33 929-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27870-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 502-ҩык.
Аԥсны имҩаԥысуеит акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵаҟаҵара. 6000 лаҵа "Спутник V" атәыла абиуџьет ахарџьала иаахәоуп. Аԥсныҟа иаагоуп абҵара 16 азы.
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Аԥсны
Мышкала жәаҩык инреиҳаны Аҟәа алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит
Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-конференциаҟны аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара шцо.
Иара иҳәеит алаҵаҟаҵарҭатә пунктқәа уаанӡатәи арежим ала аус шыруа. Пицунда иаартхоит апункт-цҵа. "Спутник Лайт" ала алаҵаҟаҵара аанкылоуп, иаанхан иҟоу аиҭалаҵаҟаҵара иазырхоуп.

Алашара арцәареи агәаҭарақәеи

Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп абҵара 16 асааҭ 00:00 инаркны. "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, аграфик ԥсахуп афымцацәаҳәа хадақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз азы.
Иазгәаҭоуп аԥсҭазаареиқәыршәаратә обиектқәа, иаҳҳәозар, аҵәыҵәритә станциақәа, аковидтә госпитальқәа, иара убас ауаажәлар ӡыла еиқәзыршәо аӡыҭгагақәа рҿы афымцалашара шаҿырымхуа.
Диспетчерская черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" иаанацҳауеит афымцацәаҳәақәа ирықәу аидара шырзышьҭымхуа
Аҟәа ахада Беслан Ешба инапынҵала аҳҭнықалақь аҿы ареидқәа мҩаԥыргоит х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа раарԥшраз.
Аҳҭнықалақь аенергетикцәеи Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи хымш рыҩнуҵҟа 18 акт шьақәдыргылеит х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа аарԥшны.
Ареидқәа реиҳарак ахатәыҩнқәа рҿы имҩаԥыргоит. Азин еилазгаз ацәаҳәақәа ирҿырхуеит, актқәа шьақәдыргылоит.
ВЛ Адзхыда - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Аҟәа х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа 18 аадырԥшит

Асасцәеи аиԥыларақәеи

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ Александр Власов дидикылеит абҵара 19 азы.
"Ҳара гәадурала Краснодартәи атәылаҿацә ҳазыҟоуп. Ҳаизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа рымоуп. Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟам еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы аказақцәа иҟарҵаз алагала ду", - иҳәоит Бжьаниа.
Президент Абхазии встретился с замгубернатора Краснодарского края - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2021
Аԥсны
Аԥсны ахада Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит
Александр Власов Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адкылараз ҭабуп ахиҳәааит.
"Сара раԥхьаӡа акәны арахь сааит. Избо-исаҳауа анырра ду снаҭоит. Ибзиан иаҳгәалашәоит ҟәыбантәи аказақцәа шшәывагылоз, аԥхьаҟагьы шәыцхраара ҳшазыхиоу жәдыруаз", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩы, аиҿцәажәарақәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак Аише Джихан Султаноглы.
Абҵара 17 азы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрреи Атранспорт аминистрреи рделегациа идикылеит.
Анкваб принял делегацию Минэкономразвития и Минтранса России - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Анқәаб Урыстәыла аекономҿиара аминистрреи Атранспорт аминистрреи рделегациа идикылеит
Аделегациа ахадараҿы дыҟоуп Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра программа ҷыдақәеи апроект ҷыдақәеи р-Департамент адиректор Витали Гудин.
Аделегациа алахәылацәеи урҭ аԥснытәи рколлегацәеи Александр Анқәаб изеиҭарҳәеит Аинвестициатә программала инарыгӡо апроектқәа рҟны аусурақәа рцашьа. Ирылацәажәан апроблематә зҵаарақәа, урҭ аҭыԥ рықәҵашьа.
Аганқәа алацәажәеит 2022-2025 шықәсазтәи асоциал-економикатә программа абжьаратә проектқәа.
Хазы иалхны ирзааҭгылан ареспубликаҿы амҩақәа рҭагылазаашьа азҵаарақәа, Кәыдрытәи аиҩхаахь атранспорттә инфраструктура ареконструкциа аԥеиԥшгьы абрахь иналаҵаны.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд аламҭалаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит.
Сопредседатели Женевских дискуссий провели встречу в МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит
Аиԥылара аазыртыз аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба аиԥылара алахәылацәа аԥсшәа раҳәо иҳәеит араунд амшхәаԥштә азҵаара алацәажәара дшазыхиоу.
"Шәара ибзианы ижәдыруеит ҳара ҳзы аԥыжәаратә ҟазшьа шамоу амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵара ҟазҵо адокумент анапаҵаҩра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иумбар залшом ари аҵак ду змоу азҵаара шгәыгәҭажьу. Ҳара иаҳҭахуп абри ахырхарҭала аусура ырцыхцыхзар", - ҳәа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Иракли Ҭыжәба
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар иҳәеит дшақәгәыӷуа изаамҭанытәиу араунд алҵшәақәа аиуп ҳәа.

Атуризми аиқәшаҳаҭрақәеи

Абҵара 17 рзы Москва нап аҵаҩуп Аԥсны атуризм аминистрреи Ростуризми рыбжьара атуризм аусхк аҟны аилибакаареи аусеицуреи рзы Амеморандум. Аԥснытәи аган ахьӡала Амеморандум инапы аҵеиҩит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, урыстәылатәи аган ахьӡала – Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова.
Адокумент анапаҵаҩра аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауеит, наҟ-ааҟтәи атуристтә еимдара иазнарҳауеит, иарҭбаауеит атуристтә маршрутқәа.
Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова инаҵшьны иазгәалҭеит урыстәылатәи атуристцәа аԥыжәара шарҭо даҽа тәылак аҵакыраҿы шәарҭарада, иҭынчны аԥсшьара. Лара аҳәара ҟалҵеит Аԥсны амчрақәа атуристцәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа хылаԥшра рырҭаларц, хаҭала Пицунда аресторан аҿы аҭыԥ змаз ахысра, ааха зауыз акомпенсациа рзыҟаҵара.
Атуризм аминистр иазгәеиҭеит арҭ ахҭысқәа атәыла анапхгара хылаԥшра шрырҭо, акомпенсациатә шәарақәагьы рызҵаара шыӡбахо.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москва усутә ныҟәарыла иҟазаараан Урыстәыла Ауаажәларратә палатаҿы аиԥылара мҩаԥигеит.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Урыстәыла Ауаажәларратә еиҿкаара "Атуристцәа урыстәылазегьтәи реидгыла" ахантәаҩы Дмитри Давыденкои Урыстәыла Ауаажәларратә палатаҿы реиԥылараан атуристтә индустриа аусхк аҿы аԥсуа-аурыс Ассоциациа аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Министр туризма Республики Абхазия Теймураз Хишба принял участие в заседании Комитета Государственной Думы по туризму и развитию туристической инфраструктуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2021
Аԥсны
2022 шықәсазы Аԥсны имҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә Дума атуризм азы Аилак анҭыҵтәи аилатәара
"Аиԥылараҿы ирылацәажәан атуризм аусхк аҿы ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҩызаратә еимадара арӷәӷәара азҵаарақәа, ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаара", - азгәарҭоит аминистрра апресс-маҵзураҿы.
Дмитри Давыденко инаҵшьны иазгәеиҭеит , еиҿагыларак ада сынтәа Аԥсны атуристтә сезон хҭысда ишымҩаԥысыз, аԥсшьаҩцәа ԥырхага шырмоуз.

Ацәгьоурақәа рзы аҭагылазаашьа

Абҵара 16 азы Гагра араион ААР аусзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара аԥырҟәҟәаауп. Убри аан аӡәы дҭахеит. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гагра араион апрокуратура.
Покушение на милицию в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2021
Аԥсны
Гагра амилициауаа рышьра зҽазызшәоз цәгьоуҩык дҭахеит
Адырраҭара излаҳәо ала, атәылауаа Кьетиеи Хагәышьи аҿагылара аадырԥшит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә усзуҩцәа ианааныркылоз. Урҭ раанкылара мҩаԥыргон ацәгьоуцәа абҵара 16 2021 шықәса ашьыжь асааҭ 7:30 рзы Гагра амҩақәа Демерџьиԥеи Аҟабардақәеи реихысырҭаҿы Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аоперативтә усзуҩ иахьиқәлаз азы.
Иазгәаҭоуп, ацәгьоуцәа раанкыларазы аоперациа аан дара бналарц алшара шрыҭаз, ахҟьаԥҟьа бааԥсқәа ҟамларц азы.
Хагәышь О.Р., иашьҭахьҟа днаскьаны, амилициа аусзуҩцәа ирықәкны дхысит, Кьетиа А.Ф., артҟәацга ԥижәоит ҳәа амилициаа иршәоит ҳәа хыхьтәи имаҭәа аџьыбаҟынтәи иҭиго далагеит, уи илдмыршарц азы амилициаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иахьҭагылаз иахҟьаны аҭакс ацәгьоуцәа иреихсит, Кьетиа А.Ф. изихымгоз ахәрақәа иоуит, Хагәышь О.Р. иарӷьа жәҩахыр иақәшәеит.
Машина УВД Гагрского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2021
Аԥсны
Гагра амилициаа ианрықәлаз ахҭыс шыҟалаз атәы ркьыԥхьит
Абҵара 18 азы Аԥсны ААР аусзуҩцәа иааныркылеит ҩыџьа атәылауаа, мышкы аԥхьа Ареспубликатә ԥсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтәи ибналаз. Арҭ Џьырхәа инхо, 1982 шықәса рзы ииз Чакәа Аҭеибеи Гагра инхо, 1997 шықәсазы ииз Роман Беиеи роуп.
Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала Аҭеиба хараны идуп 2019 шықәсазы ауаҩшьреи, закәаншьаҭада абџьар ҵәахны амазаареи.
Беиа ихараҵоуп 2020 шықәса нанҳәамзазы Гәдоуҭа араион аҿы инхо Ҭемыр Мшьелиеи Гагра араион инхо Амир Кьетиеи алархәны арҳәра амҩаԥгара азыԥхьагәеиҭон ҳәа.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аԥсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтәи ибналаз аанкылоуп
Абҵара 17 азы Гәылрыԥшь араион амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит 24 шықәса зхыҵуа Ҭенгьиз Ахьиба анаркотикқәа ахьимаз азы. Ахьиба идбалан аполиетилен иалху аилаҳәара, амаҭәашьар ххы згәылаҳәаз. Аекспертиза ишьақәнарӷәӷәеит ари анаркотикатә маҭәашьар "марихуана" шакәу.
Абҵара 15 азы иԥкуп хыԥхьаӡара рацәала аԥара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара. Аԥҳәыс лҽазылшәон 275 000 доллар закәаншьаҭада Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара.
Аԥҳәыс лшәыраҿы аҳазалхыҩцәа аҳәаанырцә валиута рбеит. Убри аан аԥҳәыс иазгәалҭеит аԥара ҳамҭас лыуа ишизылгоз, аха иара шаҟа ыҟаз ахыԥхьаӡара лзымҳәеит. Авалиута аԥхьаӡараан еилкаахеит 275 330 доллар шыҟаз. Абри аан аԥара аиагаразы адекларациатә документқәа лымаӡамызт.
Пресечена контрабанда крупной партии наличных денежных средств  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Аԥсны
275 000 доллар закәаншьаҭада Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргон
Ажәабжьқәа зегьы
0