Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ешба атәыла ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәа абиуџьет, аҿкы, аенергетика рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Эшба
Беслан Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ахадараҟны аизара мҩаԥигеит.
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Аҟәа шықәсыктәи абиуџьет иартәоит миллиардки 182 миллион мааҭи, ахатә хашәала миллиардки 147 миллион мааҭ ыҟоуп, абри атәы иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
Ахашәала иартәеит 949 миллион, ари 102% шьақәнартәоит иарбаз аплан аҟнытә, ашәахтә шәарақәа 938 миллиони 843 нызқь мааҭи ыҟоуп.
2020 шықәса иаҿурԥшуазар, 114,8% рыла еиҳауп.
Беслан Ешба иазгәеиҭеит ашәахтәшәарақәа рзы ауал 495 миллион 500 нызқь мааҭ ыҟоуп ҳәа.
Аиуристтәи ахатә хаҿқәеи рҟынтә ашәахтәқәа 24 миллион рыхә аларгалеит.
Аныхтә хәҭа 91,1 % инагӡоуп, иныхуп 899 миллиони 648 нызқь мааҭ.
Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы иазоужьын 20 миллиони 700 нызқь мааҭ.
Иара убас Беслан Ешба иҳәеит, Аҟәатәи автотранспорттә наплакы азы ишаахәаз иҷыдоу аԥхьаӡагақәа, дара ауаажәларратә транспорт - автобусқәеи, атроллеибусқәеи рҟны иқәыргылахоит апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара агәаҭаразы, уи алагьы амҩақьыра шьақәдыргылоит.
Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Амҩақьыра ахә: ирԥеиԥшхозеи ауаажәларратә транспорт атарифқәа
Аҟәа ахада иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҟны инхоит 80 нызқьҩык, урҭ рахьтә 38 нызқьҩык аус руеит, ашколхәыҷқәа - 8700-ҩык, ахәыҷбаҳчақәа рахь иныҟәоит 1997-ҩык. Ешба иазгәеиҭеит даҽа 500-ҩык ахәыҷқәа рзы ахәыҷбаҳчақәа рыргылара шаҭаху.
Аҟәа абжьаратә школқәа 15 ыҟоуп. Арҵаҩцәа бжьаратәла руалафахәы - 16 600 мааҭ. Аҵара аусхк абиуџьет 427 миллион ыҟоуп.
Школьные столовые - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Аԥсны
Аҟәатәи ашколқәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп ахәыҷқәа хәыԥхала реиқәыршәара
Атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 11 180-ҩык ыҟоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ахымхәацәа - 1130-ҩык, хҩык - Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду алахәылацәа. Аиуристтә хаҿқәа - 1269-ҩык, урҭ рахьтә аус руеит аа-нызқьҩык, анаплакыҩцәа - 2500-ҩык, абиуџьеттә усбарҭақәа русзуҩцәа - 5700, Аҟәа ахадара абиуџьет аҟнытәи ауалафахәы роуеит 3649-ҩык.
Иааидкылан Аҟәа аҿкычымазара акоронавирус рыхьхьеит 12 879-ҩык, иахьазы ичмазаҩуп 700-ҩык, ахыԥхьакрахь ишьҭуп 381-ы, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аҿкы рыдырбалеит 230-ҩык. Алаҵа ҟарҵахьеит 5649-ҩык.
Аҟәа амедусҳәарҭақәа русзуҩцәа 567-ҩык ыҟоуп, бжьаратәла руалафахәы 23 нызқь мааҭ иартәоит, абжьаратә персонал ироуеит 14 000 мааҭ, аиҵбыратә персонал - 10 000 мааҭ. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟнытә ашықәс азы амедицина аусхк иазоужьуп 172 миллион мааҭ.
Ешба иажәақәа рыла, Аҟәа афымцамч рхы иадырхәоит 26 000-ҩык абонентцәа, афымцазы мызкы 8-9 миллион рыхә еизыргоит. Иааидкыланы афымца ахә 40% роуп еизырго.
ВЛ Адзхыда - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Аҟәа х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа 18 аадырԥшит
Аҳҭнықалақь ахада иҳәеит ашықәс иалагазар амҩақәҵагақәа рыла Аҟәа иаҭааит 18 000-ҩык, аԥсшьаразы ақалақь иаҭааит 25 000-ҩык.
Ешба иазгәеиҭеит 2021 шықәсазы ашәҟәы ишҭагалоу 168 ацәгьоура, урҭ рахьтә иаарԥшуп 151. Ацәгьоура хьанҭақәа - 55, иаарԥшуп 46. Аԥсҭбара зцыз амҩатә машәырк. Ашәҟәы иҭагалоуп 8599 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Ешба иажәақәа рыла, Аҳәынҭавтоинспекциа Аҟәатәи аҟәшаҟнытә аҭыԥантәи абиуџьет иахыԥхьаӡалахеит 10 миллионки 640 нызқь мааҭи.
Аҳҭнықалақь ахада иҳәеит аҟәатәи аӡҭарчы аҿы аргыларақәа ахыркәшарахь ишнеиуа, аусурақәа 80% инагӡоуп. Иаартхоит 2022 шықәса аԥхынра анҵәамҭазы.
Строительство бассейна в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аартра ашьҭахь аусура шеиҿкаахо атәы еилкаахеит
Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы иҟоу асқьала аиҭашьақәыргыларазы аҭҵаарақәа раԥхьатәи рыхәҭа хыркәшоуп. Ешба иҳәеит ахарџьынҵа шыхиахо 2022 шықәса ажьырныҳәамза анҵәамҭазы, уи ашьҭахь аремонттә усурақәа ирылагоит. Ешба иазгәеиҭеит ахыбра ахархәараз ишрыҭахо 2022 шықәса аԥхынра анҵәамҭазы.
2021 шықәса анҵәамҭазы иаҭаху амаругақәа рыла еиқәыршәахоит ателехәаԥшратә шьаҟа. Иара убас иазгәаҭоуп Ешба имҩаду аҟны игылоу 189-тәи, 190-тәи аҩнқәа рычаԥара.
2022 аҽеиҩшамҭазы Аҟәа ацифратә модель еиқәдыршәараны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0