https://sputnik-abkhazia.info/20220114/iasyz-uakhyki-naki-ryla-asny-akoronavirus-zlaz-ya-rysazaara-ialit-1037138402.html
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38768-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 32539-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 569-ҩык. 14.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-14T00:16+0300
2022-01-14T00:16+0300
2022-01-14T00:18+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/12/1036382113_0:204:2917:1844_1920x0_80_0_0_3f62f6e726ba8a68a4f4d1c1f5008fcc.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 13- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 371-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 95-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 90-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 30-ҩык, ибжьаратәуп - 60-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ааҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/12/1036382113_92:0:2823:2048_1920x0_80_0_0_6abbd652d081df57e53942929d19b893.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
00:16 14.01.2022 (ирҿыцуп: 00:18 14.01.2022) Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38768-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 32539-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 569-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 371-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 95-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1959 шықәса рзы ииз ахаҵа. Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1938 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 90-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 30-ҩык, ибжьаратәуп - 60-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ааҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп.