Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Алхрақәа амитингқәа раасҭа ишәарҭахом": Апарламент ахь абжьыҭара аиагара азҵаара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизарахь иҟаларан иҟоу алхрақәа аепидҭагылазаашьа иахҟьаны рыҿҳәара инахатәуп ҳәа ишьҭырхуа азҵааразы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьарахь алхарақәа рымҩаԥгара аус хацыркуп. Абар ажьырныҳәа 21 раахыс Алхратә комиссиа хадаҿы акандидатцәа рықәыргылазы апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы иҭаргалоит. Иҳамоу аинформациала мчыбжьык иалагӡаны ашәҟәы иҭагалоуп 71 хаԥшьгаратә гәыԥи хә-партиаки. Макьаназы зыхьӡқәа арбоу акандидатцәа рыбжьара иҟоуп аполитикатә дәаҿы иаҳдыруа, иара убас, знымзар-зны ауаажәларратә политикатә ԥсҭазаараҿы зыӡбахә ҳмаҳацгьы.
Уажәы аҳәара сцәыуадаҩуп, ари алхратә кампаниа акандидатцәа рхыԥхьаӡара аганахьала ирекордтәу, мамзаргьы уаанӡатәи еиҵоу. Уи еилкаахоит АКХ зегь ашәҟәы ианҭанагалалакгьы.
2017 шықәсазтәи алхаратә кампаниаҿы иҟаз акандидатацәа рхыԥхьаӡара ҳгәалаҳаршәозар, 139-ҩык 35 ҭыԥ рзы еиндаҭлон.
алхрақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2020
Алхрақәа ртәыла…
Алхрақәа ралагамҭа инақәыршәаны аҿкчымазара аԥыхразы еиҿкаау аоперштаб аҟынтә иҳаҳуеит, иахьа ауаатәыҩса ргәабзиара "иабашьуа" авирус "дельта штамм" иашьҭаргыланы амҩа ишықәу "омикрон" захьӡу авирусгьы.
Апандемиа аамҭазы иҳалаҳәоу акарантинтә ԥҟарақәа ракәзар, ашәҟы ишарбоу ала, иаанкылан акультуратә усҳәарҭақәа русура, иара убас, аԥыза–министр ишиҳәахьаз ала, "ақьафурҭақәа рышә жьаҳәала" ичаԥазар акәын, иҟаломызт ачарақәеи, аиныхрақәеи, аԥсхәрақәеи уҳәа, ауаа рацәа реизара иадҳәалаз амҩаԥгатәқәа. Ақьаад ианыз аԥҟарақәа мҩаԥызгоз атеатрқәеи, абиблиотекақәеи, акультуратә ханқәеи рнапхгаҩцәа ракәын (урҭ рзы аԥкрақәа уажәы идырԥсыҽит), егьырахь аԥсуаа ҳзышьцылахьоу аԥсреи абзареи ирыдҳәалоу аиҿкаарақәа ишцац ицон.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Акарантин ашьҭа схыланы: аԥсуаа аепидԥҟарақәа ишрықәныҟәо
Исҳәарц сылшоит амчра иалымшаӡеит урҭ аԥҟарақәа рхылаԥшра ҳәа. Уимоу, амчра иахаҭарнакцәаз рхаҭа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рхы агдырхомызт, уи аршаҳаҭуеит аныҳәа ауха асасааирҭа "Гаруда" ахыбраҿы иҟалаз ахысра иадамхаргьы.
Аҵыхәтәантәи аоперштабтә информациақәа руак ала, уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус 500-ҩык инареиҳаны ирыдырбалеит, аабыкьа зыӡбахә цәырҵыз "омикрон" акәзар, аофициалтә дыррақәа рыла, 30-ҩык ирыласхьеит. Ари инашьҭарххны аоппозициатә мчқәа иреиуоу аветерантә еиҿкаара "Аруаа" алхрақәа ишырнахатәу азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, ауаа ргәабзиара аиҷаҳаразы. "Ааԥхьара ҟаҳҵоит акандидатцәа рахь, ауаа реиқәырхара аҳаҭыразы алхарақәа рнахара азы шәықәгыларц, алхрақәа ирзыԥҵәоу ахарџь, аиҳабыра ауаа рыхәшәтәра аганахь ирышьҭааит", - абас аҳәоит аоппозиациатә хәыцрақәа змоу рышәҟәы. Уи адагьы, Жәлар Реизара асоциалтә политиказы аилакгьы аилатәараҿы ирыхәшьадыз инадҳәаланы ажьырныҳәа 24 рзы абас аҳәамҭа ҟарҵеит – "алхрақәа рымҩаԥысра "омикрон" захьӡу авирус азы ауаа рцәеижь алаларазы иманшәалахар алшоит". Абарҭқәа азӷәаҭаны дара Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь ааԥхьара ҟарҵеит "фымз алхрақәа ирнахазарц".
Сара исызцәырҵуеит азҵаара, иаԥыхны иҟазма аепидԥкрақәа ԥхынҷкәын 21 рзы аоппозициатә митинг анымҩаԥгаз? Иарбан карантинтә ԥҟарақәаз иҟаз ажәлар еилақьы атеатр аԥхьа иахьеилагылаз? Ачымазара ҿиар алымшаӡози амчра аусушьа иаҿагылоз амитингуаа еижәыланы Апарламент ахыбрахь ианеихоз? Иара амчра иадгылозгьы еикәаӷӷа Аԥсны ахада ихыбра рҽакәыршан иахьгылаз COVID-19 рыхьыр алымшаӡози?
Обстановка у здания администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Аԥсны
Ақьаад шкәакәеи аԥсуа политикеи, мамзаргьы ажәлар рыбжьы аҳара шаҭаху
Сара сгәанала, ари аҿкчымазара макьаназы ҳаԥсҭазаара иалагьежьлоит, убри аҟынтә, ауаа ргәабзиара ахьчаразы иаҭахуп асанитартә нормақәа рынагӡара, амитингқәеи аизара дуқәеи аамҭала мап рыцәкра.
Комплекс правительственных зданий в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Аԥсны
Амитингқәа рышьҭахь…
Алхрақәа асанитартә нормақәа ирықәшәо амҩаԥгара знапы иану АКХ ауп, убри аҟынтә, ҭелла азҵаарақәа исҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Кәакәасқьыр. "Ааи, ҳара ҳаилатәараҿы ҳалацәожәон уи азҵаатәы. Зегь раԥхьаӡа иргыланы еиҿкаау аоперативтә штаб ррекомендациақәа роуп хшыҩзышьҭра заҳҭо. Алхрақәа раамҭазы уи ахьымҩаԥысуа хымԥада иадаҳгалоит антисептикқәа ҳәа изышьҭоу, насгьы ауаа еидгәыԥла абжьаҭарҭа ауада иҩнамларатәы еиҿаҳкаауеит", - саҭеикит, акомиссиаҿы аусуразы аԥышәа змоу Кәакәасқьыр.
Ус анакәха, аепидемиатә ҭагылазаашьа ҿыҵгас иҟаҵаны зхы зкхьоу алхаратә процесс ахгара аасҭа, уи иманшәаланы, ауаа ачымазара рааигәа имнеиуа амҩаԥгароуп ихадоу.
Сгәы иаангом абжьаҭара амҩаԥгара, амитингқәа раасҭа ишәарҭахап ҳәа.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0