Украина Арбџьармчқәа ЛЖәР ар ирыжәлеит Пионерское иахьаҵанакуа

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на линии соприкосновения в ЛНР
Ситуация на линии соприкосновения в ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа шәарҭахеит — Киев уаанӡа изеицықәшаҳаҭхахьаз зегьы мап рыцәкуа, ДЖәР-и ЛЖәР-и иареи рҳәааҿы архәҭақәа жәпакы аргылеит, убри ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп зхархәара ҟамло атехникагьы.
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Украинатәи амчрақәа ЛЖәР Жәлар рмилициа ахьгылоу аҭыԥқәа ирыжәлар иалагеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ЛЖәР атәылахьчаратә усбарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
Иазгәаҭоуп, Украина Арбџьармчқәа 79-тәи рдесант-жәыларатә бригада ашьыжь асааҭ хәба рзеиԥш ақыҭан Пионерское иажәлеит ҳәа, аӡиас Северски Донец ирны.
"Аиҿахысрақәа рышьҭахь ижәылоз аахақәа роун, ихьаҵыр акәхеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Украина аруаа анхарҭаҩнқәа хәба ҟәыбаса ишьҭарҵеит, аҭынч уааԥсыра рыбжьарагьы иҭахаз ыҟоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар рмилициа.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара
Украина еибашьрала ирықәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ЛЖәР-и ДЖәР-и ртәыла иалыргоит аҳәсеи, ахәыҷқәеи абыргцәеи Ростовтәи аобласт ахь, иара убас абџьар зкыр зылшо зегьы рҽеизыргарц адҵа ҟарҵеит.
Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аимак аашықәса ацара иаҿуп, ари аамҭа иалагӡаны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адыррақәа рыла, иҭахеит 13 нызқьҩык ауааԥсыра, 44 нызқьҩык аахақәа роуит. Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит Белоруссиа аҳҭнықалақь аҿы иҷыдоу агәыԥ. Урҭ шьаҭас ирымоуп аконституциатә реформа, амца аанкылара, аҳәаа ихьанҭоу абџьар адгара азԥхьагәазҭо Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа.
Донбасс аибарххара еиҳагьы амца ацразҵо Еиду аштатқәеи егьырҭ НАТО атәылақәеи роуп. Урҭ Украина абџьари арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва изныкымкәа арегион бџьарла аиқәыршәара иаҟәыҵырц ааԥхьара ҟанаҵахьеит, уи амшала Киев ар ажәыларахь анашьҭра шагәанарԥхо азгәаҭо.
Репетиция парада Победы в Луганске - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Донбасс аибашьра зылшо зегьы рҽеизыргарц рыларҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0