Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амузыка ҳахьыҟазаалак иҳацуп": Ҵәџьаа рҭаацәаратә ансамбль иазкны

© Foto / предоставлено семьей Цвижба Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль
Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Анапаҵаҩра
Гагра инхоит араион аҿы уажәшьҭа зегьы еицырдырхьоу аԥсуа милаҭтә шәаҳәареи кәашареи ирызҟазоу, амузыкатә арҳәагақәа знапы иадыруа, еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа зырԥшӡо, иҿырԥшыгоу Ҵәџьаа рҭаацәара. Урҭ ирызкуп Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Абзагәи, Радицеи, Саридеи Ҵәџьаа Гагра араион иззымдыруа дыҟамзар ҟалап, уимоу аиашьеи аиаҳәшьцәеи рҟазара аӡбахә Аԥсны иалаҵәахьеит. 10 шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа имузыкатә коллектив "Мамзышьха" аҟны ахкы назыгӡоз Ҵәџьаа, ԥхьаҟатәи рзанааҭқәа акультура ишадрымҳәалазгьы, зегь акоуп аҟазара рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Иахьазы "Ҵәџьаа рҭаацәаратә ансамбль" ҳәагьы рзырҳәоит дара.
Аҭаацәаратә хәышҭаараҿы зышьаҭа акуа аҟазара ҿыцәаара шақәым унарбоит Абзагәи, Радицеи, Саридеи Ҵәџьаа рҿырԥштәы. Ишысабицәаз аҩнаҭаҟны рани раби жәлар рмузыкахь агәыбылра рыларааӡеит. Ргарашәала иалагеит ари абзиабара.
Ҵәыџьаа рыхшара иреиҳабу Абзагә ашкол ахь ишьаҿа анеихига нахыс асценахь днеит.
"Аԥхьанатә ашколтә хор аҟны ашәа сҳәон. Анаҩс, Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа Пицунда ныҳәак аҽны сықәгылара ибан, сҭаацәа аҳәара риҭеит Гагратәи акультура аҩнаҟны еиҿкааны имаз ахәыҷтәы коллектив "Мамзышьха" ахь снаргарц. Ус иагьыҟарҵеит. Аамҭак ашьҭахь, саҳәшьцәа Радицеи Саридеи сышьҭа ихылеит. Ус ашкол ҳалгаанӡа ари аколлектив аҿы ҳҟазара еизҳарҳауан", - асценахь ршьаҿа шеихыргаз еиҭеиҳәоит Абзагә Ҵәыџьба.
© Foto / Ҵәыџьаа рҭаацәаратә архив

Ансамбль "Мамзышьха"

Ансамбль "Мамзышьха" - Sputnik Аҧсны
1/2

Ансамбль "Мамзышьха"

© Foto / Ҵәыџьаа рҭаацәаратә архив

Ансамбль "Мамзышьха"

Ансамбль "Мамзышьха" - Sputnik Аҧсны
2/2

Ансамбль "Мамзышьха"

1/2

Ансамбль "Мамзышьха"

2/2

Ансамбль "Мамзышьха"

Аколлектив "Мамзышьха" Гагра адагьы, Аԥсны араионқәа рҿы, аҳҭнықалақь Аҟәа, Урыстәыла акырџьара, Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҟны уҳәа еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурсқәеи рҿы хьӡи-ԥшеи арҳахьан.
"Ари аколлектив аҟны ашәаҳәара адагьы, Оҭар Хәынҵариа иаҳирҵеит жәлар рмузыкатә инструментқәа рарҳәара. Ҷыдала дысзааԥсеит аҿарпын ахархәараҿы. Анаҩс ҳхала аинтерес аарԥшны агитара, афортепиано, ачамгәыр, аҟьаԥҟьаԥ, аҷыжь, адаул уҳәа ҳнапаҿы иааҳго ҳалагеит. Аномерқәа акәашарақәа рыцын аҟнытә, ахореографцәа ари ахырхарҭалагьы аус ҳадырулеит", - иажәа иациҵоит Абзагә.
© Foto / предоставлено семьей Цвижба Абзагә Ҵәыџьба
Абзагә Ҵәыџьба  - Sputnik Аҧсны
1/6
Абзагә Ҵәыџьба
© Foto / предоставлено семьей Цвижба Абзагә Ҵәыџьба
Абзагә Ҵәыџьба  - Sputnik Аҧсны
2/6
Абзагә Ҵәыџьба
© Foto / предоставлено семьей Цвижба

Сарида Ҵәыџьԥҳа

Сарида Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/6

Сарида Ҵәыџьԥҳа

© Foto / предоставлено семьей Цвижба

Сарида Ҵәыџьԥҳа

Сарида Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/6

Сарида Ҵәыџьԥҳа

© Foto / предоставлено семьей Цвижба

Радица Ҵәыџьԥҳа

Радица Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
5/6

Радица Ҵәыџьԥҳа

© Foto / предоставлено семьей Цвижба Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль
Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль  - Sputnik Аҧсны
6/6
Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль
1/6
Абзагә Ҵәыџьба
2/6
Абзагә Ҵәыџьба
3/6

Сарида Ҵәыџьԥҳа

4/6

Сарида Ҵәыџьԥҳа

5/6

Радица Ҵәыџьԥҳа

6/6
Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль
Уамашәа ибатәӡам Ҵәџьаа еиуеиԥшым жәлар рмузыкатә инструментқәа рарҳәара ахьрықәманшәалахо. Дара раб Геннади Платон-иԥа дазҿлымҳауп, насгьы ибиаӡаны ицааиуеит раӷьырак рыҟаҵара. Аҩны ахәыҷқәа рыцԥхьаӡа аԥхьарцақәа рымоуп. Ирзыҟаиҵеит убас аҟьаԥҟьаԥқәа, аҷыжьқәа. Геннади иаб Платон Ҵәыџьбагьы атәылаҟны еицырдыруаз чамгәыррҳәаҩын, абыргцәа рансамбль далан. Ажәакала, рҟазара абшьҭрала еихаҳауа иааргоит.
Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2020
Аҭоурыхтә ҵакы аҭаны: Геннади Ҵәыџьба иргылаз абааш маҷ зызку еиҭеиҳәеит
"Аҩны афымцалашара анҳамам бзиа иаҳбоит. Усҟан, аиҳарак аӡынра, ауаџьак ҳадтәаланы ҳзынҭаацәоу ҳмузыкатә рҳәагақәа аацәырганы ашәаҳәара ҳалагоит. Ҳабжьы заҳауа, ааигәа инхо ҳгәылацәагьы ҳаднагалоит", - иҳәоит арԥыс.
Геннади Ҵәыџьбеи иԥшәмаԥҳәыс Аида Лакобеи рчеиџьыкеи рысасдкылашьеи атәы ззымдыруада. Лассы-лассы рыҩнаҭахьы имҩахыҵуа ибеиоу аишәа адагьы, ргәы иҭымҵуа аҟазаратә хәылԥазқәа рзеиҿыркаауеит. Даргьы џьара ианцо рмузыкатә инструментқәа рыцуп. Рыуа, рҭынха, рҩызцәа еснагь рымҩа иазыԥшуп.
© Foto / Ҵәыџьаа рҭаацәаратә архивАида Лакәарԥҳаи лхәыҷқәа Ҵәџьаа Абзагәи, Радицеи, Саридеи
Ҵәыџьаа рҭаацәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Аида Лакәарԥҳаи лхәыҷқәа Ҵәџьаа Абзагәи, Радицеи, Саридеи
Геннади Платон-иԥа ажәеинраалақәа иҩуеит. Абзагә иакәзаргьы, 20 ажәеинраала дравторуп. Аҭаацәаратә ансамбль аҳасабала, Абзагәи, Радицеи, Саридеи хатәгәаԥхарала рхы аладырхәит 2017 шықәсазы Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра ахьӡала Гагратәи астадион аҟны имҩаԥгаз аконцерт. Усҟан аиашьеи аиаҳәшьцәеи инарыгӡеит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изкны Рушьбеи Смыр иажәеинраала "Аԥыза" иалху ашәа. Уи алагьы рхатә коллектив ашьаҭа акит.
Ҵәыџьаа инарыгӡо жәлар рашәақәа даара ирацәаӡоуп. Ррепертуар аҿы иуԥылоит Геннади Ҵәыџьба иажәеинраалақәа "Пицунда", "Аԥсны - аԥсуа ихәышҭаара" ирылху ашәақәа, убас аԥсшәахь еиҭеигаз, Нхыҵ-Кавказ еицырдыруа артист Азамаҭ Биштов инаигӡо ашәа "Красная поляна" (Гәбаадәы). Ааигәа аинтернет ахархәаҩцәа ирылаҵәаз клипуп "Ауаз ашәа". Ҵәыџьаа иахьатәи ҳаамҭа иашьашәалоу аоранжировка аҵаҵаны инарыгӡеит. "Аԥсны сара сгара" захьӡу, ажәақәеи амузыкеи Абзагә авторс дызмоу ашәа азы ааигәа аклип ҭыххоит.
Абзагә иазгәеиҭеит, ԥхьаҟа, Акультура ҿиаратә центр "ПромоАрт" анапхгаҩы Абзагә Марыхәбеи Галтәи амузыкатә коллектив "Скала" асахьаркыратә напхгаҩы Иракли Џьумутиеи еицырзеиԥшу проектқәак ирызхәыцыр шырҭаху.
Абзагә Ҵәыџьба, Москва, Атәылахьчара аминистрра анапаҵаҟа иҟоу арратә ҵараиурҭа, ажурналистика афакультет доушьҭымҭоуп, уажәы иҵара иациҵоит аспирантураҿы. Адиссертациа аҩра даҿуп азы, аамҭа-аамҭала Урыстәылаҟа дцоит.
Абзагә Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2019
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых
Уамашәа ижәбаргьы, аиашьеи аиаҳәшьцәеи абриаҟара амузыка шрықәҿиауагьы, иалырхыз азанааҭқәа зынӡа ихазуп. Радица лакәзар – дырҵаҩуп, Сарида – амаҭәа адизаинер. Аха уеизгьы, ианыхәыҷызнатә ршьа-рда иалалаз жәлар рмузыкахь абзиабара рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
© Foto / предоставлено семьей Цвижба

Радица Ҵәыџьԥҳа

Радица Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/4

Радица Ҵәыџьԥҳа

© Foto / предоставлено семьей Цвижба

Сарида Ҵәыџьԥҳа

Сарида Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/4

Сарида Ҵәыџьԥҳа

© Foto / предоставлено семьей Цвижба

Сарида Ҵәыџьԥҳа

Сарида Ҵәыџьԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/4

Сарида Ҵәыџьԥҳа

© Foto / предоставлено Абзагуом Цвижба

Абзагә Ҵәыџьба

Абзагә Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
4/4

Абзагә Ҵәыџьба

1/4

Радица Ҵәыџьԥҳа

2/4

Сарида Ҵәыџьԥҳа

3/4

Сарида Ҵәыџьԥҳа

4/4

Абзагә Ҵәыџьба

Абзагә Москва ицҭаз аԥсуа ҷкәынцәеи иареи ныҳәатә қәгыларак ҳмилаҭтә культура ӡырымгакәа ираҩрмыжьит.
"Ҳҵараиурҭаҿы еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аҿар аҵара рҵон. Урҭ рыбжьара иҟан Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала аӡбахә змаҳацызгьы. Убри аҟнытә, ҳара ҳтәыла акультура ала иӡыраҳгон", - игәалашәоит Абзагә.
Ааигәа Аҟәа имҩаԥысуаз, И. Кортуа игәалашәара иазкыз аԥсуа жәлар рмузыка арҳәагақәа роркестрқәа XI рреспубликатә фестиваль "Аԥхьарца" аҟны Ҵәыџьаа рвокал-инструменталтә ансамбль адиплом иаԥсахеит. Абзагә ари акультуратә усмҩаԥгатә алахәразы ҷыдала Москвантәи дааит.
Музыкальный фестиваль Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Аԥсны
Жәлар рашәақәа: "Аԥхьарца" афестиваль шымҩаԥысыз
Ҵәыџьаа рколлектив дахәҭакны ашәа иҳәалоит рҩыза ҷкәын Лаша Хәарцкьиагьы. Ргәыԥ Гагра адагьы, Аԥсны араионқәа рҟны имҩаԥысуа аконцерттә программақәа рахь ааԥхьарақәа рырҭоит.
Абзагә ихәыҷра анигәалашәо, уи насыԥ ацын иҳәоит. Рҭаацәаратә хәышҭаараҿы ииз аҟазара иацхрааз, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа идунеи иԥсахит, аха Ҵәыџьаа уи иџьабаа ахә ҳаракны иршьоит.
"Аиашазы, Оҭар Гьаргь-иԥа иҟамзаара даара иаҳныԥшуеит. Хықәкыла ҳҭаацәа дҳагуп, аԥсуа культура азы дцәыӡ дууп. Сара схәыҷра Оҭар Хәынҵариеи, Лев Қьецбеи, Баграт Багаҭелиеи рыда схаҿы исзаагаӡом. Урҭ ҳкультура аҿиара иаларгалаз аџьабаа ахә ашьара уадаҩуп", - инаҵишьит Абзагә.
Ҵәыџьаа рҭаацәаратә коллектив ҳкультура ахьтәы фонд иахәҭакны иуԥхьаӡартә иҟоуп. Иахьатәи ҳаамҭазы ашәаҳәареи, акәашареи, жәлар рмузыкатә рҳәагақәеи еиԥшны иззааиуа ауаа рацәаҩӡам, насгьы арҭ еиқәыԥхьаӡоу зегьы ҭеиҭԥшлеи, хымҩаԥгашьалеи, ҟазшьалеи иахьырнаало еиҳагьы ахә ушьартә иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0