Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иаиааиз ареволиуциа диктатурахоит": Алықьса Гогәуа ипублицистика иазкны

© Foto / предоставил Дмитрий Габелиа Алексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу амза 15 рзы 90 шықәса зхыҵыз аԥсуа литература аклассик, Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа изку анҵамҭақәа рцикл иацҵо, иахьа ишәыдаагалоит публицистк иаҳасабала ихцәажәо Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа.
90 шықәса ааԥынра иаԥыло ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Алықьса Гогәуа, илитературатә рҿиара инаваргыланы, аԥхьаҩцәа иаҳзынижьит асахьаркыратә жанр изҭамыгӡаз апублицистика. Гогәуа ихаҭа ауаажәларратә усқәа инапы ахьрылакыз анаҩсангьы, ифилософиатә-политикатә хәыцрақәа аԥсышәалеи урысшәалеи аԥхьаҩцәа аамҭа-аамҭала ирыдигалон, уимоу хаз шәҟәны иҭижьызгьы ыҟоуп.
Аибашьра ашьҭахь 2004 шықәсазы аԥхьаҩцәа иҳауит "Ажәа абжьы" ("Глагол") захьӡу апублицистика ажанр ала иаԥҵоу аҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы. Уи иагәылоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҩыз астатиақәеи ахәыцрақәеи. Уи адагьы, Гогәуа ишәҟәқәа рҿы хаз даҟьаны ари ажанр аҭыԥ азылихуан.
Аибашьра ҟалаанӡагьы уи ашьҭахьгьы, ашәҟәыҩҩы еснагь далагылан ҳауаажәлар рыбзазаратә-политикатә ԥсҭазаара. Уи атрибуна аҟнытә ҿырҳәалатәи ицәажәарақәа раҵкыс еиҳа изыманшәалан ҩыратә культурала ижәлар рацәажәара. Ихаҭа иазгәеиҭоит "ажәабжьҳәара сылымҵыр ҟаларын" ҳәа. Гогәуа ипублицистикеи иинтервиуқәеи, имшынҵақәеи ртема хада - Аԥсны аҭоурых, алитература аҿиара, аԥсуаа ҳабзазаратә ҭагылазаашьа уҳәа ирышьашәалоу атемақәа роуп.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Апроза иныҟәнаго апоезиа: аԥсуа литература аклассик Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иара исахьаркыратә ҩымҭақәа дрыхцәажәо далагеит:
"Иахьтәии уаҵәазы сгәы иҭоуи неиҿырԥшшәа, инеиқәырԥшшәа срыламцәажәар зыҟалом", - иҳәоит ашәҟәыҩҩы инапы иҵиххьоу арҿиамҭақәа дырзааҭгыло. Ашәҟәыҩҩы еснагь ихы аус адулара шиуалу азгәаҭо, иҩымҭақәа деиҭаргәылаԥшуеит.
"Хыла сара иахьа уажәраанӡатәи сусумҭақәа рҩышьаҿ, рстиль аҿы имаҷӡам арҿыцрақәа злагалатәу, зынӡа ирҿыцтәугьы, џьара-ҩыџьара сахьахьӡақәазгьы ыҟоуп", - иҳәоит Гогәуа хә-томкны иҟоу аизга аԥхьажәаҿы. Ус анакәха, ашәҟәыҩҩы иусумҭақәа абырҵкал икылихлар иҭахын еснагь, дырзыхынҳәуан, дрызхәыцуан. Апрозаик иҳәоит иара инапы злакыз "шамахак акәымзар, имашәыру акгьы" шыҟамыз.
Ипублицистикаҿ иаҳԥылоит: "ҳазҭагылоу аамҭа", "ауаатәыҩса еилазаараҿы ҳҭыԥ ылхуп", "аԥсуа литература иаиуит асахьаркыратә хақәиҭра" уҳәа, ҳажәлар рразҟи ркультуреи рымҩақәҵара азхәыцратә лексика.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2018
Арадио
Гогәуа "Аидгылара" азы: ҳажәлар рыҿиараҟны хсаалара зуа аҭоурых иахәҭакуп
Гогәуа ипублицистикеи ҿырҳәалатәи иқәгыларақәеи рҿы аҭыԥ ҷыда амоуп ҳбызшәа. Аамҭа иаанагоз ацәқәырԥа уи ашәарҭара ишҭанаргылоз иара еиҳагьы иныруан. Убри азы, ашәҟәыҩҩы дазхәыцуан имариамыз аибашьра ашьҭахьтәи аамаҭазы уи мҩас илнахшаз:
"Иахьагьы, уаҵәгьы ҳбызшәа, иарбан бызшәазаалак еиԥш, алитературатә тема ҿыцқәа, асахьаркыратә стиль, аконструкциа ҿыцқәа ирхыслароуп, "абаҩ" арҵәлароуп, аҿыц аҽанаршьцылароуп", - иҳәоит иара.
Абызшәа алахьынҵа дазхәыцуа 1996 шықәсазы иҩит "Ахатәы бызшәа аҟәада" захьӡу астатиа. Уаҟа иҳәоит "Иҳәынҭқарратә бызшәоуп ҳәа Аконституциа иануп, абланкқәа рҿы иарбоуп", ареалтә ԥсҭазаараҿы уи арҿиаразы иҟаҵоу шырацәам ааирԥшырц. Анаҩсан иажәа иацҵо: "ҳбызшәа абаҳаҳари ҳәа дырҩагьых ҳгәаҟгәаҟуа ҳашьҭан иахьыҟалаз иаҳәо убри ауп, убри иаагаз Аиааира аҟараҵәҟьа зҵазкуа аҽакаҿы ҳаҵахеит".
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Зырҿиарала аԥхьаҩ дзыргәырӷьо: Аҟәа иазгәарҭеит Алықьса Гогәуа иубилеи
Алитература аҿиара апроцессқәа дрызхәыцуа, Гогәуа иазгәеиҭоит ишыҟоу "абӷьыжә" иаҩызоу алитература. Ииашоуп, иара хьыӡҳәала иҳәом иарбану зыӡбахә имоу, иҳәаргьы ауан, иара ус еиԥш азин имоуп, игыдра зеиԥшроу ҳаԥшны иаҳҳәозар. "Иҟоуп зынӡа хәарҭара злам, акгьы иаԥсам, уацсгьы иаԥсам аҟазареи алитературеи рыбӷьыжә" - алкаа ҟаиҵоит ашәҟәыҩҩы истатиаҿы.
Даараӡа хшыҩзышьҭра зуҭаша акоуп ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа инапы иҵыҵыз - "Уаҵәы уҳәарцаз, иахьа уҳәахьазароуп" захьӡу Гогәуа иҿцәажәара. Араҟа иқәгылоу азҵаара ҵарқәа апрозаик инарҭбааны рҭак ҟаиҵоит. Алықьса Ноча-иԥа иаҳирдыруеит ишәҟәыҩҩратә ҟазараҿы, иажәабжьҳәаҩыз иаб анырра ду шииҭаз: "Дшынхаҩызгьы, ажәабжьҳәара уи иԥсҭазаара иабжаҵәҟьан. Аиашаз, алакә - иҟалахьоу аиԥш аԥсы ахеиҵон", - ҳәа игәалаиршәоит иара.
Алексей Гогуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Аԥсны
Ажәлар рзы ихьӡырҳәагахаз: Алықьса Гогәуа иҿцәажәара
Ажьра шәыжьра ицоит шырҳәо еиԥш, ашәҟәыҩҩы ажәабжь аиҿартәра шьҭрала ицааиуа акакәзар ҟалап. Иззымдыруа ыҟазаргьы ауеит, ашәҟәыҩҩы асахьаҭыхрагьы дшазҟазоу. Иинтервиу аҿы иҳәоит: "Сыхьӡи сыжәлеи рыда акгьы анысзымыҩуазгьы, аҩыгеи, аҭыхгеи, ақьаади зынӡа схы ианысзамырхәаӡозгьы, асахьагьы ҭысхуан".
Аиашазы, Гогәуа ифырхацәа ҩырала рсахьаҭыхраҿы, иԥсабара иалоу ацәаҩа ӷәӷәала ицхраауазар ҟалап, уи ауп урҭ рыԥшреи рсахьеи даналацәажә акыр изиқәҿио: "Лыџьымшьқәа ракәзар, ахьшь амҵәыжәҩақәа реиԥш, лхы-лҿы шьҭыхны иркушәа акәын наҟ-ааҟ ишцоз" ("Аҽыкәаҳа").
Ашәҟәыҩҩы апеизаж аарԥшраҿгьы инубаалоит асахьаҭыхратә ҟазара: "Амра аҭашәарахьы ахы анарха, ашьхақәа "ирҿырхыз" аԥсҭҳәақәа еиманы игәагәо ажәҩан иааҵалт"; "ҿыц иааргаз аҭаца леиԥш иҽырбо игылоуп уи аца ҵла" ("Аҽыкәаҳа"). "Зегьы ирҳәон сара асахьаҭыхҩы дсылҵуеит…", - иажәа иалан ихәыҷра анигәалаиршәоз.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара: аҳәса рлахьынҵақәа Алықьса Гогәуа ипрозаҿы
Аиашазы, Гогәуа дызҿу адунеи асахьа аҭыхроуп, аха апрозатә жанр ауп уи хырхарҭас ишьҭихыз, ақыцә акәымкәа. Гогәуа ипублицистикатә хәыцрақәа уанрыԥхьо, адунеитәи алитературеи аҭоурыхи бзианы ишидыруа убоит. "Америкатәи аиндеиаа ирзыркыз аҩымҭақәа: раԥхьа иргылан Лонгфелло "Гаиавата иашәақәа", Фенимор Купер иҩымҭақәа. Дара иахьагьы иҟоуп, асахьаркыратә мчгьы рцәымӡыц, аха урҭ егьа рыԥсҭазаара идеализациа азырузаргьы, индеиаа рыԥсҭазаараҵәҟьеи рпсихологиаҵәҟьеи дареи хәыки-шьхаки рыбжьоуп", - ҳәа азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы, амилаҭ ирылагылоу, рцәа-ржьы иалҵыз ашәҟәыҩҩы рдоуҳа аарԥшра еиҳа ишизыманшәалоу дазхәыцуа.
Ашәҟәыҩҩратә культураҿы акыр ихадараны Гогәуа иишьо аиашаҳәароуп: "Иахьа аиашаҳәаразы амҩа аатит, - иҳәоит иара аибашьра ашьҭахь, асоветтә кониунктура шьҭахьҟа ишцаз азгәаҭо, - убри аҳәаразы ашәҟәыҩҩы аретроспективатә аамҭахь дмиасыр ауӡом", - алкаа ҟаиҵоит анаҩс.
Алықьса Гогәуа ипроза аинтерес шаҵоу еиԥш, ипублицистикеи, иҿцәажәарақәеи хшыҩзышьҭра зуҭаша, узырхәыцуа роуп. Амчра аҽаԥсахреи, аполитикцәа иҟарҵо анырреи ашәҟыҩҩы еснагь игәҭыхан. Ироман "Асду" аҿы фырхаҵа хадас иҟоу ареволиуциа згәазыҳәо Мсоусҭ ихаҿсахьа дазхәыцуа, Гогәуа иҩит зымакра уадаҩу аксиома: "Иаиааиз ареволиуциа диткатурахоит, иара амчра, уи аиқәырхара мацара иашьҭалоит, уажәраанӡа зинтересқәа ахьчоз, ианаҭахха ԥсаҭатәыс иҟанаҵоит…".
Асду анлеизтәи аҭоурыхқәа акыр рхылахьазаргьы, автор адиктатура атема баша ишьҭихрымызт. Аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаараҿы имҩаԥысуаз ареволиуциатә цәырҵрақәа рылҵшәақәа иаргьы ибарҭоуп.
Ашәҟәыҩҩы Гогәуа амемуартә жанргьы давымсит, рыцхәла иарбоу "Аамҭа ашьҭақәа захьӡу" икьаҿу имшынҵатә нҵамҭақәа аамҭа-аамҭала ажурнал "Алашара" аԥхьаҩцәа ирыднагалоит. Урҭ аԥсҭазаара иаҟәырҷахоу афрагментартә нҵамҭақәагьы иаадырԥшуеит ашәҟәыҩҩы аԥсадгьыл алахьынҵеи аԥсуа литература аҿиареи гәыҵхас ишимоу.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Амацәыс агьама зхьысыз…
Аибашьра ашьҭахь ҩышықәса рнаҩс апрель аки аабеи рыбжьара имшынҵаҿы иҩуеит: "Аԥсрақәа рацәахеит. Иахьагьы ҳаҷкәынцәа аҭахара иаҿуп. Гал хҩык ршьит, аҽа хҩык рхәит. Ирхәыз даргьы ԥыҭҩык ларышьҭит, рабџьар рымырхит…". Ас еиԥш иҟоу аҩырақәа ҭоурыхтә нҵамҭақәоуп, ашәҟәыҩҩы урҭ ахҭысқәа зегь еиԥкааны иаҳзынижьит. Даҽаџьара ҳаԥхьоит Гогәуа алитература аҿиара дшазхәыцуа ҳзырбо ацәаҳәақәа: "Ҳлитература ахаҭа апроблемақәа амоуп. Раԥхьа иргылан иаҵагыло маҷыҩхеит". Гогәуа имшынҵақәа ҳара ҳазхаану ахҭысқәа еиҭаҳгәаладыршәоит, анаҩстәи абиԥара рзы уи хәы змам архивтә нҵамҭақәаны иаанхоит.
Даараӡа иуасиаҭажәоу ахәыцрақәа ааирԥшуеит "Анцәа иҿы иҭыҵуа иарбан ажәазаалак" захьӡу истатиаҿы. Аиааира иаҳгаз ахьчара шаҭаху ҳардыруа, Гогәуа абас еиԥш иҟоу ажәақәа рхы ирхоит аԥхьаҩцәа рахь: "Ҳара иахьа шьала иаагоу ҳхақәиҭра аԥхьа иҳаргыло аҽакы ыҟаӡам. Ахақәиҭра ламыс усуп, ишахәҭоу аныҟәгара аҭахуп…".
Алықьса Ноча-иԥа ажәабжьқәеи ароманқәеи рыҩра дшазҟазоу еиԥш, ипублицистикаҿы ахшыҩҵак ссирқәа ҳзынижьуеит, уи иазҿлымҳахо абиԥарақәа ҟалоит ҳәа агәыӷра иманы.
Шьардаамҭа, Алықьса Ноча-иԥа!
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Аиубилеитә ҭоурых: Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0