Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инапы ашьҭыхра илшонаҵы дыҩуан: Алықьса Аргәын игәалашәаразы

© Foto / предоставлено Радой АргунЮрий Аргун
Юрий Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 10 рзы иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 85 шықәса ихыҵуан ашәҟәыҩҩы, адраматург, аҵарауаҩ, апрофессор Алықьса Аргәын. "Алықьса Аргәын ҳаԥсуа литературеи ҳкультуреи рҿы даара аџьабаа збаз, иреиӷьу ҳинтеллигентцәа хатәрақәа дреиуоуп" ҳәа иҩуеит апоет Анатоли Лагәлаа.
Ҳазну амза, мшаԥымза 10 рзы 85 ҵит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, Аҳәынҭқарратә усзуҩы Алықьса Хәыта -иԥа Аргәын диижьҭеи. Уи ҳаԥсуа культуразы иҟаиҵаз, иҭижьыз ашәҟәқәа реиқәыԥхьаӡара мацара уалагаргьы даара акрыҟоуп, ҵакылагьы хыԥхьаӡаралагьы. Сара сқәыԥшын, аха ибзиан исгәалашәоит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иалагаанӡа уи Аԥсны акультура аминистрс даныҟаз. Усҟан Аԥсны Ахада ҳәа ахьӡ ҟамлаӡацызт, иҟаз, Аԥсны Апартиатә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ иакәын. Уи аамҭазы Аԥсны убри аҭыԥ ааникылон даара хшҩлагьы гәаӷьлагьы еиқәшәаз, Борис Виктор иԥа Адлеиба. Ибзианы исгәалашәоит, Борис Виктор-иԥеи, Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Аргәыни Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол аҿы ианнеиз. Усҟан ашкол адиректорс дыҟан Аԥсны аҵара-ааӡара аусаҿы даараӡа акыр аџьабаа збахьаз, Очамчыра араион еиԥш, Аԥсны зегьы ибзиан еицырдыруаз арҵаҩ бзиаӡа, ажәеинраалақәагьы зҩуаз Спирдон Дмитри-иԥа Адлеиба. Арҭ ауаа знеиз ааигәа Ҷлоу иҟаларан иҟаз Баграт Шьынқәба ииубилеи ишахәҭоу аиҿкаараз азҵаарақәа рыӡбараз акәын, аха убри инаԥшьны ҳашколаҿгьы инеит, иҳагыз иҳабзаз иазҵааит, Алықьса Аргәын акыраамҭа аԥсуа культура аҿиареи аизҳареи иазкны инарҭбааз алекциа бзиаӡа даҳзаԥхьеит. Убри аахыс сара уи ихьӡгьы ижәлагьы, исахьагьы, иччаԥшь ҳалалгьы сыла ихгылоуп.
Алексей Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2022
Аԥсны
Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны
Ашьҭахь сара ажурнал "Алашарахь" усура саниас, хара имгакәа апроза аҟәша аиҳабыс сҟарҵеит, лахьынҵасгьы исоуит иреиӷьӡоу ҳапрозаикцәа зегьы рҩымҭақәа раԥхьаӡа рыԥхьара, анапы рыҵгара, рацәажәара. Ибзиаӡан исгәалашәоит Алықьса Аргәын папка еиҵәак иҭаҵаны иманы даннеиз Максим Горки ироман "Мать"- "Ан" аԥсшәахь еиҭаганы:
- Абри ароман шықәсык аиҭагара саҿын, даара исҭахуп ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа ибзианы ирылаҵәар, иаԥхьар, уи аҩыза алшара шәара шәжурнал иснаҭозар, сџьабаа мыӡит ҳәа сгәы иаанагоит! Иара Горкигьы Аԥсны даахьан, бзиа ибон, аԥсуаагьы иара иҿаԥхьа убри ала ҳуал ҳшәеит ҳәа ирыԥхьаӡалап убри нахыс!..
- Шәара еиҭажәгаз аҩымҭа ду амҩа шԥаҳамҭо, хымԥада иаҳкьыԥхьуеит!_- сҳәеит саргьы аредактор хада сара сакәушәа аҭакԥхыкәрагьы схахьы иганы.
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Мушьни Лашәриа, Алықьса Гогәуа, Алықьса Аргәын
Алексеи Аргун  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Мушьни Лашәриа, Алықьса Гогәуа, Алықьса Аргәын
Убри нахыс Алықьса ирлас-ырласны иновеллақәеи ипеисақәеи иманы ҳжурналахь днеиуан, саргьы даара сишьцылеит, сиҩызаҵәҟьоушәа схы збо аҟынӡа снеигеит иара иуаҩреи иҟазшьа хааи ирыбзоураны.
Абра исгәаласыршәар сҭахуп иареи сареи иҳадҳәалоу даҽа хҭыскгьы. Абар шьҭа хәбаҟа шықәса ҵуеит, зыԥсаҭа бзиахаша, ааигәаӡа зыԥсҭазаара иалҵыз, ашәҟәыҩҩы Владимир Басариа аҭел дысзасит, сҩымҭақәа сышрылаз исыԥшааз закәу удыруама, иудырыр даара уеигәырӷьоит ҳәа?!
- Иуԥшааи?! - сҳәеит саргьы иааџьашьаны, - уиазгьы-уиазгьы сзеигәырӷьаҵәҟьо ииԥшаарыз ҳәа!
- Абра избеит ажәытә машьынкала икьыԥхьу уҩызцәа Виачеслав Ҷыҭанааи, Енвер Ажьибеи, уареи Алықьса ишәзикыз, ахаан џьаргьы акы ианымлац астатиа бзиаӡа!
Саргьы азныказ даара иааџьасшьеит, Алықьсеи сареи убриаҟара ҳаизааигәан, астатиа ҳзикхьазҭгьы, аӡбахә уажәраанӡа изласмаҳацыз ҳәа.
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Алексеи Аргун
Алексеи Аргун  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Алексеи Аргун
Адырҩаҽн ашьыжь Владимир Басариа исиҭеит уи астатиа, ԥыҭрак ашьҭахь ажурнал "Алашарагьы" ианаҳҵеит, уажәы убрантәи ишәзаазгар сҭахуп истатиа ахәҭак аҿар шаҟа гәыкала даҳзыҟаз зныԥшуа ахараӡа иԥшуаз ҳашәҟәыҩҩы бзиа:
ХҨЫК АИҨЫЗЦӘА, АПОЕТЦӘА…
Абраҟа зыӡбахә сҳәарц сҭаху х-ҩык еизааигәоу, еиҩызцәоу, еснагь еицу, инеибеиԥшны зхы-зҿы зхаччо хыбрак аҵаҟа аус еицызуа апоетцәа Енвер Ажьибеи, Анатоли Лагәлааи, Виачеслав Ҷыҭанааи роуп. Сара урҭ рпоезиатә рҿиамҭақәа сышрылацәажәогьы, урҭ инарҵауланы реилыргара акәӡам сгәы иҭоу. Уи даҽа зҵаароуп, даҽа знеишьак аҭахуп, насгьы рыхҩыкгьы неидкылан рырҿиаратә мҩа статиак аҿы алацәажәара иагьиашахаӡом. Сара абарҭ рыхҩыкгьы апоетцәа рҩымҭақәа санрыԥхьоз, схәыцраҿ иҿиаз еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа, дара убарҭ ашәҟәқәа рдаҟьақәарҿ ианысҵақәаз роуп схаҭагьы ԥхьаҩык иаҳасабала аԥхьаҩ изназго. Хыхь зыӡбахә сҳәаз апоетцәа рыхҩыкгьы раԥхьаӡа иргылан узлареигәырӷьаша рхы-рҿы ацқьареи, блаҭаҵәахыла акәымкәа — блаччала ауаҩы иҿаԥшреи, насгьы иеигәырӷьареи иацәажәареи ахьрылшо ауп. Ааи, ааи благәыҭбаарылеи, намыстә ԥсыцқьарылеи ауаҩ бзиа иҿагәыбзыӷуа блала аҭаԥшра ахьрылшо азы ауп еиҳарак рыхҩыкгьы иналкааны пату зрықәысҵо. Џьоукы-џьоук реиԥш урҭ аиҵашьыцратә чмазара рхы-рҿы амыржьакцаӡац, рыԥсы аԥхара мхәанчаӡацт, рыблақәа алаҟьаб ахымлаӡац. Енвер Ажьибеи, Анатоли Лагәлааи, Виачеслав Ҷыҭанааи рыхҩыкгьы ақыҭаҿ иит. Ишхәыҷӡаз аԥсуа жәлар рлакәқәа ауаҩреи, аԥсыцқьареи, абзиабареи, афырхаҵарақәеи ирхылҵуаз аҳалалреи агәыҭбаареи рыла иҩычахеит урҭ ахҩыкгьы рдунеихәаԥшышьа. Рабацәеи рабдуцәеи рахьтә ираҳаз ажәа ҟәышқәа, ажәа раӡақәа рыбзоурала иҿыхеит, рҽеиҵырхит урҭ ахҩыкгьы рхәыцратә "ԥсаатәқәа", ргәаҿы иҿиеит рыԥсадгьыли рыуаажәлари ирызкыз абзиабара. Уи ус шакәу ҳдырбоит аа, абар А. Лагәлаа ицәаҳәақәа:
"Сарҭынчуам сыгәҭыха, сцалароуп сышзахәо,
Са гәыӷрак зысҭаз зегь гәырӷьо иааԥшуеит.
Ианысымҳәо: сыдгьыл агәаҟра сабахәо?
Сыжәлар зегь рыгәнаҳа сҿаҵәан схәаҽуеит".
Ужәы абра даҽазныкгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп Алықьса Хәыта-иԥа инысымҩа, уи даҽазныкгьа агәра ҳнаргоит иԥсҭазаараҿы ауаҩы иагьа хкы дрықәшәаргьы, егьа гәырҩа ихигаргьы, ҩнуҵҟала дыӷәӷәазар, зегьы дшыриааиуа:
Аԥсуа ҟазараҭҵааҩы, атеатрҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы Аргәын Алықьса Хәыта-иԥа диит мшаԥы 10 1937 шықәсазы Аԥсны, Тҟәарчал ақалақь аҿы. Аҟазараҭҵаара адоктор, апрофессор ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара даԥсахеит 1991 шықәсазы. Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихырҵеит 1982 шықәсазы. Иара СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа, анаҩс Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дрылахәылан, Аԥсны Акомпозиторцәа реидгыла далан. 2007 шықәсазы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан арҵага шәҟәы "Художественная культура абхазов" азы. Иара убри ашықәс азы "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара дакавалерхеит.
1965 шықәсазы Тҟәарчалтәи актәи абжьаратәи ашкол даналга, дҭалеит А.В. Луначарски ихьӡ зху атеатртә ҟазара аҳәынҭқарратә институт (иахьа - Урыстәылатәи атеатртә академиа), абри аинститут аҟноуп акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа ахьихьчазгьы.
Аус иуан ақыҭаҿы рҵаҩыс, 1968 шықәсазы Очамчыратәи акультура араионтә ҩны асахьаркыратә напхгаҩыс диаргоит. 1970 шықәса инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, аамҭакала алекциақәа дрыԥхьон А.М. Горки ихьӡ зхыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны. 1972 шықәса ажьырныҳәа 7 нахыс Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректорс дҟалоит. 1973 шықәса ԥхынгәы 15 рзы С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректорс дарҭоит. 1973 шықәса анҵәамҭа инаркны 1986 шықәсазынӡа Аԥсны акультура аминистр имаҵура дахагылан. Уи нахыс Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә иститут аҟазара аҟәша деиҳабын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиеи акультурологиеи ркафедра дапрофессорын. Алықьса Аргәын заа дазҿлымҳахеит алитература. 1965 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа ажурнал "Алашара" аҟны икьыԥхьит ановеллақәа рацәаӡаны, еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵанакуа адраматә ҩымҭақәа жәиԥшь. С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылон ипиесақәа, иара убас ԥыхьатәи СССР ареспубликақәа жәпакы ртеатрқәа рсценақәа рҿгьы.
Иара жәаба инареиҳаны асакьаркыратә ҩымҭақәа реизгақәа дравторуп, иара убас алитература-критикатә уҳәа астатиақәа. Урҭ ркьыԥхьуан аԥсышәалеи, урысшәалеи, қырҭшәалеи ажурналқәа "Алашара", "Аԥсны аҟазара", "Собчаҭа Хеловнеба", "Театралури моамбе", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны" уҳәа рҟны. Ҩажәа инареиҳаны аҭҵаарадырратәи аҭҵаарадырратә-еилуркаартә иҟоу аусумҭақәа ҭижьит аԥсуа театри, атеатри акинои рактиорцәеи, арежиссиорцәеи, амилаҭтә культура егьырҭ аусзуҩцәеи, арҿиаратә коллективқәеи аҟазареи ртеоретикатә уадаҩрақәа ирызкны.
Алықьса Аргәын инапы иҵыҵыз аԥсышәала иҩу асахьаркыратә ҩымҭақәа иреиуоуп: "Апиесақәа реизга", "Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа", "Ҿамҩак аӡы. Апиесақәа", "Атама гәаӷь. Ановеллақәа", "Редед. Ановеллақәеи апиесақәеи".
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Алықьса Аргәын ишәҟәы "История абхазского театра"

Алықьса Аргәын ишәҟәы "История абхазского театра" - Sputnik Аҧсны
1/3

Алықьса Аргәын ишәҟәы "История абхазского театра"

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Алықьса Аргәын ишәҟәы "Абхазия: ад в раю"

Алықьса Аргәын ишәҟәы "Абхазия: ад в раю" - Sputnik Аҧсны
2/3

Алықьса Аргәын ишәҟәы "Абхазия: ад в раю"

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Алықьса Аргәын ишәҟәы

Алықьса Аргәын ишәҟәы  - Sputnik Аҧсны
3/3

Алықьса Аргәын ишәҟәы

1/3

Алықьса Аргәын ишәҟәы "История абхазского театра"

2/3

Алықьса Аргәын ишәҟәы "Абхазия: ад в раю"

3/3

Алықьса Аргәын ишәҟәы

Аурысшәахь аиҭагақәа иреиуоуп: "Песнь о сердце: Драма в 2-х частях, 6-ти картинах", "Горы смотрятся в море: Драма в 2-х частях", "Глоток воды. Пьеса-сказка: В 2-х действиях", "Да не угаснет мой очаг (Лирические и грустные сцены из жизни абхазского села): В 2-х действиях", "Горы смотрятся в море. Пьесы", "Дом горел, и песню пели... Новеллы", "Абхазия: ад в раю... (Беседы с погибшим сыном Баталом)", "Редед — князь адыгов. (Историческая новелла)".
Аԥсышәала иҭыҵыз иҟазараҭҵааратә усумҭақәа иреиуоуп: "Имааԥсаӡо агәы", "Ицәажәо аблақәа", "Аестетика адунеи"; урысшәала: "Абхазский театр", "История абхазского театра", "Абхазский государственный ордена "Знак Почета" драматический театр им. С. Я. Чанба", "Абхазский театр и фольклор", "Шарах Пачалиа — народный артист СССР", "Поет ансамбль абхазских долгожителей "Нартаа", "Народные танцы абхазов", "Ткуарчальский Абхазский государственный театр комедии им. Ш. Пачалиа", "Художественная культура абхазов", "Многоликий Джарнас".
Алексей Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2019
Қорсаиаԥҳа: Алықьса Аргәын аҟазара ду илан, ицəажəара агəыбылра ду ацын
Иара убас Алықьса Аргәын иҭҵаарадырратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥиҵеит аԥсуа культура ганрацәала иазааԥсахьаз аҟазауаа ирызкыз аусумҭақәа. Урҭ ззикыз иреиуоуп Шәарах Ԥачалиа, Константин Ковач, Софа Агәмааԥҳа, Едуард Бебиеи ансамбль "Шьараҭыни", Уасил Царгәыши Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә акәашаратәи ашәаҳәаратәи ансамбли, Шьалуа Гыцба, Вадим Судаков, Анна Аргәын-Коношок.
Алықьса Аргәын аԥсуа қырҭуатә еибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа иԥшәма ԥҳәыси иареи Аҟәа иалахан иҟан, иҷкәынцәа аҩыџьагьы Мрагыларатәи афронт аҿы аӷа иҿагылан, хаҵарылагьы рыԥсадгьыл заҵә рхақәырҵеит. Аха сара зныкгьы исымбеит Алықьса ҳаиԥыларақәа рҿы, ирацәаӡаны ҳаиқәшәарақәа рҿы, игәырҩа далацәажәо, сара исыхьыз аҩыза аӡәы имыхьыцт ҳәа машәыршәагьы иҿыҵҟьо… Уимоу, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьанҭқәа раан, аԥсҭазаара даара ицәгьахеит анаҳҳәалак, иара арахь ҳгәы ирыӷәӷәон, даҽа ԥыҭрак иаашәычҳа, нас аԥсҭазаара бзиа ҟалоит ҳәа. Уи изҭаз агәыцқьа аҩыза агәы зызҭаз дмаҷын, избанзар, иара дзықәгәыӷуаз иҵәатәы шьаҟақәа иԥсадгьыл иахҭниҵеит, аха иеиқәхаз ижәлар рҵеицәа зегьы иара итәушәа ибауан, дрықәгәыӷуан…
Алықьса игәамбзира данакы, аҩны дыздәылымҵуа даналага, ашьақар чмазара иахҟьаны илақәа зынӡа ицаӡаанӡа, игәы иҭаз зегьы иҩыр, дахьӡар иҭаххеит. Аиашаз, дзыхьӡаз даара ирацәоуп, мчы кәарак иланаҵы, иарӷьа напы ашьҭыхра илшонаҵы, ижәлар фырхаҵа ирхыргаз, аӷа ицәшәаны рыгәқәа шеиҭамԥаз, аԥсуа иԥсадгьыли иламыси ахьчашьа шидыруа, ианаҭаххагьы ихы шақәиҵо, адунеи зегьы иаирбеит.
Алықьса Аргәын иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа рашәара 29 2008 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0