Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу аилатәара: алҵшәақәа реихшьала

© Foto / Кабмин Абхазии премьер-министр Александр Анкваб провел очередное заседание Правительства Республики Абхазия, на котором рассмотрено свыше 10 вопросов.
премьер-министр Александр Анкваб провел очередное заседание Правительства Республики Абхазия, на котором рассмотрено свыше 10 вопросов. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа лаҵара 31 рзы азҵаарақәа жәаба инареиҳаны ирыхәаԥшит.
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аҩаша лаҵара 31 рзы имҩаԥигеит Аԥсны Аиҳабыра изаамҭанытәиу реилатәара, уи аҟны иахәаԥшын азҵаарақәа 10 инареиҳаны, абри атәы аанацҳауеит Аминистрқәа реилазаара асаит.
Аилатәара ианалага, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ирыдылгалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аграждантә авиациа аусзуҩцәа 2022-2025 шықәсқәа рзы разыҟаҵаразы Аплан апроект. Ари адокумент аиҳабыра ирыдыркылеит.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵара иақәшаҳаҭхеит
Анқәаб инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазазы ззанааҭ иазҟазоу акадрқәа разыҟаҵара аҵак ду шамоу, уи аартразы алшарақәа шыҟоу ҳасаб азууазар. Аҳаиртә баӷәазаҟны аус руроуп хырхарҭа рацәала азанааҭқәа змоу аҟазацәа – авиадиспетчерцәа, аинженер-техникатә усзуҩцәа, аныҟәарақәа еиҿызкаауеи адгьыл аҿы аҳаирпланқәа гәазҭои аусзуҩцәа. Астудентцәа аҵара дырҵареи уажәазы иҟоу акадрқәа разыҟаҵареи иахылаԥшларц адҵа риҭеит Аекономика аминистрра.
Анаҩс аминистрцәа ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы афымцатә мчхарақәа рышьақәырӷәӷәаразы Аԥҟара. Адокумент ишьақәнаргылоит атәылаҿы афымцамчхара иаку аоператор атрафик ахь иарбанзаалак аобиект аҽаԥнашьразы аԥҟара, ахархәаратә лимитқәа уҳәа.
Иара убас аилатәараан ишьақәдырӷәӷәеит Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа-2022" анагӡаразы аусбарҭабжьаратә комиссиа хаҭалатәи алахәылацәа. Уи иалалеит Апарламент адепутатцәа Рашида Аиба, Ерик Рштуни, Баҭал Џьопуа.
Ключи от квартиры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Аԥсны
Анхарҭаз аҳәынҭпрограмма алахәхаразы зқьы рҟынӡа арзаҳалқәа нашьҭын
Уи адагьы, иақәшаҳаҭхеит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Урыстәыла Аҿар русқәа рзы Афедералтә маҵзуреи реилибакааразы Амеморандум апроект.
Аԥсахрақәа алагалан Аԥсны Аимадаразы аҳәынҭеилакы Аколлегиа аилазаара, ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы асахьаркыратәи даҽа литература хкыки рҭыжьразы аҳәынҭқарратә ҿаҵа Аплан.
Ажәабжьқәа зегьы
0