Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аҽазыҟаҵара, алхрақәа, аӡазы ашәахтә ацҵара

© Sputnik / Леон Адлейба Набережная Сухума
Набережная Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2022
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны ахада аԥсшьараҟынтәи дхынҳәит, аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аҽазыҟаҵашьа иазкыз аилатәара мҩаԥигеит, Аҟәа имҩаԥысит апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур.
Рашәара 6-12 рзы имҩаԥысыз абарҭи егьырҭ акрызҵазкуа ахҭысқәеи Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсшьараҟынтәи ахынҳәреи атуристцәа аԥхынра рыдкылара азҵаареи

Рашәара 6 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусураҟынтә ԥсшьара дахьыҟаз дхынҳәит. Рашәара 8 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аҽазыҟаҵара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәа рхадацәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.
Аԥсны 2022 шықәса рзы аԥсшьара 20-30% рыла ахә иацлар алшоит.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ари здиҳәало адунеи аҿи Урыстәылеи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ауп. Убри аан, Хышба идыррақәа рыла, атәылаҿы аԥхынра аламҭалаз аԥсшьаҩцәа рнырхарҭақәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Уажәы Аԥсны иҟоуп 683 аԥсшьаҩцәа рнырхарҭақәеи 36591 иара-ҭыԥи.
Таймураз Хишба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Аԥсны
Атуризм аминистр: Аԥсны 2022 шықәса рзы аԥсшьара 20-30% рыла ахә иацлар алшоит
Аԥсны ақьафурҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи рҟны ахәқәа шьҭырхыр ҟалоит.
Хышба ишиҳәаз ала, уи ахҟьоит афатәқәа рыхә иахьацло. Бжьаратәла азеиԥш крыфарҭаҿы 500-700 мааҭ шәатәуп, акаҳуажәырҭаҿы - 1700 мааҭ рҟынӡа, ақьафурҭақәа рҿы - 2500 мааҭ.
Аԥсны амилициа аԥхынразы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп.
Аԥсшьарахь иҟаз амилициа аусзуҩцәа аусурахь ирхынҳәын аԥхынразы аус рурацы. Уи адагьы, амилициаа шьапылеи автомашьыналеи амҩақәа рҿы агәҭарақәа мҩаԥыргалоит, аԥсшьаҩцәа еиҳарак изҭаауа аҭыԥқәа рҿы ахылаԥшра дырӷәӷәоит.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Аԥсны
Быҭәба: Аԥсны амилициа аԥхынразы ирӷәӷәоу аусуратә режим ахь ииагоуп
Аԥсны ахәшәтәырҭақәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазыхиоуп.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аҳәамҭа ҟаиҵеит ахәшәтәырҭақәа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа иазыхиоуп ҳәа – ааигәа иаахәан ацхыраара лас амашьынақәа быжьба, амедусҳәарҭақәа иахәҭоу ахәшәқәеи амаругақәеи рыла еиқәыршәоуп.
Больница в городе Ткуарчал после ремонта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны ахәшәтәырҭақәа аԥхынтәи аԥсшьараамҭа иазыхиоуп иҳәеит
Ачымазцәа рхыԥхьаӡара анеизҳауа аамҭазы, иаҭахханы иҟалар, аҳақьымцәа ргәыԥқәа дәықәҵахоит Гагреи Пицундеи рмедусҳәарҭақәа рахь.

Адепутатцәа ралхрақәа

Асабша рашәара 11 рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь иалырхуан 8-тәи (Алашарбагатәи) алхратә ҭыԥ хадаҟынтәи адепутатцәа. Апарламент ахь иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - Леон Гәбази Наур Нарманиеи.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира игеит Наур Нарманиа.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2022
Аԥсны
Алхратә комиссиа хада Наур Нарманиа Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дҭарҩит
Амҽыша рашәара 12 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥысит. Аҭыԥантәи адепутатрахь иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - Енвер Чамагәуеи Аслан Џьопуеи. Алхрақәа азгәаҭан ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи депутатс иҟаз Нарсоу Салаҟаиа Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс дахьалырхыз азы.

Ақыҭақәеи ақалақьқәеи рзы акодқәа

Аԥсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи акодқәа рырҭеит. Аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аизга "Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә –дгьылҵакырала ашашьа" еиқәнаршәеит.
Аҭыжьымҭа аус еиҭадулоуп, 1992 шықәса инаркны иахьатәи аамҭанӡа Аԥсны анхарҭа ҭыԥқәа рыхьӡқәа аиҭакрақәа зегьы рыла ихарҭәаауп.
Документы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2022
Аԥсны
Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи административтә-дгьылҵакырала акодқәа рыҭоуп

Азхаҵаразы ажәалагала

Иементәи ареспублика Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит.
"Ҳара Иемен даара ҳазҿлымҳауп. Аха уа уажәы аҭагылазаашьа уадаҩуп, аграждантә еибашьра цоит уҳәар ҟалоит. Хымԥада, ҳара ҳацклаԥшлоит уа ахҭысқәа шцало. Аҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы, аҭынч ԥсҭазаара шьақәгылап ҳәа агәыӷра ҳамоуп, уи ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ашьаҭа ҳкып", - ҳәа Иемен иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит Хәытаба.
Город Мукалла - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Аԥсны
Иемен Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит

Ақыҭанхамҩазы алагала

Аҟәа араион ахадара ақыҭанхамҩа арҿиара иазырхоу ахықәкытә программа аусура иаланаргоит.
Агрант аиуразы иқәыргылахо апроект азкызар ауеит:
абаҳчааӡара,
акәтааӡарҭа ма ачааӡарҭа,
Ԥсҳәы ақыҭан ҩ-гектарк адгьыл азырхианы акартош алаҵара.
Ари апрограмма алахәхаразы Аҟәа араион анхацәа арзаҳали апроект иаазыркьаҿу ахҳәааи наргароуп араион ахадарахь ԥхынгәы 18 рҟынӡа, акыршықәсатәи аҵиаақәа рааӡара акәзар ргәы иҭоу, мамзаргьы жьҭаара 1 аҟынӡа, акәтааӡарҭа ма ачааӡарҭа аиҿкаара ргәы иҭазар. 2021 шықәса рзы араион аҿы қәҿиарала аиԥш зеиԥшу апрограмма нарыгӡеит.
Вид на село Нижняя Эшера - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2022
Аԥсны
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа арҿиаразы апрограмма аусура иаладыргоит

Аӡы ахә

Аҟәа аӡазы ахә 100% рыла ишьҭырхыр ҟалоит. Уи амзызқәа иреиуоуп афымцалашаразы ахә ахьышьҭыҵуа азы. Аҟәатәи "Аӡыканал" аҿы иахәҭоу адокументқәа реиқәыршәара иаҿуп ақалақьтә еизарахь ашьақәырӷәӷәаразы инарышьҭразы.
Уажәазы Аҟәа аԥхьаӡагақәа ззықәгылам мызкахь 40 мааҭ ршәоит аӡәы изы. Анаплакқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аԥхьаӡагала 4 мааҭк кубометрак азы. Убри аан ахазхаҿқәа рахьтә 20-25% роуп аӡы ахә ахызшәаауа.

Ауалқәа шәатәуп

2022 шықәса хәажәкырамза аахыс Аԥсны анаплакқәа 4,5 миллион мааҭ инареиҳаны рыхә ауал рылгоуп. Аԥсны апрокуратура хада АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу анаплакқәа ишыршәо азы изаамҭанытәим агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит ааԥынра алагамҭазы.
Анаплак маҷқәа рнапхгаҩцәеи хаҭалатәи анаплакҩцәеи руал ршәарц азы агәаҽанызаара рыҭан.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Аԥсны
Апрокуратура хада "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу ишыршәо азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит
Ажәабжьқәа зегьы
0