Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Бжьаниа инашьҭымҭа, аҳақьымцәа рҳамҭақәа, Петербургтәи афорум

© Sputnik / Томас Тхайцук Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту
Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2022
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа Апарламент ахь анацҳамҭа ҟаиҵеит, Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь алхрақәа мҩаԥысит, акоронавирус иаҿагыланы иқәԥоз аҳақьымцәа аҳамҭақәа рырҭеит.
Рашәара 13-19 рыбжьара иҟалаз абарҭи егьырҭ ахҭысқәеи рыхҳәаа шәаԥхьа Sputnik есымчыбжьатәи аизгаҿы.
Sputnik

Ахада инацҳамҭа

Амчыбжьан ихадоу ахҭыс акәхеит рашәара 16 рзы Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара адепутатцәа рахь иҟаиҵаз анагӡаратә мчра аусура ахырхарҭа хадақәа ирызкыз анацҳамҭа.
Атәыла ахада еиҭеиҳәеит акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы аиҳабыра шықәԥоз. Иара иажәақәа рыла, 2020 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны акоронавирустә ҿкы аԥырҟәҟәаразы иақәхарџьуп миллирадки 18 миллион мааҭи.
Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Қырҭтәыла активла арбџьармчқәа еизнарҳауеит
Бжьаниа еиҭеиҳәеит ахәшәтәра, аҵараҵара, аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхра ишрықәхарџьыз 803 миллион мааҭ.
2020 шықәса инаркны 2022 шықәса рашәара 1-нӡа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара рзоужьуп аҳәынҭқарратә хықәкытә программақәа 12. Зеиԥшла урҭ ирзоужьын 464 миллион мааҭ иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада инацҳамҭаҿы рыӡбахә иҳәеит астатистикатә дыррақәагьы. Иара иазгәеиҭеит 2021 шықәса рзы Аԥсны аҩнуҵҟатәи азеиԥш хашәалахәы ишартәаз 37 миллиард 751 миллион мааҭ.
Ҳагба Атәыла хада Апарламент ахь ишьҭымҭаз: иҵарны иқәгылаз азҵаарақәа зегьы азгәаҭан - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2022
Арадио
Ҳагба Атәыла хада Апарламент ахь инашьҭымҭаз: иҵарны иқәгылаз азҵаарақәа зегьы азгәаҭан

Алхрақәа рылҵшәақәа

Рашәара 12 рзы имҩаԥысыз Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь алхратә ҭыԥ №14 аҿы адепутатцәа ралхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалеит. Урҭ ирылахәын ҩыџьа акандидатцәа - Енвер Чамагәуеи Аслан Џьопуеи. Аиааира игеит Чамагәуа.
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2022
Аԥсны
Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалеит
Асиа хадаҿы ианын 2507-ҩык алхыҩцәа, асиа цҵаҿы - 50. Рыбжьы рҭиит 890-ҩык. Ибжьыхын абиуллетенқәа 27.
Алхрақәа азгәаҭан ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи депутатс иҟаз Нарсоу Салаҟаиа Аԥсны Жәлар Реизара VII ааԥхьара адепутатс дахьалырхыз азы.

Агуманитартә миссиа

Аԥсны Донбасс иазыҟанаҵо ацхыраара иацнаҵоит. Рашәара 13 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә еидара рыманы.
Разрушенная промзона в Рубежном - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Аԥсны
Лев Кәыҵниа Луганск афронт иаԥну ацәаҳәа даҭааит
ЛЖәР аиқәырхаҩцәеи дареи ргәы иҭоуп аибашьраан еилаҳаз, иԥхасҭахаз аинфраструктура аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа.
Уи адагьы, Аԥснынтәи Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь инаргеит 10 тоннак агуманитратә еидара, уи иалоуп кыраамҭа иԥхасҭамхо афатәқәа - аиҵажә (тушенка-аред.), ахрыӷқәа, ашьаҳариа, азараҟьахәша.
Сотрудники МЧС Абхазии отправились в ЛНР с гуманитарной миссией - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Луганскҟа идәықәлеит агуманитартә миссиа хықәкыс ирыманы

Абылтәазы амлакратә акциа

Ауаажәларратә усзуҩ, Апарламент адепутатразы кандидатс иҟаз Џьансыхә Адлеиба амлакратә акциа иаԥшьигеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рашәара 13 рзы абылтәы ахә иахьацырҵаз инамаданы. Убри инаваргыланы имҩаԥысуеит абылтәы ахә ашьҭыхра иаҿагылоу ауааԥсыра рнапынҵамҭақәа реизгара.
Џьансыхә Адлеиба иԥхьаӡоит Аахыҵ Уаԥстәылеи, ДЖәРи, ЛЖәРи, егьырҭ Урыстәыла аҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи рҿы абылтәы ахә еиҳа илаҟәызар, Аԥсны абылтәы ахә ианамуӡах уа ишыҟоу иҟазароуп ҳәа.
Иааирԥшуа аҿагылара акциа даҿызаауеит ари апроблема абылтәы ахархәаҩцәа ишырзеиӷьхаша ирыӡбаанӡа.
Рашәара 13 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абылтәазы ахәқәа рҭышәныртәалара азҵаара иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит.
ПРЕЗИДЕНТ АСЛАН БЖАНИЯ ПРОВЕЛ СОВЕЩАНИЕ ПО СИТУАЦИИ НА РЫНКЕ ТОПЛИВА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Аԥсны
Абылтәы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы
Уи ахыркәшамҭазы ахада Аекономика аминистрра дҵас иеиҭеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еицәажәаны Аԥсны ҩынтәтәи аӡа аиуразы алшарақәа аус рыдыруларц, атреидерцәагьы алрыԥшаарц. Иара убас иара иазгәеиҭеит абылтәеиԥш иҟоу аусхк ду аҿы амонополиа ҟамлар шакәу, аконкуренциа зҩыда аҭыԥ амазарц азы азакәанԥҵара адгылара аиур шакәу.

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура 30 шықәса ахыҵра

Рашәара 15 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура анапхгареи уи аусзуҩцәеи ирыдиныҳәалеит уи аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра.
Агәырӷьаратә еилатәараан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны азинхьчаратә маҵзурақәа изныкымкәа ишгәарҭахьоу НАТО аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ҳҳәынҭқарратә ҳәаақәа шеиларго.
Аслан Бжьаниа иара убас иргәалаиршәеит аҩнуҵҟатәи ашәарҭарақәагьы шыҟоу.
КПП Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа арӷәӷәара аҭахуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум алахәра

Санкт-Петербургтәи XXV Жәларбжьаратәи аекономикатә форум Аԥсны ахьӡала иалахәуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани афинансқәа рминистр Владимир Делбеи.
Аиубилеитә форум мҩаԥысуан рашәара 15-18 2022 шықәса рзы.
Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономика аҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи, атранспорт ахылаԥшраз Афедералтә маҵзура аиҳабы Виктор Басаргини реиԥылара мҩаԥысит.
Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараан Ҟазахсҭан ахада Касым Жомарт-Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ахатәҳәаақәҵара азин аԥсҭазаара иаларҵәазар, адунеи хыла-гәыла еилалоит, убри азоуп дара Аԥсны зазхарымҵо ҳәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Казахсҭан ахада иҟаиҵаз ари аҳәамҭа аҭак аиҭеит.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2022
Аԥсны
Арӡынба Токаев иҳәамҭазы: ҳара ҳзинқәа реилагара иаԥсам

Аусԥҟа ҿыц

Аслан Бжьаниа рашәара 13 рзы инапы аҵаиҩит Алхас Манаргиа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Амассатә информациа ахархәагақәа реимадаразы аусбарҭа аиҳабыс иаҭаразы аусԥҟа. Адырҩаҽны аколлектив ррнапхгаҩ ҿыц дыдирдырит ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа.
Алхас Манаргиа - еицырдыруа алафҳәаҩ, ажурналист, амҩаԥгаҩ, Аԥсуа телехәаԥшреи Абаза-ТВ уаанӡатәи ржурналист. Аамҭақәак рзы аус иуан Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩс, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апресс- маҵзуҩыс, акыр шықәса инеиԥынкыланы Sputnik Аԥсны арадио аҟны амҩаԥгаҩыс дыҟан, иара аԥсышәала еиуеиԥшым аиҿцәажәарақәа мҩаԥигон.
Алхас Манаргия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Аԥсны
Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы даҭоуп

"Аруаа" реизара ду

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ажәабатәи реизара мҩаԥысит рашәара 14 рзы Аҟәа.
Аизараҿ аделегатцәа рықәгыларақәа рышьҭахь Иреиҳаӡоу ахеилак "Аруаа" 56-ҩык алахәылацәа абжьыҭарала иалырхит, ирыдыркылеит аизара арезолиуциа.
Съезд Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Аԥсны
"Аруаа" ражәалагалақәа: аветерантә еиҿкаара Аҟәа аизара мҩаԥыргеит
Ахәҭакахьала ашәҟәы аҟны иаҳәоит, Аҳәынҭқарра ахадеи Апарламенти рнапынҵақәа реиҭныԥсахлара анагӡараҿы мҽхакыҭбаала аполитикатә еиҭакрақәа аҭахны ишыҟоу. Уи адагьы, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьатә еибарххарақәа инарымаданы "Аруаа" иазгәарҭоит ареспубликаҟны арбџьармчқәа рыҩаӡара ашьҭыхра шаҭаху, атехнологиатәи атехникатәи еиқәыршәара шрыҭатәу, руалафахәы шышьҭыхтәу, рҭаацәара социалла рыҩаӡара шышьҭыхтәу.
Иара убас "Аруаа" Апарламент иаднагалоит аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркыларц, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы азакәан.
Абарҭқәа рнаҩс, аиҿкаара атәылаҟны афымцалашара ахәԥса ашьҭыхра инамаданы аҳәынҭқарра ахада иахь аҳәара ҟарҵоит Аԥыза-министри аекономика аҟәшеи русура ахәшьара аиҭарц. Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркыларц "Ареспублика ауаажәларратә телехәаԥшразы" азакәан.

Аҳақьымцәа аҳамҭақәа рыҭара

Рашәара 17, Амедицинатә усзуҩ Имш аламҭалазы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз аԥснытәи аҳақьымцәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡарақәа ранаршьеит.
Иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ирыԥсахеит Анжела Арҷелиаԥҳа, Алла Белиаева, Давид Бжинаа, Херсина Гәлиаԥҳа, Ирма Каҷарааԥҳа, Сариа Лакәаԥҳа, Викториа Тарԥҳа, Иана Хәарцкьиаԥҳа.
Аофициалтә хәҭа ашьҭахь еизаз зегьы ргәалаҟазаара шьҭыхуа рҿаԥхьа иқәгылеит аԥсуа естрада шәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи.
Есышықәса амедицина аусзуҩцәа рымш азгәарҭоит рашәарамза ахԥатәи амҽышазы - сынтәа уи иақәшәеит рашәара 19.

Аԥсны агәадура

Иҳаҩсыз амчыбжь азы иналукааша хҭысхеит иара убас Аԥснытәи аҳәынқарратә университет анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" мҩаԥнагоит ҳәа ахьрыларҳәаз. Аицлабра аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылоит ԥхынгәы 1 инаркны 7-нӡа.
Ҵәыџьба аицлабра «Аԥсны Агәадуразы»: аҿар ргәы иҭоу рҳәартә иахьыҟоу ҭыԥуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2022
Арадио
Ҵәыџьба аицлабра "Аԥсны Агәадуразы": аҿар ргәы иҭоу рҳәартә иахьыҟоу ҭыԥуп
Алхрақәа мҩаԥгахоит еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла: ԥхынгәы 18 рзы- авидео-аессе аҿцәажәара, ԥхынгәы 25 рзы- аԥышәахыжьра, нанҳәа 1- аицлабра афинали алахәылацәа рпроектқәа аӡыргареи.
"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.
Ажәабжьқәа зегьы
0