Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар Николаев аҳәаанырцәеибашьцәа рбаза ршьаҟьеит

© Sputnik РИА  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроведение спецоперации ВС РФ в южном направлении
Проведение спецоперации ВС РФ в южном направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ар Украина аҵакыраҿы аоперациа ҷыда иалагазар арратә обиектқәа ааха шрырҭарц ирырҭоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Николаев аҩадатәи ахәҭаҿы қьырала еибашьуаз аҳәаанырцәеибашьцәа рбаза ршьаҟьеит. Иҭахеит 120-ҩык рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы Харьков мрагыларатәи ахәҭаҿы хаз игоу 127-тәи абригада аамҭалатәи агыларҭа ааха аҭан. Иҭархоуп 100-ҩык рҟынӡа украинатәи аруааи 15 ак аибашьыга техникеи.
Уахыки-ҽнаки рыла ааха рыҭоуп УАМ аибашьцәа рнапхгараҭарҭақәа жәаба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа быжьба, артиллериатәии аминаршәгатәии взводқәа хԥа, 15 раион рҿы УАМ аибашьцәеи аибашьыга техникеи.
ДЖәР аҿы иҭархоуп агетман Богдан Хмельницки ихьӡ зху Украина ахада хаз игоу актәи ибригада ажәыларатә полк 5-тәи аҟәша аҟынтәи 18-ҩык аибашьцәа, ҩыџьа рабџьар шьҭарҵеит, егьырҭ бналеит.
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатәии артиллериатәии ар ааха рырҭеит: УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 32, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, 287 раион рҿы аруааи аибашьыга техника.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа икарыжьит аҳаирпланқәа Су-25 ҩба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаба, рыԥырра еиԥҟьоуп РСЗО хгәыцәқәа жәаба, асистема "ХИМАРС" ареактивтә хгәыцәқәа хԥа, "Ураган" ареактивтә хгәыцәқәа ԥшьба.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 229 ҳаирплан, 134 вертолиот, 1440 аԥырҩы дызҭам аппарат, 353 зенит-ракетатә комплекс, 3893 танк, 704 реактив-систематә машьынақәа, 3078 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 3979 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Президент РФ В. Путин на открытии форума Армия-2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Сергеи Шоигу Владимир Путин иеиҳәеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахы ишақәиҭтәу
Ажәабжьқәа зегьы
0