Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иҳамоуп апремиа, аха ахәыҷтәы литература ҳамаӡам: агәаанагара

© Sputnik / Илона ХварцкияТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2022
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы хышықәса рахь знык имҩаԥысуа аицлабра аԥеиԥши, аԥсуа хәыҷтәы сахьаркыратә литература иахьатәи аҭагылазаашьеи рзы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшоуп, Акомиссиа ахада Арда Ашәба иҳаиҭаз аинформациа ала, зынӡа аицлабрахь инашьҭуп х-усумҭак – апоезиазы ҩба, апроза-акы.
Х-усумҭак заҵәык – абри ала зегь ҳәоуп аԥсуа хәыҷтәы сахьаркыратә литература аҿиара аԥеиԥш азы.
Хәажәкыра 11 2016 шықәсазы иаԥҵан, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы Аҳәынҭқарратә премиа. Уи аԥҟаԥҵәа ишаҳәо ала, ари апремиа иалауреатцәахар рылшоит ашәҟәыҩҩцәа "ахәыҷтәи ақәыԥшцәеи ирызку аҩымҭақәа раԥҵаразы". Абри аус зегь раԥхьаӡа ихацзыркыз дреиуоуп ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа. Иара ажурнал адаҟьаҿы иааиртит аполемика, апремиа аԥҵаразы агәаанагарақәа реилкааразы. Анаҩс, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидкыла Аԥсны Акультура аминистррахь инанашьҭыз ашәҟәы ахаҵгылара аиуит. Хықәкыс иамаз ари? Зегь раԥхьаӡа иргыланы ауашәшәырара зныԥшуа ҳбызшәа аиқәырхара, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиара арцыхцыхра.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп:  Начҟьебиа аԥсышәала ахәыҷтәы литература аԥеиԥш иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Начҟьебиа аԥсышәала ахәыҷтәы литература аԥеиԥш иазкны
Ажәакала, апремиа аԥҵан х-номинациак рыла- апоезиа, апроза, адраматургиа. Ҩынтә имҩаԥысхьеит ари аицлабра, сынтәа ахԥатәи анапы аркуп.
Сызлалагаз ахь сгьежьуазар, уаанӡа аицлабрахь инеиуазар хәба-фба усумҭа, сынтәа х-усумҭак неит. Ари иҳанаҳәоит Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалоу рхыԥхьаӡара иахьа 35-ҩык ыҟазаргьы (урҭ рыбжьара иҟоуп алитератураҭҵааҩцәагьы), иахьа ахәыҷтәы литеаратура арҿиара иаҿу ашәҟәыҩҩцәа шырацәам, ирацәам моу, иҟаӡам.
Иахьа Аиааира апроспект аҿы иҟоу ашәҟәыҭирҭа "Амцабз" сныҩналт ахәыҷтәы литература аганахь ҿыц иҭыжьу акыр збозар ҳәа. Аҭиҩцәа исдырбеит ҩ-шәҟәык – алакә "Аҭаца ҟәыш" Нелли Ҭарԥҳа аҭыжьра иазлырхиахьаз, аҩбатәи "Аӡыс" захьӡу Валентина Ҷкадуаԥҳа лхәыҷтәы жәеинраалақәа зну.
Первое сентября в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Аԥсны
"Адоуҳатә млашьра": аԥсуа хәыҷтәы литературеи ахәыҷтәы фольклори рҭагылазаашьа иазкны
Абасала, иахьа аԥсуа бызшәа арҿиара ҳәа ацәажәара дуқәа анымҩаԥырго, аус аҿы иҟаҵоу шырацәам убоит. Ажәеи ажәеи еихысҳәаалошәа иҟалозаргьы, ари атема уаанӡагьы ишьҭысххьан Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы. Усҟан азҵаара иқәсыргылаз аҭак иахьагьы иҟаӡам.
Аԥсны аҵаарадырра аминистрра анапаҵаҟа иҟоу абызшәа арҿиара аҟәша аусура аанкылоуп. Иҭыҵуам ашәҟәқәа, дара аусзуҩцәеи аминистри реибарххарақәа ртәы аабыкьа Ауаажәларратә палатаҿы иаҳбон. Аибарххара аҵаҵӷәы амазар акәхап, аха ахәыҷтәы шәҟәқәа рҭыжьра аус аанкылоуп. Ари ԥырхага дууп абызшәа аҿиара аусаҿ. Ҳара ҳазҭагыло аматериалтә бзазара аҳра анауа аамҭазы, алитература, хаҭала ахәыҷтәы акыр иаҵгәалатәуп, имыӡырц ҳҳәынҭқарратә бызшәа. Иахьа ибзианы изыҩуа рыла ҳмаџьаназаргьы, иҭҳажьлар ҳалшоит аԥсуа классикцәа рҩымҭақәа.
Девушка читает книгу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Ажанр маҷқәа раамҭа: асоциалтә ҳақәеи ашәҟәи реиндаҭлара иазкны
Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аԥҟарақәа инарықәыршәаны хышықәса рыҩнуҵҟа иҭыҵыз аусумҭақәа роуп изхәаԥшуа. Аинформациа иҳамоу ишаҳәо ала, адраматургиа ажанр аҿы усумҭакгьы мнеиӡеит. Имнеиӡеит избанзар, изыҩуа дыҟаӡам. Иџьоушьаша, аҿар рыбжьара алитература зҽадызхало рахьтәгьы, аӡәымзараӡә иҽалаимырхәит ари аицлабра. Рҽаладмырхәит, избанзар ирзыҩӡом.
Ҭелла сиацәажәон Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахада Вахтанг Аԥҳазоу. Иажәақәа еиҭасҳәозар, даара арыцҳара ишҭагылоу убоит ахәыҷқәа ирызку арҿиамҭақәа рганахь иахьатәи аԥсуа сахьаракыратә литература. Аԥҳазоу иазгәаиҭеит "ахәыҷқәа ирызку аҩымҭақәа зегьы ирзыҩӡом, уи уаҿызар ауп хықәкыла" ҳәа. Уи иашоуп, аха аԥсуа литератураҿы иҳамоуп аҿырԥштәқәа, иаҳҳәап, Баграт Шьынқәба ахәыҷқәагьы адуқәагьы рзын еиԥшны ҟазарала арҿиамҭақәа аԥиҵон.
Аҟәа. Амра апоезиа ахәылԥаз ашьтахь. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Амали арҿиареи еидҳәалам: аԥсуа поезиазы гәаанагарак
Иахьа ҳазлацәажәо апремиа зыхьӡ аху Аџьба итәы ҳҳәозаргьы, ихәыҷтәы литература шхырку еиԥш, ифилософиатә, иуаажәларратә лирикагьы аҩаӡара бзиа амоуп. Аԥҳазоу ари аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит ииашахаҭоу ажәа :"Иҳамоуп апремиа, аха ахәыҷтәы литература ҳамаӡам". Иара иажәақәа ирыцҵо абас еиԥш иҟоу ахшыҩҵак ааирԥшит: "Иҟалап иазхәыцтәызар, апремиа аиуразы иҟоу аԥҟарақәа реиҭакра. Иаҳҳәап, хышықәса рыҩнуҵҟа акәымкәа, хәышықәса ахь ииагазар". Ахәыҷтәы литератаура аԥҵаразы ҳанымаџьаноу, Аԥҳазоу ииҳәаз аҵакы амоуп.
Алитературақәа рҭоурых аҿы иҟоуп аҳаракыреи алаҟәреи. Иҟалап, ҳазҭагыло аамҭазы алитература аҿиара, ахьӡ ҿыцқәа рцәырҵра иаамҭамзар.
Сынтәа апремиа аиуразы русумҭақәа нарышьҭит апоезиа ажанр аҿы Заира Ҭҳаиҵыҟә, Гәында Кәыҵниа, апрозаҿы Гәында Сақаниа.
Поэт Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны
Ахәыҷтәы поезиа арҿиаҩы: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Акомиссиа ахада Ашәба ҭелла ҳаицәажәараҿы ишиҳәаз ала, дук мырҵыкәа акомиссиа еилатәаны ирыхәшьадуеит ирызнеиз аусумҭақәа аицлабрахь рынашьҭра азҵаатәы. Анаҩс, маӡалатәи бжьаҭарала - еилкаахоит аиааиара згаз азусҭцәоу.
Арда Ашәба "ирыцҳароуп ас имаҷны аусумҭақәа ахьнеиз" ҳәа дахәаԥшуеит. Сызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, акомиссиа ахада исеилиркааит - инеиз аусмҭақәа зегьы акомиссиа иалахәу шаԥхьо, нас иаԥсаны ирбозар рыбжьы шарҭо. Аноминациаҿы аиааира зго 50 нызқь мааҭ ианашьахоит.
Схатә гәаанагара сҳәозар, х-усумҭак рыда ахьыҟам аицлабра – уи еицлабраӡам.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0