Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада Нхыҵ Кавказ иҟазаара, ахатәгәаԥхаҩы иҭахара, ауарӷан ахәылԥазқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Органные вечера в Пицунде
Органные вечера в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еснагь еиԥш иазнархиеит еиҳа акрызҵазкуа цәыббра 5 - 11 рзы иҟалаз ахҭысқәа.
Ари амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Нхыҵ Кавказҟа дцеит, аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс иалацәажәан, Пицунда "Ауарӷан ахәылԥазқәа" аартын.
Sputnik

Ахада Нхыҵ Кавказҟа ицара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 6 рзы Нхыҵ Кавказ ареспублика хԥа - Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа - усурала дырҭаарц дцеит.
Цәыббра 7 рзы Черкесск имҩаԥысит Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Рашид Темрезови реиԥылара. Аслан Бжьаниа Рашид Темрезови ажәлар зегьи ареспублика ашьаҭаркра 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Ҳара шәреспубликахь ҳааит ҳашьцәа аабоит ҳәа. Ҳара жәларык ҳауп. Абри аиԥш аныҳәамш аҽны шәааигәара аҟазаара ҳара ҳзы иҳаҭыруп", - иҳәеит Бжьаниа.
Рашид Темрезов иазгәеиҭеит аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҵак ду шамоу.
Бжьаниа ареспублика ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз ааԥхьаразы, иазгәеиҭеит ареспублика аҿиара амҩа ишықәу, Темрезов икоманда ишалдыршаз амилаҭбжьаратә ҭынчра аиҿкаара.
Состоялась встреча Президента Абхазии Аслана Бжания с Главой республики Карачаево-Черкесия Рашидом Темрезовым - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Аԥсны
"Жәларык ҳауп": Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиа ареспублика 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Иара убасгьы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Ҟарачы-Черқьесиа ахада Рашид Темрезов, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ашәҭқәа шьҭарҵеит Черкесск Аиааира апарк аҟны игылоу "Кашәара зқәым Ахьӡ-Аԥша Амца" Амемориал амҵан.
Цәыббра 7 рзы аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, аҭҵаарадырра-культуратәи аспорттәи проектқәа рыдгылареи азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аиҳабы Мусса Егзакь Черкесск имҩаԥысыз реиԥылараан.
Цәыббра 8 рзы Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ранацәа дырԥылеит. Аҳәынҭқарра ахадеи аделегациа алахәцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Ҟарачы-Черқьесиантәи ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа, иара убас аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩ Иури Калмыков ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны жәлар хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит
Иара убас Аԥсны ахада даҭааит Рашид Темрезов иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зыхҵоу арҵаратә комплекс. Ара ҷыдала агәцаракра амоуп абазеи аԥсуеи бызшәақәа.
Цәыббра 9 рзы Аԥсны ахада Аслан Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликахь днеит.
Уи аҽны Аслан Бжьаниеи зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациеи Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев Баксан ақыҭан анышә дахьамадоу иаҭааит. Иара убасгьы еицырдыруа Муса Шанибов, Заур Налоев, Барасби Бгажноков, Мухамед Кушхов игәалаиршәарц рнышәынҭрақәа рҿы днеит.
Уи адагьы Аԥсны ахадеи Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Кокови авидеорбара арежим ала еицәажәеит.
Встреча Президента Аслана Бжания с Главой Кабардино-Балкарской Республики Казбеком Коковым в формате видео-связи - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа авидеоеимадарала Ҟабарда-Балкариа ахада диацәажәеит
Цәыббрамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа дырԥылеит.
"Аԥсны ажәлар иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара. Хатәгәаԥхаралатәи аиҿкаарақәа Аиааира агараҿы рлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп", - инаҵшьны иазгәеиҭеит ахада.
Цәыббра 10 рзы Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиаҟа днеит. Ареспублика аҳәааҿы асасцәа дырзыԥшын аԥыза-министр Азнаур Керашев, иара убас аедыгь чеиџьыка знапы иқәыргылан ирԥылаз ауаа. Цәыббра 11 рзы Аԥсны ахада далахәын Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилов иҭоубашьҭаҵара.
Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в церемонии инаугурации Главы Республики Адыгея - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Адыгеиа ахада иҭоубашьҭаҵара далахәын

Пицунда азҵаара

Цәыббра 5 рзы аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра аҭҵааразы аусутә гәыԥ аԥҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Ауаажәларратә палата алахәылацәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи иареи реиԥылараан.
Аусутә гәыԥ иалахәхоит ахада Иусбарҭа аҟынтә азиндырыҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәа ирыдыргало акандидатцәеи. Иара иахықәкхоит аиқәшаҳаҭра хәҭаҷ-хәҭаҷла аҭҵаара.
Вид на мыс Пицунда в Абхазской АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2022
Аԥсны
Аусутә гәыԥ Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ҭнаҵаауеит
Аиԥылара алахәылацәа агәҭынчымра аадырԥшит аԥснытәи аган аинтересқәа ныҭкааны аиқәшаҳаҭраҿы иарбам, адгьыл аҭиреи ацәтәымтәреи ҟалом ҳәа.
Атәыла ахада иҳәеит адгьылқәа рыҭира азҵаара зынӡагьы ишықәгылам, усеиԥш аҳәарагьы ҵаҵӷәы шамам.
Цәыббра 8 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәыла Аиҳабыреи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра акьыԥхьит.
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Пицундатәи аҳәынҭдачаз Аиқәшаҳаҭра акьыԥхьит

Ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра

Цәыббра 9 рзы Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны атәылауаа нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Президент РФ В. Путин принял участие в открытии объектов здравоохранения - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Путин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рзы Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц

Амҩатә машәырқәа рыстатистика

2022 шықәса аамз рыҩнуҵҟа амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны ҩажәи жәааҩык ҭахеит иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигоз аилацәажәараҟны Аԥсны ААР ААИ аиҳабы Баҭал Агрба.
Агрба иажәақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны ареспубликаҿы 132 амҩатә машәыр аҭыԥ рыман, иҭахеит 38-ҩык, 18-ҩык иҭахаз рахьынтә рықәра 18 - 40 иҟан. Аахақәа роуит 182-ҩык.
Аиҳарак арыцҳарақәа аҭыԥ рыман Гагра араион, амҩаду Ԥсоу-Аҟәа аҿы.
2021 шықәса абри аамҭазы 113 мҩатә машәыр ыҟан, иҭахеит 23-ҩык. ААИ аиҳабы иҳәеит ажьырныҳәа-нанҳәа амзақәа рзы 57 203 амҩатә ԥҟарақәа еилаган. Убри аан 14 824 еилагара афотогәаҭарақәа рыла ишьақәыргылан.
Илҩаауп 46,1 миллион мааҭ рыхә ахараԥса, атранспорт ахархәара азин рымхуп 1162-ҩык.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз дҭахеит

Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Артур Кьыркьнаӡе Авдеевка амҵан дҭахеит цәыббра 9 ауха.
Кьыркьнаӡе Авдеевка амҵан имҩаԥысуаз артиллериатә алахысра даҿашәеит. Иара Донбассҟа дцеит иаб иашьа иԥа Ахра Кьыркьнаӡе дицны, уи иԥжәаз артҟәацга иахҟьаны Донецк дҭахеит хәажәкыра 31 азы.
архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Авдеевка амҵан дҭахеит
Артур Кьыркьнаӡе хҩык ахәыҷқәа драбын. Иара иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргараны иҟан цәыббра 11 азы.

Амашәырқәеи аиқәырхарақәеи

Цәыббра 5 рзы ҩыџьа урыстәылауаа амшын иагеит Гагра. Уи адагьы, цәыббра 5 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа деиқәдырхеит Уфантәи иааны зыԥсы зшьоз А. Банников.
АҶА иатәу Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиқәырхаҩцәа амшын иаанахәаз ҩыџьа аӡӷабцәа еиқәдырхеит цәыббра 7 ауха. Дара аплиаж "Синоп" аҟны асап-ӷәқәа (урысшә. "сап-борды" - аред.) ирықәтәаны аҟәара аҟынтәи 700 метра амшын агәахьы инаскьеит. Шьҭахьҟьа ахынҳәра рымч ақәыхеит.
Поиски туристки в районе реки Гега  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА: сынтәа аӡаҿи ашьхараҿи арыцҳарақәа еиҳа имаҷхеит
Дара рҭелқәа рлашарбагақәа рхархәарала аҟәара иқәтәаз ауааԥсыра арыцҳара ишақәшәаз азы адырра рыҭара рылшеит, урҭ аиқәырхаҩцәа ирыԥхьеит.
Цәыббра 9 азы аӡәы дҭахеит Гагра иҟалаз амҩатә машәыр аан. Ааха зауз Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь днаган, аха иоуз ахәрақәа рымшала уа иԥсҭазаара далҵит.

"Ауарӷан ахәылԥазқәа"

"Ауарӷан ахәылԥазқәа" VIII афестиваль мҩаԥысит Пицунда цәыббра 5-10 рзы. Афестиваль аартра далахәын Акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Ауарӷанарҳәаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гадели иазгәеиҭеит ари афестиваль иубилеитәызар шакәыз, аха ҩышықәса раахыс иахыго иаауан акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны ҳәа.

"Исгәалашәоит раԥхьатәи афестиваль. 1970 шықәсқәа раан имҩаԥысыз акыр иеиԥшын, апрограмма ҭбаан. Ауарӷанарҳәаҩцәа реиԥш ахортә капелла, акамертә оркестр алахәын. Сара ахкы насыгӡон", – иҳәеит Гаделиа.

Акралԥҳәыс лыԥсреи аҿыц крал иалхреи

Британиа ду 70 шықәса напхгара азҭоз акралԥҳәыс Елизавета II лыԥсҭазаара далҵит Шотландиа, 96 шықәса дшырҭагылаз.
Королева Елизавета II - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Британиа ду 70 шықәса напхгара азҭоз акралԥҳәыс Елизавета II лыԥсҭазаара далҵит
Апринцесса Елизавета акралԥҳәысс дҟалеит жәабран 2 1952 шықәсазы, лаб акрал Георг Афбатәи иԥсра аҽны.
Акрал Карл III аофициалла Британиа ду амонархс дҟаҵоуп ҳәа ихьӡ рҳәеит асабшаҽны аҳра аимдаҩцәа рхеилак аҟны.
Карл III Британиа ду анапхгаҩыс иҟаларазы алаҳәара (урысшә. "прокламация" - аред.) рнапы аҵарҩит аҭыԥ ду змоу ачынауаа аӡәырҩы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апринц Уилиам, акралԥҳәыс-консорт, аҳра аимдаҩцәа рхеилак аиҳабы - алорд Пенни Мордонт, Кентерберитәи архиепископ уҳәа егьырҭгьы.
Карл III - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Акрал Карл III аофициалла Британиа ду амонархс дҟаҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0