Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара

© Sputnik / Томас Тхайцук Антитеррористические учения в морском порту в Сухуме
Антитеррористические учения в морском порту в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2022
Анапаҵаҩра
Ари амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥысит атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа, ахада имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара, Аԥсны Апарламент адепутатцәеи Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи еиԥылеит.
Цәыббра 19 - 25 рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа Sputnik Аԥсны аҿы.
Sputnik

Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара

Цәыббра 22 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Атәыла ахада дазыӡырҩит Аштаб хада анапхгаҩы, Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Васили Лунев иажәахә, Аԥсны Арбџьармчқәа рҭагылазаашьа аибарххараан аҽеизакратә еиҿкаара зеиԥшроу азы адырранҵа.
Аҳәынҭқарра ахада хара имгакәа Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә хәҭақәа дырҭааны ргәаҭара игәы ишҭоу иҳәеит.
Аилатәара аихшьаалақәа инарықәыршәаны атәыла ахада аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аамҭакьаҿла инагӡатәу анапынҵақәа риҭеит.
Под председательством Президента Абхазии Аслана Бжания состоялось заседание Совета безопасности - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
Цәыббра 24 рзы Аԥсны аԥыза-министр аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара аихшьаалақәа рыла.
Аиҳабыра рхада анапынҵа ҟаиҵеит ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов зхадараҿы дҟало аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аилазааразы ажәадгалақәа азырхиазарц. Аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵахоит: ар рматериал-техникатә, рфинанстә, рмедицинатә еиқәыршәара аиӷьтәразы абжьгарақәа аус рыдуларазы, аҳақьым-наԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкааразы, Арратә мчқәеи арезерви реинырразы, анхарҭа-казарматә фонд арҽеирақәеи егьырҭ азҵаарақәа рыӡбарази.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
Аԥсны
Аԥыза-министр аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара аихшьаалақәа рыла

Уаанӡатәи акультура аминистр иус

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵазарц азыҳәа мап ацәнакит, иара аҩнытә баандаҩра иқәнаҵеит.
Мчыбжьык аԥхьа Гәдиса Агрба дырбаандаҩны дшыҟоу дааныжьзарц азы аӡбарҭахь азыҳәа нашьҭын. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵазарц азыҳәа мап ацәнакит, иара аҩнытә баандаҩра иқәнаҵеит 2022 шықәса абҵара 16 рҟынӡа.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2022
Аԥсны
Аҟәатәи аӡбарҭа Гудиса Агрба аҩнытә баандаҩра иқәнаҵеит
Мшаԥымза 20 рзы Агрба даанкылан имаҵураҭыԥ ихы иархәаны аҳәынҭқарратә мазара мҽхакы ҭбаала еимҵәаны ихатәитәит ҳәа. Иҟаиҵаз аԥхасҭа 14,3 миллион мааҭ артәеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.

Аԥсны ААР ахада иқәгылара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, Мраҭашәара аполитика, еиҳабыратәым аиҿкаара Бергхоф Ифонд адеструктивтә роль ареспубликаз.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аминистрра активтә режим ала ишымҩаԥнао аилацәажәарақәа.
Иара иҳәеит ЕАА ахаангьы ахықәкқәа шамҵәахуаз. Арӡынба иазгәеиҭеит ЕАА уаанӡатәи ахада амилаҭтә шәарҭадара ихаҭыԥуаҩ Збигнев Бжезински иаартны ишиҳәоз Америка Урыстәыла арԥсыҽыр шакәу Евразиа аҭагылазаашьа ақәҟьарала.
Аминистр иҳәеит Бергхоф Ифонд Аԥсни Қырҭтәылеи рҿар реинырра шымҩаԥнаго аибашьра ашьҭахьтәи аинышәареи анажьреи атемала.
Инал Арӡынба иҳәеит Бергхоф Ифонд Аԥсны аусура азакәаншьаҭа шамам. Иара шьаҭаркҩыс ишамоу ФРГ адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Адунеизегьтә банк уҳәа Аԥсны аҭахкаара аполитика анагӡара иашьҭоу аилазаарақәа.

Иҭахаз рҭаацәарақәа аԥара рызшәахоит

Гагра ахьчареи ахақәиҭтәреи раан иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа 30-30 нызқьмааҭ рызшәахоит. Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа лажәақәа рыла, асиа иарбоуп 1992 шықәса нанҳәа 15 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа иҭахаз 111-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, иара убас Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз 15-ҩык.
Гәынԥҳа ишылҳәаз ала хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәак Аиааира амш азы ԥсшьараҳәа есышықәса Пицундаҟа иаалоит. Уа Гагратәи анапхгара аԥаратә гәазыҟаҵареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рырҭоит. Аԥсны ауааԥсыра ракәзар, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы инхо жьҭаара 3 асааҭ 12:00 рзы Акультура Ахан аҿы ирзыԥшуп.
Администрация гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Аԥсны
Гагра ахақәиҭтәраз иҭахаз рҭаацәарақәа ашәарақәа рыҭахоит
Ари ауснагӡатә анагӡаразы 3,3 миллион мааҭ Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иаагоуп.

Уаанӡатәи адепутат даанкылоуп

Аԥсны Апарламент уаанӡатәи адепутат Алмас Џьапуа "Амшынеиқәафымцамч" уаанӡатәи анапхгаҩы Аслан Басариа иҭаацәа иреиуоу лмашьына деихсит ҳәа агәҩара ыҟоуп.
Џьапуа абџьар ма абџьар аҳасаб ала ихы иархәаны амбжьахра ҟаиҵеит (Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 207, ахә.1), закәаншьаҭада ихысуа абџьар аахәара, амазаара, аҭара, амҩангара, аныҟәгара мҩаԥигеит (Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 217, ахә.1), гәҭакрыла атәым мазара ааха аиҭеит (Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 164, ахә.1) ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Сухумский городской суд. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
Аԥсны
Аслан Басариа иҭаацәа рҟынтә змашьына иеихсыз ихьӡ ҳәоуп
Заанаҵтәи ашьаусҭҵаарала нанҳәа 10 асааҭ 21:40 азы Алмас Џьапуа Аслан Басариеи иареи ргәааибагара ашьаҭала Арӡынба имҩаҿы игылоу Басариа иҩнахьы днеины, ари аҭыԥ аҿы ауаа рацәеи амашьына рацәеи уи аамҭазы иҟалар шалшоз дыруа, 50-нтә автомат ала Басариа Р.Х лмашьына "Lexus GX 460" деихсит.
Абри ашьҭахь иара аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа агәҩара ззыҟоу аҩнытә баандаҩра иаҵакра мап ацәнакит. Алмас Џьапуа ахара идым ҳәа дыԥхьаӡоуп, ихара аӡбарҭа аӡбамҭа азакәантә мчра аиуаанӡа.

Атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМи русзуҩцәа реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Аҟәа амшынбаӷәазаҿы цәыббра 24 рзы.
Атеррористцәа рԥыххаара: Аҟәа арратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
Атеррористцәа "рԥыххаара": Аҟәа арратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәеи Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи рзеиԥштә ҽазыҟаҵарақәа азырхоуп атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара.
2022 шықәсазы асеиԥштәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Аҟәа, Аминистрцәа Рхеилак ажәытә хыбра аҿаԥхьа.
Антитеррористические учения в морском порту в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
Иаанкыланы рҭархара: Аҟәа "атеррористцәа" шықәырхыз
Аԥсны Ахада, Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшынтә баӷәаза даҭааит атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа ПОРТ-2022 шымҩаԥысуаз агәаҭаразы.
Атәыла ахада ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҽазыҟаҵарақәа ҩаӡара ҳаракыла рынагӡараз.
Антитеррористические учения в морском порту в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ахада атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа дырҭааит

Урыстәылатәи атәанчахәқәа реихшанҵа

Аԥсны Аҵәахбанк урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аамҭеихша еиҭахәаԥшит, уажәшьҭарнахыс урыстәылатәи атәанчахәқәа 8-10 мшы рыҩнуҵҟа иршалоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, аԥыза-министра имҩаԥигоз аилатәараҟны.
Иара иҳәеит урыстәылатәи атәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара 32 200-ҩык рҟынтәи 25 000-ҩык рҟынӡа ишылаҟәыз. Абас ала атәанчахәы ашара аамҭа 10-15 мшы рҟынтәи 8-10 мшы рҟынӡа ишеиҵахаз.
Сбербанк Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2022
Аԥсны
Аԥсны Аҵәахбанк урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аамҭеихша еиҭахәаԥшит
Ажәабжьқәа зегьы
0