https://sputnik-abkhazia.info/20221023/aatsak-rlakhyna-natalia-agrai-mad-tsymtsbei-37-ti-ashysa-shyrkysyz-1042171578.html
"Ҭаацәак рлахьынҵа": Наталиа Агрԥҳаи Мад Цымцбеи 37-тәи ашықәсқәа шыркьысыз
"Ҭаацәак рлахьынҵа": Наталиа Агрԥҳаи Мад Цымцбеи 37-тәи ашықәсқәа шыркьысыз
Sputnik Аҧсны
37-тәи ашықәс еиҵәақәа злахьынҵа ареиқәаҵәаз хаҵеи ԥҳәыси Мад Цымцбеи Наталиа Агрԥҳаи ирызкуп Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа. 23.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-23T12:50+0300
2022-10-23T12:50+0300
2022-10-29T23:08+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101326/97/1013269763_0:0:3329:1873_1920x0_80_0_0_650d8151acdf8b70a0109e7555c2586c.jpg
Арепрессиатә шықәсқәа ҳтәыла аԥҭа еиқәаҵәеиԥш ианахаԥа, уи иаанагаз агәаҟра ирыцҳанатәит шәҩыла аԥсуа ҭаацәарақәа. Еиҭымнатәит ахәыҷқәа, ҵәҩаншьапда иааннажьит ашҭақәа, ицәеит ахәшҭаарамцақәа. Иахьатәи сажәабжь рзыскуеит хаҵеи ԥҳәыси Мад Цымцбеи Наталиа Агрԥҳаи. Дара асабицәа рнапы ишакызгьы, аполитика хәымга рынасыԥ еиԥнарҟьеит. Аха ус егьа иҟазаргьы, ахаҵамԥҳәыс ҳәа изышьҭаз Наталиа ҿыцымҭала ахәышҭаара акәицқәа еибалыркит. Ажәабжь анҵоуп дара рмаҭа Даур Цымцба иажәақәа рыла.SputnikНаталиа Пиотр-иԥҳа Агрԥҳа диаҭымны илызҳаит. Лхала Калдахәара аҩны дазынхеит. Данԥҳәызбаха, динасыԥхеит Бармышьтәи арԥыс Мад Осман-иԥа Цымцба. Дара хҩык аишьцәа ыҟан, уеизгьы еиҿыҵуан азы Мад иԥшәмаԥҳәыси иареи хазы анхара еиҿыркааит. Наталиа лгәакьацәа рҳаҭгәынқәа ангәхьаалкалак, лнапы ықәылшьып ҳәа Калдахәара иацәыхарамкәа Бзыԥҭа ашьха ашьапаҟны аҭыԥ алԥшааны инхеит. Мад даара зҭеиҭԥш еинаалаз, ҟазшьала, уаҩышьала аӡәы иҵамхоз хаҵан. Уи адагьы иуаажәлар рыгәҭа ҳаҭыр иқәын, иажәа иазҵаауан, иагьылҵуан. Убри инаваргыланы аҽыбӷаҟаза ҳәа ихьӡгьы еицрыдыруан. Наҟ-наҟ Мади Наталиеи хҩык ахшара рхылҵуеит, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи.Аҭаацәара ду ныҟәгатәын азы, аб ихы дамеигӡакәа акраиуан. Аиҳарак ақыҭанхамҩа инапы алакын, абнагьы ылихуан. Убраҟа аус ициуан ҩызас ишьҭихыз Шьмаҭ Бениа. Дара убриаҟара бзиа еибабон, аишьцәа реиԥш еизыҟан. Ҽнак зны Шьмаҭ Мад абжьагара ииҭоит иара иахьизааигәоу нхара диасырц азы. Мад хара имгакәа Шьмаҭ игәылара Ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу инхара еиҿикаауеит. Убас аиҩызцәа еиҳагьы еизааигәахоит."Сабду имаз аҳаҭыр згәамԥхоз маҷҩымызт НКВДаа рахьтә. Ицәшәозгьы ыҟан, избанзар иуаажәлар рыгәҭа иажәа иаҵанакуаз рацәан. Ҽнак зны ирыӡбеит рыла даԥырыргарц. Чынуаҩык сабду ҽыла Гаграҟа дышцоз данихьӡан, "абри ашәҟәы Абааҭатәи абахҭа аиҳабы исызиҭа, усгьы иумҩатәны уцоит" ҳәа иаиҳәеит. Сабду аԥхьашьа издырӡомызт, насгьы ани ауаҩ, ас еиҵаҟәаҟәарак игәы иҭакуп ҳәа абаидыруаз. Иманы абахҭа аиҳабы иҟны даннеи, егьи адҵа ҟаиҵеит днышәкыл ҳәа. Ашьҭахь еилкаахеит ақьаад ишаныз "абри ашәҟәы назго ажәлар драӷоуп, дҭашәк" ҳәа", - аҭоурых еиҭеиҳәоит Мад имаҭа Даур Цымцба.Мад Гагра Абааҭатәи абахҭа дҭакын. Наталиа лакәзар, ифатә ижәтә лыманы имҩа дшаныз данын, аха иара иахь иназгагәышьодаз. Ашьҭахь иара Аҟәаҟа диаргоит. Уахьгьы дышцац дцалон. Амчра ахаҭарнакцәа шә-зҵаарак рылҭон дызхдырҟьаз еилылкаарц. Дара лхымҩаԥгашьа ргәаԥхомызт азы илықәымчуан. Зны ашьа ахьырша имаҭәақәа анлырҭа, цәалашәара бааԥсык лоуит, аха агәыӷра лцәымӡӡеит. Аҩны данааи, ланхәа Хышԥҳа илмырбакәа иӡәӡәаны ихылшьит. Адырҩаҽны деиҭацеит Аҟәаҟа. Абахҭаҿы аус зуаз Шәлымба зыжәлаз аӡәы аԥҳәыс дрыцҳаишьан, арахь иҟацәҟьаз иаартны изцәырымгазаргьы, инықәырԥшны илаиҳәеит "бхәыҷқәа ааӡала, арахь уаҳа бмаан" ҳәа. Уи акәхеит. Мад хабарда дыбжьадырӡит.Арҭ аамҭа хьанҭақәа раан Наталиа илтәыз Шьыдгәа Агрбагьы ддырӡит. Уи ихшара иаҭымны ианаанха, лааигәара иҟаз ҩын хәыҷык ахь ҳаибааӡап ҳәа ииалгеит. Ддырбаандаҩит Мад иҩыза гәакьа Шьмаҭ Бениагьы. Ус ишыҟаз лара илышьҭаланы иаауеит. Наталиа шықәсыкынӡа Қарҭ атроцкитс диԥҳәысуп ҳәа аҭакра лықәырҵоит."Санду ахаҵамԥҳәыс ҳәа лзырҳәон. Лара абџьаргьы ныҟәылгон. Илыман "Маузер" ҳәа изышьҭаз атапанча. Лыԥшәма данҭарк ашьҭахь НКВД-аа лыцклаԥшуа иалагеит. Анаҩс ирыӡбеит ларгьы ддырбаандаҩырц", - иажәа иациҵоит амаҭа.Наталиа ахақәиҭра анлырҭа, аԥҟарақәа рыла хымш рышьҭахь ақьаадқәа лнапы аҵаҩны Аԥсныҟа даарышьҭуан. Аха аԥҳәыс урҭ ахымш царҭа лымамкәа дыхрааӡраауа фатәыда-жәтәыда ақалақь далан. Аҵыхәтәаны, ианылзымычҳа, абызшәа шылзымдыруазгьы арра иршьҭуаз аӡәы иани иареи шеидтәалаз, иара ача шифоз лбеит. Дшыԥхашьозгьы, лхы даиааины идлырдырит амла дшакуаз, аха часак дахыбааны дрыдырцеит. Амла даганы лыԥсы лылшәшәо дышнеиуаз, амҩан еилаҳәара хәыҷык лылаԥш нақәшәеит. Иҩышьҭхны дагәылаԥшызар, аӡәы икапеиқәа ылаҳәан. Днаԥшы-ааԥшын уаҩ дашьҭамшәа анылба, лыфатә алаалхәеит. Анаҩс, абахҭантә лхы дшақәиҭыртәыз ашәҟәы лнапы анаҵалҩы, лбилеҭ ахә лырҭан, аҩныҟа ддәықәырҵеит.Ара дахьааиз лхәыҷқәа еибга-еизҩыда ианылба аԥҳәыс рыцҳа илхылгаз лхьаақәа лхашҭит."Ҳанду ахәыҷқәа лзылбеит хылҵшьҭрала илзааигәаз Вера Агрԥҳа. Лара амлеи ахьҭеи иамыркӡакәа илыман. Аиҳабы усҟан аашықәса дырҭагылан. Ахәыҷқәагьы аума рычҳаит аныда абыда. Егьараан саби, иашьеи, иаҳәшьеи ран лыӡбахә анырҳәоз еимаҭәаны иҵәыуон", - еиҭеиҳәоит амаҭа.Наталиа ақәра ду нылҵеит. Лаԥхьаҟа анцәа игәаԥханы лыхшареи урҭ ирхылҵызи рыла лгәы еизирҳаит.
https://sputnik-abkhazia.info/20190817/Nestor-Lakoba-zygra-igoz-May-Benia-iourykh-1028170444.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211225/abiaraa-rkhaa-37-ti-ashysa-iralayz-aishtsa-aaa-rourykh-1036753600.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211024/akhy-aasa-zbeit-akhya-shaou-37-ti-ashysa-irylaaz-osman-kakasyr-iourykh-1036027240.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101326/97/1013269763_0:0:2959:2219_1920x0_80_0_0_42e2de660ad9c794f14b7bc87a2dbaa4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
"Ҭаацәак рлахьынҵа": Наталиа Агрԥҳаи Мад Цымцбеи 37-тәи ашықәсқәа шыркьысыз
12:50 23.10.2022 (ирҿыцуп: 23:08 29.10.2022) 37-тәи ашықәс еиҵәақәа злахьынҵа ареиқәаҵәаз хаҵеи ԥҳәыси Мад Цымцбеи Наталиа Агрԥҳаи ирызкуп Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Арепрессиатә шықәсқәа ҳтәыла аԥҭа еиқәаҵәеиԥш ианахаԥа, уи иаанагаз агәаҟра ирыцҳанатәит шәҩыла аԥсуа ҭаацәарақәа. Еиҭымнатәит ахәыҷқәа, ҵәҩаншьапда иааннажьит ашҭақәа, ицәеит ахәшҭаарамцақәа. Иахьатәи сажәабжь рзыскуеит хаҵеи ԥҳәыси Мад Цымцбеи Наталиа Агрԥҳаи. Дара асабицәа рнапы ишакызгьы, аполитика хәымга рынасыԥ еиԥнарҟьеит. Аха ус егьа иҟазаргьы, ахаҵамԥҳәыс ҳәа изышьҭаз Наталиа ҿыцымҭала ахәышҭаара акәицқәа еибалыркит. Ажәабжь анҵоуп дара рмаҭа Даур Цымцба иажәақәа рыла.
Наталиа Пиотр-иԥҳа Агрԥҳа диаҭымны илызҳаит. Лхала Калдахәара аҩны дазынхеит. Данԥҳәызбаха, динасыԥхеит Бармышьтәи арԥыс Мад Осман-иԥа Цымцба. Дара хҩык аишьцәа ыҟан, уеизгьы еиҿыҵуан азы Мад иԥшәмаԥҳәыси иареи хазы анхара еиҿыркааит. Наталиа лгәакьацәа рҳаҭгәынқәа ангәхьаалкалак, лнапы ықәылшьып ҳәа Калдахәара иацәыхарамкәа Бзыԥҭа ашьха ашьапаҟны аҭыԥ алԥшааны инхеит. Мад даара зҭеиҭԥш еинаалаз, ҟазшьала, уаҩышьала аӡәы иҵамхоз хаҵан. Уи адагьы иуаажәлар рыгәҭа ҳаҭыр иқәын, иажәа иазҵаауан, иагьылҵуан. Убри инаваргыланы аҽыбӷаҟаза ҳәа ихьӡгьы еицрыдыруан. Наҟ-наҟ Мади Наталиеи хҩык ахшара рхылҵуеит, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи.
Аҭаацәара ду ныҟәгатәын азы, аб ихы дамеигӡакәа акраиуан. Аиҳарак ақыҭанхамҩа инапы алакын, абнагьы ылихуан. Убраҟа аус ициуан ҩызас ишьҭихыз Шьмаҭ Бениа. Дара убриаҟара бзиа еибабон, аишьцәа реиԥш еизыҟан. Ҽнак зны Шьмаҭ Мад абжьагара ииҭоит иара иахьизааигәоу нхара диасырц азы. Мад хара имгакәа Шьмаҭ игәылара Ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу инхара еиҿикаауеит. Убас аиҩызцәа еиҳагьы еизааигәахоит.
"Сабду имаз аҳаҭыр згәамԥхоз маҷҩымызт НКВДаа рахьтә. Ицәшәозгьы ыҟан, избанзар иуаажәлар рыгәҭа иажәа иаҵанакуаз рацәан. Ҽнак зны ирыӡбеит рыла даԥырыргарц. Чынуаҩык сабду ҽыла Гаграҟа дышцоз данихьӡан, "абри ашәҟәы Абааҭатәи абахҭа аиҳабы исызиҭа, усгьы иумҩатәны уцоит" ҳәа иаиҳәеит. Сабду аԥхьашьа издырӡомызт, насгьы ани ауаҩ, ас еиҵаҟәаҟәарак игәы иҭакуп ҳәа абаидыруаз. Иманы абахҭа аиҳабы иҟны даннеи, егьи адҵа ҟаиҵеит днышәкыл ҳәа. Ашьҭахь еилкаахеит ақьаад ишаныз "абри ашәҟәы назго ажәлар драӷоуп, дҭашәк" ҳәа", - аҭоурых еиҭеиҳәоит Мад имаҭа Даур Цымцба.
Мад Гагра Абааҭатәи абахҭа дҭакын. Наталиа лакәзар, ифатә ижәтә лыманы имҩа дшаныз данын, аха иара иахь иназгагәышьодаз. Ашьҭахь иара Аҟәаҟа диаргоит. Уахьгьы дышцац дцалон. Амчра ахаҭарнакцәа шә-зҵаарак рылҭон дызхдырҟьаз еилылкаарц. Дара лхымҩаԥгашьа ргәаԥхомызт азы илықәымчуан. Зны ашьа ахьырша имаҭәақәа анлырҭа, цәалашәара бааԥсык лоуит, аха агәыӷра лцәымӡӡеит. Аҩны данааи, ланхәа Хышԥҳа илмырбакәа иӡәӡәаны ихылшьит. Адырҩаҽны деиҭацеит Аҟәаҟа. Абахҭаҿы аус зуаз Шәлымба зыжәлаз аӡәы аԥҳәыс дрыцҳаишьан, арахь иҟацәҟьаз иаартны изцәырымгазаргьы, инықәырԥшны илаиҳәеит "бхәыҷқәа ааӡала, арахь уаҳа бмаан" ҳәа. Уи акәхеит. Мад хабарда дыбжьадырӡит.
Арҭ аамҭа хьанҭақәа раан Наталиа илтәыз Шьыдгәа Агрбагьы ддырӡит. Уи ихшара иаҭымны ианаанха, лааигәара иҟаз ҩын хәыҷык ахь ҳаибааӡап ҳәа ииалгеит. Ддырбаандаҩит Мад иҩыза гәакьа Шьмаҭ Бениагьы. Ус ишыҟаз лара илышьҭаланы иаауеит. Наталиа шықәсыкынӡа Қарҭ атроцкитс диԥҳәысуп ҳәа аҭакра лықәырҵоит.
"Санду ахаҵамԥҳәыс ҳәа лзырҳәон. Лара абџьаргьы ныҟәылгон. Илыман "Маузер" ҳәа изышьҭаз атапанча. Лыԥшәма данҭарк ашьҭахь НКВД-аа лыцклаԥшуа иалагеит. Анаҩс ирыӡбеит ларгьы ддырбаандаҩырц", - иажәа иациҵоит амаҭа.
Наталиа ахақәиҭра анлырҭа, аԥҟарақәа рыла хымш рышьҭахь ақьаадқәа лнапы аҵаҩны Аԥсныҟа даарышьҭуан. Аха аԥҳәыс урҭ ахымш царҭа лымамкәа дыхрааӡраауа фатәыда-жәтәыда ақалақь далан. Аҵыхәтәаны, ианылзымычҳа, абызшәа шылзымдыруазгьы арра иршьҭуаз аӡәы иани иареи шеидтәалаз, иара ача шифоз лбеит. Дшыԥхашьозгьы, лхы даиааины идлырдырит амла дшакуаз, аха часак дахыбааны дрыдырцеит. Амла даганы лыԥсы лылшәшәо дышнеиуаз, амҩан еилаҳәара хәыҷык лылаԥш нақәшәеит. Иҩышьҭхны дагәылаԥшызар, аӡәы икапеиқәа ылаҳәан. Днаԥшы-ааԥшын уаҩ дашьҭамшәа анылба, лыфатә алаалхәеит. Анаҩс, абахҭантә лхы дшақәиҭыртәыз ашәҟәы лнапы анаҵалҩы, лбилеҭ ахә лырҭан, аҩныҟа ддәықәырҵеит.
Ара дахьааиз лхәыҷқәа еибга-еизҩыда ианылба аԥҳәыс рыцҳа илхылгаз лхьаақәа лхашҭит.
"Ҳанду ахәыҷқәа лзылбеит хылҵшьҭрала илзааигәаз Вера Агрԥҳа. Лара амлеи ахьҭеи иамыркӡакәа илыман. Аиҳабы усҟан аашықәса дырҭагылан. Ахәыҷқәагьы аума рычҳаит аныда абыда. Егьараан саби, иашьеи, иаҳәшьеи ран лыӡбахә анырҳәоз еимаҭәаны иҵәыуон", - еиҭеиҳәоит амаҭа.
Наталиа ақәра ду нылҵеит. Лаԥхьаҟа анцәа игәаԥханы лыхшареи урҭ ирхылҵызи рыла лгәы еизирҳаит.