Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥхьаҩцәа иргәаԥханы изыԥхьаша: ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер ахҳәаа

CC0 / / Книга
Книга - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер ахҳәаа ҳадигалоит аҭыжьымҭа аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа.
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер. Уи аатуеит даара абаҩхатәра бзиа змаз апоет-ашәаҳәаҩ, аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа иалагылаз, аҵыхәтәан аԥсуа-ақыртуа еибашьра анеилга ашьҭахь Аԥсны аҳәаақәа шихьчоз иҭахаз Аркади Кархалаа иажәеинраалақәа рыла. Зегь раҵкыс иалкаан пату зықәҵатәу, арҭ ажәеинраалақәа аибашьра анцоз аламҭалаз иахьаԥҵази, насгьы уи зҩыз агитараҿы аибашьцәа дрылагылан аҭабиаҿы иахьиҳәози роуп. Урҭ, хымԥада, ҳаибашьцәа ргәы шьҭнаԥаауан, аԥсадгьыл ахьчарахь ирыԥхьон. Иааҳгап иахьа шамаха зегьы ибзиан ирылаҵәахьоу уи иажәеинраала, нас еицырдыруа ашәахаз "Аибашьра иалиааз" аҟынтәи цәаҳәақак:
Аԥсадгьыл аҿаԥхьа изшәода ауал,
Агәаҟроуп измам ҵыхәаԥҵәарак.
Ахьӡ аӡә даргәаҟуеит, ҽаӡә дашьҭоуп амал,
Анацәа ирцәыӡуеит ахшара.
Хьӡи игарцоуп усгьы ахаҵа дзиуа,
Идыруеит уи дшыҟоу аамҭала.
Аԥсуаагьы иҳаман зыԥсадгьыл зҭиуаз,
Иҿаҳхуа иахьа ҳара ҳшьала…
Аркадий Кархалаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Ашәалеи бџьарԥынҵалеи еибашьуаз: Аркади Кархалаа игәаларшәаразы
"Аԥсуа ԥҳәыс Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы" ахьӡуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы, Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳа лыстатиа. Ари аҭыԥҳа аибашьра ашыра зегь далагылан медиаҳәшьак лаҳасабала, лыблақәа ирбаз, дызлаԥшыз, илхылгаз даара ирацәоуп. Иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит, шықәсыки ҩымзи ицоз аибашьра аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылаз амедиаҳәшьцәа - Ианартәи, Марттәи ихыбгалаз ажәыларақәа рҟны аԥхьатәи ацәаҳәақәа рҟынтәи ацхыраара зҭахыз ирызҭоз; Иультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа рҿы аӡы ирны ахацәа ирылагылан ицоз. Убарҭ ирызкуп абри астатиа ҟаимаҭ.
"Адырра ҵаулақәа рбаагәара" ахьӡуп апоетесса Белла Барцыцԥҳа ажурнал иану лпоема. Уи лызкуп, апоема аԥхьажәаҿ ишарбоу еиԥш, Гагра ақалақь аҭоурых хьыҵәцареи ажәытәи аҿатәи, раԥхьаӡа зыҵәҩаншьап азырсыз аԥсуааи, урҭ знысыз имариам амҩақәеи еилызкаарц зҭаху рыҭҵаара дшалагаша, Гагратәи аурыс школ аушьҭымҭа хатәра, аҵареи ааӡареи рыхәҭаҿы иалыркаахьоу, зыжәлар рҭыԥҳара иаԥсахаз Қапба Аделаида Леуанти (Леуа)-иԥҳа лыхьӡҳәарала, дызнысхьоу амҩақәа рыла.
Сынтәа диижьҭеи 90 шықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа хәыҷтәы шәҟәыҩҩы Нури Бараҭелиа. Уи ипрозаҟны иналукааша иажәабжь "Ахақәгәыӷра" ажурнал абри аномер аҟны иакьыԥхьит. Ажәабжь иаанарԥшуеит ахәыҷқәа рдунеи аҟны шакәу иахьалаго ауаҩытәҩса наҟ-наҟтәи иԥстазаара ду аҿы иԥыло аиашареи амци, ахаҵареи агәымшәареи, ахьӡи ахьымӡӷи дшырзыҟалаша, иԥсҭазаара зегь аҿы урҭ ҵакыс ироуша.
Нури Багателия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Аԥсны
Зразҟы амцхә икыднаҟьаз ашәҟәыҩҩы: Нури Бараҭелиа игәалашәара иазкны
Апоезиа аҟәшаҿы ажурнал иануп апоетцәа Сергеи Агындиеи Енвер Ажьибеи ражәеинраала ҿыцқәа. Араҟа аԥхьаҩ ибоит иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ҳажәлар зыргәамҵуа, измырҭынчуа, есымша хьаас ишрымоу ҳбызшәеи, ҳмилаҭ рхыԥхьаӡара амаҷреи, уаҵәтәи ҳамш аԥеиԥши. Абар уи Агындиа ипоезиаҿы цәаҳәақәак рыла ишааирԥшуа:
Ԥсҭазаарак снапсыргәыҵа ианысны,
Аҳаԥы лашьцара инҭапҟеит.
Быжьқәак, схатәы бжьы наргәылсны,
Сара ишыстәыҵәҟьоу исаҳауеит…
Сергей Агындиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Иҭынчу апоезиа: Сергеи Агындиа 68 шықәса ихыҵра иазкны
Енвер Ажьиба ипоезиаҿы арахәыц ҟаԥшь еиԥш иагәылсуеит иԥсадгьыл адунеи зегьы иахәҭакны дшахәаԥшуа:
Адунеи сакәшаны аҩныҟа
Схынҳәуа аамҭак ҟамлаӡацт.
Адунеи агәҭоуп са сахьыҟоу,
Уи аҳәаақәа рымшәаӡацт…
Енвер Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2021
Ауадаҩрақәа ирӡрыжәыз апоет: Енвер Ажьиба 63 шықәса ихыҵра иазкны
Араҟа иаҳԥылоит апоет Иван Миқаа иажәабжь кьаҿқәа. Арҭ ажәабжьқәа ирныԥшуеит шәышықәсала ҳажәлар иаарго ҳатрадициа хазынақәа иахьатәи ҳаамҭазгьы рырӡра шыҟамло, ахәыҷы даниз инаркны ишилааӡалатәу, иара изы дандухалак итәымны иҟамларц азы…
Ашәаҳәаҩ Илларион Гьерхьелиа ҳажәлар ирхыргаз аибашьра ашыра далагылан, уаҟа иибаз игәалашәараҿы ахааназ рышьҭа аанрыжьит. Убарҭ роуп изызку иажәабжь кьаҿқәа "Цхьынҵҟартәи ахҭысқәеи" "Ԥсыхәа змамыз ахьаҵреи".
"Алашара" иакьыԥхьуеит абаҩхатәра бзиа змоу апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа илирикатәи ифилософиатәи жәеинраала ҿыцқәа. Апоет ицәырҵра еигәырӷьо иаԥхьаҩцәа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара рацәаҩхоит уи иҿыцу, уажәраанӡа иара иаԥхьа ицәырҵыз апоетцәа ирымҳәац, ицәыррымгац ахшыҩҵак ҵаулақәеи асахьа ҿыцқәеи раарыԥшра дахьазыманшәалоу азы:
Еиԥшым ауаа рлахьынҵақәа,
Еиԥшым рыгәҭыхақәа, ргәаԥхара.
Иԥшуп ихкәаанӡа ргәаӷ ақәа,
Иԥшуп ианыҟамло гәынхара.
Иаҿуп агәымхара жәпаҩы,
Аӡә иҳалалра дақәӡуеит баша.
Дызшаз данԥишәо ауаҩы,
Иа иоуп иқәашьхарагь зыӡбаша…
Инҵәом аԥсҭазаара бзанҵы,
Инҵәоит агәеисра, ҽак иларцаз.
Аамҭак аауеит, аамҭак анҵы,
Мшаҽнык азгәыӷра ҳзыхынҳәларцаз…
Айнар Читанаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Аԥсны
"Ажәа бзиа аԥсы ахьҭаз гәеиҭеит": апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа изкны
"Жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭатәыз ауаа" ахьӡуп аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Аполлон Думаа аибашьраан Очамчыра ақалақь иалаханы иҟаз аԥсуаа ирзаарцоз бзиаӡаны изныԥшуа истатиа.
"Ажурнал "Алашара" аконкурс азы" арубрикаҿы ажурнал иануп апоет, ажурналист, агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы еиҳабы Алхас Чхамалиа "Схәыҷра сыцәзырӡыз… аибашьра" захьӡу игәаларшәара.
Аԥсуа литература аҭоурых аҿы Владимир Леуа-иԥа Аҵнариа (1938- 2006) ихьӡ аанхоит зегь раԥхьаӡагьы поетк, литератураҭҵааҩык иаҳасабала. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа қәҿиарала даҿын асахьаркыратә литература аиҭагара аусгьы. Убарҭ рахьтә ажурнал абри аномер иануп анемец драматург, апоет, апрозаик Бертольт Брехт еицырдыруа ипиеса "Ан Куражи уи лыхшареи". Ҳәара аҭахума, ари апиеса еиҭагоуп ишиашоу анемец бызшәа аҟынтәи, иагьаныԥшуеит аиҭагаҩ ҟаза инапкымҭа.
Ажурнал абри аномер иануп апиеса алагамҭа, алгарҭа аныларан иҟоуп ажурнал ҳаԥхьаҟа иааиуа аномер.
Владимир Ацнариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Аԥсны
Аԥсуа пародиа азҟаза ду: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы
"Таиф Аџьба анемец поезиа аиҭагаҩык иаҳасабала" - абас ахьӡуп академик Валентин Кәаӷәаниа иусумҭа ҵаула ажурнал абри аномер иану. Уи уаҟа иазгәеиҭоит апоет аԥсышәала ирцәажәаз анемец поетцәа ишреиуоу доуҳала изааигәаз, зажәеинраалақәа аԥсуа поезиа дгьыл ианаалап ҳәа дзеигәыӷуаз адунеитә литература аклассикцәа - Иоҳан Гиоте, Ҳенриҳ Ҳаине, Иоҳанесс Бехер.
Ажурнал "Алашара" ахәбатәи аномер иануп аҵарауаҩ қәыԥш Инал Гыцба истатиа "Владимир Занҭариа ишәҟәы "Адунеи азна" азы гәаанагарак", "Аҟазара" аҟәшаҿы Елеонора Коӷониаԥҳа лыстатиа "Аҳра зуаз акомедиограф", "Аҭҵаарадырра" аҟәшаҿы аҵарауаҩ қәыԥш Альбина Анқәабԥҳа лусумҭа "О. Бигәаа инапылаҩырақәа акьыԥхь разрыхиара шымҩаԥысуаз", аҵарауаҩ Фатима Лакрба лыстатиа "Омар Беигәаа иҩыратә жәаҳәаҿы аҟаҵарбатә нҵәамҭақәа шаарԥшу иазкны", ААУ астудент Милана Гыцба лусумҭа "С. Ҷанбеи Ӡ. Дарсалиеи рырҿиамҭақәак рҿы аконтраст ахархәашьа", "Ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи" арубрикаҿ Борис Қәҭалиа истатиа "Аԥсуа чара иазку агәалашәарақәа".
Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер, ҳара ҳгәаанагара ала, ҳаԥхьаҩцәа даара иргәаԥханы изыԥхьаша арҿиамҭақәа маҷымкәа иануп.
Ажәабжьқәа зегьы
0