Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатуеит Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа

© Foto / Public domainКнязь Александр Шервашидзе (Чачба).
Князь Александр Шервашидзе (Чачба). - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2022
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынҷкәын 15-24 рҟынӡа, уаҟа ицәыргахоит 80 инареиҳаны асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазаҭҵааҩы Александр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазкны Аҟәа Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит ацәыргақәҵа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынҷкәын 15-24 рҟынӡа, уаҟа ицәыргахоит 80 инареиҳаны Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа. Иара убас, ицәыргахоит асахьаҭыхыҩ Александриатәии Мариитәии атеатрқәа рыҟны декораторс даныҟаз иаԥиҵаз адекорациақәеи акостиумқәа рескизқәеи.

Уи адагьы аҭааҩцәа ирбар рылшоит уи аамҭа иаҵанакуаз асахьаҭыхыҩцәа рпотретқәа - арежиссиор, адраматург Николаи Евреинов, актрисацәа Наталиа Бутковскаиа, Клодин Биссон уҳәа аӡәырҩы. Ацәыргақәҵаҿ ихадоу аҭыԥ аанакылоит асахьаҭыхыҩ Франциа амилаҭтә сахьаҭыхыҩцәа реилазаара дызхаларҵаз - автопортрет.
Спектакль Третий день войны Абхазского государственного  Молодежного театра - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2022
Аԥсны
Аԥсны акультуратә афиша: Шервашиӡе-Чачба ицәыргақәҵа, "Аибашьра ахԥатәи амш"
Алеқсандр Чачба - Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба имоҭа иԥа, раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, Урыстәыла ареволиуциа ҟалаанӡа атеатрқәа рдекоратор ду, еицырдыруаз петербургтәи атеатрқәа асценограф.
Асахьаҭыхҩы иԥсҭазаара далҵит нанҳәамза 17, 1968 шықәса рзы, 101 шықәса дшырҭагылаз, Монако абыргцәа рыҩнаҿы. Анышә дамадан Ницца, аурыс нышәынҭраҿы. Лаҵарамза 12, 1985 шықәса рзы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәаҟа иԥсыбаҩ ииаган, амилаҭтә музеи азааигәара джуп.
Алеқсандр Чачба (Шервашиӡе) иусумҭақәа ҵәахуп Аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы, аҳәынҭқарратә аурыстә театр аҿы, атеатралтә музеи аҿы, атеатралтә библиотекаҿы(Санкт-Петербург), Москва, Бахрушин ихьӡ зху атеатралтә музеи аҿы, Урыстәылеи, адунеи атәылақәеи жәпакы рҿы ахатәы коллекциақәа рҿы. Алеқсандр Чачба ихьӡ ахуп Аҟәатәи асаахьаҭыхратә ҵараиурҭа.
Автопортрет. 1905 год. Автор: Александр Чачба-Шервашидзе - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2018
Адунеитә культура дуӡӡа ахыҵхырҭа здыруаз Александр Чачба игәалашәара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0