Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵан": Саида Жьиԥҳа иҳаҩсуа ашықәс алкаақәа ҟалҵеит

© Sputnik / Саида ЖибаСтолетний дом Али Куадзба в селе Есмаханым в Турции
Столетний дом Али Куадзба в селе Есмаханым в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Анапаҵаҩра
Изеиԥшразеи 2022 шықәса? Дарбанзаалак имҳәарц залшом адунеи аҿы иуадаҩыз аполитикатә ҭагылазаашьа шаԥҵахаз, аҳәынҭқаррақәа жәпакы ршәарҭадареи рекономикеи ишырныԥшыз. Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа 2022-тәи ашықәс еихшьало, иазгәалҭеит ацәгьеи абзиеи рыла ишеибаркыз.
2022 шықәса сара сзы иалагеит жәабжь бзиала. Аҭаацәара аԥырҵеит исзааигәаз ауаа. Анаҩс сгәырӷьареи агәҭынчымреи рҽеиҭнырыԥсахлеит. Урыстәыла Украина иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара иалагеит. Уахь хатәгәаԥхарала ицаз ҳџьынџьуаагьы маҷҩым. Хымԥада, ҳара ҳазхаану аибашьра ҳгәы ианнаҵаз ахәра мӷьацт аҟнытә, ҳшәара ахы ыҵнахит. Иара убри акәзаргьы ҟалап изыбзоурахаз схаҿы ииз апроект ҿыц "Ихәыз ахәыҷра".
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны
100 аматериалқәа
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Иацы, 18:00
Украина, ҳтәыла иаҿурԥшуазар, иҳәынҭқарра дууп, адунеитә азхаҵара амоуп. Убри аҟнытә Урыстәыла иаҿагыланы Украина адгылара азҭо рацәахеит. Рыбжьы ақәыргауа, аурыс мпыҵахалаҩ ҳәа изырҳәо иалагеит. Арҭқәа анызба, сара исгәалашәеит Аԥсны хәыҷы агәы анҭҟәацуаз, ҳауаажәлар аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа ианҭагыла, Қырҭтәыла иақәыӡбоз атәылақәа ыҟазаргьы ҿы ӷәӷәала ишырзымҳәаз "шәызҿу закузеи" ҳәа. Ҳара иахьа адунеи ахсаала ҳахьанымӡӡааз зыбзоуроу аԥсуа милаҭ ирызҭоу агәаӷьи, Нхыҵ-Кавкази, Ҭырқәтәылантә иаҳзааз ҳашьцәа ахатәгәаԥхаҩцәеи рыжәҩахыр ауп. Абарҭқәа зегьы санрызхәыц, исыӡбеит сҽазысшәарц ҳаибашьраан изызҳауаз ахәыҷқәа рыблала ирбаз, ираҳаз, ҭаацәала ирхыргаз ахлымӡаах иазкны ашәҟәы аус адулара.
Апроект анагӡара салагеит ааԥынразы. Сфырхацәа Аԥсны араионқәа зегьы ирхаҭарнакцәоуп. Сара исҭаххеит досу игәаҵа иҭаҵәаху ахьаа цәырганы аԥхьаҩцәа ирызназгарц. Убри инамаданы, агәаҳәара змаз ирыман алшара, ақьаади аҩыгеи дареи еизныжьны рцәаныррақәа ирцәыԥхамшьакәа раарԥшра, даҽа џьоукы хаҭала срыҿцәажәаны рымаӡакәа сзаадыртит. Ашәҟәы аҭыжьра сгәы иҭоуп 2023 шықәсазы, иагьазкхоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира 30 шықәса ахыҵра. Иара еиқәыршәахоит х-бызшәак рыла: аԥсышәала, урысшәала, аҭырқәа бызшәала. Ари апроект ала сара исҳәар сҭахуп атәыла хәыҷқәа ирыланхогьы АУАА шракәу. Даргьы атәыла дуқәа рыуаажәлар реиԥш ишырныруа ахьаа.
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2022
Аԥсны
Ҽакы иеиԥшмызт: ажурналист Саида Жьиԥҳа 2021 шықәса алкаақәа ҟалҵоит
Аԥхын алагамҭазы аусураҿы аԥсшьара ганы исыӡбеит Ҭырқәтәылаҟа ацара. Мызкы иалагӡаны Измиҭи Адаԥазари ақалақьқәа рҿы инхо сҩызцәа Иуџьали Филизи Сергьегьиаԥҳацәеи сареи Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым аҭоурыхтә қалақьқәа ҳарҭааит. Зегь раасҭа сзыршанхаз Шьамтәыла аҳәаа иаԥну Мардини, Мидиати, Ҳаҭаи роуп. Иара убас ҳара ҳаҭааит Амшын еиқәа иаҿықәгылоу, хыԥхьаӡарала имаҷымкәа аԥсуаа ахьынхо Синопи Самсуни ақалақьқәа. Сгәы иҭымҵуа иаанхеит Владислав Арӡынба иҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы аекспедициақәа ахьымҩаԥигоз Чорум ақалақьи Хаттуса ҳәа изышьҭоу хетаа римпериа аҳҭнықалақьи сыблала иахьызбаз. Уаатәи сныҟәарақәа ртәы аԥхьаҩцәа ирыман алшара аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны асаит аҟны аԥхьара.
Чорум амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Арепатриациа
Зыԥсы ҭоу ахәышҭаара: Бзагәақыҭ иазку анҵамҭа
Аԥхынтәи ҭырқәтәылатәи сныҟәарақәа ирыцыз ацәанырра шьахәқәа аԥсахит илахьеиқәҵаз ажәабжь. Лыдунеи лыԥсахит сан лаҳәшьеиҳабы Светлана Алшәындԥҳа. Сгәы шсыхьуазгьы, лыԥсыжрахь саартә еиԥш изыҟамлеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҟны сахьыҟаз инамаданы.
Ҭагалан ажәабжь бзиа сзыԥшын. Россотрудничество ажурналисттә еилазаара рыбжьара имҩаԥнагоз аконкурс аҟны апублицистикатә-сахьаркыратә жанр аноминациаҿы, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеран Арзаабеи Смыр изкны Sputnik Аԥсны аҟны икьыԥхьыз сматериал аиааира агеит. Уи хымԥада сусура ахырхарҭала агәацԥыҳәара снаҭеит.
Обучение бойцов перед отправкой на фронт - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
"Дҭахеит ҳәа ашәҟәы аахьан": Арзаабеи Смыр иеибашьратә нысымҩа
Жьҭаарамзазы, сҩыза Зарина Коӷониеи сареи ҳаицны Сҭампылҟа ҳцеит. Уаҟа иаҳхаагеит ҳгәы иҭымҵуа амш ссирқәа. Зегь раасҭа илахҿыхыз, аччара зцыз мшын жьҭаара 28. Ари арыцхә гәныскылеит Зарина "ахаан исхашҭуам" ҳәа анылҳәа ашьҭахь. Амала усҟан иҟалаз ахҭыс атәы, саҭашәымҵан, аха ишмаӡоу инхааит.
Ашықәс анҵәамҭазы сгәы сзырхьыз даҽа хҭыск сақәшәеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иауз ахәра иахырҟьаны 30 шықәса чымазарала изхызгаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьаз саб иашьеиҵбы Шьалуа Жьиба иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Иара иеибашьратә мҩа атәгьы аԥхьаҩцәа ирыдызгалахьан Sputnik Аԥсны асаит аҟны.
1992-1993 гг - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2019
Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит
2022 шықәса наскьазгарц аԥшьызгеит Москва. Анцәа имчала мышьҭабзиала ажьеи ацгәи ирсимволу 2023 шықәсахьы сшьаҿа еихызгарц сгәыиҭоуп. Шәаргьы, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, ԥшӡала шәыгәҭыха ссирқәа здышәҳәало Ашықәс ҿыц мышьҭабзиала шәҭалааит. Ҽаанбзиала!
Ажәабжьқәа зегьы
0