Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Қьырса ныҳәа, Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш, абылтәы азы ахәԥсақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Новогодние украшения Сухумской елки
Новогодние украшения Сухумской елки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәзеизнагеит ажьырныҳәа 2-8 рзы иҟалаз еиҳа иналукааша ахҭысқәа реизга.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы узыргәырӷьашаз реиԥшгьы угәы узырхьшаз ахҭысқәагьы ҟалеит. Иԥсҭазаара далҵит акомпозитор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Тото Аџьапуа, Аҟәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит хатәгәаԥхарала Донбасс еибашьуаз, иҭахаз ҳџьынџьуаҩ, иазгәарҭеит Қьырса ныҳәа, абылтәы акәзар, ахә лаҟәит.
Sputnik

Қьырса ныҳәа

Амчыбжь ахҭыс хада - Иаса Қьырса Иира амшныҳәа, Ақьырсиан ныҳәа ду, уи Аԥсны ауахәамақәа рҿы иазгәарҭеит, анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит ажьырныҳәа 6-7 руха.
Аныҳәа азгәарҭоит аҭыԥҳа Мариа Иудеиатәи Вифлеем Иаса Қьырса дахьлыхшаз аҳаҭыр азы, уи иамоуп ажәытә традициақәа.
Аиашахаҵаратә қьырсианцәа ари амш азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы, акатоликцәа - ԥхынҷкәын 25 рзы. Уи аҽны инҵәоит Қьырсатәи ачгара ду.
Аб Игнати (Киут): ақьырсиантә ԥсҭазаара зегьы Қьырса илоуп ишыҟоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2023
Арадио
Аб Игнати (Киут): ақьырсиантә ԥсҭазаара зегьы Қьырса илоуп ишыҟоу

Иԥсҭазаара далҵит Тото Аџьапуа

Амчыбжь иалагеит угәы узырхьуа ажәабжь ала - иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Аибашьра анысымҩа" апремиа алауреат, Леон иорден, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа. Раԥхьатәи икомпозициа "Иарҳәала ачамгәыр" лзикит дзааӡаз ианду.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахәра ӷәӷәа анаҭеит Тото Аџьапуа иҭаацәа, аибашьраҿы иҭахеит иашьеи, иԥеи. Аибашьра аамҭа иалагӡаны акомпозитор иаԥиҵаз ашәақәа иреиуоуп " Аԥсуа уахьыҟазаалакгьы", "Горец", "Ҳаҳәшьцәа", "Имҩасуам".
Тото Аджапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Аԥсны
Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ Тото Аџьапуа иԥсҭазараа далҵит
Тото Аџьапуа – 600 инареиҳаны рҿиамҭа дравторуп. Иара иҩуан аинструменталтә музыка, ахәыҷқәа рзы арҿиамҭақәа, иара убас акантата-ораториатәи ашәаҳәаратәи ажанрқәа рыла арҿиамҭақәа.

Абылтәы ахә иагхеит

Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы ахә каҳаит Урыстәыла аахәаратә хәыԥса ахьылаҟәыз иабзоураны. Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны АИ–92 литрк азы 47 мааҭ аҟынтәи 45 мааҭ рҟынӡа илаҟәит, АИ-95 акәзар 59-60 мааҭ рҟынтәи 55 маҭ рҟынӡа.
Убри аан адизельтә былтәы ахә шыҟац иаанхеит, литрк азы-64,5 мааҭ, иара убас АИ-100 - 68 мааҭ иаԥсоуп.
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Аԥсны
Аԥсны абылтәы ахә лаҟәит
Аилахәыра "Аԥсны-Оил" аиҳабы иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы абылтәы зауадқәа рҟынтә аахәаратә хәыԥса алаҟәра иаҿуп, АИ-92, АИ-95 литрк азы ахә хәмааҭк еиҵахеит.

Аныҳәатә маршрут

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раҳаҭыр азы атуристтә дәыӷба Тҟәаԥсынтәи Гаграҟа атуристцәа аанагон ажьырныҳәа 2-8 рзы.
Тҟәаԥсынтәи Гагранӡа атуристцәа хә-сааҭки 25 минуҭи рыла иааиуеит, ианыгьежьуа хә-сааҭки 40 минуҭи.
Праздничный поезд будет возить туристов из Туапсе в Гагру до 8 января - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2023
Аԥсны
Аретро-дәыӷба Тҟәаԥсынтәи Гаграҟа атуристцәа аанагалоит ажьырныҳәа 8 рҟынӡа
Атуристә ретро-дәыӷба раԥхьаӡа акәны ари ахырхарҭа мҩала ибжьысит 2020 шықәсазы. Адәыӷба 10 вагонк рыла ишьақәгылоуп, 386-ҩык апассаџьырцәа рҭыԥ амоуп.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш

Ажьырныҳәа 6 ры лирамш азгәалҭеит аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа диит 1970 шықәса рзы Пицунда. Дхәыҷаахыс ашәа лҳәон, ароиаль алырҳәон.
Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Аԥсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа аԥсуа культура иреиӷьу ацҳаражәҳәаҩ ҳәа лзиҳәеит Аслан Бжьаниа
Хьыбла Гьерзмааԥҳа иахьа адунеи аоператә сценақәа рыҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, иланашьоуп апремиақәа "Триумф", "Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы" ахьыӡҳәаҟны "Casta Diva", илоуит амилаҭтә театр апремиа "Золотая маска" "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" азы, иара убас иланашьоуп "Золотой Орфей" "Иреиӷьу ашәаҳәаҩ" ҳәа.
Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәии Римтәии атеатрқәа рыҟны, Венатәи аопера аҟны. Ашәаҳәаҩ адунеи акыр џьара аконцерттә программақәа лыманы агастрольқәа мҩаԥылгоит. Лара лаԥшьгамҭала Аԥсны есышықәса имҩаԥысуеит амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..."
Церемония вручения музыкальной премии BraVo - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2024
Аԥсны
Аоператә нцәахәы: Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит

Ацәгьоуҩы иаанкылара

34 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ Николаи Тараканов дишьит ҳәа гәҩарас ирымаз Руслан Ҭраԥшь даанкылоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны Апрокуратура хада. Иҟоу адыррала, ԥхынҷкәын 30 рзы, асааҭ 22:20 рзеиԥш, Аҟәа Воронов имҩа №30 аҿы, Ҭраԥшь аҩнеихагыла аҩналарҭа дшыҩнагылаз ишьақәыргылам абџьархкы ала ашә деихсын, 34 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ Николаи Тараканов дишьит.
Хара имгакәа занааҵтәи аусҭҵааратә усбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь ацәгьоура зуз иҭакразы азыҳәа нанашьҭуеит.
Обвиняемый в наручниках в Басманном суде Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Аԥсны
Урыстәылауаҩ дишьит ҳәа гәҩарас ирымаз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп

Донбасс иҭахаз ҳџьынџьуаҩ аҵыхәтәантәи имҩа иқәҵара

Аҟәа ажьырныҳәа 6 рзы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Донбасс иҭахаз ахатәгәаԥхарауаҩ Дмитри Ҵәыџьба.
Дмитри Ҵәыџьба дҭахеит ԥхынҷкәын 27-28 руыха, иара ицҭахеит Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз даҿа ҩыџьа - Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи. Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала аибашьҩы иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааган ажьырныҳәа 3 рзы.
В Абхазии простились с погибшем на Донбассе добровольцем - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Аԥсны
Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Донбасс иҭахаз ахатәгәаԥхарауаҩ

Амашьынарныҟәцаҩцәа рзы аԥкрақәа

Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа арныҟәцаҩцәа ргәы рҽанырҵеит аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа рыла ашьхарахь рнеира ԥкызаауеит ҳәа.
Амшцәгьақәа ҟалар аӡынтәи арезина зҵам автомашьынақәа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҵакырахь инарышьҭуам.
Юпшарский каньон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2023
Аԥсны
Аҳәынҭавтоинспекциа: аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа ашьхарахь рнеира ԥкызаауеит
Ажәабжьқәа зегьы
0