Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: алокомотив ҿыцқәа, авирус "ахьаҵра", аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәырқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәзеизнагеит ажьырныҳәа 9-15 рзы иҟалаз еиҳа иналукааша ахҭысқәа реизга.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раантәи русура аихшьалақәа ҟарҵеит, аԥсшьарамшқәа раан иҟалеит аԥсыҭбарақәа зыхҟьаз амҩатә машәырқәа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аранг ҿыц иоуит, "Аԥснеихамҩа" 30 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны алокомотивқәа аархәеит.
Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи - Sputnik аҿы.

Ачын ҿыц

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 11 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҷыдоуи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ ичын ианашьаразы.

Иҭынчмыз аныҳәамшқәа

Арадио Sputnik аинтервиу аҭо, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Бутба иҳәеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1-10 ирылагӡагы иаарԥшын 2025 зинеилагара ҳәа, ари 82 еилагара рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа.
Быҭәба иазгәеиҭеит иарбоу аамҭазы ишазгәаҭаз амҩатә машәырқәа фба. Жәаҩык аахақәа рыман, ҩыџьа ҭахеит. Арыжәтә ыжәны аԥсҟы ркны абри аамҭала иаанкылан 193-ҩык. 2022 шықәсазы ари аамҭазы иаанкылан 127-ҩык.
"Аныҳәатә ҭагылазаашьа шыҟазгьы арыцҳарақәагьы ацын. Иҭахаз ыҟамзар ҳусура ҳахыҽхәар алшон", - иҳәеит иара.
Аминистр иажәақәа рыла, аныҳәамшқәа раан ауаажәларратә шәарҭадара аиҿкаара иалахәын Аԥсны ААР аусзуҩцәа реилазаара зегьы.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2023
Аԥсны
Аԥсны ААР 2023 шықәса жәамш рыҩнуҵҟа ҩнызқь рҟынӡа зинеилагара ашәҟәы иҭанагалеит

Актәи аҭыԥ аагеит

АТОР адыррала, Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит амшынаҿықәаҿы ажьырныҳәамза анҵәамҭазы реиҳа зыхә мариоу аԥсшьаразы ахырхарҭақәа рыбжьара
Убас, жәамш иҟоу атур азы ареспублика асасааирҭақәа руак аҿы аангылареи ҳаирпланла анеиреи алаҵаны ҩымш ирызхоит 40792 мааҭ. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Шәача, уаҟа аԥсшьаразы инырхуеит 50570 мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Ҭырқәтәыла 69814 мааҭ ҳәа.
День города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2023
Аԥсны
Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит ажьырныҳәамзазы амшын аҿы еиҳа зыхә мариоу аԥсшьарҭа ҳәа
Атуризм азы аминистрра адырақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны абҵара 20 рҟынӡа Аԥсны иаҭааит 1 миллионки 150 нызқьҩык ауааԥсыра. Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра жәанызқьҩык инареиҳаны иаҭааит ажьырныҳәа 1-10 рзы ҳәа, ари 3207-ҩык рыла еиҵоуп шықәсык аԥхьа иҟаз раасҭа.
Афонҿыцтәи аҳаԥы ҳазҭалаз ашықәс актәи жәамш рзы иаҭааит 6 395-ҩык. Иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭазы иаҭааит 9442-ҩык.

Авирус аҽеиқәнакит

Sputnik аинтервиу аҭо, Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиева адырра ҟалҵеит ареспубликаҿы асезонтә еимҳәа аҽеиқәнакуа ишалагаз.
Иара убас, лара илҳәеит ажьырныҳәа 1-12 рзы ахәшәтәырҭақәа ишрыдҵаалаз аимҳәа зыхьуаз 290-ҩык, урҭ реиҳараҩык ахәыҷқәа шракәыз - 203-ҩык.
Ахьҭа рылаланы иадҵаалеит 439-ҩык, урҭ рахьтә 284-ҩык хәыҷқәан. Ичмазаҩхаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еиҳауп Аҟәеи Аҟәа араиони, Гагреи Тҟәарчали араионқәа рҿы.
Белиева лажәақәа рыла, аимҳәа бааԥсны ианырхырго рацәоуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа ҭәуп ачымазцәа рыла. Ауаа ачымазара рмыхьырц ма ахҟьаԥҟьақәа ԥсыҽхарц азы лара алаҵа ҟарҵаларц рабжьылгоит.

Аусӡбарақәеи ахьырхәрақәеи

Аԥсны Апрокуратура хада асаит аҿы адырра ҟарҵеит уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба иус Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь ахәаԥшраз ишынашьҭу.
Агрба АА АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура (атәым мазара ахатәтәреи аимҵәареи) мҩаԥигеит ҳәа агәызҩара ыҟоуп, Надир Џьинал – уи дицхраауан ҳәа ахара ихарарҵоит.
Аусӡбара заанаҵтәи аусеилыргарала уаанӡатәи акультура аминистр имаҵзура ихы иархәаны Џьинали иареи асценаз ахархәагақәа раахәараз аилаӡарақәа ҩба рыбжьарҵеит, руак 8 миллион мааҭ, аҩбатәи - 19,9 миллион мааҭ рыхә.
Џьинал, Агрба 14,3 миллион мааҭ ииҭоит, ихазы инижьуеит 4,6 миллион мааҭ, иаанхаз 8,9 миллион мааҭ рыхә рхы иадырхәахьаз алашаратәи абыжьтәи хархәагақәа ааихәеит.
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2023
Аԥсны
Гәдиса Агрба иус Аҟәатәи аӡбарҭахь инашьҭуп
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аӡбрала аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр зхароу ҳәа агәызҩара ззыҟоу Ница Габлиаԥҳа дырбаандаҩхоит.
Амҩатә машәыр ҟалеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 асааҭ 06:25 рзы. Амашьына иҭатәаз абренд KamuChi ашьаҭаркҩы Кама Ҵәыџьԥҳа дҭахеит, Инар Какалиа игәыҵҟьа ааха аманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит.
Аусӡбарҭа аӡбрала Габлиаԥҳа даанкылахоит 2023 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа. Иахьазы лара амашәыр аан илоуз хыԥхьаӡара рацәала аахақәа ирыхҟьаны Ареспубликатә хәшәтәырҭа дҭоуп.
Молоток судьи - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2023
Аԥсны
Аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр зхароу ҳәа гәҩарас иҟоу дырбаандаҩхоит
Аԥсны атәылауаҩ Алмас Ӡкәиа аҭиразы закәаншьаҭада анаркотикқәа ааихәон, имҩанигон, ииҭиуан, иара убасгьы еилацәажәарыла гәыԥҩык алархәны мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа рыҭира далахәын ҳәа ахара иднаҵеит Гагратәи араионтә ӡбарҭа.
Иара 17 шықәса иқәырҵеит зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҟны ихигаразы, иара убасгьы 1,5 млн мааҭ ахараԥса ишәароуп.
Аусҭҵаара инақәыршәаны Ӡкәиа ҩ-еилаҳәарак аметадон ааихәеит. Акы ихы иаирхәеит, аҩбатәи иҭиит. Уи ашьҭахь аҽа х-еилаҳәарак ааихәеит, урҭ ашьҭаҵарҭақәа рхархәарала иҭиит.
Иара убасгьы иҩны иҵәахны иман аметадон рацәа.
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2023
Аԥсны
Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз 17 шықәса иқәырҵеит

Аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәырқәа

Иҳаҩсыз амчыбжь ахыркәшамҭаз игәыҭшьаагоу ахҭысқәа ҟалеит. Асабша, ажьырныҳәа 14 рзы Гәылрыԥшь араион аҿы амҩатә машәыр аан ҩыџьа ҭахеит, хҩык аахақәа роуит.
Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы амашәыр шыҟалаз азы адырра ҟалеит асааҭ 15:51 рзы. Аиқәырхаҩцәа аннеиз, амашәыр зыла иабаз ауаа аахақәа зауз амашьынақәа ирҭыганы ахәшәырҭахь иргахьан.
Мигалки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2023
Аԥсны
Ҩыџьа ауаа ҭахеит Гәылрыԥшь араион аҿы амҩатә машәыр аан
Адырҩаҽны Гәдоуҭа араион АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит Приморское ақыҭа иахьаҵанакуа амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа. Аусбарҭаҿы иҟарҵаз адыррала, Автомашьына "ВАЗ 2105" амҩа иаҽԥынгылаз ашьаҟа иаахан, арныҟәцаҩ аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аиқәырхаҩцәа аԥсыбаҩ амашьына иҭырган, иуацәа дрырҭеит.

Аԥснытәи аихамҩақәа рзы алокомотив ҿыцқәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи раԥхьаӡа акәны "Аԥснеихамҩа" ироуит алокомотивқәа фба.
Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥснеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа ишиҳәаз ала, Ашықәс ҿыц ҟалаанӡа Аԥсныҟа иааргеит алокомотивқәа ҩба. Руакы аидарамҩангараҟны рхы иадырхәо иалагахьеит, аҩбатәи азыҟаҵара иаҿуп.
Даҽа ԥшь-локомотивк аилаӡара инақәыршәаны Аԥсныҟа иааргоит 2023 шықәса актәи азбжа иалагӡаны.
Ҟәыруа еиҭеиҳәеит Аԥснеихамҩа иаанахәаз алокомотивқәа лшарас ирнаҭо атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2023
Арадио
Ҟәыруа еиҭеиҳәеит "Аԥснеихамҩа" иаанахәаз алокомотивқәа лшарас ирнаҭо атәы
Иара ишиҳәаз ала, арҭ алокомотивқәа ҿыцӡам, урҭ ҟарҵеит 1980-1990 шықәсқәа рзы, акапиталтә ремонт рызун 2018-2019 шықәсқәа рзы, иахьаз урҭ ахархәаразы еиқәшәоуп, акыраамҭагьы аус рулоит. Аҿыцқәа акыр рыхә цәгьахон аҳәынҭқарразы.
Алокомотивқәа иаархәаз иалдыршоит апассаџьырцәеи аидарақәеи иаҳа ирацәаны рымҩангара. Урҭ рымчхара ҩынтә еиҳауп уаанӡа ахархәара зырҭоз раасҭа – 50 вагон зыцраҳәоу адәыӷбақәа ныҟәыргар рылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0