Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаараҟны аҷаҷачымазара змоу рыхәшәтәразы апрограмма рыдыркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Анапаҵаҩра
Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Иазоужьуп 50 миллион мааҭ.
АҞӘА, ажьырныҳә а19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаараҟны 2023 шықәсазы аҷаҷачымазара змоу рыхәшәтәразы апрограмма рыдыркылеит.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит, аҷаҷачымазара атерапиа ахәԥса аизҳараан ачымазара змоу рхыԥхьаӡара ианацло аамҭазы ари апрограмма шцхыраагӡахо.
Аԥсны иахәҭаны иҟоуп агемодиализтә цхыраара аҟаҵареи, раԥхьатәи адиагностикеи, ачымазара шрымоу аарԥшреи ианаамҭоу аԥсахга терапиа разыҟаҵара рымҩаԥгаразы иаку асистема аԥҵара ҳәа иҳәеит иара.
Убри аан Быҭәба иазгәеиҭеит, асеиԥш иҟоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара ацлара адунезегьтәи ахырхарҭақәа ишрықәшәо, раԥхьа иргыланы ауааԥсыра ражәра, ашьақарчымазара, адачымазара рхыԥхьаӡара азҳара ишадҳәалоу.
Уничтожение старых банкнот в Банке России. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Аԥсны быжь-миллионмааҭ аужьхоит аимҳәаду змоу рыхәышәтәраз
Апрограмма ахықәкқәа иреиуоуп – аҷаҷачымазара змоу ауаа рыԥсҭазааратә шықәсқәа рыцҵареи ргәабзиара аиӷьтәреи, аԥсахратә терапиа аиура алырша.
Апрограмма иалнаршароуп:
Аҷаҷачымазара змоу ачымазцәа аԥсахратә терапиала реиқәыршәара.
Иҟаҵоу амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аҳаракра.
Аҷаҷачымазара змоу рыбжьара аԥсҭбарақәа реиҵахара.
Аҷаҷачымазара змоу ачымазцәа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аҳаракра.
Аҷаҷачымазара змоу ачымазцәа рхыԥхьаӡараз аинформациа асистемаркра.
Аҷаҷачымазара змоу ачымазцәа заанаҵы рышьақәыргылара, ианаамҭоу ахәшәтәра рыҭара.
Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Иазоужьуп 50 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0