Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аусура арӷәӷәареи аҳәса аҳамҭақәа ранашьареи

© Foto / ГСО РА Учебно-тренировочные мероприятия.
 Учебно-тренировочные мероприятия.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны амчыбжь аҩнуҵҟа ареспубликаҿ аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа реизак азнархиеит.
Ииасыз амчыбжь азы ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа алархәны аиалцәажәара мҩаԥигеит, аусутә гәыԥи иареи аекономикатә реформақәа ирылацәажәеит, аҳәса хәажәкыра 8 рыдиныҳәалеит. Арҭи егьырҭи ахҭысқәа Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Аусура арӷәӷәара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит, амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азҵаара иазкны.
Аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ аинрал-маиор Нодар Аҩӡба, Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко , АШәМ ахантәаҩы, аинрал-маиор Роберт Киут.
Уи адагьы, хәажәкыра 12 рзы Аԥсны амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Гал араион аҟны. Аҽазыҟаҵарақәа ҩымш имҩаԥыслоит. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҵоуп агәыҭҟьара рҽарымҭарц, иԥаршеиу аинформациа еилыркаарц.
 Учебно-тренировочные мероприятия.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2023
Аԥсны
Аԥсны амчратә маҵзура ҷыдақәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Гал араион аҟны

Аекономикатә реформақәа

Хәажәкыра 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ актәи аилатәара.
Аилатәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: "Иахьатәи аилатәара атема зегьы ибзианы ижәдыруеит. Иара актуалра амоуп. Ҳара, атәыла анапхгара ҳзы аполитикатә процесс иалахәу аполитикатә мчқәа зегьы ргәаанагара акраҵанакуеит. Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ҳахшыҩ еилаҵаны иҳаӡбаша иуадаҩу апроблемақәа" ҳәа.
Аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа иҳәеит атәыла анапхгара аԥшьгара аҵак ду шамоу, иактуалтәынгьы ишыҟоу. Иҟоу аекономикатә проблемақәа жәпакы дрылацәажәо, иааирԥшит аекономикатә еиҭакрақәеи ареформақәеи рымҩаԥгара хымԥада иаҭахны ишыҟоу азы ҵаҵӷәыс иамоу.
Хра злоу ахҭысқәа: Шалашьаа аекономика арҿиаразы Аԥсны ахада аҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2023
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аекономика аҿиаразы Аԥсны ахада иҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны
Аҵарауаҩ иҳәеит аинвестициақәа радԥхьалара шаҭаху Аԥсны аекономика ашьақәыргыларазы, аиҳаракгьы атәыла Мрагыларатәи ахәҭаҿы.
Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы "Аидгылара" Кан Кәарҷиа иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада гәыкала аекономикатә реформақәа рымҩаԥгара шиҭаху, аха атәылаҟны иҟоу аилаҩынтраан ареформақәа рымҩаԥгара даара шыуадаҩу. "Апарт-отельқәа ирызку аидеиа бзиоуп, аха ақалақьргыларатә, адгьылтә закәанеидкыла азҵаарақәа рҭыԥ иқәҵаӡам иҳәеит иара.
Аекономикатәии аенергетикатәии реформақәа рзы ргәаанагарақәа рҳәеит егьырҭ агәыԥ алахәылацәагьы.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра

Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа хадара ззиуаз аделегациа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҟынтәи иааргеит Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи рыԥсыбаҩқәа.
Иҳаҩсыз ашықәсан ԥхынҷкәын 27-28 рзы ДЖәР иҭахеит хҩык аԥснытәи ахатәгәаҩцәа - Дмитри Ҵәыџьба, Нодар Абыџба, Адам Лагәлаа.

Аусҭҵаара хыркәшоуп

Аԥсны Апрокуратура хада ихнаркәшеит аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аҭҵаара. Агәаҭарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны Аминистрцәа реилазаарахь инашьҭуп ашәҟәы агхақәа рырҽеиразы.
Ишеилкаахаз ала, аҳәынҭдача "Пицунда" аҭыӡҭа Аиқәшаҳаҭра ацҵаҿы иарбоу агеографиатә координатқәа ирықәшәаӡом.
Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2023
Аԥсны
Апрокуратура хада ихнаркәшеит аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра аҭҵаара

Сынтәа аԥсыӡкраамҭа зышьақәымгылеит

2022-2023 шықәсқәа рызтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкра зыҟамлеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аекологиаз аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. 35 000 тонна аԥсыӡ акра алшара ыҟан, аха иахьазы иркхьоу 4 800 тоннак роуп, аԥсыӡ мааит иҳәеит иара
"Ара иаҳзымдыруа мзызқәак ыҟазар ауп. Иахьазы аус зуа аԥсыӡкыгақәа 18 рҟынтәи хԥа-ԥшьба роуп. Егьырҭ ықәҵит. Иаанхаз аҳәара ҳарҭеит иарку амшынҵакыра рзааҳартырц. Аха уаҟагьы аԥсыӡ ыҟам. Иарку зонаны ишьоуп Гал араион аӡымҽхакыра – Аалӡга аӡиас инаркны аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа. Уи аҵакыраҿы аԥсыӡ ыҟоу иҟаму иаҿыԥшны ма иаҳаркуеит ма иааҳартуеит", - иҳәеит аеколог.

Гәылрыԥшь араион ахада ҿыц даҭоуп

Атәыла ахада иусԥҟала Гәылрыԥшь араион ахадас дҟаҵоуп Саид Ҳаразиа. Араион ахада имаҵура Гәылрыԥшь араион Аизара ақәыршаҳаҭын. Саид Ҳаразиа Жәлар Реизара афбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан. Жәабран 13 рзы араион ахада Аслан Бараҭелиа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын аҽа усурак ахь дахьиасуа азы.

Амимоза ашәҭи Аҳәса жәларбжьаратәи рымши

Краснодартәи аҳазалхрҭа адыррақәа рыла Аԥснынтә Урыстәылаҟа 200 тонна амимоза ииагоуп аныҳәамш аламҭалаз. 2022 шықәсазы зынӡа аҳәаа иахыган 150 тонна.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы ирыдиныҳәалеит Аҳәса жәларбжьаратәи рымш. Бжьаниа изагәеиҭеит Аԥсны иқәынхо аҳәса аԥсҭазаара аусхкқәа зегь рҟны қәҿиарала рхы шаадырԥшуа, дара аҭоурых рыхьӡқәа шану. Аҳәынҭқарра ахада ари аныҳәамш азы аҳәса зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, алахҿыхра, аныҳәатә гәалаҟазаара.
Аныҳәамш азы Бжьаниа акультуреи, аҭҵаарадырреи, амедицинеи русхк аҿы аус зуа аҳәса аҳаҭыртә хьыӡқәа ранеишьеит, иара убасгьы аҳәса-ҳақьымцәа "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ранашьарзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Орден Ахьдз-апша III степени - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аҳәса-аҳақьымцәа "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ранеишьеит

Ахәыҷқәа рзинқәа реилагара

Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа зыхьчо Асида Шьаҟрылԥҳа илҳәеит Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы ахәыҷқәа рзинқәа шеиларго, аԥыза-министр иахь ааԥхьара ҟалҵеит ари дазхьаԥшырц.
Лара лажәақәа рыла аинтернат аҿы аҵара зҵоу ахәыҷқәа рыԥсихикатәи рцәеижьтәи ҭагылазаашьа цәгьара азызымуа аҭагылазаашьаҿы инхозароуп, рыуаҩра ламырҟәыкәеи рзинқәа еиламгакәеи.
Асида Шьаҟрылԥҳа илҳәеит акраамҭа зҭаацәарақәа ирҟәыгоу ахәыҷқәа ҷыдала аҳәынҭқарра иахьчозароуп, ирыдыркылараны иҟоу ауснагӡатәқәагьы аамҭа мгакәа ирыдыркылароуп.

Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц

Ауаажәларратә палата араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи алахәылацәа жәеизаҩык шьақәдырӷәӷәеит:
Гагра араион - Дауҭ Агрба,
Пицунда - Дона Малиаԥҳа,
Гәдоуҭа араион - Ахра Агрба,
Афон ҿыц - Витали Смыр,
Аҟәа - Алхас Гәыргәлиа, Лана Цааԥҳа,
Аҟәа араион - Леван Чхеиӡе,
Гәылрыԥшь араион - Ҟочу Маҳмеҭ Ҳақан,
Очамчыра араион - Беслан Перцхелиа,
Гал араион - Ҭенгиз Инал-иԥа,
Тҟәарчал раион - Омар Џьынџьал.
Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Уаанӡа 11-ҩык ркандидатурақәа атәыла ахада ишьақәирӷәӷәахьан. Азакәан инақәыршәаны Аԥсны ауаажәларратә палата алахәылацәа 13-ҩык атәыла ахада иалихуеит, 11- ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.

Афымцамч ахархәара лаҟәит

Аԥсны афымцамч ахархәара 18,7% илаҟәит жәабран 6 инаркны.
Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшраз Аусбарҭа аиҳабы Ерик Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, жәабран 6 рзы афымцалашара ахархәара 8,856 млн кВт⋅с ыҟазҭгьы хәажәкыра 9 рзы 7,193 млн кВт⋅с ыҟоуп.
Иара иазгәеиҭеит афымцамч ақәыӷәӷәара алаҟәра амш аҭагылазаашьеи амаинингқәа раԥырҟәҟәареи ишрыбзоуроу.
Ареспубликатә штаб аусура иалагеижьҭеи ауааԥсыра ирылгоуп 1796 маининг хархәага.
ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2023
Аԥсны
Жәабран 6 инаркны Аԥсны афымцамч ахархәара 18,7% илаҟәит

"Нарҭ" аиааира

Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада агаразы гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыхәмарра мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны.
Аҟәатәи "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааит 3:2 ҳәа гәдоуҭатәи "Риҵа" иареи реиндаҭлараҿы.
Ахраҿа хадазы ахәмарра есышықәса ашьапылампылтә сезон ааныртуеит. Уаҟа еиԥылоит ашықәсан ичемпионхаз акомандеи Аԥсны ахраҿа згаз ахәмарҩцәеи.
Ҵыԥх ачемпионрагьы Аԥсны ахраҿагьы згаз гәдоуҭатәи "Риҵа" ауп. Убри аҟнытәи аԥҟара ишарбоу ала, ахраҿа згаз акоманда рԥылоит ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз ахәмарҩцәа. Абасала, гәдоуҭатәи "Риҵа" иацхәмаруан 2022 шықәсазы аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз аҟәатәи "Нарҭ".
Суперкубок Абхазии по футболу Сухумский Нарт против гудаутской Рицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2023
Аԥсны
Аӡбаҩ ииҿасыз "Риҵа" ашьапылампыласҩы ҩышықәса ахәмаррақәа дрылахәхом

"Нарҭ" аиааира

Аԥснытәи абоксиор Герман Арџьениа Конготәи аспортсмен Обед Кабонгои иареи реиԥылара ԥшьраундк реихшьаалақәа рыла Арџьениа аиааира ааникылеит. Апрофессионалтә ринг аҟны, аԥсуа спортсмен изы ари аҩбатәи аиқәԥара аиԥш, аҩбатәигь иааироуп.
Герман Арџьениа - Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза, Урыстәыла аԥхьахәагара араӡни аџьаз медали иаԥсахаз, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны аиааира зныкымкәа изгахьоу спортсменуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0