Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аиааира Ду амш, ахада имҩаԥигаз аилацәажәарақәа, амитинг арыцхә

© Sputnik / Томас Тхайцук Военный парад, посвященный 78-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне прошел в Сухуме
Военный парад, посвященный 78-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 8-14 рызтәи иналукааша ахҭысқәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса иазкны имҩаԥысыз ауснагӡатәқәа, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рыҟны имҩаԥигаз аилацәажәарақәа, аоппозициатә мчрақәа ирыгәҭаку амитинг уҳәа ртәы Sputnik аматериалқәа рҿы.
Sputnik

Аиааира амш

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥган Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа жәпакы. Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини адныҳәаларақәа еимырдеит.
Аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны. Иргәаладыршәеит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, абаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәа Аиааира амш азгәаҭара хацдыркит "Иҭабуп сабду Аиааираз" захьӡыз амаланыҟәатә еиԥхныҩларала, уи алахәылацәа дәықәлеит Москва Аҩны аҟнытәи, рымҩа хан Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла аҟынӡа.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа "Агәалашәара амца" адаркит. Уаҟа имҩаԥган ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, уи далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, анаҩс имҩаԥган амитинг. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә усмҩаԥгатә иацҵо имҩаԥган 600-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа злахәыз арратә парад.
Арратә парад ашьҭахь имҩаԥган акциа "Ԥсра зқәым архәҭа", уи иалахәыз ақалақь агәы иалсит.
Акция Бессмертный полк прошла в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2023
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"
Аныҳәатә уснагӡатәқәа хдыркәшеит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгаз "Амузыка абызшәала" захьӡыз аконцерт. Асценаҿ иқәгылеит москватәи асасцәа –"Романтик-квартет".
Лаҵара 8-9 рзы Дәрыԥшь аҽырҩырҭаҟны имҩаԥгаз аҽтәы спортхәмаррақәа азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра. Уи иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҟынтәи ф-командак - Аацы, Ҟәланырхәа, Лыхны, Дәрыԥшь Жәандәрыԥшь, Џьырхәа. Аҽыбӷаҟазацәа еицлабуан аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыласра, аҳәаҟьара, аҽырхәмарра рҟны.
Конно-спортивные соревнования в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2023
Аԥсны
Аиааира Ду амш инамаданы Дәрыԥшь имҩаԥгаз аҽыхәмаррақәа реицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп
Аҽтәы спортхәмаррақәа рзеиԥшкомандатә зшьа аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааныркылеит Лыхны ақыҭа аҽыбӷаҟазацәа, аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Жәандәрыԥшь ақыҭа аҽыҩҷкәынцәа, ахԥатәи аҭыԥ Дәрыԥшьаа. Еиуеиԥшым абжьаӡараҟны аҽқәа еиԥхныҩон, араҟа Гәдоуҭа араион анаҩсгьы егьырҭ араионқәа рҟынтәи аҽыбӷаҟазацәагь алшара рыман аҽалархәра.

Ахада имҩаԥигаз аилацәажәарақәа

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа рыҟны анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәарақәа мҩаԥигеит.
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла аекономика зырҿио акәны иҟоуп аинвестициақәа, уи иабзоураны иаартхар алшоит анаплак ҿыцқәа.
Аслан Бжьаниа ихадоу акәны иаликааит аинвестициақәа ралагалара, анапынҵагьы риҭеит уи ахырхарҭала рус дырӷәӷәарц. Атәыла ахада изеиҭырҳәеит Тҟәарчал араионтә џьармыкьа аиҭашьақәыргылареи аҩнеихагылақәа рхыбқәа рыԥсахреи рзы аусурақәа ахьынӡанаргахьоу.
Очамчыра араион анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәараҟны иазааҭгылеит араион асоциал-економикатә ҿиара, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ирзоужьу аԥаралеи, Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгоу аусурақәеи уҳәа акыр азҵаарақәа.
Араион ахада Беслан Бигәаа 2020-2022 ш.ш. рызтәи ареспубликатә биуџьети Аинвестпрограммалеи ирзоужьыз аԥарақәа рыла иҟаҵоу аусурақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара убас аиԥылараҟны ирылацәажәеит аенергетика, аинвистициақәа, акриминогентә ҭагылазаашьа азҵаарақәа.
Президент Аслан Бжания провел выездное рабочее совещание в Администрации Очамчырского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит
Аслан Бжьаниа даҭаан ибеит Кәыдры аӡиас аҟны аусурақәа шцо. Аҟәара арӷәӷәаразы ахада ирезервтә фонд аҟынтәи аусурақәа ирзоужьуп 63 миллион мааҭ.

Аԥсны раԥхьатәи ахада иирамш

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган Гәдоуҭатәи Акультура ахан аҟны амҽыша, лаҵара 14 рзы.
Агәаларшәаратә хәылԥазы аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган аконцерттә программа. Ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба изкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ахәыҷтәы ансамбль "Адац" аԥсуа кәашарақәа нарыгӡеит, иара убасгьы асценахь ицәырҵит ансамбль "Риҵа", ашәаҳәаҩцәа Артур Лакрба, Сати Какәбааԥҳа, Мана, Анатоли Алҭеиба, Саида Цимцԥҳа, Денис Ҳагба, Владислав Арӡынба бзиа иибоз агәыԥ "Аԥсны-67".
Президент республики Абхазия Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Гәдоуҭа Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган
Ахәаԥшцәа идырбан еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз Арӡынба иархивтә фотосахьақәа рыла ишьақәгылаз авидеосахьа. Агәаларшәаратә хәылԥазы иалахәын Гәдоуҭа араион анапхгара, Аԥсны раԥхьатәи ахада иуацәа, аррамаҵурауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аполитика иақәшаҳаҭым рмитинг

Аоппозициатә партиақәеи аиҿкаарақәеи раԥхьагылаҩцәа рбрифинг мҩаԥысит Аҟәа, лаҵара 11 рзы. Иахьатәи амчрақәа рполитика иадымгыло ауааԥсыра амитинг мҩаԥыргараны иҟоуп Аҟәа лаҵара 30 рзы ҳәа адырра ҟаиҵеит аоппозициатә партиақәеи аиҿкаарақәеи раԥхьагылаҩцәа рбрифинг аҟны ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Хына Думаа.
Мшаԥы 25 рзы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи атәыла ахада Аслан Бжьаниа дазхьадырԥшит амчра агхақәа. Уа иарбан аҳәынҭдача "Пицунда" урыстәылатәи аган аҭаразы аиқәшаҳаҭраҿ аилагарақәа, атехникатә еилагарақәа, афымцатә ҳа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан ахәқәа шьҭыхны рарбара.
Аоппозициа атәыла ахада идырҵоит Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ишьҭырц, ус анакәымха, аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит ҳәа азгәаҭоуп.

Аԥснытәи аӡбарҭақәа риубилеи

Аԥсны иазгәарҭеит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа шәышықәса рхыҵра. Агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥган Аҟәа аԥшьаша, лаҵара 11 рзы.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа лықәгылараан еиҭалҳәеит Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҭоурых.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра – аҳәынҭқарра азы адагьы, дарбанзаалак атәылауаҩ изы акрызҵазкуа хҭысны ишыҟоу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра аиубилеи инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы лзынаишьҭит.
"Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа анышьаҭаркха инаркны хра злоу аусура мҩаԥыргоит ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчаразы, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчаразы, уи азы азакәан аԥыжәара аҭо", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны.
Ахәаша лаҵара 12 рзы Аҟәа иаадыртит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҭоурых амузеи. Уахь инагоуп 1923 - 2021 шықәсқәа раан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩцәа ирызку аинформациеи рфотосахьақәеи аӡбарҭатә система ашьақәгылашьаз аинформациеи, аӡбаҩцәа рцәамаҭәа аҿырԥштәқәа, аусбарҭатәии аҳәынҭқарратәии ҳамҭақәа, аҭоуба атекст аԥсуа бызшәала, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбра аҭоурых, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аӡбарҭа аусзуҩцәа рыхьӡқәа знубаало аҭӡы. Иара убасгьы иӡыргоуп Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аӡбарҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рыхсаала, аинтерактивтә екран.

Апантеон арҽеира

Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҟны арҽеиратә усурақәа хдыркәшеит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Иара иажәақәа рыла, уаҟа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥгоуп, 400 метра иҟоу аанда ҟаҵоуп, 14 баҟа ықәыргылоуп, анышәыҭра-кәыршақәа шәуп.
Уи адагьы апантеон ахь инагоуп аӡи афымцалашареи. Апантеон иааиԥмырҟьаӡакәа фымцалашарала аиқәыршәаразы атрансформатор ҿыц аахәоуп, аҟарулцәа рзы аҩны ргылоуп, авидеогәаҭагақәа ықәыргылоуп.
Аусурақәа аа-миллионк инареиҳаны ирзоужьын. Апантеон ахаҭа ақалақь ахадара абаланс иаҭоуп.

"Ласточка" Аԥсныҟа иааит

Ахәаша, лаҵара 12 рзы афымцадәыӷба "Ласточка" ахырхарҭа "Шәача - Гагра" ала аныҟәара аԥхьагәаҭара мҩаԥысит. "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанааи урыстәылатәи аилахәыра ахаҭарнакцәеи ражәақәа рыла, атестныҟәара шьахәла имҩаԥысит, аԥснытәи аихамҩақәа адәыӷба адкылара иазыхиоуп.

Анаркотикқәа раларҵәара

Аԥсны ААР Гагратәи аҟәша аусзуҩцәа Туркменистан атәылауаҩ анаркотикқәа раларҵәаразы дааныркалеит.
23 шықәса зхыҵуа Умитџьан Нуралиев идбалан аметадон згәылаз 18 еилаҳәыра. Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа ишьақәдырӷәӷәеит, иара амаӡаҵәахырҭақәа рыла анаркотикқәа шалаирҵәоз.
Иаанкылоу иганахьала закәаншьаҭада мҽхакыҭбаала анаркотикқәа раахәареи, рыҵәахреи, рныҟәгареи рзы ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьаус хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0