https://sputnik-abkhazia.info/20230529/sputnik-amchybzh-auashra-bashkiria-aus-atsura-aparlament-aus-atsura-1046048620.html
Sputnik амчыбжь: ауаҩшьра, Башкириа аус ацура, Апарламент аус ацура
Sputnik амчыбжь: ауаҩшьра, Башкириа аус ацура, Апарламент аус ацура
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит лаҵара 22 - 28 рызтәи ахҭысқәа рыхҳәаа. 29.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-29T09:00+0300
2023-05-29T09:00+0300
2023-05-29T09:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192035_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_e4d21c6f7dd2f70554e7f5c6e8bf956f.jpg
Башкортосҭан аделегациа Аԥсны рыҟазаара, Апарламент асессиа аилатәара, Аҟәа ауаҩшьра уҳәа егьырҭ ажәабжьқәагьы Sputnik аҿы.Башкириа аус ацураИиасыз амчыбжь азы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аҟәа диԥылеит Башкортостан ахәаахәҭреи амаҵзурақәеи рминистр Алексеи Гусев. Излацәажәоз рҟынтә ихадаран ареспубликақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еикәыршара атема. Арахь иаҵанакуеит ацитрусқәа, араса, аҩы аалыҵ уҳәа Башкириаҟа рынашьҭра.Аделегациа иалахәын башкириатәи анаплакқәа рхаҭарнакцәа. Дара рықәшәеит аԥснытәи абизнес-еилазаара.Апарламент аилатәараАԥсны Апарламент VII ааԥхьара аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, лаҵара 26 рзы. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Урыстәыла ахарџьқәа рыла изыцҵоу АШәМ аусзуҩцәа рулафахәқәеи ртәанчахәқәеи рзы аицԥаразоужьра амҩаԥгараз аиқәшаҳаҭра иацу аԥкаанҵа шьақәнарӷәӷәеит.Адокумент рыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.Иара убасгьы Аԥсны Апарламент ирыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагалараз аԥкаанҵа.Аԥкаанҵа азырхоуп аиқәшаҳаҭра аҩбатәи аҟәша 3-тәи ахәҭаҷ 6-тәи ахәҭа анагӡара. Уи инақәыршәаны Аганқәа есышықәса рнапы аҵарыҩуеит хаз игоу аԥкаанҵа, Аԥсны аҳәынҭмаҵзурауаа ркатегориақәак абжьаратә улафахәы ахықәкытә ҵакы ашьақәыргылараз.Аԥкаанҵа иаланагало аиҭакрақәа азырхоуп агәабзиарахьчара, аҵараҵара, аҭҵаарадырра, аспорт, асоциалтә маҵзура аусзуҩцәа 2023 шықәсазы абжьаратә улафахәы ашьақәырӷәӷәара.Санкт-Петербурги Аԥсни реинырраАхәаахәҭра-економика, аекологиа, ақыҭанхамҩа русхкқәа рҟны аусеицура атәы иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Санкт-Петербург аиҳабыра рлахәыла Евгени Григорьеви. Аԥснытәии Урыстәылатәии аганқәа еиқәшаҳаҭхеит русеицура иацырҵарц Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.Аганқәа иазгәарҭеит абизнес-миссиа аиҿкаараҟны алшарақәа шыҟоу, аҿартә политика аганахь ала аԥышәа шеимдалатәу.Евгени Григорьев иҳәеит Аԥсны Санкт-Петербург азы акыр шаҵанакуа.Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба иакәзар, иазгәеиҭеит ареспублика Ахаҭарнакра Санкт-Петербург ишаартхо.Акультуратә еимадарақәаАԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Малышеви 2023-2025 шықәсазтәи аусбарҭақәа русеицуразы апрограмма анапы аҵариҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.Иара убас, Аԥсни Урыстәылеи аимадара рыбжьазаауеит аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара азҵаарақәа рыҟны.Акурорттә сезон аҽазырхиараАтуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аҟәа араиони Афони дырҭааит акурорттә сезон аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны.Аҟәа араион ахадеи атуризм аминистри еиԥылеит аглемпинг GARUDA GLAMPING ABKHAZIA аҟны.Аминистр имоу аинформациала, араион аҟны жә-сасааирҭаки 2500 иара-ҭыԥи ыҟоуп.Афон ҿыц ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Харабуа иажәақәа рыла ақалақь аҿы 46 сасааирҭа, 4 сасааирҭа-маҷ, 2500 иара-ҭыԥ ыҟоуп. Убри аан аиқәырхаҩцәа азхаӡом."Абуиқәа ааҳхәеит, ашхәа ааҳхәеит, зҽызкәабо рзы зыԥсы зшьо рзы ашәарҭадараз зегь азырхиоуп. Ари зегьы ақалақь ахадара ахарџь ала иаахәоуп", - иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.Харабуа иҳәеит Афон еикәшо агьежь шдыргыло, аҳаԥы ааигәара анаԥшааԥшырҭа шазԥхьагәаҭоу.Хышба далахәын ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алагер аӡыргара. Ари аус раԥшьгамҭоуп аҿартә еиҿкаара "Аԥсар".Аиааира амш азы абанкнотаАԥсны Амилаҭтә банк аикәыршара иаланагалеит 25 аԥсар иҟоу абанкнота. Уи ҭыжьуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны.Абанкнот ашәагаа 150х65 миллиметра иҟоуп, атираж - 15 000 цыра.Абанкнота ахаҿратә ган иануп зымҵәыжәҩақәа еиҵыхны иԥыруа ахьшьи иара убас уи аганахьтәи аԥшреи, хыхь ихаргьежьны иануп быжь-еҵәак, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ аҟны ишану еиԥш.Абанкнота ашьҭахьтәи аган аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ианиҵеит аԥсуа еибашьцәа рсахьақәа. Абанкнота рыҩганк рҿы ашьҭахьтәи ақәыԥшылараҿы итрадициатәу аԥсуа џьоуҳарқәа ануп.Абанкнотақәа ахьчагақәа рықәгылоуп, аӡтәы дыргақәагьы, урҭ рыхкьыԥхьлаақәа рыҟаҵара алзмыршо адыргақәагьы убрахь иналаҵаны.Аҵаулара ҿыцқәа2023 шықәса ҳаҭалеижьҭеи Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны 17 ҳаԥы рыԥшаахьеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Вернадски ихьӡ зху Крымтәи афедералтә университет атуризми, агеоекологиеи, агеографиеи рфакультет арҵаҩы еиҳабы Геннади Самохин.Аҳаԥқәа ԥшаауп Гагра араион аҟны. Аҳаԥқәа аиҳарак - 15 метра еиҳаӡам. Аха иҟоуп зыҵаулара 60 метра инаӡо, зхатәы адгьылаҵатәи аӡыхьқәагь змоу.Аҳаԥқәа руак Џьарназ ахьӡырҵеит - ааигәа иҟоу аҳабла уаанӡатәи ахьӡ. Егьырҭ макьана ахьӡқәа рырымҭаӡацт, аҵарауаа уи азын Аԥсны Аекологиаз аҳәынҭқарратә еилакы иадҵаалеит иалацәажәарц.Урыстәылатәи аспелеологцәа аԥхьаҟагь рыҭҵаарақәа Гагра араион аҟны иацырҵап ҳәа ргәы иҭоуп. Самохин игәаанагарала иҟоуп агәыӷра адунеи аҟны зегь раасҭа иҵаулоу аҳаԥы ҳәа ишьоу Веревкин аасҭа иҵаулоу аԥшаара.Ауаҩшьреи анаркотикқәеиАҟәа агәаны лаҵара 23 азы иҟалаз ахысра иахҟьаны дҭахеит 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын, ахәрақәа роуит ԥшьҩык.Аусҭҵаара цоит, аҟазацәа ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит иҟалаз ацәгьоура зхароу аилкааразы.Азербаиџьан атәылауаҩ Ниџьаҭ Дадашов Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын дишьит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иԥшаара рылаҳәоуп.Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа анхаҩы даанкылоуп анаркотик аҭира хықәкыс иҟамҵакәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи, иара убас Аԥсныҟа изакәанымкәа анаркотикқәа ралагалареи рзы гәҩарас дҟаҵаны.Амч ӷәӷәа змоу аметадон идырбалеит 32 шықәса зхыҵуа Рафаель Ванџьашь данеимырдоз.Ашьаус хацыркуп Аԥсны Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 224 ахәҭа 1 азгәаҭа 1 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы, ашьаусԥшаара иацҵоуп.Ҩыџьа Узбекистан атәылауаа Аҟәа иааныркылеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуан ҳәа гәҩарас иҟаҵаны.Иаанкылоу руаӡәк Саифулло Турсунбоев жәаашықәса ихымҵӡацт, егьи Азизбек Зухридинов жәаа шықәса ихыҵуеит. Дара хаҭала ианеимырдаауаз ирыдырбалеит аххы-маҭәашьар шкәакәа згәылаԥсаз аилаҳәарахәыҷқәа, иҟаҵаз аекспертиза ашьҭахь еилкаахеит аметадон шакәыз.Аусеиларгара агәаанагарала, Турсунбоеви Зухридинови амаӡа ҭыпқәа рыла арҩашьыгатә маҭәашьарқәа аладырҵәын, иара убасгьы урҭ аҭыԥқәа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыԥшааит.Акультура адунеи аҿы ахҭысқәаИван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит апоет, ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа изкыз аконференциа. Иара лаҵара 25 азы 70 шықәса ихыҵуазаарын.Аконференциа алахәылацәа аҭааит Даур Занҭариа анышә дахьамадоу иқыҭа гәакьа Тамшь.Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәарашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль ақәгылара мҩаԥысит Москва Чаиковски изал аҿы асабша лаҵара 27 рзы.Акәашаратә коллектив москватәи ахәаԥшцәа иддырбеит аԥсуа ҭыԥҳацәа рлирикатә кәашара, ауапакәашара, ажәытә аԥсуа кәашара, акәашара "Кафа", ауаԥсаа рыкәашара, ашәаҳәара-хореографиатә сиута "Аԥсуа чара", аԥсуа милаҭтә кәашара "Аураашьа", аҿар рыкәашара.Асахьаҭыхҩы Аԥшьа Ҳагԥҳа хаҭалатәи лцәыргақәҵа "Уахынлатәи алакәқәеи ицәаԥшьу аҽи" аатит Аҟәа.Ицәыргоуп аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны иҭыхыз 36 усумҭа.Асахьақәа атуш ала иҭыхуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20230526/asny-aparlament-ashm-auszutsa-rulafakha-rzy-aitsarazouzhraz-akaana-shanareit-1046005751.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230526/2022-2025-shysa-rzy-asny-asotsial-ekonomikat-iarazy-aishaara-asakhraa-alagaloup--1046006019.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230525/asni-sankt-peterburg-aiabyrei-auseitsurazy-azaaraa-irylatsazheit-1045980898.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230525/asny-akhaarnakra-aartkhoit-sankt-peterburg-1045986444.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230522/asny-abank-aiaaira-30-shysa-akhyra-aayr-azy-abanknota-nazhit-1045930991.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230527/urystylati-aspeleologtsa-ashys-yts-aaleizhei-asny-17-ay-ryshaakheit-1046029135.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230527/aa-iaankyloup-ametadon-airaz-garas-iou-ya-uzbekistan-atylauaa--1046029997.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230520/a-zmaam-abyzsha-amyzh-daur-zanaria-ibyzsha-azkhytsra-1045432322.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230528/asua-ynarrat-ansambl-moskva-chaikovski-izal-ay-igyleit-1046034778.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230524/asakhaykhy-asha-aga-khaalati-ltsyrgaa-aatit-aa-1045958703.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192035_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_0e4f30d778ab96fed1e3fb0fb6c738c6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Sputnik амчыбжь: ауаҩшьра, Башкириа аус ацура, Апарламент аус ацура
09:00 29.05.2023 (ирҿыцуп: 09:37 29.05.2023) Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит лаҵара 22 - 28 рызтәи ахҭысқәа рыхҳәаа.
Башкортосҭан аделегациа Аԥсны рыҟазаара, Апарламент асессиа аилатәара, Аҟәа ауаҩшьра уҳәа егьырҭ ажәабжьқәагьы Sputnik аҿы.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аҟәа диԥылеит Башкортостан ахәаахәҭреи амаҵзурақәеи рминистр Алексеи Гусев. Излацәажәоз рҟынтә ихадаран ареспубликақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еикәыршара атема. Арахь иаҵанакуеит ацитрусқәа, араса, аҩы аалыҵ уҳәа Башкириаҟа рынашьҭра.
Аделегациа иалахәын башкириатәи анаплакқәа рхаҭарнакцәа. Дара рықәшәеит аԥснытәи абизнес-еилазаара.
Аԥсны Апарламент VII ааԥхьара аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, лаҵара 26 рзы. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Урыстәыла ахарџьқәа рыла изыцҵоу АШәМ аусзуҩцәа рулафахәқәеи ртәанчахәқәеи рзы аицԥаразоужьра амҩаԥгараз аиқәшаҳаҭра иацу аԥкаанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент рыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Иара убасгьы Аԥсны Апарламент ирыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагалараз аԥкаанҵа.
Аԥкаанҵа азырхоуп аиқәшаҳаҭра аҩбатәи аҟәша 3-тәи ахәҭаҷ 6-тәи ахәҭа анагӡара. Уи инақәыршәаны Аганқәа есышықәса рнапы аҵарыҩуеит хаз игоу аԥкаанҵа, Аԥсны аҳәынҭмаҵзурауаа ркатегориақәак абжьаратә улафахәы ахықәкытә ҵакы ашьақәыргылараз.
Аԥкаанҵа иаланагало аиҭакрақәа азырхоуп агәабзиарахьчара, аҵараҵара, аҭҵаарадырра, аспорт, асоциалтә маҵзура аусзуҩцәа 2023 шықәсазы абжьаратә улафахәы ашьақәырӷәӷәара.
Санкт-Петербурги Аԥсни реинырра
Ахәаахәҭра-економика, аекологиа, ақыҭанхамҩа русхкқәа рҟны аусеицура атәы иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Санкт-Петербург аиҳабыра рлахәыла Евгени Григорьеви. Аԥснытәии Урыстәылатәии аганқәа еиқәшаҳаҭхеит русеицура иацырҵарц Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аганқәа иазгәарҭеит абизнес-миссиа аиҿкаараҟны алшарақәа шыҟоу, аҿартә политика аганахь ала аԥышәа шеимдалатәу.
Евгени Григорьев иҳәеит Аԥсны Санкт-Петербург азы акыр шаҵанакуа.
Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба иакәзар, иазгәеиҭеит ареспублика Ахаҭарнакра Санкт-Петербург ишаартхо.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Малышеви 2023-2025 шықәсазтәи аусбарҭақәа русеицуразы апрограмма анапы аҵариҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Ашәҟәы инақәыршәаны, аганқәа русеицура иацырҵоит асахьаҭыхратәи атеатралтә ҟазареи, акино, амузеи, абиблиотекатә усхки рыҟны.
Иара убас, Аԥсни Урыстәылеи аимадара рыбжьазаауеит аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара азҵаарақәа рыҟны.
Акурорттә сезон аҽазырхиара
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аҟәа араиони Афони дырҭааит акурорттә сезон аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҟәа араион ахадеи атуризм аминистри еиԥылеит аглемпинг GARUDA GLAMPING ABKHAZIA аҟны.
Аминистр имоу аинформациала, араион аҟны жә-сасааирҭаки 2500 иара-ҭыԥи ыҟоуп.
"Макьаназ араион аҿы рацәарак иџьоушьаша ыҟамзаргьы иҳагәҭакуп 70 процент рҟынӡа асеиԥш иҟоу аобиектқәа рыҟаҵара", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Афон ҿыц ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Харабуа иажәақәа рыла ақалақь аҿы 46 сасааирҭа, 4 сасааирҭа-маҷ, 2500 иара-ҭыԥ ыҟоуп. Убри аан аиқәырхаҩцәа азхаӡом.
"Абуиқәа ааҳхәеит, ашхәа ааҳхәеит, зҽызкәабо рзы зыԥсы зшьо рзы ашәарҭадараз зегь азырхиоуп. Ари зегьы ақалақь ахадара ахарџь ала иаахәоуп", - иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.
Харабуа иҳәеит Афон еикәшо агьежь шдыргыло, аҳаԥы ааигәара анаԥшааԥшырҭа шазԥхьагәаҭоу.
Хышба далахәын ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алагер аӡыргара. Ари аус раԥшьгамҭоуп аҿартә еиҿкаара "Аԥсар".
Аиааира амш азы абанкнота
Аԥсны Амилаҭтә банк аикәыршара иаланагалеит 25 аԥсар иҟоу абанкнота. Уи ҭыжьуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны.
Абанкнот ашәагаа 150х65 миллиметра иҟоуп, атираж - 15 000 цыра.
Абанкнота ахаҿратә ган иануп зымҵәыжәҩақәа еиҵыхны иԥыруа ахьшьи иара убас уи аганахьтәи аԥшреи, хыхь ихаргьежьны иануп быжь-еҵәак, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ аҟны ишану еиԥш.
Абанкнота ашьҭахьтәи аган аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ианиҵеит аԥсуа еибашьцәа рсахьақәа. Абанкнота рыҩганк рҿы ашьҭахьтәи ақәыԥшылараҿы итрадициатәу аԥсуа џьоуҳарқәа ануп.
Абанкнотақәа ахьчагақәа рықәгылоуп, аӡтәы дыргақәагьы, урҭ рыхкьыԥхьлаақәа рыҟаҵара алзмыршо адыргақәагьы убрахь иналаҵаны.
2023 шықәса ҳаҭалеижьҭеи Урыстәылатәи аспелеологцәа Аԥсны 17 ҳаԥы рыԥшаахьеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Вернадски ихьӡ зху Крымтәи афедералтә университет атуризми, агеоекологиеи, агеографиеи рфакультет арҵаҩы еиҳабы Геннади Самохин.
Аҳаԥқәа ԥшаауп Гагра араион аҟны. Аҳаԥқәа аиҳарак - 15 метра еиҳаӡам. Аха иҟоуп зыҵаулара 60 метра инаӡо, зхатәы адгьылаҵатәи аӡыхьқәагь змоу.
Аҳаԥқәа руак Џьарназ ахьӡырҵеит - ааигәа иҟоу аҳабла уаанӡатәи ахьӡ. Егьырҭ макьана ахьӡқәа рырымҭаӡацт, аҵарауаа уи азын Аԥсны Аекологиаз аҳәынҭқарратә еилакы иадҵаалеит иалацәажәарц.
Урыстәылатәи аспелеологцәа аԥхьаҟагь рыҭҵаарақәа Гагра араион аҟны иацырҵап ҳәа ргәы иҭоуп. Самохин игәаанагарала иҟоуп агәыӷра адунеи аҟны зегь раасҭа иҵаулоу аҳаԥы ҳәа ишьоу Веревкин аасҭа иҵаулоу аԥшаара.
Аҟәа агәаны лаҵара 23 азы иҟалаз ахысра иахҟьаны дҭахеит 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын, ахәрақәа роуит ԥшьҩык.
Аҟәа ақалақьтә прокуратура Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 99-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа, 217-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭа рыла ашьаус хацнаркит.
Аусҭҵаара цоит, аҟазацәа ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит иҟалаз ацәгьоура зхароу аилкааразы.
Азербаиџьан атәылауаҩ Ниџьаҭ Дадашов Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын дишьит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иԥшаара рылаҳәоуп.
Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа анхаҩы даанкылоуп анаркотик аҭира хықәкыс иҟамҵакәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи, иара убас Аԥсныҟа изакәанымкәа анаркотикқәа ралагалареи рзы гәҩарас дҟаҵаны.
Амч ӷәӷәа змоу аметадон идырбалеит 32 шықәса зхыҵуа Рафаель Ванџьашь данеимырдоз.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 224 ахәҭа 1 азгәаҭа 1 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы, ашьаусԥшаара иацҵоуп.
Ҩыџьа Узбекистан атәылауаа Аҟәа иааныркылеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуан ҳәа гәҩарас иҟаҵаны.
Иаанкылоу руаӡәк Саифулло Турсунбоев жәаашықәса ихымҵӡацт, егьи Азизбек Зухридинов жәаа шықәса ихыҵуеит. Дара хаҭала ианеимырдаауаз ирыдырбалеит аххы-маҭәашьар шкәакәа згәылаԥсаз аилаҳәарахәыҷқәа, иҟаҵаз аекспертиза ашьҭахь еилкаахеит аметадон шакәыз.
Аусеиларгара агәаанагарала, Турсунбоеви Зухридинови амаӡа ҭыпқәа рыла арҩашьыгатә маҭәашьарқәа аладырҵәын, иара убасгьы урҭ аҭыԥқәа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыԥшааит.
Акультура адунеи аҿы ахҭысқәа
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит апоет, ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа изкыз аконференциа. Иара лаҵара 25 азы 70 шықәса ихыҵуазаарын.
Аконференциа алахәылацәа аҭааит Даур Занҭариа анышә дахьамадоу иқыҭа гәакьа Тамшь.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәарашареи зҽаԥсазтәыз рансамбль ақәгылара мҩаԥысит Москва Чаиковски изал аҿы асабша лаҵара 27 рзы.
Акәашаратә коллектив москватәи ахәаԥшцәа иддырбеит аԥсуа ҭыԥҳацәа рлирикатә кәашара, ауапакәашара, ажәытә аԥсуа кәашара, акәашара "Кафа", ауаԥсаа рыкәашара, ашәаҳәара-хореографиатә сиута "Аԥсуа чара", аԥсуа милаҭтә кәашара "Аураашьа", аҿар рыкәашара.
Асахьаҭыхҩы Аԥшьа Ҳагԥҳа хаҭалатәи лцәыргақәҵа "Уахынлатәи алакәқәеи ицәаԥшьу аҽи" аатит Аҟәа.
Ицәыргоуп аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны иҭыхыз 36 усумҭа.
Асахьақәа атуш ала иҭыхуп.