Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Раԥхьатәи аԥсҭбара": Рома Габлиа игәалашәаразы

© Foto / предоставила Саида ЖибаРома Габлиа
Рома Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, нанҳәа 15 1992 шықәсазы, Цандрыԥшь аҳаблан адесант анӡхыҵ, раԥхьаӡакәны аӷацәа аҿагылара рызҭаз аԥсуа ҷкәынцәа дреиуан Рома Габлиа. 27 шықәса зхыҵуаз аԥсадгьыл ахьчаҩ иеибашьратә мҩа шалагаз еиԥш иҿахҵәоит уи аҽны. Аԥсҭазаара зызхара иззымбаз арԥыс инысымҩа анҵоуп иаҳәшьеиҵбы Гәында Габлиаԥҳа лажәақәа рыла.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа, Цандрыԥшь аҳаблан инхоз аԥсуаа зынӡа имаҷын. Аҭаацәарақәа еимадан, аҿар лассы-лассы еибабон. Усҟантәи аамҭазы Цандрыԥшь аҳабла агәаны абар хыртны иман Бармышьтәи арԥыс Рома Оҭар-иԥа Габлиа. Иара иусурҭа уаатәи аԥсуа ҿар иреизарҭа ҭыԥхеит. Аҟазшьа бзиа змаз, ауаҩы инаалоз, аҩыза, ақәла ҳаҭыр иқәызҵоз Рома бзиа деицырбон зегьы. Ԥсыцқьарыла иус дшазнеиуаз гәазҭоз атәым милаҭгьы тәарҭас гыларҭас иара иҟны ирыман.
Рома Габлиа ииашаҵәҟьаны абар аус дазҟазан. Аҟәа ачысҟаҵарҭатә ҵараиурҭа далгахьан. Убас, саԥхьаҟа исыхәоит ҳәа арадиотехникатә занааҭгьы иман. Аибашьра аламҭалазы Новочеркасск амеханико-технологиатә техникум аҿы ахԥатәи акурс ахь диасит.
© Foto / предоставила Саида ЖибаРома Габлиа
Рома Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2023
Рома Габлиа
Рома иани иаби Оҭар Габлиеи Наазира Царгәышԥҳаи хәҩык ахшара рааӡеит, хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Рыҷкәын аиҳабы Рауль дынхон Гагра, аиҵбы Гәырам – Аҟәа. Рома хыхь ишысҳәаз еиԥш – Цандрыԥшь. Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, рԥацәа рыхҩыкгьы аӡәи-аӡәи еигәныҩаанӡа рҩызцәа ирыцланы рырратә уалԥшьақәа рынагӡара иалагеит.
"Ҳаиҳабы Рауль Гагратәи аҷкәынцәа дрыцлеит, Гәырам – Аҟәатәиқәа, Рома иакәзар Цандрыԥшь зҽеидызкылаз аԥсуа хацәа рыгәҭа дгыланы адесант иаҿагылаз дреиуан", - лҳәоит аиаҳәшьа Гәында.
Адамыр Ардашьын Барцыцаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Аԥсны
"Мызкоуп ирыбжьахаз": аибашьраҿы иҭахаз аишьцәа Барцыцаа рҭоурых
Рома лахьынҵас имазаарын аԥсадгьыл ахы ақәҵара. Иара иҩызцәа дрыцны нанҳәа 14 ашарԥазы Москваҟа дԥырраны дыҟан, аха иусура аганахь ала ицәырҵыз уадаҩрақәак ирхырҟьаны Аԥсны даанхеит. Издыруада Рома ихьуаз, аҭагылазаашьа ҽакала ишьақәгылазҭгьы…
Бџьарлеи џьаԥҳанылеи еибыҭаз ақырҭуа ар рдесант аҿагылара арыҭара уадаҩхеит. Ҳаибашьцәа рахьтә автоматқәа аӡәык-ҩыџьак ракәын измаз, аиҳарак ашәарацага шәақьқәеи напылаҟаҵаратәи артҟәацгақәеи ркын. Рома Габлиеи, Цандрыԥшьтәи ахацәеи, Гагрантәи илеиз аԥсуа ҷкәынцәеи ацҳаҟны ианеигәныҩ, рҽазыршәеит ақырҭцәа араҟа иааныркыларц. Аԥсуа ган амчқәа анкәадаха, абахәра иаҿаланы абна илалеит. Убасҟан акьаҿ ҟаԥшь зшәыз Рома, ақырҭуа снаипер дгәаҭаны диеихсуеит. Иара иаԥхьа дҭадырхоит Иури Қаԥшь.
Иури Капш - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Аԥсны
"Ҽнак дахьӡеит аибашьра": Иури Қаԥшь игәалашәара иазкны
"Рома аибашьра адырҩаҽны дышҭахаз иаразнак иаҳмаҳаӡеит. Аҟәа инхоз ҳашьа Гәырам, Гәдоуҭа, аурыс арратә база иақәланы абџьар аныргоз, Ромеи иареи рзгьы автоматқәа иган, Цандрыԥшьҟа иманы иҿынеихеит, аха Бармышь данавсуаз ддыргьежьуеит", - лажәа иацылҵоит Гәында.
Габлиаа аишьцәа реиҳабы Рауль, Цандрыԥшь раԥхьатәи аԥсҭбара шыҟалаз аниаҳа, иашьа иӡбахә аилкаара иҽазишәеит, азнык азы дырхәит ҳәа иарҳәеит, анаҩс Гагратәи ахәшәтәырҭахь даннеи, иҟалацәҟьаз еилкаахеит.
"Рома данҭаха ицыз аҷкәынцәа иаразнак дрызҭымгаӡеит, аха дкажьны имцаӡеит, рхатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, ирулак иԥсыбаҩ Гаграҟа иааргеит", - ҳәа азгәалҭоит аиаҳәшьа.
Рома дҭахоит иирамш мызкы шагыз…
Раули Гәырами Габлиаа, рашьа иаамышьҭахь еиҳагьы аӷа иахь ацәымӷра роуит, ашьаура иашьҭалеит, иагьрықәҿиеит. Аишьцәа ажәыларатә аоперациақәа жәпакы ирылахәны аиааира амш аҟынӡа еибашьит.
2022 шықәсазы, Гәырам машәырла ашьхараҟны дҭахоит. Абас иакымкәа арыцҳарақәа ирыниаз Габлиаа рҭаацәа зегь акоуп ргәы ҿаҳәаны, Аиааира 30 шықәса ахыҵра рыжәлар ирыдныҳәало аҭынч ԥсҭазаара рзеиӷьаршьоит.
Асҭамыр Ладариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Аԥсны
"Иҩызцәа ршьа иуан": аибашьраҿы иҭахаз Асҭамыр Ладариа изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0