Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Дахьымӡеит...": Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Славик-Маҳаид Амԥар изкны

© Foto / фотоальбом "Аиааира"Освобождение Гагрского района
Освобождение Гагрского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, жьҭаарамзазы имҩаԥгаз Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә аоперациаҟны дҭахеит 30 шықәса зхыҵуаз Лӡаа ақыҭанхаҩы Славик-Маҳаид Амԥар. Иара иеибашьратә мҩа лассы иҿахҵәазаргьы, уи гәымшәарылеи фырхаҵаралеи иҭәын. Аибашьҩы инысымҩа анҵоуп иԥшәмаԥҳәыс Фатима Сабуаԥҳа лажәақәа рыла.
Славик-Маҳаид Амԥар иӡбахә анырҳәо, иазымҵаауа дыҟамзар ҟалап избан ҩ-хьӡык зихьӡыз ҳәа. Уи аҭоурых хәыҷ амоуп, изхылҿиаазгьы ҳҵасқәа роуп. Маҳаид ихьӡын арԥыс иабду. Иара дани ари ахьӡ анирҭа, иан илҳәар ауамызт аҟынтә Славик ҳәа дишьҭан. Ус Славик-Маҳаид ҳәа ҩ-хьӡык дрыԥшәымахеит ахәыҷы.
Славик-Маҳаид Калдахәара ақыҭан диит. Иаб Макара Амԥари иан Хьыма Цкәыиаԥҳаи быжьҩык ахшара рааӡеит: ҩыџьа аԥацәеи, хәҩык аԥҳацәеи.
© Foto / из семейного архива семьи Ампар Славик-Маҳаид Амԥар
Славик-Маҳаид Амԥар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Славик-Маҳаид Амԥар
Славик-Маҳаид ақыҭа школ даналага, дҭалоит Ростов ақалақь амашьына-транспорттә ҵараиурҭа. Адиплом аниоулак Аԥсныҟа даауеит, даарышьҭуеит Лӡаатәи аколнхарахь механизаторс. Абраҟа еибадыруеит уи аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афизико-математикатә факультет актәи акурс хызыҩхьаз, Лӡаатәи аԥҳәызба Фатима Сабуаԥҳаи иареи. Ирыӡбоит рыԥсҭазаара еиларҵарц.
"Аколнхараҟнытә дгьыл ҿаҵак ҳаун, ҳхатә џьабаала анхара ҳалагеит. Амҿтәы ҩны хәыҷы ҳаргылеит. Ҳбаҳча ашәыр рацәаны иаҳҭеит. Иареи сареи ашәҭқәа бзиа иаҳбон аҟнытә ҳаицлабны ирацәаӡаны аҩны аԥхьа еиҭаҳҳаит", - хазы нхара ишалагаз лгәалашәоит Славик-Маҳаид иԥшәмаԥҳәыс Фатима Сабуаԥҳа.
Аԥсҭазаара амҩа ду ианылаз аҿар, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцуа ауснагӡатәқәа шьақәдыргылон. Аха урҭ ӡбамкәа иаанхеит… Иалагеит Славик-Маҳаид Амԥари Фатима Сабуаԥҳаи рынасыԥ еиԥзырҟьаз аибашьра.
"Нанҳәа 14 1992 шықәсазы, саб Новгородҟа иҽихәшәтәырц ддәықәырҵараны иҟан Славики сашьеиҵбы Ардашьыни. Сара схала аҩны сыҟан. Ус сгәы сҽанӡамкәа сыԥшәма ашә ааимԥааны дшаҟь-шаҟьо ауада дааҩналеит "ателевизор аҿакы" ҳәа ибжьы ргауа. Аибашьра ишалагаз ателехәаԥшратә жәабжьқәа рыла ианҳаҳа, Славик Лӡаа ацентр ахь дцеит. Уаҟа аҭыԥантәи ахацәа рҽеизырго иалагеит", - аибашьра раԥхьатәи амш далацәажәоит Фатима.
Славик-Маҳаид Амԥар дахәҭакхеит Џьон Дбар командаҟаҵаҩс дызмаз Лӡаатәи арота. Арота иааизакны иахыԥхьаӡалахеит Ныгәзар Долбаиа командаҟаҵаҩс дызмаз Пицундатәи абаталион. Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә аоперациа ҟалаанӡа, аибашьцәа гәыԥ-гәыԥла Ԥсахара ақыҭан аибашьратә цәаҳәа аанкыланы итәан.
"Жьҭаара аказы, Славик аҩныҟа дааит. Ԥшьала аҽеидкылара далагеит. Ижакьа амихит, "аӡәы ажәжәаҳәа дысхалар аасҭа, схала иамсхып" ҳәа алаф ахҳәаауа. Сара исгәамԥхаӡеит ицәажәашьа, аха ҿысымҭӡеит. Ауха Ԥсахараҟа дцеит", - лҳәоит Фатима.
Джофик Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2023
Аԥсны
"Гагроуп аиааира ашьаҭа ахьакыз": аибашьҩы Џьофик Цкәуа игәалашәарақәа
Жьҭаара 2, ашарԥазы аԥсуа еибашьцәа Гагра аӷа иалцаразы ажәылара мҩаԥыргеит. Славик-Маҳаид иҩызцәа дрыцны КБРЦ аҟынӡа дааит. Аҷкәынцәа амҩа еихҵәаны ԥхьаҟа ианца, иара хысбыжьқәахь ахьиаҳаз КБРЦ ахыбрахь иҿынеихеит. Аӷацәа бналаны Ԥсоу ахырхарҭахь еибарыҩуа идәықәлахьан, араҟа ихысуаз еилиркарц ашә дылагыланы "шәаԥсыуааума" ҳәа ибжьы нааирга, ахыбра иҩнаханы иҟаз аӷацәа дҭадырхоит. Славик-Маҳаид дышкаҳаз гәазҭаз имаҳә Гәырам Ҭарбеи амедиашьа Феликс Цкәыиеи уахь инеиуеит. Даргьы рганахь иааиуаз ахымцақәа рықәшәеит. Феликс Славик дивыршьоит, Гәырам дырхәоит.
"Славик илахьынҵа цәгьахеит. Дахьымӡеит аԥсҭазааратә уснагӡатәқәа, дахьымӡеит Аиааира", - лҳәоит Фатима.
Славик-Маҳаид иашьеиҵбы Баҭал Амԥар ҩыџьа ахшара имоуп, аԥеи аԥҳаи. Зынасыԥ ҿахҵәаз аҿар рҭоурых, ҿыц ииз ахәыҷқәа рыла ихарҭәаахарц азы, Баҭал ихәыҷқәа ирыхьӡиҵеит Славики Фатимеи ҳәа.
Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
"Ажәылара раԥхьатәи амш": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Васили Базба изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0