Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сара, Гәылик Жьиба соуп": зхы шәаџьҳәаҩыс иҟазҵаз аибашьҩы иҭоурых

© Foto / из архива семьи ЖибаГулик Жиба
Гулик Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, аӷацәа иҭҟәаны рнапахьы иааргоз аԥсуа еибашьцәа реиҳараҩык цәгьаԥсышьа рыҭаны иршьуан. Убарҭ рыгәҭа дыҟан, ԥхынгәытәи ажәылараан Цугуровка ақырҭцәа ирԥыхьашәаз, ихәыз Гәылик Жьиба. Иара иԥсҭазаара далархит ажыгақәа рыла хацәеи ҳәсеи шисуаз. Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иҭаца Динара Аҩӡԥҳа лажәақәа рыла.
Гәдоуҭа араион, Мгәыӡырхәа ақыҭан зхатә џьабаала инхоз Нызбеи Жьибеи иԥшәмаԥҳәыс Ламара Чхьеиӡеи ԥшьҩык аԥацәа рааӡеит, Гәылик, Гәырам, Алик, Альберт. Аҷкәынцәа ишыхәыҷқәаз аџьабаа закәыз рнырит. Ашара иацгыланы ахәлара иаарымнахаанӡа акраруан. Раби рани ирыцны аҭаҭын ҿыхра, амх ҭагалара ицон. Аԥсадгьыл аҿаԥхьа арратә уалԥшьақәа рынагӡара аамҭа анааи, аишьцәа аиҳабацәа, шықәсык зыбжьаз Гәылики Гәырами рҭаацәа, Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟны аҳәара ҟарҵоит аишьцәа еицрымхкәа аррамаҵура ахысра еицыршьҭырц. Ани аби ргәазыҳәара нагӡахоит, аҷкәынцәа Пензатәи архәҭа иақәшәоит. Аишьцәа Жьиаа ԥсыцқьарыла рырратә уалԥшьақәа ахьынарыгӡоз азы изныкымкәа рыдҵаҟаҵаҩцәа рҭаацәа рахь аџьшьаратә шәҟәқәа аарышьҭхьан.
Аишьцәа реиҳабы Гәылик, ирратә уалԥшьа нагӡаны данна аидырҭәалаҩс, афымцазҟазаҩс, амашьынаныҟәцаҩс аус иуан еиуеиԥшым аргыларақәа рҟны.
© Foto / из архива семьи ЖибаГәылик Жьиба
Гулик Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Гәылик Жьиба
1989 шықәсазы, ақырҭцәеи аԥсуааи рыбжьара ицәырҵыз аполитикатә хынҭаҩынҭарақәа дрылахәын Гәылик. Усҟан иара еиликааит иҳаланхоз амилаҭ ҳганахь ацәымӷра шрылаз, знымзар зны ишҳабашьуаз. Ус иагьыҟалеит, хышықәса рышьҭахь бџьарла еиқәных ақырҭцәа аԥсуа жәлар рнырҵәаразы Аԥсны иақәлеит. Гәылик маӡала автомат зҭиуаз дыԥшааны, ихатә ԥарала иаахәаны Гагратәи ажәылара иҽалаирхәит.
"Гагра аныргоз аамҭазы, абаталионқәа ыҟамызт, аха аԥсуа ҷкәынцәа агәыԥқәа шьақәыргыланы ижәылеит. Гәыликгьы иҩызцәа рыгәҭа дгыланы Гагра араион ахақәиҭтәра далахәын, ахәрагьы иоуит", - лҳәоит Гәылик Жьиба иҭаца Динара Аҩӡԥҳа.
Гагратәи ажәылара ашьҭахь, Фата Дбар дҵаҟаҵаҩс дызмаз Мгәыӡырхәаа рбаталион дахәҭакхоит Гәылик. Иара иқыҭауаа дрыцны ихы рылаирхәоит ажәыларақәа жәпакы. Ԥхынгәы 4, 1993 шықәсазы, Цугуровка ахәыҳаракыра агараан, Гәылик ҩаԥхьа Фата Дбар идҵаҟаҵарала ажәылара иҽалаирхәоит.
Ҳақы Шьрыф-иԥа Ажьибеи Бабулиа Шьаиб-иԥҳа Смырԥҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2023
Аԥсны
"Агәаӷ рхыргеит": ақырҭцәа ишьны ирблыз хаҵеи ԥҳәыси Ажьиаа рҭоурых
"Цугуровка ианхалоз 40-ҩык рҟынӡа ҳқыҭауаа аҷкәынцәа еицын. Убраҟа ӷәӷәала аиҿахысрақәа ирықәшәеит. Иҭахази ихәызи ҟалеит. "Шәхьаҵ" ҳәа адҵа аныҟала, ҳаибашьцәа аӡәырҩы аминақәа ирхаԥжәеит. Гәылики иҩыза Вианор Гәынбеи рганаҿы иҭҟәацыз амина ахыԥҽыхақәа рылалан, Вианор ӷәӷәала дахәит, Гәылик ишьапы днанагартә дыҟан, аха иҩыза диҵагыланы дылбааиагартә еиԥш амч имамызт. Бааԥсыла дшьабон. Ус маҷк ианынаскьа, Вианор иҳәеит "абра џьара сааныжь, уара улбааны аҷкәынцәа аашьҭы" ҳәа".
Гәылик "саргьы срыцны саауеит" иҳәан, алада иҿынеихеит. Аибашьҩы игәыԥ ахьтәаз даннеи, "Вианор дкажьны ушԥаауоз" ҳәа аҽԥныҳәа ирҭо иалагеит", - еиҭалҳәоит Дианара Аҩӡԥҳа. Гәылик Жьиба, "сара, Вианор сушьҭаланы саауеит ҳәа иасҳәахьан, схала дысзылбаагом, аӡәыр шәсыццозар шәаала" ҳәа ибжьы анирга, аҽԥныҳәа изҭақәоз наскьаны итәеит. Фата Дбари Георги Попкови ҩагылан, Гәылик ицны рҿынархеит. Амҩан, ҩаха-ҩымш имыцәацыз аҷкәынцәа рааԥсара анрыхьӡа, ҵлак аҵаҟа рхы нықәырҵеит. Гәылик иҩызцәа аамырԥшӡакәа дызлааз амҩахәасҭала Вианор дахьаанижьыз аҭыԥ ахь дхалеит.
Роланд Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Аԥсны
"Хәажәкыратәи ажәылара сгәы иҭыҵуам": аибашьра аветеран Роланд Агрба игәалашәарақәа
"Гәылик, Вианор дахьиртәаз даннеи, димбаӡеит. Иԥшааразы ԥхьаҟа ддәықәлаанӡа маҷк иԥсы ишьарц иӡбазар акәхап, имариазма ахәрагьы иманы, имцашоурагьы халаны, арахь дмыцәаӡакәа, ҿаҵа ымфакәа аимдара. Ҳара иахьынӡаҳдыруа Гәылик иабџьар шьҭаҵаны, аӡиас ахықәахь днеины иҿы аӡәӡәара дшаҿыз аӷацәа икәшеит. Напышьашәала дышреисуазгьы, дара хҩык ыҟан имч рықәымхеит. Гәылик иашьҭахь инапқәа ҿаҳәаны, ишьапы хтны ишисуаз рганахь дрыманы ицеит", - ахҭыс еиҭалҳәоит Дианара.

Гәылик аӷацәа дрыманы инеит аԥсуаа иҭадырхаз қырҭуак анышә дахьамардоз аҭыԥ ахь. Уаҟа еилагылаз хаҵеи ԥҳәыси аԥсуа еибашьҩы данырԥыхьашәа, рнапы иакыз ажыгақәа рыла иааисуа, еибгаз бҩак иламкәа дҟәаҟәаны дкарыжьит. Амала Гәылик рыцҳа иԥсы илшәшәаанӡа, " сара Гәылик Жьиба соуп, с-Мгәыӡырхәатәиуп" ҳәа дыҳәҳәон. "Сыԥсыбаҩ сҭаацәа иахьыҟоу еилыркаап" ҳәа дхәыцны ихы шәаџьҳәаҩыс иҟаиҵозаарын.

Гәылик Жьиба 52 мшы анҵы ауп ибаҩ анырԥшаа. Уи аламҭалазы аԥсуааи-ақырҭцәеи рыбжьара аамҭала ахысрақәа аанкыланы аиҭныԥсахларақәа ирҿын.
"Гәылик ибаҩ, даныршьуаз аамҭазы "сара, Гәылик Жьиба соуп" ҳәа даныҳәҳәоз ибжьы заҳаз аерман хаҵак ибзоурала иԥшаан. Иара аибашьҩы ихьӡ ихамшҭырц азы ақьаад ианиҵазаарын. Насгьы иԥсыбаҩ адәы иахьықәжьыз агыгшәыг иԥхасҭанамтәырц азы, ҭыжаарак ԥшааны, уахь илбааганы амахәқәа ақәиҵазаап", - Гәылик ибаҩ иҭаацәа ишроуз лгәалашәоит иҭаца.
Гәылик данҭахоз 32 шықәса ракәын ихыҵуаз, дҭаацәараӡамызт. Зыԥсадгьыл зыԥсы ахҭнызҵаз аибашьҩы ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал.
Валери Дауҭиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Аԥсны
"Аԥсра дақәшаҳаҭын": аибашьра аветеран Валери (Баҭаҟәа) Дауҭиа изкны
Нызбеи Жьибеи иԥшәмаԥҳәыс Ламара Чхьеиӡеи ақәра дуқәа нҵаны шықәсқәак раԥхьа рыдунеи рыԥсахит. Абыргцәа рааԥсара ҳаҭыр ақәҵаны, Гәылик игәалашәара мырӡкәа Жьиаа ргәараҭа дырԥшӡоит еиҵагылаз абиаԥара ҿа.
Ажәабжьқәа зегьы
0