Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сгәы ԥхаррала иҭәын!..": Валери Касланӡиа ииубилеи азы

© SputnikВалерий Касландзия
Валерий Касландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2023
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоет Валери Касланӡиа иахьа, абҵарамза 23 рзы ихыҵит 80 шықәса. Имшныҳәа аҽны ишәыдаагалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ааигәа ианиҵаз иҿцәажәара.
- Валери Платон-иԥа, ԥшӡала, аԥшьынҩажәатәи ашьха ухыҵит уеибга уеизҩыда!.. Анкьа аԥсуаа рҿы ари ақәра қәра дуӡамызт, иҷкәынра дҭысит ҳәа акәын ишырԥхьаӡоз, иахьа аамҭақәа акыр рҽырыԥсахит... Аха уара, ҳпоет бзиа Мушьни Миқаииа иҳәалон еиԥш, укан бзиоуп, ужәытә аԥсыуоуп!.. Иаҳгәалаҳаршәап ухәыҷра, уқәыԥшра, уи иацыз ауадаҩрақәа, ахаарақәа, алитературахь раԥхьа иҟауҵаз ашьаҿақәа...
- Аиезуитцәа абас рҳәоит: "Ахәыҷы дани инаркны бжьышықәса ҳара иааӡара ҳадзааит, нас, дыҟанаҵы шәара дшәымаз", - ҳәа. Саргьы убасшәа схы збоит, избанзар, жә-шықәса схыҵаанӡа Кәтол ақыҭа Тур ихәы аҳаблаҿы сани, сандуи, саб иашьеиҵби Нури рыҩнаҭаҿы исызҳауан. Тур ихәы иџьашьахәны аӡбахә зныкымкәа ирҳәахьеит. Аиашазы, уа иҟаз аԥшӡара анаҩсгьы доуҳа мчык ықәын. Аҳабла хәыҷын, хҩык аишьцәа Касланӡиааи Басариак иҭаацәеи ракәын уа иқәынхоз, аха абраҟеиԥш шамахамзар ҽаџьара иубомызт ажәа азҟазацәа, арҿиаҩцәа. Урҭ абыргцәа рҟазшьа ҷыдарақәа рымыздаз рыҷкәынцәа изхылҵыз ираԥыргеит, избанзар даҽа лахтыраамҭак иатәхеит азы. Урҭ рыӡбахә аҳәара салагар, сажәа сыцәроухоит азы, уаҳа салагом. Абри ахәаҿы инхоз хәыҷи-дуи сара среиҵбын, уи азыҳәан акәхап, зегь рылаԥш схын, рыгәцаракра збон. Макьана исыздыруамызт ауаҩԥсы абыда дышзымиуаз. Зны-зынла сан саб ипатреҭ цәырганы ислырбон: – нан, абри уаб иоуп, иахьа дыбжьаӡны дыҟоуп, аха мышкызны даҳзааргьы ҟалоит, – нас инацылҵон, – иудыруандаз шаҟа ахәыҷқәа бзиа ибоз, – ҳәа, аха сааигәыдиҳәҳәалартә, иԥхарра снырыртә иҟалараны иҟамзаарын.
Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2018
Арадио
Валери Касланӡиа: иҟасҵаз маҷысшьоит, сызлаҟоу ала схы маҷны избоит
- Уара аинститут аҭоурыхтә факультет уалгеит, ушиашаз акьыԥхьтә хәшҭаарақәа рахь умиасӡеит, аҭоурых иадҳәалаз еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа рҽы аус ууан, уџьабаагьы рацәоуп... Убри агангьы уаҳзалацәажәар ҳҭахуп алитературахь ҳаиасаанӡа...
– Алитературахь аҟыбаҩ умазар, иарбан факультетзаалакгьы узылгаз иуԥырхаганы изыҟалашам. Ииашоуп, сара аҭоурых факультет ауп сзылгаз. Убас иҟалеит, сусурагьы аҭоурых иадҳәалан. Вианор Панџьа-иԥа Ԥачлиа ибзоураны аусура салагеит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рыхьчаразы ареспбликатә уаажәларратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс. Ахантәаҩы (почетный председатель) ҳәа дыԥхьаӡан, аштат аҿы дарбаӡамызт. Уи аҭыԥ аанызкылоз Аԥснытәи обком аидеологиа знапы ианыз амаӡаныҟәгаҩ, ма Аминистрцәа рсовет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ракәын. Ажәакала, сара сакәын ари аусҳәарҭаҿы хадас иҟаз.
Иахьа сусура алҵшәақәа санрызхәыцуа схы аџьшьара асҭоит. Агәахәара сауеит Ш. М. Шьакаиа, Г. А. Ӡиӡариа, З. В. Анчабаӡе, И. К. Ҭарба, В. П. Ԥачлиа реиԥш иҟаз ауаа абри ауаажәларратә хеилак ԥымкрада апрезидиум иалахәны дареи сареи уск ҳахьалацәажәоз. Уажәы ҳнапы злакыз аусқәа рылацәажәара салагом сажәа рацәамхарц. Иҟан ҳәарада Қарҭааи ҳареи аиқәымшәарақәа анҳауаз, еиҳарак Гагреи Пицундеи иҳамаз амузеиқәа ирыхҟьаны, иҟан ҳара ҳтәқәа анҳԥырхагазгьы феидак алыргарц азы, аха иаҳуалны иҟаз, ҳнапы ианыз аусқәа ламысла инаҳагӡон. Иахьа Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа ахылаԥшра рыцәмаҷуп. Дыҟам урҭ ирыгу-ирыбзоу, еиқәырхашьас иҟоу еилырганы, идырны иуазҳәо аспециалист. Ҷыдала дааӡатәуп архитектор, ажәытә ргыларақәа рҟазшьа ҷыдарақәа еилызкаауа.
- Уаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы дҭахеит, уара ушыхәыҷыз уиааӡеит уаб иашьа, Аԥсны жәлар рартист Леуарса Шьарадын-иԥа Касланӡиа. Уи акраанагон, избанзар аԥсуа жәлар бзиа еицырбоз, даара зыхьӡ-зыԥша ыҟаз, Аԥсны еицырдыруаз аҟаза дуӡӡа иҿы иузҳауан, уи иҩныҟа иреиӷьӡаз ҳаинтеллигенциа иртәарҭан, иргыларҭан...
– 1952 шықәсазы саб иашьа аиҳабы Касланӡиа Леуарсан Шьардын-иԥа аҭаацәара далалоит. Усҟан иара ихыҵуан ҩынҩажәа шықәса, артист хьӡырҳәаганы дырдырхьан. Шьҭа, Аҟәа иҩнаҭаҿы аԥҳәыс лнапы сыгымхо ианыҟала, арахь ааӡара сааигоит. Усҟан ҳаҳҭны қалақьаҿ аԥсуа школ зыхьӡыз ыҟамызт, убри азы сҭеиҵоит А. С. Пушкин ихьӡ зху аҩбатәи аурыс школ. Уаанӡа Кәтол ашкол сҭан, ҩ-класск срылгахьан, аха аурысшәа ахьысзымдыруаз азы еиҭах аҩбатәи акласс аҿы сиртәеит. Уа шықәсык аҵара сҵахьан, Сталин дыԥсит, адырҩашықәсазы аԥсуа школ аадыртуеит ахԥатәи ашкол аҿы. Абра ҩышықәса аҵара сҵахьан, ажәабатәи ашколахь ҳаниаргоз.
© Foto / предоставил Валерий Касландзия

Леуарсан Касланӡиа (агәҭаны итәоу), Валери Касланӡиа (арыӷьарахь игылоу)

Леуарсан Касланӡиа (агәҭаны итәоу), Валери Касланӡиа (арыӷьарахь игылоу) - Sputnik Аҧсны
1/2

Леуарсан Касланӡиа (агәҭаны итәоу), Валери Касланӡиа (арыӷьарахь игылоу)

© Foto / Фото предоставлено Светланой Корсая

Леуарсан Касланӡиа

Леуарсан Касланӡиа - Sputnik Аҧсны
2/2

Леуарсан Касланӡиа

1/2

Леуарсан Касланӡиа (агәҭаны итәоу), Валери Касланӡиа (арыӷьарахь игылоу)

2/2

Леуарсан Касланӡиа

Саб иашьа игәалаиршәалон абри ашколаҿы аҵара зҵоз ахәыҷқәа рҭаацәа зныкымкәа аизара ҟаҵаны ашкол Н. А. Лакоба ихьӡ ахызарц ақәҵара рыдкыланы арзаҳал Аԥсны аобласт комитет аиҳабырарахь ишырышьҭхьаз, аха хаҵгылара шамауаз.
Ус М. Ҭ. Бӷажәба обком актәи амаӡаныҟәгаҩс даныҟарҵа, зыԥшрак ҟамҵакәа, ашкол Н. А. Лакоба ихьӡ ахырҵеит. Иҳәатәуп иара ихаан шакәу Лакоба ибиуст раԥхьаӡакәны ишықәдыргылаз аботаникатә баҳча аҭаларҭаҿы, убас иқәыргылан Е. Ешбеи С. Ҷанбеи рбаҟақәа. Аҟәатәи адраматә театр С. И. Ҷанба ихьӡ ахҵан. М. Ҭ. Бӷажәба инапынҵала имаҷҩым аԥсуа интеллигенциа рахьынтә зынхарҭақәа еиӷьызтәыз, ауадақәа зауз. Убас ирыцәоуп ари ауаҩ илиршаз, аамҭа мариа шыҟамызгьы. Арахь уԥшыр, Аԥсны ахи-аҵыхәеи џьарамзар џьара иӡбахә уазҳәо ҭыԥк уԥылом. Ари иазхәыцтәӡами?
Сажәа насыгӡаанӡа даҽакахьы сагеит. Ажәакала, саб иашьа ӷәӷәала сыгәцаракны сиааӡон, есымша илаԥш схын. Ашкол аҟынтәи жәа-минуҭк иадымхаргьы сагханы аҩныҟа сааир, саанзырхаз, сахьыҟаз еиликаар акәын. Саныхбыџха, аныҳәақәа раан сҩызцәеи сареи џьара ҩнаҭак аҿы ҳаиԥылозар, санцоз ус сеиҳәон: "– Уца, аха уҟәышны уҟаз, ухы умырԥхашьан, ужәла умырԥхашьан, саргьы сумырԥхашьан" – ҳәа. Уажәы аҿар санрыхәаԥшуа, абри сара сзааӡаз исеиҳәоз ажәақәа раҳахьоумашь ҳәа саахәыцуеит.
Асахьаҭыхра бзиа избон. Апионерцәа рханаҿы асахьаҭыхреи афотоҭыхреи рыкружокқәа рахь сныҟәон, ашьҭахь асахьаҭыхратә школ анаадырты, сааӡаҩы уахь сҭеиҵеит. Уа асахьаҭыхра сзырҵоз Вера Феодор‑иԥҳа Европина салкааны слыман, саб иашьа хылаԥшрак аҳасаб ала уахь даннеилоз, лгәы сшахәо, сҟыбаҩ шыбзиоу иалҳәон. Ас аниба, иӡбеит Қарҭ асахьаҭыхратә академиа сҭеиҵарц. Шықәсык убрахь схы хан, аха аԥышәарақәа рыҭира ааигәахо ианалага, Қарҭҟа ацара сгәамԥхо сҟалеит. Иҟалап аԥхын еимаада сықәлацәеи сареи ҳаҩуа ҳазлаз ҳақалақь Аҟәа ааныжьра сцәыуадаҩхазар, уи ҩнуҵҟала иснырзар, ишакәхалак, саб иашьа иасҳәеит Қарҭҟа сцар шысҭахым, абра Аҟәа аинститут сҭалар еиҳа ишеиӷьасшьо. Иасҳәаз иааџьасшьартә ҭынчла идикылеит, акгьы ахымҳәаа. Иԥсы анҭаз схахьы имааит сиазҵаарц, иасҳәаз абас ихьаамгакәа, мзыс иасҭоз дамызҵаакәа, мап зацәимкыз ҵаҵӷәыс иамаз.
© Foto / предоставил Валерий Касландзия

Валери Касланӡиа

Валери Касланӡиа - Sputnik Аҧсны
1/2

Валери Касланӡиа

© Foto / предоставил Валерий Касландзия

Валери Касланӡиа иԥшәмеи иареи

Валери Касланӡиа иԥшәмеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/2

Валери Касланӡиа иԥшәмеи иареи

1/2

Валери Касланӡиа

2/2

Валери Касланӡиа иԥшәмеи иареи

- Уажәшьҭа ҳаиасып улитературатә ԥсҭазаарахь. Раԥхьаӡа дарбан шәҟәыҩҩу зышәхымс ухыҵыз, иуқәныҳәаз, мамзаргьы, усҟан ус имариаӡамызт аредакциақәа рахь гәатабӷата анеира, акыр "шьацҳәа" урхысыр акәын!.. Уара урҭ ушԥархыԥеи, еиҳаракгьы ажурнал "Алашара" апоезиа аҟәшаҿы ицәгьан рҳәоит, уа, уареи сареи зпоезиа пату ақәаҳҵо Мушьни Миқаиа "импыҵыҵра" ус имариаӡамызт!..
– Сара аҩра салагеит ашкол санҭаз. Акьыԥхь збаз раԥхьатәи сажәеинраала иахьагьы ҿырҳәала исгәалашәоит. Ажурнал "Амцабз" ианын, ашьҭахь сажәабжьк "Аԥсыӡкцәа" захьӡызгьы анырҵеит. Усҟан аҭак зыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ҳәа ажурнал аҿы аус зуаз Ҷыҷыкәа Џьонуа иакәын, ибзианы идикылеит. Сажәабжь ашьҭахь ахԥатәи акласс азы арҵага шәҟәы ианылеит. Уажәы исгәалашәом ажурнал "Алашараҿы" акьыԥхьра саналагаз. Аиашазы, уа шамахамзар ушьҭахьҟа удыргьежьуан аамҭаказы, аха Алықьса Џьениа редакторс даныҟала, акьыԥхьра мариахеит.
- Валери, уара алитература ду уалагылеит, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла уалалеит, аусура уалагеит, иурҳаит аҩызцәа, апоетцәа бзиақәа, Таиф Аџба, Рауль Лашәриа... Урҭ иахьа рыҟамзаара ҳгәы ҿнаблаауеит... Ишԥаугәалашәо уара урҭ ашықәсқәа?..
– Таиф Аџьбеи Рауль Лашәриеи сара сҩызцәа гәакьақәа ракәын. Урҭ рыҟамзаара еснагь ихьаазгоит, лассы-лассы ҳаиқәшәон, ҳаицныҟәон. Ҳанеиԥырҵуаз, аҩныҟа санцоз, сгәы ԥхаррала иҭәны акәын ишыҟаз. Урҭ аԥсуа литература иаклассикцәоуп. Аԥсуа жәлар рҿы наунагӡа рыхьӡ ыҟазаауеит.
© Foto / предоставил Валерий Касландзия

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
1/3

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа

© Foto / предоставил Валерий Касландзия

Валери Касланӡиа

Валери Касланӡиа  - Sputnik Аҧсны
2/3

Валери Касланӡиа

© Foto / предоставил Валерий Касландзия

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
3/3

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа

1/3

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа

2/3

Валери Касланӡиа

3/3

Валери Касланӡиа иҩызцәа рыгәҭа

- Валери, уара ҳаԥсуа литература даара ибзиан иудыруеит, иахьа уажәраанӡагьы ашәҟәҭыжьырҭаҿы аус ууеит, иҭыҵуа ашәҟәқәа акыр редакторс урымоуп, унапы иҵужьхьеит... Убарҭ рҟынтә, аԥхьаҩ даара ихәап, ицхраап, гьама ҳракылеи сахьаркыратә ҟазарылеи иаҳракуп ҳәа иуԥхьаӡо иарбан шәыҟәқәоу?!
– Сара снапы иҵсыжьхьоу, редакторра ззызухьоу рҟынтәи еиҳа ирылыскаауеит Геннади Аламиа ишәҟәы аизга. Даара иҵоулоу жәеинраалақәоуп ирну. Убас, акыр аџьабаа адбаланы еиқәсыршәаз Шьалуа Ҵәыџьба иҩымҭақәа еидызкылаз "Иалкаау" ишәҟәы сгәаԥхоит.
- Уара поетк иаҳасабала ҳлитература блаҵарыла уацклаԥшуеит... Рыӡбахә ҳаухәар ҳҭахуп уара гәыла-ԥсыла иузааигәоу, зырҿиара иахьеи- уахеи иуцу, иахьа зыԥсы ҭаны ҳарҿиаратә процесс иалагылоу жәаҩык ашәҟәыҩҩцәа, апрозаҿгьы, апоезиаҿгьы...
– Ари узҵаара аҭак сзыҟаҵом. Аиталиан шәҟәыҩҩы Дино Буццати абас иҩуан: – ибзио х-жәеинраалак змоу – дпоетуп, хәба змоу – дпоет бзиоуп, – ҳәа, насгьы инациҵон, – изеиԥшразаалакгьы ажәеинраала зыҩуа, иахьиҩуа мацаразы дырҽхәатәуп, – ҳәа. Ус анакәха, аӡәгьы далаҳкаарым. Апроза атәы ҳҳәозар, сгәы еихьнашьуеит иахьа имаҷыҩны иахьҳамоу, арахь, апрозатә жәеинрааланы иҩу аҩымҭа аасҭа акыр амҽхак аманы, амч еиҳаны избоит.
© Foto / предоставил Валерий КасландзияВалери Касланӡиа ашәҟәыҩҩцәа реиԥылараан
Валерий Касландзия - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2023
Валери Касланӡиа ашәҟәыҩҩцәа реиԥылараан
- Уара ушԥахәаԥшуеи иахьатәи аамҭазы ҳбызшәа аҿиашьа, алахьынҵа, уаҵәтәи аԥеиԥш?!
– Ари сылахь еиқәызҵо зҵаароуп. Абызшәа аҟазаареи аҟамзаареи зыӡбуа мчуп. Иахьа ҳара ҳмилаҭ азыгәдура ҳцәырӡуоуп ҳшааиуа, мамзар, избан хәыҷи-дуи тәым бызшәала ҳзеицәажәо? Ҳаҩнаҭақәа рҿы аԥсшәа еиба-еикәеибаха изыҩнаҳҵо? Абри тәымбызшәала ҳанцәажәо, ҳхы ҳзазымхәыцуеи ҳазусҭада ҳара ҳәа? Ԥсыуа жәала имхәыцуа, зҿахәы ззымҳәо, уи даԥсуанагӡаны дзыҟалом. Нас иҟаҵатәузеи? Аҩбатәи акласс инаркны ашкол иалгаанӡа аԥсуа бызшәа дырҵалатәуп. Аинститут ианҭало, иарбан факультетзаалакгьы аԥсуа бызшәазы аԥышәара рҭиуазароуп. Дызусҭазаалакгьы аԥсшәа ҟыжәбыжәк ззымдыруа аиҳабыра иҭатәӡам. Анапхгараҿы иҟоу ауаа аԥсышәала аизарақәа мҩаԥыргалароуп. Имаҷҩызаргьы иҟоуп аҿар, аерманцәа, аурысцәа, ицәгьамкәа аԥсшәа зҳәо. "Аӡәы илшазар, уаргьы уи улшоит уҽадуцалар" – иҳәахьеит Римтәи аимпериа аимператор, афилософ Марк Аврели. Ҳбызшәа аԥсуаа игәцарарклар, егьырҭ иҳаланхо амилаҭқәагьы иазхьаԥшуа иалагоит. Ара еиланхо амилаҭқәа, иаԥшәымоу аԥсуа ибызшәа еиднакылозароуп. Ус ауп ишыҟоу прибалтикаа рполитика. Уи уақәӡбыр иашам. Атәым рбаӷь ааин аҩнытә рбаӷь дәылнацеит ҳәа, избан, иаҳтәым абызшәа, тәымџьарантәи иқәнагалаз аԥыжәара заиура? Милаҭк аҳасаб ала ҳхы еиқәҳархарц ҳҭахызар, ари азҵаара хыхь исҳәаз азхом, зегь рыла иҭҵааны, хәшәыс иаманы иҟоу азыԥшаатәуп.
Валерий Касландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны
- Иҟаҵатәуи аԥсуа шәҟәы Аԥсны анкьа ишыҟаз еиԥш араионқәа зегьы рҿы инеиларц азы, уаҵәы игыло ҳҿар рдоуҳа рыцәтәымымхарц азы?!
– Зегь раԥхьа иргыланы ҳҿар аԥсуа бызшәа агәыԥҳәыхшеиԥш ирҿыҵакны иааӡатәуп. Усҟан ԥсышәала иҩу аҩымҭақәа ҳрыԥхьандаз ҳәа агәаҳәара рауеит, ашәҟәқәагьы аархәо иалагоит иахьырҭиуазаалакгьы.
- Валери, ашәҟәыҩҩы дцәаӷәаҩуп, длаҵаҩуп, уи амра жәхьан ихалаанӡа дзыхьӡаз, "ицааиз" есымша имарымажаха иԥылоит!.. Уара имарымажахан иуԥылан иҟоуп ушәҟә бзиақәа, ахәыҷқәа ирызку уажәеинраала ссирқәа, иҵаулоу, философиала иҭәу упоезиа, упроза... Ахәыҷқәа рыӡбахә анаҳҳәа, уара уалауриатуп ахәыҷқәеи аҿари рзы иаԥҵоу Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа... Уи даара инасыԥуп ҳәа исыԥхьаӡоит сара, иахьа иҳаҵагылаз аҿар ирҭахыз, иззыԥшыз ажәа уақәшәан иахьуԥшааз, ргәы ацаԥха аҷараҳәа иахьаауртыз!.. Валери, ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, уаҳзаԥхьар сҭахуп аҵыхәтәантәи уажәеинраалақәа руак... Иара убасгьы, рыӡбахә ҳауҳәарц аҭыжьразы "ашәхымс" аҟынӡа инеихьоу урҿиамҭақәа рыӡбахә!..
– Прозала иҩу романки, повестки, убас ажәабжьқәеи еидызкыло шәҟәык аҭыжьра иазырхиоуп. Уажәшьҭа сузаԥхьап ус иануҭахха акьыԥхь зымбац жәеинраалак.
Лагамҭа амам,
Нҵәамҭа амам,
Аамҭа
Ашәага иазшәаӡом.
Арахь
Ианакәзаалак икьаҿуп,
Уаҩԥсык иаӡан
Иубаӡом.
Аамҭа амшқәа –
Иқьааду бӷьыцқьоуп,
Ԥеиԥшс иҳаҭоу
Урҭ ирнуп,
Аха гәыӷрак
Нымҵәо иҳацуп,
Ҳаԥсы ахац
Убри иакуп.
- Валери, даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит иахьатәи гәыкалатәи ҳаиҿцәажәара азы, избанзар, сара издыруеит уара уаԥхьаҩцәа рацәаҩны упоезиеи упрозеи рҳәаа инхыҵны, иахьатәи уԥсҭазаареи, урҿиаратә ҟазареи иргәылаԥшырц шырҭахыз, иахьа уаргьы саргьы убри аҩыза алшара ҳазрыҭазар, ажәытәан аԥсуаа ирҳәалон еиԥш, ахә ахьы иаԥсоуп!..
Валери, 80, изааӡари уи қәра дууп, ииубилеи бзиоуп, аха иреиӷьӡаҵәҟьоу – уи 100 роуп, уанӡагьы "шьаҿақәак" бжьоуп, убарҭ ашьаҿақәа гәабзиаралеи, рҿиаратә гәаҳәарылеи, уҭаацәеи, ужәлари, уапхьаҩцәеи рынасыԥи рыбзеирақәеи уцаны, анцәа уаԥылартә уҟаиҵааит!..
– Иҭабуп, Анатоли, агәцаракра исзыҟоуҵаз азы. Саргьы иузеиӷьасшьоит угәы ҭгәырӷьаауа уҟазҵаша абзиарақәа! Урҿиара шьахә еихаҳауа уцалааит!..
Детская литература на абхазском языке - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2018
Валери Касланӡиа ихәыҷрашьҭра ахынҳәра
Ажәабжьқәа зегьы
0