https://sputnik-abkhazia.info/20240127/putin-aibashra-akhtso-urystylati-arkhaa-rkhykhaara-aty-ieit-1049970298.html
Путин аибашьра ахьцо урыстәылатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
Путин аибашьра ахьцо урыстәылатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аибашьра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы урыстәылатәи аруаа 600 нызқьҩык инареиҳаны еибашьуеит иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. 27.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-27T09:00+0300
2024-01-27T09:00+0300
2024-01-27T09:00+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0e/1049452953_0:134:3163:1913_1920x0_80_0_0_4dbdf78442fafee129e464cd24af9a02.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аибашьра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы урыстәылатәи аруаа 600 нызқьҩык инареиҳаны еибашьуеит иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.Иҷыдоу арратә операциа - Киев Донбасс 2014 шықәсазы излагаз аибашьра аанкыларазы ҽазышәароуп, Урыстәыла аҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы нанагӡоит ҳәа инациҵеит Урыстәыла ахада. Путин иқәгылараҿ инаҵишьит аоперациа ҷыда - аибашьра иалагамҭаны иҟамлаӡеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Киев ауп 2014 шықәсазы Донбасс аибашьра иалагаз."Арратә операциа ҷыда - арбџьармчқәа рыбзоурала аибашьра аанкыларазы ҽазышәароуп. Агәраганы сыҟоуп ҳҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы шынаҳагӡо", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Путин.Иара иазгәеиҭеит, Украина амчра ахҳәара ашьҭахь Донбасс имҩаԥысуаз ахҭысқәа шгеноцидыз, ҭоурыхла аурыс дгьылқәаз рҟны аурысцәа ититултә милаҭым ҳәа шрыларҳәоз.Путин иҳәеит украинатәи амчрақәа мап шырцәыркыз минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа, урҭ адгьылқәа рҟны инхози ахҭысқәа ирышьклаԥшуаз ауааи ишьақәдырӷәӷәоит ҽнакгьы аибашьра шаанырымкылаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/0e/1049452953_217:0:2946:2047_1920x0_80_0_0_8e46e2a9b89584da8c5dd40f4938ed49.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Путин аибашьра ахьцо урыстәылатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аибашьра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы урыстәылатәи аруаа 600 нызқьҩык инареиҳаны еибашьуеит иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Ҷыдала иӡбатәу азҵаарақәа ыҟазаргьы ҟалап, ак рҽеитәуп, ҽакы даҽакала иазнеитәуп, избанзар аиҿагылара ахьымҩаԥысуа аҵакыра дууп, 2 нызқь километра рҟынӡа иҟоуп. Аибашьра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы урыстәылатәи аруаа 600 нызқьҩык инареиҳаны еибашьуеит", - иҳәеит Путин астудентцәа-иҷыдоу арратә операциа алахәылацәа данырԥылоз.
Иҷыдоу арратә операциа - Киев Донбасс 2014 шықәсазы излагаз аибашьра аанкыларазы ҽазышәароуп, Урыстәыла аҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы нанагӡоит ҳәа инациҵеит Урыстәыла ахада.
Путин иқәгылараҿ инаҵишьит аоперациа ҷыда - аибашьра иалагамҭаны иҟамлаӡеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Киев ауп 2014 шықәсазы Донбасс аибашьра иалагаз.
"Арратә операциа ҷыда - арбџьармчқәа рыбзоурала аибашьра аанкыларазы ҽазышәароуп. Агәраганы сыҟоуп ҳҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы шынаҳагӡо", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Путин.
Иара иазгәеиҭеит, Украина амчра ахҳәара ашьҭахь Донбасс имҩаԥысуаз ахҭысқәа шгеноцидыз, ҭоурыхла аурыс дгьылқәаз рҟны аурысцәа ититултә милаҭым ҳәа шрыларҳәоз.
Путин иҳәеит украинатәи амчрақәа мап шырцәыркыз минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа, урҭ адгьылқәа рҟны инхози ахҭысқәа ирышьклаԥшуаз ауааи ишьақәдырӷәӷәоит ҽнакгьы аибашьра шаанырымкылаз.