Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп": Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изку иҿцәажәара

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТ. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны. Таиф Аджба с долгожителями
Т. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны. Таиф Аджба с долгожителями - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2024
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 11 рзы иирамшуп иналукааша аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаӷацәа хабарда ибжьадырӡыз Таиф Аџьба. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа апоет изылкыз ланҵамҭақәа ирыцҵо, иахьа иҳадылгалоит ашәҟәыҩҩ Даур Наҷҟьебиа иҿцәажәара.
Таиф Аџьба ииубилеи аламҭалазы, уи ирҿиареи ихаҭареи ҳрызхәыцрацы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиеи сареи ҳаиқәшәеит. "Аҵх ахықәан" автор Наҷҟьебиеи Аџьбеи аамҭак азы уадак аҿы аус еицыруан.
- Раԥхьаӡа иргыланы, дышԥоугәалашәо, ухаҿы дышԥанхеи Таиф Аџьба ҳәа сиазҵааит сзыҿцәажәоз.
- Дыԥшӡан уамак ала. Таиф ихы-иҿы иамаз акыҷырақәа ахаҵа аамсҭашәа ихаҿсахьа хадырҭәаауан. Ибла ӷрақәа ҭыԥхаауа, ашьабсҭеиԥш дҵаӷаӡа дыҟан. Иҭеиҭԥши ипоезиеи еиқәшәон. Аԥсуа дзеиԥшразар акәу, гәаҭалагьы, хымҩаԥгашьалагьы анаҳҳәо – убри Таиф Аџьба иоуп. Уи аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп. Иҳаракӡоу аԥсуа культуратә хаҿуп сҳәарц сылшоит, – саҭеикит Даур Наҷҟьебиа.
- Уара апоезиа аформала иҩу ажәабжь кьаҿқәа умазаргьы, хырхарҭала упрозаикуп, убри аҟынтә, исаҳарц сҭахын апоети уареи шәеизыҟазаашьа зеиԥшраз.
- Иажәеинраалоушәа иҟоу апроза алоуп сышцәырҵыз сара. Уи модернизмуп ҳәа сеиҳәахьан Таиф длафшәа. Иареи сареи аамҭак азы кабинетк аҿы ҳтәан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы. Консультантцәас ҳаҟан. Ашахмат ҳасуан, алитература ҳалацәажәон. Аха Таиф хәыцрак даман еснагь. Гәыҭыӷьӷьаала дыҟан, аха даартцәаӡамызт мыцхәы. Иара иҽеилаҳәашьагьы, иныҟәашьагьы, итәашьагьы асовет поет диеиԥшӡамызт шьаҭанкыла. Асовет поет апартиеи акоммунизми ажәеинраалақәа рзызыҩуаз иакәмызт, Таиф урҭ дреиуамызт – уи поетк иаҳасабала еиҳагьы дышьҭнахуеит. Аполитика зынӡаск иалеимгалаӡеит ипоезиа. Ус имҩаԥысуа ахҭысқәа зегь иӷрысны ицон, ақәҿимҭыр ҟалозма ирҿиараҿ, – ҳәа иҳәеит ашәҟәыҩҩы Наҷҟьебиа исҭаз азҵааразы.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2024
Аԥсны
"Ҳарҭ ҳарҳәацәаргьы иагьа – аԥсҭазаара ԥшьоуп – агәра га…": Таиф Аџьба илирика азхәыцра
- Иҟоума Таиф Аџьба иажәеинраалақәа ирылукаауа, аԥсуа поезиаҿы ихҷаҭуп ҳәа ззуҳәаша?
- Сара иахьа зегьы ирылыскаауеит "Агимн". Акыршықәса ҵуеит исҳәоижьҭеи, ҳара ҳгимн ҳаԥсахароуп ҳәа. Сара сызҿу "Аҿар ргимн" ҳәа ашәа злырхыз ауп, убри аранжировка азуур, угәы шьҭызхуа ашәа алҵуеит. "Ишәҭуеит Анцәа иишаз Аԥсны, Ашьхеи амшыни рыбжьара…" – иахьа шьҭа абас игәышьҭыхгоу агимн ҳамазароуп. Аӡәгьы игәы иалымсааит, ҳгимн иҳамоу, абзиарақәа рацәаны иамоуп, аха абри Таиф итәоуп гимнс иҟаҵатәу.
- Ауаҩы иаҳасабала, имазма Таиф иугәамԥхоз, уара иудумкылоз аҟазшьақәа? Иара дгәаарымызт сгәахәуеит аҭак суҭар.
- Дҭынчцәан, – абас икьаҿыз ҭак соуит.
- Аха, "Сҭынчра закә ҭынчроу – Дарбан издыруа? Сҭынчроуп издыруа – Сҭынчра закә ҭынчроу" иҳәеитеи Таиф?
- Ааи, уи усоуп. Апоет иҭынчра иаҵаҵәахыз апринципра сазааҭгылозар, хҭыск шәасҳәоит. Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы поетк иҩымҭақәа еилҳаргон. Аҵыхәтәантәи аиаша ҳәа агәаанагара цәырызгоз жәеинраалан. Арифма ацын, аха апоезиа ыҟамызт. Адунеи дақәыӡбеит автор, зегь башоуп, ҳанҵәеит, ҳаԥсит ҳәа. Ари поезиаӡам сҳәеит сара. Ас аӡәгьы азин имаӡам ацәажәара, иҟаҵәҟьоу аӡәгьы издырӡом анысҳәа, Таиф дсыдгылеит. Абас иҳәеит иара: апоезиа зыҟоу ауаҩы ибла иабо мацара акәымкәа еиҳау акахьы, иҵегь даҽаџьара дхьадырԥшырц азоуп. Аҩымҭа зтәыз дгәаан, ддәылҵны дцеит… Таиф дпоет думзи, идыруан ауаҩы иҭагылазаашьа шыуадаҩу адунеи аҿы, аха убри мацараҿ иаанхома ҳаԥсҭазаара? Трагедиала еиҿкаауп адунеи, аха аҟазара агәыӷра инаҭозароуп ауаҩы. Аԥхьаҩ дыржьарц акәӡам, гәынхәҵысҭала ирдыруеит арҿиаҩцәа еиҳау ак шыҟоу. Убри идыруан иаргьы. "Џьара акы ыҟоуп, заԥхьа схырхәо" имҳәеи Таиф. Апоет иаша раԥхьа иргыланы иибо адунеи ахаара, аԥшӡара ауп:
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит…"
Абри ашьҭахь Наҷҟьебиа дырзааҭгылеит апоет иҟазшьа аҷыдарақәа.
- Таиф алаф бзианы иҳәон, иагьицааиуан. Иҩызцәа рыҟаҵашьақәа ҟаиҵон, аха иара даара дааӡан, аӡәгьы игәы нирхарц иҭахӡамызт. Агәаӷ имамызт аӡәгьы иахь. Зны-зынла деилашуан, иамхаҳәон аиаша. Абар Таиф илафқәа иреиуоу. Шьыбжьонк Таиф аԥшаҳәахьы дахьцаз, иидыруаз аӡә дааиқәшәан, аҩы ииржәит. Аусурахь дгьежьит иқьаф ҟаҵаны. Иухьи Таиф анырҳәа, уара сыхҭеикит, сшьа ужәааит иумжәрызар ҳәа, ишьа зжәыр аҵкьыс сҳәан, иҩы зжәит иҳәеит, – игәалашәарақәа цәыригоит Даур.
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2024
Таиф Аџьба дпоетны диит
Анаҩс, Таиф Аџьба дизхәыцуа Наҷҟьебиа иҳәоит апоет уамак дшамыргәаҟуаз сырбандаз, сраҳандаз ҳәа аҟазаара:
- Таиф иԥсы анҭазгьы, даара иҳаракны ихә ршьон аԥхьаҩцәагьы акритикцәагьы. Апоетцәа рыбжьара акәзар, зегьы рҿы ирзамырҳәозаргьы, еилыркаауан дахьынӡаҟаз. Иаргьы еиликаауан уи. Дыҟаӡам ихәыцуа поетк, шәҟәыҩҩык, дзыԥсоу ззымдыруа. Раԥхьа иргылан Таиф Аџьба аԥсуа литература амаҵ иуан. Иара ихатә ҭыԥ аԥсуа поезиаҿы иааникылоит, ус аламалагьы акәӡам, даара иӷәӷәоу, зхатә ҷыдарақәа змоу, даҽаӡәы диламҩашьо. Сара ашықәс иалагӡаны ҩынтә, хынтә, хәынтә рҟынӡа схынҳәны ишәҟәқәа срыԥхьоит. Иара иҩаӡара макьана цқьа еилкааны иҳамаӡам. Изыхҟьо, абри аҵыхәтәантәи 50 шықәса ҳлитература знысыз амҩа ҳасаб азызуша амонографиа аҳасабла усумҭак макьана ицәырымҵӡац. Иара Таиф изкынгьы иҟаӡам. Ипоезиа шьахәуп, уаниԥхьо агәалаҟазаара унаҭоит, аха уи зегьы жәеизадақәоуп иахьугалакгьы. Аха иара иааникыло аҭыԥ азы, аԥсуа поезиа мацара акәымкәа, адунеитә даҿырԥшны анализ ҟазҵаша, ихатәроу аҩымҭа макьана ицәырымҵыц. Ҳлитературагьы убри ауп иагу. Убри ҟалар – алитература бзианы издыруа, агьама змоу ауаҩы дҩагыланы дихцәажәар, Таиф Аџьба иҭыԥ мҩашьарада иубартә иҟаиҵоит, - ҳәа агәаанагара имоуп Наҷҟьебиа.
Аибашьра иалаблит Аԥсуа телехәаԥшра архив аӷьырак, аха машәыршәа инхеит Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба имихыз аинтервиу. Уаҳа Таиф дызну даҽа видеонҵамҭак аҭоурых иазнымхеит. Ари архив аиқәхаразы Наҷҟьебиа абас иҳәеит:
- Уи сара сакәхап изықәҿиаз, избанзар, Таиф Аџьба дуӡӡа иҿцәажәара разҟуп. Усҟан сқәыԥшын, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы аусура саналагаз ауп. Аинтервиу зыбзоуроу Руслан Ҳашыг иоуп. Иара ателехәаԥшраҿы редактор хадас аус иуан, аплан иман ҳлитература ахцәажәара иазкны адырраҭарақәа еиҿикаарц. Аха нас, аибашьра иалаган, дахьымӡеит. Ари раԥхьатәи интервиун сара сзын, аԥышәагьы сымамызт, аха исҭоз азҵаарақәа цәгьамшәа сыҟоуп. Даара аинтерес аҵоуп ихәыцшьа.
- Ирацәаны акониунктура шәалацәажәон, иара убас аԥсуа бызшәа ахьысҳара, ашәҟыҩҩреи аполитикеи. Зҽызыԥсахзеи? Иахьа Таиф дыҟазар ҽаԥарак ҳаԥеит изҳәарызу?
- Ааи. Аргументқәа иоуан ус аҳәаразы. Апоет иҩнуҵҟатәи иԥсҭазаареи адәахьтәии еиқәымшәозар ауеит. Еицәыхаразаргьы ауеит. Аполитика иҽалаимгалеит анаҳҳәо иаанаго – аполитика иажәеинраалақәа рахь ииасыр ҽеим. Иҟоуп убри аҩызцәа апоетцәа, иагьыҟалоит – адәахьы дара рхымҩаԥгашьа акоуп, ирыҩуа хазуп. Уи џьашьатәӡам. Ҳара зны-зынла иаҳҳәалоит, ари абас ҟаиҵеит, аха ииҩуа аҽакуп ҳәа. Ииҩуа ссируп, аха ихымҩаԥгашьа ссирым ауп иаанаго. Апоет, ашәҟәыҩҩы дзеиԥшразар акәу аӡәгьы издырӡом, аԥҟарақәа шьақәыргыланы иҟаӡам. Уаҵәҟьа иҟоуп ахақәиҭра. Ҳара аԥхьаҩцәа иаабо алҵшәа ҳасаб азуны ихәгьы ҳшьоит апоет. Ииҩыз ала мацара ихә ҳшьоит. Избанзар, аамҭа цоит, апоет диасуеит, иҩызцәагьы, ихаан иҟаз аԥхьаҩцәагьы ииасуеит, аха нас аамҭақәак рышьҭахь еиҵагыло аԥхьаҩцәа еиҭа ҿыц блала дбаны даадыртыр, усҟан ҽакала ихәаԥшыр ауеит. Иахьа аԥынгылақәа маҷуп акониунктуразы. Аха иҟоуп апоетцәа, аполитика зырҿиара иалазгало, аха уи мчыла аӡәгьы идирҟаҵаӡом. Ацензура ыҟаӡам, ахақәиҭра ыҟоуп. Аха аҳәаа змам ахақәиҭра ҵакыдоуп. Уи аҳәаа арҿиаҩы ихазы ишьақәиргылоит. Ауаажәларраҿ, аҳәынҭқарраҿ азакәанқәа ишьақәдыргылоит. Аха иџьоушьаша убри ауп, асовет ҳәынҭқарра ахаан кониунктурала иҩу рацәоуп, ихьысҳауп ҳәа ирыхәаԥшуан. Аха ус иҟаӡам. Асовет литература даара ибеиан. Аҳәаақәа ирҭацаланы иҟамзи, аха уи апоет иахьихәоз ыҟан, ииҳәарц ииҭахыз еиҳа дазхәыцны маанала иҳәон. "Исҳәаз акәым узызхәыцша, сара исзымҳәазгьы уазхәыц" имҳәеи Таиф ихаҭа. Аҵаҵӷәы аҵаҵаны иҳәон, зегь хжәаны иаартны иҳәомызт Таиф. Зегь аартны иуҳәар уи поезиаӡам, – абас иҟоуп ашәҟәыҩҩы игәаанагара.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа
- Таиф иформа амариара анырҳәо ишԥеилкаатәу? Маӡас иамоузеи апоет ирҿиара? Аригьы философиатә хәыцрала аҭак ҟаиҵеит сзацәажәоз апрозаик:
- Амариа ҳәа изҿу зегь раасҭа иуадаҩу акоуп. Апоезиа раԥхьаӡа иргыланы амузыка ауп, ашьҭыбжьқәа роуп, уи иаҵаҵәаху ахшыҩҵак, иахьугалакгьы, шьҭыбжьыла иаарԥшуп. Афилософцәа дуқәа апоезиа знапы алакыз ыҟан, аха апоетра рылымҵӡеит. Аҟазарақәа зегьы рҿы – акино, атеатр, асахьаҩыра уҳәа иреиҳау апоезиа ҳәа исшьоит сара. Апоезиа аҟазара ахкқәа зегь раасҭа иҵаулоуп, иуадаҩуп, уи еилукаарц азыҳәан даара уазыҟаҵазар ауп. Асовет аамҭазы адевиз ыҟан – акультура ауаажәларра рахь ҳәа. Акультура ауаа зегьы ишьҭыркаауа изыҟалаӡом, иазыҟаумҵар. Иахьугалакгьы ҳаамҭазтәи алитература, амузыка ҳаракы, аҿыханҵа – урҭ зегьы еилызкаауа, иазыҟаҵоу ауаа роуп изтәу.
- Амшынҵа апоет Таиф Аџьба аӷа хабарда дыбжьаирӡаанӡа инапы злакыз жанруп. Аԥсра иаԥсазма уи азы? Имамзи апоет лшарак, Аҟәа далҵыртә еиԥш?
- Имшынҵа документуп. Уи лахьынҵоуп. Ихы иадиҵеит документ ҳасабла иҭахын аибашьра аҭоурых еиҭеиҳәарц, аха ишԥасылакьысри игәахәзаргьы ауеит. Даанхеит иара Аҟәа, дцар ауан аха. Убри амҩа данысырц иӡбеит. Ижәлар зҭагылоу ақьаад анҵара ҿаҭахьаны ихы иадиҵеит. Иара имоуп акыр узырхәыцша ацәаҳәақәа алахьынҵа азхәыцра иаҟазшьарбагоу:
Сара исзымгаз, сзыҿҳәараз,
Сзышьҭаӡаз абра –
Ахақәиҭра са сцынхәрас,
Усҭ, ишьҭых уара!.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Аԥсны
Зажәа ахҭа иҭазыршәуаз апоет: Таиф Аџьба игәалашәара иазкны
Ашәҟәҭыжьҩы Даур Наҷҟьебиа дазааҭгылеит иахьа иҭыҵуа Таиф Аџьба ишәҟәқәа нархас ирымоу. Аԥхьаҩ димоума апоет? Иахьа дыҟазар дырҿиарызма, ииҳәарыз?
- Иахьа иԥхьоит Таиф. Ишәҟәқәа аархәоит, иҭыҵуа атираж нхаӡом. Аҭыжьҩы иҵегьы иҟаиҵарц илшо азы сгәаанагара абас иҟоуп. Аиҭагара аҭахуп аурысшәахь. Ирацәоуп еиҭагатәу, ишахәҭоу еиҭагам рацәоуп. Насгьы, ихәыҷтәы поезиа асахьақәа рыцҵаны иҭыжьтәуп. Асахьа зцу аҭыжьра ахарџь ацуп аха. Таиф иахьа дыҟазҭгьы, дыҩлон, ҳәарада. Играждантә пафос иҵегь еиҳахон. Алирика цқьа аҳәаақәа уи уаанӡагьы дҭыҵхьан иара, играждантә поезиа аҽарҭбаахьан. Мамзаргьы, иҟалон апрозахь диасыр. Даара иҟәанданы сизхәыцуеит иахьа. Таиф ԥсыуала иааӡаз уаҩын. Ашьанҵа даҩызан, апринципра иман. Аӡәы ирҿиара дахцәажәозар, уаҵәҟьа аҳәашьа иԥшаауан, аха иара итәы иҳәон. Ӡәыр диргәаахьазар, абри апрофессионалтә ганахь, алитература ахцәажәараҿы ауп, уа Таиф ашьанҵа даҩызан, ишысҳәаз еиԥш, ҩба илаӡамызт џьаргьы. Игәаанагара давагыло ҟалашьа амаӡамызт, – абас ихиркәшеит Даур Наҷҟьебиа иажәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0