Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Марттәи ажәылара агәаларшәара, Урыстәыла ахада иалхра

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента России в Абхазии
Выборы президента России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 11-17 рыҩнуҵҟа атәылаҿ аҭыԥ змаз ахҭысқәак рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иргәаладыршәон 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хәажәкыратәи ажәылара, ихыртын Урыстәыла ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара, Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны аҿар Рфорум.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа

Хәажәкыратәи ажәылараҿы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа ргәаларшәо Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ауснагӡатә иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа.
Хәажәкыра 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аханатә ажәылара қәҿиарала иалагеит, аха нас ақырҭқәа рымчқәа еидыркылеит. Ҳаибашьцәа хаха-хымш рышьҭахь ахымца иаҵагыланы ахьаҵра иалагар акәхеит. Ажәылараан иҭахеит 222-ҩы аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Хәажәкыратәи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы реиҳа ихьаау хҭысуп.
Тәанԥҳа еиҭалҳәеит Марттәи ажәылара иадҳәаланы Ешыра имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Арадио
Тәанԥҳа еиҭалҳәеит Марттәи ажәылара иадҳәаланы Ешыра имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы

Урыстәыла ахада иалхра

Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада иалхраз аҽҳәараанӡатәи абжьыҭара ихы алаирхәит.
Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭираан рыбжьқәа арҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа ахантәаҩы Абессалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Шамба.
"Ҳара ҳаизыҟазаашьа шыҟоу жәдыруеит, Аԥсни Урыстәылеи, аус здаҳулаша азҵараақәа ыҟоуп, иаҳаӡбаз азҵаарақәа рацәоуп, еишьцәаҵас ҳаҟазар ауп", - ҳәа азгәеиҭеит иара Урыстәыла ахада аҿҳәараанӡатәи иалхраан ибжьы анеиҭа ашьҭахь.
Выборы президента России - Sputnik Аҧсны
27 аматериалқәа
Урыстәыла ахада иалхрақәа
21 Хәажәкыра, 16:32
Хәажәкыра 17 рзы Аԥсны аҵакыраҿы иаадыртуеит абжьыҭарақәа рзы алхратә ҭыԥқәа 30. Урыстәыла ахада далырхыр рылшоит урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, абжьыҭара аҽны 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны ауааԥсыра.

Таиф Аџьба игәалашәара ахәылԥаз

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба диижьҭеи 85 шықәса аҵра азгәаҭан Гәдоуҭа хәажәкыра 11 рзы.
Т. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны. Таиф Аджба с долгожителями - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2024
Аԥсны
"Аԥсуа бырлаш дахаҿырбагоуп": Даур Наҷҟьебиа Таиф Аџьба изку иҿцәажәара
Ахәылԥаз иалахәын Аҵара аминистр Инал Габлиа, араион ахадара, апоет иҭаацәеи игәакьацәеи, иқыҭауаа, ауаажәларра.
Таиф Аџьба ихьӡ зху аҷандаратәи ашкол аҵаҩцәа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, асценаҿы иқәгылан авокалтәи ахареографиатәи ансамбльқәа. Еизаз идырбан архивтә фотосахьақәа, авидеоқәа.
Таиф Аьба диит хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы. Аибашьраан ақырҭуа гвардееццәа иҩны ддәылганы дыргеит, уиижьҭеи ихабар ыҟам. Идырым аинформациала Таиф дандыргәаҟ ашьҭахь дыршьуеит.
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2024
Таиф Аџьба дпоетны диит

Аԥсны аҿар Рфорум

Аԥсны аҿар Рфорум мҩаԥысит Аҟәа Урыстәыла ахада иалхра аламҭалаз. Афорум иалахәын: ахада Аслан Бжьаниа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҿар рфорум аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни русеицура ареспублика ашәарҭадареи аекономикатә ҿиареи реиқәыршәараз ифактор хаданы ишыҟоу, арҭ аимадарақәа еиҳа-еиҳа ишырӷәӷәалатәу.
"Ихьыԥшым Аԥсны аҩызцәа амоуп, иҟалап ирацәамзар, аха иҟоу агәылацәа, адгылаҩцәа. Урҭ рыгәҭа иҟоуп адунеи аҿы иахьазы ҳара ҳзы имҩарбагоу атәыла – иреиӷьу ҳҩыза, ҳгәыла" иҳәеит иара.
Еиҳа илашоу уаҵәтәи амш ахьӡала Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуеит арратә операциа ҷыда алахәылацәа. Урыстәыла азықәԥоит ииашоу, ажәларқәа рзинқәа, рхақәиҭрақәа, рхалахатәҳәаақәҵара пату ахьрықәу адунеитә еиҿкаара ҿыц ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аспорттә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иалшамҭаны Аԥсны есышықәса аспортсменцәа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа иҳәеит Афорум аҿы Аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.
Иара иҳәеит астадионқәа, аспорттә залқәа рыргылараҿы афинанстә цхыраара ареспублика ишанаҭо Урыстәыла. Уи инадҳәаланы еиҳа-еиҳа ирацәахоит Аԥсны имҩаԥысуа аспорттә еиндаҭларақәа рахь иаауа урыстәылатәи аспортсменцәа.

Хҩык ауаа рышьразы аӡбамҭа рыдыркылеит

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәа ақалақь аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьразы аус азыӡба азнархиеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа аӡбамҭа:
Ерик Чкадуа ахара идҵан 20 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿ ахгареи 350 нызқьмааҭ ахараԥсеи иқәҵоуп. Иқәҵоу ашықәсԥхьаӡара хацыркуп 2020 шықәса лаҵара 29 инаркны.
Беслан Бганба ахара идҵан 20 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿ ахгареи 320 нызқьмааҭ ахараԥсеи иқәҵоуп. Иқәҵоу ашықәсԥхьаӡара хацыркуп 2020 шықәса лаҵара 8 инаркны.
Даҭо Ахалаиа ахара идҵан 20 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿ ахгара иқәҵоуп. Иқәҵоу ашықәсԥхьаӡара хацыркуп 2019 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны.
Демур Ахалаиа ахара идҵан 11 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿ ахгара иқәҵоуп. Иқәҵоу ашықәсԥхьаӡара хацыркуп 2019 шықәса ԥхынҷкәын 15 инаркны.
Аслан Блабба ахара идҵан 11 шықәса зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿ ахгареи 30 нызқьмааҭ ахараԥсеи иқәҵоуп. Иқәҵоу ашықәсԥхьаӡара хацыркуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны.
Азыӡба иазашшыр ҟалоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы ахашшааратә коллегиаҿы.

Аҟәатәи ашьхаҿы анаԥшааԥшырҭа еиҭашьақәыргылоуп

Аҟәатәи ашьхаҿы анаԥшааԥшырҭа еиҭашьақәыргылан иалгеит. Уахь инагоуп алашара. Аусурақәа мҩаԥысуан шықәсык аҩныҵҟа. 10 миллион мааҭ рықәхарџьуп.
"Горстройпроект" аиҳабы Асҭамур Ԥиԥиа иажәақәа рыла Урыстәылантәи иааган аҟазауаа, аҭыԥантәиқәа азыҟазҵоз.
"Асеиԥш иҟоу аусурақәа уадаҩуп, икылыршәшәаатәуп. Иҟан апроблемақәа арԥшӡагақәа рдекор аиҭашьақәыргыларазы, урҭ рыҟаҵара зылшо ауаа рыԥшааразы" ҳәа иҳәеит Ԥиԥиа.
Аинтернет-проваидер "Система" ахатә харџь ала акамерақәа ықәнаргылараны иҟоуп.
Благоустройство Сухумской горы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2024
Аԥсны
Аҟәатәи ашьха ахаҿрарԥшӡара: иарбан усурақәоу имҩаԥырго

Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив аиубилеи

Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив шьаҭаркын хәажәкыра 15, 1929 шықәсазы. Иахьа иахыҵит 95-шықәса.
Ақырҭуа аруаа Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив ахыбра амца ацраҵаны ирыблит жьҭаара 22, 1992 шықәсазы.
Аусбарҭа аусзуҩцәа абылра иалаӡыз адокументқәа реиҭашьақәыргыларазы иалшо зегьы ҟарҵоит. Анцәа иџьшьаны урҭ рыхәҭак аплионкақәа рҿы иаанхеит.
Иахьазы еиҭашьақәыргылоуп 500 гигабаит рҟынӡа, иҟаз аҟынтә.
Усҟантәи аамҭазы ари ахыбраҿы ишьҭан 176 нызқь уыс. Анцәа иџьшьаны адокументқәа рыхәҭак ақьаад аҿы акәымкәа аплионкақәеи ақәҭыхымҭақәеи рылагьы иҟан. Урҭ архив ааигәара иҟаз ауахәамақәа ҩба рҿы ишьҭан.

Апоет имшира

Хәажәкыра 13 рзы иҵит 120 шықәса аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи. Иуа Коӷониа диит 1904 шықәсазы аԥсуа литература ақыҭа ҳәа изышьҭоу Кәтол ақыҭаҿы. Ипоетхараны иҟаз ахәыҷы жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа ринтерес иман, анаҩс урҭ афольклортә материалқәа иҩымҭақәа реиҳарак шьаҭаны ирзыҟалеит.
Иуа Коӷониа икалам иҵыҵит еицырдыруа апоемақәа: "Абаҭаа Беслан", "Наҩеии Мзауҷи", "Хмыҷ шәарыцаҩ", "Ашәба Данаҟаиии Бакуки", "Мшәагә Кьаҿи Папба Рашьыҭи", "Ашәануа Мырзаҟан" реиԥш егьырҭгьы.
Почтовая марка Иуа Когония, 1996 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Аԥсны
Ҳаԥсуа поезиа ашаеҵәа: Иуа Коӷониа 120 шықәса ихыҵра иазкны

Апрокуратура хада агәаҭарақәа

Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагеит амшынҳәақәа, абаҟәақәа рҭахара аганахь ала.
Аекологиаз Аҳәынҭеилаеы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аӡҩыбжьа ақыҭа амшынԥшаҳәаҿы ирбаз хә-мшынҳәак акаҭақәа ирҭахеит.
Аинспекторцәа-екологцәа Очамчыра араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, ирылыргоит изакәаным аԥсыӡкыгақәа, изтәу шьақәдыргылоит.
Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура иҭахаз абаҟәақәа рбиоматериал Краснодартәи атәылаҿацә Кропоткинтәи аветеринартә лабораториахь ирышьҭит.
Аекспертиза инақәыршәаны абаҟәақәа ҭахеит аԥсаатә реимҳәа иахҟьаны. Ари аимҳәа ауаа рзгьы ишәарҭоуп.
Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ауснагӡатәқәа рыдыркылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0