Урыстәыла

Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа Украина ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьаз ажәахә ҟанаҵеит

© Sputnik / Максим БлиновВид на высотное здание Министерства иностранных дел РФ со смотровой площадки делового центра Golden Gate
Вид на высотное здание Министерства иностранных дел РФ со смотровой площадки делового центра Golden Gate - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. "Аурыс идҳәалоу зегьы мап рыцәкра апроцесс апогеи аҿы инеины иҟоуп" — УА АдәАР Украина ауаҩытәыҩса изинқәа рзы аҭагылазаашьаз ажәахә ҟанаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik. Ближнее зарубежье.
Иахьатәи аамҭазы Украина иарбанызаалак аурыс шьаҭа змоу мап рыцәкуп – абызшәа, акультура, аҵара, АИХқәа ҳәа аҳәоит ажәахә аҿы. Аиҳарак "киевтәи арежим" ари аус аҿы аҵарадырра аусхк иақәыӷәӷәоит:
Украинатәи ашколқәа рҿы азин ыҟаӡам аурыс бызшәа.
Аурыси асовети рҿиамҭақәа арҵаратә программақәа ирылгоуп, атәыла ахы-аҵыхәаҿы урыс бызшәала иҭыжьу ашәҟәқәа зегьы абиблиотекақәа ирымырхуеит.
Ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи урысшәала ицәажәаргьы азин рымаӡам, аурокқәа рҿеиԥш иара устәи реицәажәараангьы. Киевтәи арежим азакәаншьаҭа аҭаны аканонтә уахәамақәа ирықәло ирыдгылоит, СС иалахәыз анацистцәа рыхьӡ ҳараркуеит.
Арҭ аилагарақәа зегьы Мраҭашәареи жәларбжьаратәи азинхьчаратә еиҿкаарақәеи ирымбоушәа ҟарҵоит. Киев аҳәаанырцәтәи акураторцәа ртәатәы иаҿагылом, иацныҟәоит ҳәа рҳәоит Урыстәыла АдәАР аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0