https://sputnik-abkhazia.info/20240722/sputnik-amchybzh-khybla-gerzmaaa-lfestival-aai-akhada-yts-vitali-sharia-inaskagara-1051758593.html
Sputnik амчыбжь: Хьыбла Герзмааԥҳа лфестиваль, ААИ ахада ҿыц, Витали Шариа инаскьагара
Sputnik амчыбжь: Хьыбла Герзмааԥҳа лфестиваль, ААИ ахада ҿыц, Витали Шариа инаскьагара
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа. 22.07.2024, Sputnik Аҧсны
2024-07-22T09:00+0300
2024-07-22T09:00+0300
2024-07-22T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аекономика
акультура
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/07/11/1051714041_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_bb6963cb1b00b10c5d592d5f32104c4d.jpg
SputnikХьыбла Гьерзмааԥҳа лфестивальXXII амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аатит Аҟәа ԥхынгәы 15 рзы. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны амузыкатә фестиваль хада иалахәхеит Маритәи атеатр асимфониатә аоркестр. Валери Гергиев игәамбзиара иахҟьаны дзымааӡеит, убри аҟнытә амузыкантцәа ықәгылеит Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин инапхгарала. Асценаҿы иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа, Ильдар Абдразаков, Зинаида Царенко, Сергеи Скороходов, Екатерина Савинкова, Виачеслав Василиев. Афестиваль злаартыз аконцерт Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкын.Аҩбатәи аконцерт аатит ԥхынгәы 20 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы. Хьыбла Гьерзмааԥҳа илыцықәгылеит Москватәи аконсерваториаҿы лоператә класс ахкынагӡаҩцәа, ауахәама иалҭаз ароиаль аҿы дыхәмаруан Екатерина Ганелина.Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны хә-концертк мҩаԥгахоит, Урыстәыла – фба, Китаи – ҩба. Афестиваль мҩаԥысуеит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд адгыларала.Мрагыларатәи Аԥсны аҿиара апроект"Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара аҳаракразы ауснагӡатәқәа рзы" азакәан апроект изаамҭанытәиу Апарламент асессиаҟны иалацәажәоит.Адокумент иазԥхьагәанаҭоит Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҟны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара. Ԥхынгәы 17 рзы иара аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә еилакы аҟны иахәаԥшит.Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә еилакы аиҳабы Резо Занҭариа иажәақәа рыла, азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара аҳаракразы 150 гектар рҟны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара.Аилатәара далахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аусура зылшо 140 000-ҩык ауаа ыҟоуп, аофициалла аус руеит 42 000-ҩык, 30 000-ҩык рхала аус руеит, 65-нызқьҩык аусурҭа ҭыԥ рымаӡам.Бжьаниа иазгәеиҭеит аус дуқәа рыӡбаразы Аԥсны аекономика арҿиара шхымԥадатәиу.Азакәан апроект адепутатцәа алацәажәарц рыдгаларазы аӡбра рыдыркылеит бжьыҭарала.Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳаб ҿыцАԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа реизараҟны Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Дамеи Аҩӡба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа аамҭала инаигӡалоит ҳәа рылаҳәаны дыдирдырит.Аминистр иазгәеиҭеит амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аусхк аҟны анорматив-зинтә ҭышәныртәалара аҵакы дуны ишамоу, ишаҭаху ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара.Очамчыра аконтеинертә терминал дыргылоитАԥсни Урыстәылеи еицымҩаԥырго альготатә кредит аҭара аинвестпрограммала очамчыратәи абаӷәазаҟны зыргылара иаҿу аконтеинертә терминал Аслан Бжьаниа даҭааит.Атерминал аура 250 метра иҟоуп, аҭбаара – 500 метра, иара ахь аихамҩақәа нагоуп, авагонқәа аидара рықәхразы ишахәҭоу еиқәыршәоуп. Аамҭак ала ара 1200 контеинер рыргылара ҟалоит.Жәларбжьаратәи атранспорттә коридор иахәҭакхо аинфраструктура аԥҵахоит. Арахь иаҵанакуеит арефрижератортә контеинерқәагьы рыҟазаара, Урыстәылаҟа иԥхасҭахар зылшо аалыҵқәа ирласны рынашьҭразы.Витали Шариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеитԤхынгәы 17 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит агазеҭ "Эхо Абхазии" аредактор хада Витали Шариа.Ажурналист аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц азы арахь иааит атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла анапхгара алахәылацәа, ажурналист иҩызцәа, хаҭала дыздыруаз зегьы. Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу, ауаажәларратә усзуҩ Борис Наҟоԥиа, Аинформациатә маҵзура "Интерфакс" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Гәлиа, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Аԥсны Ашәҟәыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу еизаз ирзеиҭеиҳәеит Витали Шариа иԥсҭазааратәи ирҿиаратәи мҩа атәы."Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи анапхгаҩы аҭакра иқәҵоуп"Аԥсныбылтәы" иатәыз 147 млн мааҭ еимиҵәеит ҳәа ахара здырҵоз анаплакы уаанӡатәи ахада Беслан Аҩӡба имазара зегьы имхны 12 шықәса иџьбароу арежим ала аҭакра иқәҵоуп.Ас еиԥш аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.Аҩӡба харас идырҵон имаҵура ихы иархәаны аа-епизодк рыла аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа, иара убас аҳәынҭеилахәыра амазара 146 959 196 мааҭ мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа. Мҽхакы ҭбаала аԥареимҵәараз аус хацыркын 2020 шықәса хәажәкырамзазы Аилахәыра уаанӡатәи адиректор иганахь ала. Аҩӡба ихараҵан имаҵзуратә лшарақәа ихы иархәаны аилахәыра амазара еимиҵәон ҳәа 2016 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа.
https://sputnik-abkhazia.info/20240717/asny-mragylarati-akha-asotsial-ekonomiara-aaara-aarakrazy-azakan-aproekt-iakhashit-1051727271.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240717/eitsyrdyrua-akhya-zanaria-azhurnalist-ashyy-vitali-sharia-izkny-1051727541.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/07/11/1051714041_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_f2c2622edd975dce1b54a7dc0dd33d20.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аекономика, акультура, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсны, аекономика, акультура, ауаажәларра
Sputnik амчыбжь: Хьыбла Герзмааԥҳа лфестиваль, ААИ ахада ҿыц, Витали Шариа инаскьагара
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль
XXII амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аатит Аҟәа ԥхынгәы 15 рзы. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны амузыкатә фестиваль хада иалахәхеит Маритәи атеатр асимфониатә аоркестр. Валери Гергиев игәамбзиара иахҟьаны дзымааӡеит, убри аҟнытә амузыкантцәа ықәгылеит Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин инапхгарала.
Асценаҿы иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа, Ильдар Абдразаков, Зинаида Царенко, Сергеи Скороходов, Екатерина Савинкова, Виачеслав Василиев. Афестиваль злаартыз аконцерт Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкын.
Аҩбатәи аконцерт аатит ԥхынгәы 20 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы. Хьыбла Гьерзмааԥҳа илыцықәгылеит Москватәи аконсерваториаҿы лоператә класс ахкынагӡаҩцәа, ауахәама иалҭаз ароиаль аҿы дыхәмаруан Екатерина Ганелина.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны хә-концертк мҩаԥгахоит, Урыстәыла – фба, Китаи – ҩба. Афестиваль мҩаԥысуеит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд адгыларала.
Мрагыларатәи Аԥсны аҿиара апроект
"Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара аҳаракразы ауснагӡатәқәа рзы" азакәан апроект изаамҭанытәиу Апарламент асессиаҟны иалацәажәоит.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҟны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара. Ԥхынгәы 17 рзы иара аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә еилакы аҟны иахәаԥшит.
Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә еилакы аиҳабы Резо Занҭариа иажәақәа рыла, азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара аҳаракразы 150 гектар рҟны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара.
Аилатәара далахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аусура зылшо 140 000-ҩык ауаа ыҟоуп, аофициалла аус руеит 42 000-ҩык, 30 000-ҩык рхала аус руеит, 65-нызқьҩык аусурҭа ҭыԥ рымаӡам.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аус дуқәа рыӡбаразы Аԥсны аекономика арҿиара шхымԥадатәиу.
Азакәан апроект адепутатцәа алацәажәарц рыдгаларазы аӡбра рыдыркылеит бжьыҭарала.
Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳаб ҿыц
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа реизараҟны Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Дамеи Аҩӡба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа аамҭала инаигӡалоит ҳәа рылаҳәаны дыдирдырит.
Аминистр иазгәеиҭеит амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аусхк аҟны анорматив-зинтә ҭышәныртәалара аҵакы дуны ишамоу, ишаҭаху ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара.
Очамчыра аконтеинертә терминал дыргылоит
Аԥсни Урыстәылеи еицымҩаԥырго альготатә кредит аҭара аинвестпрограммала очамчыратәи абаӷәазаҟны зыргылара иаҿу аконтеинертә терминал Аслан Бжьаниа даҭааит.
Атерминал аура 250 метра иҟоуп, аҭбаара – 500 метра, иара ахь аихамҩақәа нагоуп, авагонқәа аидара рықәхразы ишахәҭоу еиқәыршәоуп. Аамҭак ала ара 1200 контеинер рыргылара ҟалоит.
Жәларбжьаратәи атранспорттә коридор иахәҭакхо аинфраструктура аԥҵахоит. Арахь иаҵанакуеит арефрижератортә контеинерқәагьы рыҟазаара, Урыстәылаҟа иԥхасҭахар зылшо аалыҵқәа ирласны рынашьҭразы.
Витали Шариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит
Ԥхынгәы 17 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит агазеҭ "Эхо Абхазии" аредактор хада Витали Шариа.
Ажурналист аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц азы арахь иааит атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла анапхгара алахәылацәа, ажурналист иҩызцәа, хаҭала дыздыруаз зегьы.
Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу, ауаажәларратә усзуҩ Борис Наҟоԥиа, Аинформациатә маҵзура "Интерфакс" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Гәлиа, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Аԥсны Ашәҟәыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу еизаз ирзеиҭеиҳәеит Витали Шариа иԥсҭазааратәи ирҿиаратәи мҩа атәы.
"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи анапхгаҩы аҭакра иқәҵоуп
"Аԥсныбылтәы" иатәыз 147 млн мааҭ еимиҵәеит ҳәа ахара здырҵоз анаплакы уаанӡатәи ахада Беслан Аҩӡба имазара зегьы имхны 12 шықәса иџьбароу арежим ала аҭакра иқәҵоуп.
Ас еиԥш аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.
Аҩӡба харас идырҵон имаҵура ихы иархәаны аа-епизодк рыла аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа, иара убас аҳәынҭеилахәыра амазара 146 959 196 мааҭ мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа. Мҽхакы ҭбаала аԥареимҵәараз аус хацыркын 2020 шықәса хәажәкырамзазы Аилахәыра уаанӡатәи адиректор иганахь ала. Аҩӡба ихараҵан имаҵзуратә лшарақәа ихы иархәаны аилахәыра амазара еимиҵәон ҳәа 2016 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа.