Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы сынтәатәи апрограмма иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы сынтәатәи апрограмма иазкны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аминистр и.н. Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма сынтәа аусура ианалаго, апроектқәа рыхәаԥшразы алԥшааратә комиссиа еилатәараны ианыҟоу, анхацәа рҟынтәи азыҳәақәа ахьынӡарацәоу атәы.
Аԥсны аиҳабыра аусбарҭатә хықәкытә программа "2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" шьақәнарӷәӷәеит. Уи 150 миллион мааҭ азоужьуп.
"Иааиуа амчыбжь азы акомиссиа аилатәара мҩаԥгахоит, уаанӡа апроектқәа зегьы ҳара ҳҟны иааиртә иҟаҳҵоит.1000 проект инеиҳаны Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны иааираны иҟоуп. Уи ԥарала иугозар 300-400 миллион мааҭ аҭаххоит, аха еилаҳамхыр ауӡом. Егьи ашықәс ахь ииасуа ҟалоит, заа иаларҵаз атәы акәзар, ауал ахьҳақәу ыҟоуп, макьана иаҳзынамыгӡаз. Урҭ ртәы ҳахәаԥшуеит. Ажәакала, араионқәа рыла аквотала ҳазнеиуеит. Ара ула-ҭахыла иҟаӡам. Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны акомиссиа иалахәуп еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ҳа ҳхала иҳаӡбо акәӡам. Арҭ апроектқәа зегьы ианырҵаз, рынхарақәа рҟны инеины игәарҭоит", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0