00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Слахьынҵа сақәыӡбо сыҟаӡам": Роман Сабуа 70 шықәса ихыҵит

© Sputnik Томас ТхайцукРоман Сабуа.
Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2025
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа 70 шықәса ихыҵуеит. Актиор иқәраныҳәа аламҭалазы иареи сареи ҳаиқәшәеит, дызнысыз амҩа, ароль хадақәа, аԥсҭазааратә уадаҩрақәа иара убас, аразҟы зцыз ахҭысқәа ҳгәалаҳаршәарц. Сабуа асценахь дцәырымҵуеижьҭеи уажәшьҭа жәашықәса ирықәуп, ҳаицәажәара ахы ҳкит уи мзызс иамоу ала.
— Аиаша ҳҳәар ами, уи аамҭазы аҭагәҭасрақәа ҳаман атеатр аҿы. Урҭ ахҭысқәа мҩасит, аха агәала сзынрыжьит, актиорра сгәы иҭыԥсааит.
Абраҟа исҭахымызт, аха иажәа ԥысҟеит аҭамзаара шьҭаҵо. Унапы злакызаалакгьы, зегь реиҳа уԥсабара иалоу актиортә ҟазара акәын, избан ас узныҟәаз ҳәа ныбжьасыргылеит:
— Иҟалап биашазаргьы, аха сара ԥсабарала исылоу ҳәа саназхәыцуа - иҟалап сынхаҩызар, иҟалап ашәҟәыҩҩра сҽазыскыр ауазаргьы, абри ауп исылоу, абри ауп сзызшоу ҳәа инҭкааны аҳәара уадаҩуп. Ус иааидкыланы аԥсҭазаараҿы сызҿыз аус ала уахәаԥшуазар, ҳәарада актиорра ауп ихадоу. Сара саныхәыҷыз схы здыруа саныҟала инаркны бзиа избон ауаа рҿаԥхьа ақәгылара, изырлахҿыхуа акы дырбара. Даара исгәаԥхон актиор изанааҭ.
Роман Сабуа арольқәа идыргалоит уажәгьы, аха "сҽаҿаршәны мап скуеит" иҳәоит. Имапкра мзызс иамоу еихшьаало актиор иаликаауеит – агәамбзиара, агәахшәара, аҭагылазаашьа.
— Зегь раԥхьа игылоуп агәахшәара, - иҳәоит иара.
Роман Сабуеи сареи ҳаицәажәараҿы ҳазыхынҳәит ихәыҷра аамҭазы дзеиԥхыӡуаз азанааҭ алхра шыҟалаз.
— 1972 шықәсазы агазеҭ аҿы алаҳәара ҟарҵеит Қарҭҟа актиортә занааҭ азы аҵарахьы ишырышьҭуа. Аха уи агазеҭ сара исԥыхьамшәаӡеит. Хәаԥ аҩны ажьҭаара саҿын. Ус сашьа еиҳабы Славик ҳәа дыҟан, убри днеит алаҳәара зныз агазеҭ ацыԥжәаха иманы. Ҵаҟа дсыҵагыланы алаҳәара ианыз дысзаԥхьеит, уахаҵәҟьа сымцар ҟалаӡом сҳәеит саргьы. Ахәылԥахь анеира иаҿын аамҭа. Сымҵәышә сырҭәаанӡа иласышьҭит. Усҟан Аҟәеи Хәаԥи автобус "ЛАЗ" бжьан, ҳәынҭқаррамзи, 60 капеи ҳәа уаауан Аҟәа, - иҳәоит Роман уи аамҭа игәы азҭаны.
Аҟәа дахьынгылозгьы имамызт ақыҭа ҷкәын, убри аҟынтә, аҽазыҟаҵарақәа цонаҵы иҩызцәеи иареи аботаникатә баҳча азааигәара (Гәыма) адәыӷба аангыларҭаҿы аперрон аҵаҟа уҵаиартә иахьыҟаз рыԥхьарҭа ҟарҵеит. Астудентра аамҭазы 3-тәи акурс аҿы дантәаз "Изҭахӡамкәа ихәшәтәыҩхаз (Ж. Б. Мольиер) аҿы Сганарель ироль наигӡеит. 4-тәи акурс аҿы "Агәыӷра аҭахара" (Г. Гаиерманс) аҿы Капса ироль дыхәмаруан. Анаҩс, Аҟәаҟа арҿиаратә гәаҳәарақәа рынагӡаразы даауеит… Роман Сабуа данстудентыз дхәыцуан иҵара далганы аԥсуа театр аҿы аусура далагар жәҩангәашәԥхьара изаатуеит ҳәа.
— Ҳарҵаҩцәа ҳазҭахыз ирҳәон атеатр аҿы аусура шымариам, ахыхьчара шаҭаху атәы. Ҳазыҟарҵон, ҳгәаҳҽанырҵон. Ҳәарада, стеатртә ԥсҭазаарҿы шә-процентк зегь нхаҭәааны, исҭахыз зегьы ҟалеит ҳәа сызҳәаӡом, убри аҟнытә иааидкыланы ианысҳасаблак слахьынҵа сақәыӡбо сыҟаӡам. Аҭагылазаашьа исоуз азы Анцәагьы, ахәаԥшцәагьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Ароль хадақәа, аепизодқәа уҳәа зегь еилаҵаны исыхәшьадуазар 30 рҟынӡа арольқәа насыгӡахьеит 50 шықәса рыбжьара, - иҳәоит аиубилиар.
© Foto / из архива семьи Сабуа Роман Сабуа
Роман Сабуа - Sputnik Аҧсны
1/3
Роман Сабуа
© Foto / из архива семьи Сабуа Роман Сабуа
Роман Сабуа - Sputnik Аҧсны
2/3
Роман Сабуа
© Foto / из архива семьи Сабуа Роман Сабуа
Роман Сабуа - Sputnik Аҧсны
3/3
Роман Сабуа
1/3
Роман Сабуа
2/3
Роман Сабуа
3/3
Роман Сабуа
Шәышықәса абжа атеатр аҿы аус зухьоу ауаҩы изы, ирацәам ҳәарада арольқәа рхыԥхьаӡара, аха аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хазы ҳахәаԥшуазар, инаигӡахьоу зынӡагьы имаҷӡоуп ҳҳәар ауеит…
— Ҟасеи Хачегогу икәиргылаз "Таритуф" (Ж. Б Мольиер) аҿы Оргон ироль, "Ажьақәеи амаҭқәеи" - акрал (Ф. Искандер. ареж. М. Аргәынԥҳа ) уҳәа инасыгӡаз ыҟоуп. Аеҵәа кыдысԥаауан ҳәа сызҳәом, аха иалҵыз удукылартә иҟоуп. Уаанӡа аибашьра иалагаанӡа исхәмархьаз атәы сҳәозар "Аԥсҭазаара ԥхыӡуп" (П. Кальдерон. ареж. В. Ақаҩба) акрал Басилио ироль. Иҟалап еиҳа иуадаҩыз рользар, аха исхәмархьоу рахьтә еиҳа исықәманшәалахеит ҳәа исыԥхьаӡоит Басилио ироль.
Роман Сабуа иактиортә ԥсабара "иҷыдоу ныҟәашәак" амоуп, аӡәы диламҩашьо апластикатә ԥсабара ахархәарала зфырхацәа рыԥсы ҭазҵо актиоруп сҳәарц сылшоит. Сабуа иҟазшьа иалам ахӡыргара, апиар кампаниа ҳәа изышьҭоу аиҿкаара, аха иеиԥш зеиԥшу актиор дызмоу атеатр насыԥ амоуп сҳәарц сылшоит, ицәырҵрақәа шаҳаҭс ирымоу лаҳасабала. Сабуа даара иҭахын даныҷкәыназ инаркны 50 шықәса ихыҵаанӡа Гиоте и -"Фауст" аҟынтә Мефистофель дыхәмарырц. Избан изалымшеи, избан арежиссиорцәа изрыдимгалеи игәаҳәара, насгьы избан Мефистофель дзазхьуаз азы актиор имаӡа ааиртит:
— Абри ароль шьыри ҳәа сазхәыцуан. Сгәанала дарбанзаалак ауаҩытәҩыса ацәгьагьи абзиагьы игәы иҭоуп, убарҭ зегь рыла деиҿартәуп. Абри Мефистофель аҿы иҟоу аҩсҭаа, аџьныш ҟазшьа, схаҭа сҿы иҵәаху ҟазшьаны исыԥхьаӡоит. Убарҭ цәырганы асаркьеиԥш ианызбааланда абри ахаҿсахьа ҳәа схәыцуан. Сзакәу алеилыскаарц сҭахын. Сыззымхәмарыз? Сара исҟазшьам арежиссиорцәа абри сыхәмарырц сҭахуп ҳәа рыдгалара, рыхьнырҳалара. Абри арратә ҟазшьак ыҟами, аԥыза ииҳәо ар ацныҟәоит ҳәа. Арежиссиор дԥызоуп, убри уишьҭаланы уцалар еиҳа еиҿкаау ахь укылнагоит ҳәа сгәы иаангоит.
Постановка Махаджиры по одноименной пьесе С.Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2023
Аԥсны
"Акритика здызымкыло актиор, уа дахьыҟоу даанхоит, уаҳа изҳаӡом": Даур Арухаа иҿцәажәара
Роман Сабуа иреиӷьишьо ироль Басилио - зҿы инеигӡоз арежиссиор В. Ақаҩба иакәын. Иара убас, "Махаз" (Шьаликәа), "Кьоџьаа рҭыӡшәа" (апристав) "Иули Цезарь" (Каска) уҳәа имаҷымкәа аус еицырухьан, аха аибашьра ашьҭахь рырҿиаратә мҩақәа хазхазхеит.
— Иагьа ҳаинымаалазаргьы, Ақаҩба дрежиссиормызт ҳәа сара исҳәом. Ҳаҭыр ақәысҵон иусушьа, гәыкԥсыкала аус зуан иахьынӡасылшоз иара иҿы. Ҳахьеивҵанагалаз атеатртә бзазараҿоуп. Зеиԥш ҟазшьала иуҳәозар усҟан зегь раԥхьа иргыланы атеатр аҿарацәа аҭахын, абиԥара ҿыц, актиорцәа, арежиссиорцәа ааӡатәын, иаҭахын лымкаала аԥсуа репертуар, ақыҭақәеи араионқәеи ҳрылсуазар акәын. Ҳара усҟан ҳхы ԥхьакны, афестивальқәа, агастрольқәа ҳарҿын. Ҳажәлар гәыгәҭаҳажьит, ашҭа нҭыҵтәи аҟазара еиҳа ҳгәы азыбылуа иҟалеит ҳажәлар ринтерес аасҭа. Актиор азалымдара дзаҿагылома ҳәа бсазҵаауазар, абас сҳәоит - дарбанзаалак са сгәанала илшоит ииашам аҿагылара. Иҟалоит умч ақәымхар, иузмыриашар, аха аҳәара аҭахуп уколлектив ҳаҭыр ақәуҵозар. Ҳагәнибархарақәа актиорцәа аусура рамхра анцәырҵ инаркны иалагеит. Атеатр аҟнытәи актиорцәа рыгәҭасра иашам ҳәа сҳәо саналага ҳгәы еивҵалеит…
Роман Сабуа иара убас, арольқәа наигӡон арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭақәа рҿгьы. Иаҳҳәап "Ажьақәеи амаҭқәеи" (Ф. Искандер) - акрал ироль, "Аҳ деилазгаз ауаҩы" (Хә. Џьапуа, С. Хәаҭланӡиа ) - аҳ ироль. Иахьагьы ишыздыруа ала лара арольқәа идылгалоит, нас избан асцена ақәлара зиҭахым ҳәа азҵаара цәырҵит.
— Ааи, арольқәа сыдылгалоит Мадина, "Асду" (А. Гогәуа) анықәлыргылозгьы сналԥхьеит, аха исылшом сҳәеит. Аха абри хыхь ҳазлацәажәоз ахҭыс сара сзы даара иааха ӷәӷәаны иҟалеит, уи адагьы агәамбзиарагьы шьҭысхит, асценаҿы аӷьараҳәа сызцәажәаӡом, асцена сықәлар сҭахӡам... 2018 шықәсазы атәыла ахада дааины (Р. Ҳаџьымба) атеатр ареструктуризациа азаауеит аниҳәа сгәы ҭанаҟәаҟәеит. (Усҟан Н. Ҷанба директор хадас даҭан). Иҟаз аструктура хдырбгалеит, атеатр иажәлеит џьоукы. Урҭ зегьы рыӡбахә сҳәар сҭахым. Уи атәыла ахада ихарамзаргьы ҟалоит, иара уи дазаазгаз рацәаҩуп сгәахәуеит. Ишьаҳаиҭхеит усҟан атеатр. Шьоукы ирыгу аҳәара мариоуп, аха сгәанала иамырхыз аҩнуҵҟатәи аструктура ырхынҳәтәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Иҟан асахьаркыратә еилазаара, урҭ арепертуар араӡага икылырхуан, аилацәажәара ҟарҵон иаҭахыума иаҭахымума ҳәа ақәыргыларазы зыӡбахә ҳәоу апиесазы. Атеатр аҩну́ҵҟа иагу анысҳәо, адәахьтәи ахылаԥшра, ацхыраара амамакәа ҟалашьа амаӡам. Атеатр меценатк итәызар, уи иара ибап, аха ианҳәынҭқарратәха аҳәыҭқарра иахагылоу азхьаԥшуазар ауп. Аулафахәы, акәыргылараҿы иаҭахыу ахарџь аганахьала уҳәа зегь рыла иахәаԥшуазар ауп.
Теймураз Чамагуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2025
Аԥсны
Ҭемраз Чамагәуа: "Абарҭ ахҭыс џьашьатәқәа шаҳаҭс ирымоу - апринц ииҳәо шәаҳарц сҭахуп"
Роман Сабуа гәыблыла игәалаиршәоит иара убас, ихаҭа атеатр аҿы дзыршанхахьаз актиорцәа. Хықәкыла иаликаауеит "Брисбентәи аемигрант" (ареж В. Ақаҩба) аҿы ихәмаруаз аҟазауаа:
— Сара сзыхьӡаз атәы сҳәозар "Брисбентәи аемигрант" аҿы Азиз Агрба дыхәмаруан. "Бельвенто иаланхо ауаа, аҵх алыԥха шәоуааит" хәа икәаҷаб кны ахәаԥшцәа дрылсны асценахь дааиуан. Абри иахьагьы сыбла ихгылоуп. Насгьы, уа ихәмаруаз актиорцәа рдует шьахәын – Виолетта Маанԥҳа - Шьалуа Гыцба, Еҭери Коӷониаԥҳа - Алықьса Ермолов, Софа Агәмааԥҳа - Нурбеи Камкиа. Урҭ рхаҭыԥан усҟак иҟам актиорцәа ургылар, аспектакль ахаара, абеиара ацәыӡуан. Урҭ адуетқәа концерттә номерҵас иҟан, ицәырҵцыԥхьаӡа ахәаԥшцәа рнапы рзеинырҟьон, аспектакль шцоз ааҭгылара ҟарҵар акәхон, убысҟак напеинҟьарала азыразра аадырԥшуан ахәаԥшцәа. Иара убас, "Ахьтәы мҩахәасҭа" ( М. Чамагәуа. ареж. Хә. Џьапуа) аҿы Еҭери Коӷониаԥҳа слыршанхахьан Дамошьна лроль аҿы.
Роман Сабуа иактиорра иаҷыданы еиуеиԥшым арҿиаратә усқәа инапы рылакуп, Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҿы арежиссиор иаҳасабала аус иуеит, деиҭагоит, акьанџьатә спектакльқәа рҿы дыхәмархьеит (ареж М. Аргәынԥҳа), акинофильқәа рдублиаж, атеатр иазку астатиақәа рыҩра, афольклортә ансамбль аҿы ашәаҳәара уҳәа, хкы рацәала иҽԥишәоит. Аха, сара сгәанала иара иактиорра иацназго ыҟамзар ҟалап, асцена ақәлара сҭахым иҳәазаргьы.
— Тҟәарчалтәи атеатр аҿы арежиссиор иаҳасабала сусура хԥышәароуп. Иԥшӡамзаргьы, исықәҿиоит ҳәа исыԥхьаӡоит. "Ала агәы зызҭоу" (М. Булгакоов), "Иӷьычуа зегь рҳәыҩцәам" ( Дарио Фо ) "Ҳауа иақәтәада аҽада?" (Р. Сабуа) уҳәа иқәсыргылахьо ыҟоуп. Тҟәарчал инеиуа уаҩ дыҟаӡам, изышәҭахыузеи атеатр ҳәа ҳаҽԥнызҳәогьы ыҟоуп аха, сара уи иашоуп ҳәа исыԥхьаӡаӡом, избанзар, атеатр стационар мацаразы акәым изыҟоу. Аспектакль ҟауҵар Аԥсны ахыи аҵыхәеи иалганы идурбар ауеит. Тҟәарчалтәи атеатр хықәкыс иамоу анҭыҵ ауаа дырбароуп, акәырқәа зҵоу атеатр ҳәа азуҳәар ауеит. Ақыҭақәа рҿы ибзианы ҳрыдыркылоит, атеатр рҭахуп ауаа. Абзиа рызноугар, агьама змоу ажәлар ҳамоуп ҳара. Иахьа иҳамоу аԥсуа театрқәа рыхԥагьы рзы исҳәарц сҭахуп лшарала, ԥарала, транспортла еиқәыршәатәуп ҳәа. Тҟәарчал еиҳаракгьы ҳаиҵазырхо атранспорт ауп. Аха иҟоуп даҽа ҷыдарак, ауаа ааганы атеатр аҿы аспектакль дырбара. Уи зегь иреиӷьу усуп. Атеатр ахан иҩнаԥшны, алашара шыхәмаруа, амузыка абжьы шго, актиорцәа рцәырҵра уҳәа даҽа ҭагылазаашьак ҟанаҵоит, даҽа естетикатә гьамак амоуп. Избоит Аԥсуа-Абаза конгресси ҳара ҳтеатри рпроект – ақыҭа хәыҷқәа ааганы аспектакльқәа шыддырбо. Уи даара акыр аҵанакуеит ахәыҷқәа акультура рылааӡараҿы. Атеатр ахәыҷы дшыхәыҷу илауааӡароуп.
Есма Куцниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2025
Аԥсны
"Атеатр сыԥсы аӷроуп": актриса Есма Кәыҵниаԥҳа лыҿцәажәара
Иахьа Аԥсны иҟоуп атеатрқәа ԥшьба, урҭ зегьы ррепертуар рымоуп. Аха, атеатрҭҵаареи атеатртә критикеи рзы Аԥсны аҩнуҵҟа ҳмаџьаноуп. Иҟазаргьы, акритика адкылара даара имариам ҟазшьоуп. Иҳахәома анҭыцынтәи аҭҵааҩцәа ааԥхьара рыҭаны ҳҟазара ахә ршьар, иҳагу, иҳабзоу ҳарҳәар? Роман Сабуа абас агәаанагара имоуп:
— Зынӡа имариоу усуп, мал дуӡӡакгьы аҭахӡам. Актиорцәа ргәыԥ ушьҭуазар аҵарахьы атеатр аҭҵааҩцәагьы, адраматургцәагьы алоуҵар ауеит. Апиеса зыҩуа ҳара иҳамамзар ҳтеатр ҵаҵӷәыдахоит. Нас, ицәырҵыз апиеса, аспектакль профессионалла иҭҵааны ахәшьара азҭо дыҟазароуп. Иҟалоит иааҳаԥхьаларгьы анҭыҵынтәи акритикцәа. Аха, сара сгәанала акритика адымкылара ари акультура алаҟәроуп. Акритика аныҟарҵо сара хаҭала иҭабуп ҳәа расҳәоит. Иугу уҿаҿы иуазҳәо иоуп узҭахыу. Ҳара убри ҳалааӡаӡам макьана. Ааит, сара исыгыз ари иҳәо, дазусҭадаз иара ҳҳәоит. Иаршьцылатәуп акритика ауаҩы дшышьҭнахуа.
Иахьа зиубилеи азгәазҭо Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа ихатә ԥсҭазаарагьы ауадаҩрақәа, аԥсыҭбарақәа ацын, аха зегь акоуп иҽаҵамырхаӡакәа арҿиара дазхәыцуеит:
— Нас, ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп рымҳәои?! Ҳазегьы Анцәа иҳацишоит ҳәа агәаанагара сымоуп аԥсҭазааратә мҩа. Ҳара агхақәа иҟаҳҵо ибааԥсраны ианаҳԥылогьы ыҟоуп. Гәаӷшақә аӡәгьы уишьҭамзаргьы, умдыррала агхақәеи агәнаҳарақәеи аныҟауҵо ыҟоуп. Убарҭ зегь хынҳәуеит. Слахьынҵа зегь сара исхароуп ҳәа сҳәом, аха аԥхьан исҳәазгьы ацуп. Абарҭ зегь санрызхәыцуа, зегь акоуп насыԥ змаз уаҩын ҳәа схы сыԥхьаӡоит. Ауадаҩрагьы збеит, аха абзиарақәагьы збеит аԥсҭазаараҿы. Анҵырагьы соуит, 70 шықәса маҷӡам, Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит.
Аԥсҭазаараҿы агха ҟазымҵо аӡәгьы дыҟамзар акәхап, Роман Сабуагьы ус дхәыцуеит. Аха, иахьатәи иқәра даԥшны шьҭахьҟа данхьаԥшуа игханы иибо раԥхьа иргылоит абри иҳаиҳәаз:
— Сыгхақәа маҷым, аха акы алыскаауеит. Қарҭ атеатртә институт аҿы аҵара анаҳҵоз, ахԥатәи акурс аҿы сантәаз абри Сганарель ироль саныхәмаруаз ҳаспектакль дахәаԥшуан арежиссиор-арҵаҩы Михаил Ҭуманившили. Иара усҟан арежиссиортә гәыԥ напхгара аиҭон. Аспектакль ашьҭахь сааникылан сааҭк аҟара дсацәажәон, иара иҭахын ирежиссиортә курс ахь сиаигарц, арежиссиорра сирҵарц. Шықәсык уцәыӡуеит, аха урежиссиорны уалгоит аҵара, уактиоррагьы уцәыӡӡом иҳәеит. Уи икурс ахь анеира аицлабра ӷәгәа ацын, иагьымариамызт игәыԥ алашәара. Сара сҩызцәа кажьны исзыгәаӷьуам, Аҟәаҟа атеатр ахь аусура сцарц сҭахуп сҳәан схы ицәызгеит. Уи гха дуны исыхьит. Иара исеиҳәоз ҳамҭа дуун, аха усҟан уанӡа сыхшыҩ ыҟамызт. Шықәсык сцәыӡуан, аха сактиорны, срежиссиорны саауан. Гха дуны сыԥсҭазаараҿы иҟасҵаз иреиуоуп абри еиҭасҳәо. Зегь акоуп арежиссиорра аҿы саанагеит. Усҟан аԥсуа театр актиорра са сзы иԥшьаз усын. Усҟан сымшәӡацызт арежиссиорра иаҵанакуа еилыскаартә аҟынӡа.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2024
Аԥсны
Алеишәа змам актиор - иус бжамҽамхоит: Сырбеи Сангәлиа иҿцәажәара
Ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз Роман Сабуа далацәажәарц иҭаххеит аринахыс ихы ззикыр ииҭахыу ахырхарҭа.
— Руди Штраль "Ажәҩангәашәԥхьара аконцелиариахь анеира" актуалра аманы избоит, убри ықәсыргыларц сҭахуп. Арежиссиорра еиҳа исылшарашәа збоит. Сара сгәамбзиара, сгәахшәара нацҵаны сшыҟоу ала, ақәыргылара амҩа еиҳа исзыманшәалоуп. Сыԥсы аамаҷхаргьы актиорцәа сышьҭырхып. Арежиссиорра мариоуп ҳәа акәӡам исҳәарц исҭаху. Уи аҭакԥхықәра иацу еиҳагьы иуадаҩуп, иҵауланы ухәыцроуп. Иара убасгьы, исҭахуп еиҿыскаарц аминиатиурақәа злоу аестрадатә театр. Ажәлар уи бзиа ирбоит.
Акралцәа ррольқәа рыхәмарра лахьынҵас измаз актиор атеатр алахьынҵазы аԥеиԥш бзиа амазаауеит ҳәа агәыӷрақәа ааирԥшит.
— Зегь раԥхьаӡа иргыланы зеиӷьшәарақәас исымоу, атеатр аԥеиԥш азҭо аспециалистцәа ҿарацәа рааӡара азҵаара ауп – актиорцәа, арежиссиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа уҳәа. Ажәакала, абиԥара ҿыц ҳҭахуп. Сара уи ҽԥныҳәаны исҳәаӡом, зда ԥсыхәа ыҟам ҳәа салацәажәоит. Атеатр ахыԥша шьҭыхтәуп. Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны ахи аҵыхәеи ҳахьнеилак Анцәа иџьшьоуп атеатр ҳзааит ҳәа ажәлар ршьапы иқәгыланы ишаҳԥылоз. Абри ырхынҳәтәуп, аҳәынҭқарра иахагыло ирҳәозар ауп атеатр ада ажәлар ԥсыхәа шрымам. Сгәанала, аԥсуа театр амилаҭ рзы зыда ԥсыхәа ыҟам акоуп. Ҳбызшәа иаҩызоуп, ҳдоуҳа згәылоу усуп, убри аҟнытә, ҳмилаҭ ыҟанаҵы атеатргьы ыҟазаауеит. Атеатр ԥхьаҟа узго, узхьыԥшны уцаша доуҳауп. Атеатр ахьышьҭрахь ихынҳәуеит хымԥада.
Ажәабжьқәа зегьы
0