https://sputnik-abkhazia.info/20250910/nepal-aala-any-imaysua-agylaraa-irykhany-akomendantt-saa-alagaloup-1057431551.html
Непал ақалақь аҟны имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирыхҟьаны акоменданттә сааҭ алагалоуп
Непал ақалақь аҟны имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирыхҟьаны акоменданттә сааҭ алагалоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Непал ақалақь аҿы хыԥхьаӡара рацәала ақәгыларақәа ирыхҟьаны цәыббра 11-нӡа акоменданттә сааҭи аныҟәарақәа рыԥкреи аларгалеит. 10.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-10T16:05+0300
2025-09-10T16:05+0300
2025-09-10T16:05+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0a/1057430529_0:10:592:343_1920x0_80_0_0_e0b2e2831291e11b962c3e0a201add22.jpg
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Непал ақалақь аҿы хыԥхьаӡара рацәала ақәгыларақәа ирыхҟьаны цәыббра 11-нӡа акоменданттә сааҭи аныҟәарақәа рыԥкреи аларгалеит.Ар атәыла аҳҭнықалақь Катманду рнапаҿы иааргеит. Ақәгыларақәа мҩаԥызгоз аконституциа аԥсахрақәеи апарламент ԥхьатәара рцареи налаҵаны, аполитикатә еиҭакрақәа рзы адҵақәа ықәдыргылон ҳәа аанацҳауеит апортал Кhabarhub. Аиҿагылараан, аполициа 15-нтә раҟара ихысит агәҽанҵаразы, Моранг араион аҿы иҟоу абахҭа ақәлара аԥырҟәҟәааразы. Ахысрақәа ирыхҟьаны 75 шықәса зхыҵуаз ахаҵа дҭахеит, ахәрақәа зауз ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, егьырҭ хәҩык ахәра маҷқәа роуит. Катманду иҟоу адипломатиатә хаҭарнакра апресс-атташе Александр Ивашев иажәақәа рыла, атәылаҿы ԥшьышәҩык рҟынӡа урыстәылатәи атуристцәа ыҟоуп. Урҭ зегьы шәарҭара рымам, аӡәгьы ааха имам. Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа уахи-ҽни аус ауеит, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа Непалҟа анеира рҽацәырыхьчаларц абжьгарақәа ҟанаҵоит. Непал аилаҩеиласрақәа (https://t.me/sputnik_apsny_info/12009)ирылагеит цәыббра 8 рзы, асоциалтә ҳақәа рзин аҟамҵараз аӡбра ашьҭахь. Аԥыза-министр имаҵура шьҭеиҵеит, атәыла ахадеи иареи аруаа иқәыргеит. Аҿагылара мҩаԥызгоз административтә хыбрақәеи ахатәыҩнқәеи рыблит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250909/nepal-anyala-katmandu-iou-singkh-durbar-ikhan-shaankyla-iblit-1057410982.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250909/nepal-ayza-ministr-imaura-aanizhit-asotsialt-aa-rzinamara-iakhany-agylaraa-rzy-1057405257.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Комендантский час и ограничения на передвижение из-за массовых протестов ввели в Непале до 11 сентября
Sputnik Аҧсны
Комендантский час и ограничения на передвижение из-за массовых протестов ввели в Непале до 11 сентября
2025-09-10T16:05+0300
true
PT1S
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0a/1057430529_62:0:531:352_1920x0_80_0_0_df5270d670e288595f309303ac51193a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Непал ақалақь аҟны имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирыхҟьаны акоменданттә сааҭ алагалоуп
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Непал ақалақь аҿы хыԥхьаӡара рацәала ақәгыларақәа ирыхҟьаны цәыббра 11-нӡа акоменданттә сааҭи аныҟәарақәа рыԥкреи аларгалеит.
Ар атәыла аҳҭнықалақь Катманду рнапаҿы иааргеит. Ақәгыларақәа мҩаԥызгоз аконституциа аԥсахрақәеи апарламент ԥхьатәара рцареи налаҵаны, аполитикатә еиҭакрақәа рзы адҵақәа ықәдыргылон ҳәа аанацҳауеит апортал Кhabarhub.
Аиҿагылараан, аполициа 15-нтә раҟара ихысит агәҽанҵаразы, Моранг араион аҿы иҟоу абахҭа ақәлара аԥырҟәҟәааразы.
Ахысрақәа ирыхҟьаны 75 шықәса зхыҵуаз ахаҵа дҭахеит, ахәрақәа зауз ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, егьырҭ хәҩык ахәра маҷқәа роуит.
Катманду иҟоу адипломатиатә хаҭарнакра апресс-атташе Александр Ивашев иажәақәа рыла, атәылаҿы ԥшьышәҩык рҟынӡа урыстәылатәи атуристцәа ыҟоуп. Урҭ зегьы шәарҭара рымам, аӡәгьы ааха имам. Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа уахи-ҽни аус ауеит, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа Непалҟа анеира рҽацәырыхьчаларц абжьгарақәа ҟанаҵоит.
Непал аилаҩеиласрақәа (https://t.me/sputnik_apsny_info/12009)ирылагеит цәыббра 8 рзы, асоциалтә ҳақәа рзин аҟамҵараз аӡбра ашьҭахь. Аԥыза-министр имаҵура шьҭеиҵеит, атәыла ахадеи иареи аруаа иқәыргеит. Аҿагылара мҩаԥызгоз административтә хыбрақәеи ахатәыҩнқәеи рыблит.