https://sputnik-abkhazia.info/20250916/afestival-asny-ay-asua-kultura-aya-16-yrgakhoit-1057589587.html
Афестиваль "Аԥсны" аҿы аԥсуа культура аҭыԥқәа 16 ӡыргахоит
Афестиваль "Аԥсны" аҿы аԥсуа культура аҭыԥқәа 16 ӡыргахоит
Sputnik Аҧсны
Афестиваль мҩаԥысуеит цәыббра 21 рзы Москва "Аермитаж" абаҳчаҿы. 16.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-16T17:40+0300
2025-09-16T17:40+0300
2025-09-16T18:33+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/10/1057587147_0:164:1179:827_1920x0_80_0_0_e98ffcbf24e74547ad8581e93b1b08f2.jpg
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Афестиваль "Аԥсны" аҿы аԥсуа культура аҭыԥқәа 16 ӡыргахоит. Иахәҭоу атрибутқәа зегьы еиқәыршәаны Москваҟа идәықәҵоуп ҳәа лҳәеит афестиваль арт-дтректор Хьыбла Возԥҳа. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рырҳәагақәа роркестр аконцерт сааҭк ицоит. Иара убас, аҭааҩцәа ирызԥшуп атрио YANAY, Алиса Гыцԥҳа, Одиссеи Аџьынџьал, Александр Шьоуа, BLIZKEY, адиџьеицәа Shiri, Temo аџаз-бенд Friday Syndrom, иара убас акәашаратә коллективқәа "Амцабз", "Assa". "Аԥсуа џьармыкьа" аҟны иааухәар алшоит аԥсуа шәҟәқәа, асувенирқәа, аҩычагақәа, аԥсуа милаҭтә музыкатә рҳәага маҷқәа, аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Абаҳчаҿы еиҭашьақәдыргылоит "Брехаловка", уаҟа аҭааҩцәа анард, ашашка, адомино ихәмарыр рылшоит, уимоу ахыци ахәымпали рыла ахысрагьы рылшоит. Возԥҳа лажәақәа рыла, еиҿкаахоит аҭыԥ аԥсуа ҩыҟаҵара, ашәҟәыҩҩы, афилософ Мураҭ Иаган, иара убас кавказтәи аиога ирызку алекциақәа ахьымҩаԥырго. Имҩаԥгахоит москватәи агалереиа "Шьазина" ашьаҭаркҩы Шьазина Агрԥҳа лгәалашәара иазкны асахьаҭыхымҭақәа рколлекциақәа, асахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳа, Диана Хынҭәԥҳа, Ольга Иродиан уҳәа егьырҭгьы русумҭақәа рӡыргара. Агастрономиа азонаҿы аԥсуа чыс агьама рбар рылшоит. Уи адагьы, афестиваль аҿы имҩаԥгахоит аԥсуа бызшәазы, акәашарақәа, амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа рзы аҟазаратә-классқәа, иара убас, изҭаху ирылшоит анышәаԥшьҟаҵаратә ҟазарҭа аҭаара, итрадициатәу аԥсуа чара абара. Афестиваль асасцәа Аԥсныҟа рааразы апутиовкақәа 20 инареиҳаны рырхәмарра иалахәхартә аҭагылазаашьа роуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250916/bargania-afestival-asny-khykys-iamou-moskvaai-asny-aynkha-beia-dyrdyrra-aup-1057577210.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250916/atsyrgaa-moskva--aa-azeish-shyshysa-aazara-aartyzaaueit-zhaaramza-naana-1057589119.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/10/1057587147_0:54:1179:938_1920x0_80_0_0_adf445262d329b7a95eace625f3ba308.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Афестиваль "Аԥсны" аҿы аԥсуа культура аҭыԥқәа 16 ӡыргахоит
17:40 16.09.2025 (ирҿыцуп: 18:33 16.09.2025) Афестиваль мҩаԥысуеит цәыббра 21 рзы Москва "Аермитаж" абаҳчаҿы.
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Афестиваль "Аԥсны" аҿы аԥсуа культура аҭыԥқәа 16 ӡыргахоит. Иахәҭоу атрибутқәа зегьы еиқәыршәаны Москваҟа идәықәҵоуп ҳәа лҳәеит афестиваль арт-дтректор Хьыбла Возԥҳа.
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рырҳәагақәа роркестр аконцерт сааҭк ицоит. Иара убас, аҭааҩцәа ирызԥшуп атрио YANAY, Алиса Гыцԥҳа, Одиссеи Аџьынџьал, Александр Шьоуа, BLIZKEY, адиџьеицәа Shiri, Temo аџаз-бенд Friday Syndrom, иара убас акәашаратә коллективқәа "Амцабз", "Assa".
РУСДРАМ иқәнаргылоит Џьума Аҳәба иҩымҭа иалху аспектакль "Аҵыҵындра".
"Аԥсуа џьармыкьа" аҟны иааухәар алшоит аԥсуа шәҟәқәа, асувенирқәа, аҩычагақәа, аԥсуа милаҭтә музыкатә рҳәага маҷқәа, аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа.
Абаҳчаҿы еиҭашьақәдыргылоит "Брехаловка", уаҟа аҭааҩцәа анард, ашашка, адомино ихәмарыр рылшоит, уимоу ахыци ахәымпали рыла ахысрагьы рылшоит.
Возԥҳа лажәақәа рыла, еиҿкаахоит аҭыԥ аԥсуа ҩыҟаҵара, ашәҟәыҩҩы, афилософ Мураҭ Иаган, иара убас кавказтәи аиога ирызку алекциақәа ахьымҩаԥырго.
Имҩаԥгахоит москватәи агалереиа "Шьазина" ашьаҭаркҩы Шьазина Агрԥҳа лгәалашәара иазкны асахьаҭыхымҭақәа рколлекциақәа, асахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳа, Диана Хынҭәԥҳа, Ольга Иродиан уҳәа егьырҭгьы русумҭақәа рӡыргара. Агастрономиа азонаҿы аԥсуа чыс агьама рбар рылшоит.
Уи адагьы, афестиваль аҿы имҩаԥгахоит аԥсуа бызшәазы, акәашарақәа, амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа рзы аҟазаратә-классқәа, иара убас, изҭаху ирылшоит анышәаԥшьҟаҵаратә ҟазарҭа аҭаара, итрадициатәу аԥсуа чара абара.
Афестиваль асасцәа Аԥсныҟа рааразы апутиовкақәа 20 инареиҳаны рырхәмарра иалахәхартә аҭагылазаашьа роуеит.