https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13443
Аԥсны Апрокуратура хадаҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира аҿагыларазы аилатәара мҩаԥысит
Аԥсны Апрокуратура хадаҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира аҿагыларазы аилатәара мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хадаҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира аҿагыларазы азакәанхьчаратә координациатә еилатәара мҩаԥысит ҳәа... 07.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-07T21:10+0300
2025-11-07T21:10+0300
2025-11-07T21:44+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/03/1053588692_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_0f6b1ad1921245bd9bbbea9ac41ef84a.jpg
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хадаҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира аҿагыларазы азакәанхьчаратә координациатә еилатәара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.Аилатәара рхы аладырхәит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә маҵзура, апрокуратура рхаҭарнакцәа. Апрокуратура хада аусеилыргаратә ҟәша аиҳабы Ҭамила Бигәааԥҳа лажәақәа рыла, 2024 шықәсазы ас еиԥш ацәгьоурақәа 168 ԥшаан, уи аԥхьатәи ашықәс аасҭа 24 рыла еиҵоуп. Убри аан, 121 цәгьоура изқәиҭым амаҭәашьарқәа рыҭира иадҳәалан. Иара убас, аҟәша аҿы анаркотикқәа зхы иазырхәо атәылауаа апрофилактикатә ҭаҩрахь рышьақәыргылара иалацәажәеит. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсныҟа анаркотиктә маҭәашьарқәа раагара инамаданы 12 шьаусқәа аартын. Еиҳарак иааргоз аметадон акәын, уи ашьҭахь — апрегабалин, амефедрон, агероин, амфетамин. Аихшьаалақәа рыла аӡбамҭа рыдыркылеит аҳәаа ахылаԥшреи азакәанхьчареи рзы аусеицура арӷәӷәареи, асистематә гхақәа рыӡбаразы аусзуҩцәа еицырзеиԥшу аҵарақәа рзымҩаԥгареи, азакәан аԥсахрақәа ралагалареи рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/03/1053588692_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_826a7bf78b8ce15b0091dd9ada837af5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хадаҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира аҿагыларазы азакәанхьчаратә координациатә еилатәара мҩаԥысит ҳәа
аанацҳауеит аусбарҭа.
Аилатәара рхы аладырхәит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә маҵзура, апрокуратура рхаҭарнакцәа.
Апрокуратура хада аусеилыргаратә ҟәша аиҳабы Ҭамила Бигәааԥҳа лажәақәа рыла, 2024 шықәсазы ас еиԥш ацәгьоурақәа 168 ԥшаан, уи аԥхьатәи ашықәс аасҭа 24 рыла еиҵоуп.
Убри аан, 121 цәгьоура изқәиҭым амаҭәашьарқәа рыҭира иадҳәалан.
Иара убас, аҟәша аҿы анаркотикқәа зхы иазырхәо атәылауаа апрофилактикатә ҭаҩрахь рышьақәыргылара иалацәажәеит.
"2023, 2024 шықәсқәа рзы арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхархәаразы иалкаау ауаа рхыԥхьаӡара 1608 инаӡеит, уи ҳтәыла хәыҷы азы акыр зҵазкуа рбагауп. Убри аан анаркотикқәа здызкыло ауаа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳазар ҟалоит, избан акәзар аӡәырҩы ашәҟәы рҭагалара рҽацәырхьчоит", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсныҟа анаркотиктә маҭәашьарқәа раагара инамаданы 12 шьаусқәа аартын. Еиҳарак иааргоз аметадон акәын, уи ашьҭахь — апрегабалин, амефедрон, агероин, амфетамин.
Аихшьаалақәа рыла аӡбамҭа рыдыркылеит аҳәаа ахылаԥшреи азакәанхьчареи рзы аусеицура арӷәӷәареи, асистематә гхақәа рыӡбаразы аусзуҩцәа еицырзеиԥшу аҵарақәа рзымҩаԥгареи, азакәан аԥсахрақәа ралагалареи рзы.