Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 120 инареиҳаны иҭадырхеит
09:20 21.05.2026 (ирҿыцуп: 10:11 21.05.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 21 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 121 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи аобластқәеи, Калмыкиеи, Ҟрыми, Каспиатәи амшын инахыкни.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи аобластқәеи, Калмыкиеи, Ҟрыми, Каспиатәи амшын инахыкни.
