https://sputnik-abkhazia.info/20260621/aaga-iaaalaz-akhy-iashoit-amaruga-aaga-iakhaany-1063795132.html
"Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит": амаруга аҽага иахҳәааны
"Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит": амаруга аҽага иахҳәааны
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа наџьнатәаахыс инхамҩаҿы ихы иаирхәоз амаруга – аҽага иахҳәааны аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна... 21.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-21T20:20+0300
2026-06-21T20:20+0300
2026-06-21T20:20+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045868416_4:0:3496:1964_1920x0_80_0_0_ede8f14f448eed741f07bf03cff00fcf.jpg
Ауаҩы адгьыл даназааигәаха, данықәаарых, ихы аланыҟәигартә алшара инаҭо даналага, изҵәырҵт ахшыҩҵак "Адгьыл уацәымаашьар - иаргьы уцәаашьом", ма даҽакала иуҳәозар, анапылаусуреи ахныҟәгареи еимадоуп. Убри аҟнытә анхацәа еиуеиԥшым аамҭақәа раан махәҿала аус руан: ақыҭаҿы ацәқәеи аҽқәеи ҵаҳәаны иалацәаӷәон, иалалаҵон, напыла аҽага ркуан аџьықәреи аныдрашәоз, напыла аџьықәреи ҿырхуан, ицәдырҳәуан, иҿдырпуан алагаразы, маганала аԥҳә дырхуан. Зегьы рнапы иҵырхуан. "Уџьабаала ирҳау аҿаҵа агьама хаауп" ҳәа ҳабдуцәа башаӡа ражәа иаламзар акәхарын.Аԥсуа наџьнатә аахыс инхамҩаҿы ихы иаирхәо анырхага маҭәахәқәа ирылан: аиха, аигәышә, ажыга, амагана, аҳәҳәага, аҽага, уҳәа убас ирацәаны. Иаагоу рахьтә аҵыхәтәантәи амаруга алыскаар сҭахуп.АицхыраараАнхара-нҵыраҿы ианакәзаалак аус рацәоуп, зегьы "аӡәызаҵәык" дзахьӡом, убри азы еихшоуп ҩбаны: аԥҳәыс уси ахаҵа уси ҳәа. Ахаҵа ус иаҵанакуеит еиҳараӡак аҩны анҭыҵтәи аусқәа: ацәмаакра, аҽагакра, абаҳчааӡара, аҭагалара, арахә-ашәахә рныҟәгара, амҿы-амца, аӡлагара, абназара. Ианаҭаххалак, ақыҭа рыцәгьеи рыбзиеи рырҽеира, ажьрацәареи ауа-аҭахи рыцәгьеи рыбзиеи рҿы аҽалархәра, аԥсадгьыл ахьчара.Аԥҳәыс лакәзар, ҩни-гәареи дрыхьӡароуп, лнапы иануп: ахәыҷқәа рааӡара, ахәы-аԥхь аҟаҵара, аҩны-адәны реилыргара, амаҭәа рыӡәӡәара, рыӡахра, рыуанҭара, аԥсаатә ааӡара, ахшхарҵәы рҭыԥ ақәҵара, асас хәы аҵәахра уҳәа аҩны иҟаҵатәу зегьы аԥҳәыс лакәын иназыгӡоз. Абарҭқәа зегьы рхыхь ацәгьа-бзиаҟны амаҵура лҽахьылыгӡоит. Аԥҳәыс лусқәа ирхыԥхьаӡалан ауҭрагьы. "Аԥҳәыс бзиа луҭрала дудыруеит" рҳәон.Аха аҭаацәара реилибакаара иауасхыруп – аицхыраара. Иаҳҳәап, аԥҳәыс лхаҵа дшеихьымӡо анылбалак аҽага ицылкуан, бысҭак злалуша фархьк абаҳчахьынтә лхала иаалгон. Уимоу, иаҭахны ианыҟала ацәмаагьы лкуан, ажьгьы лҭаауан. Еиҳараӡак лхаҵа длыԥхар, ма дычмазаҩхазар.Aҭаацәа ҟыҟда-ҿыҟда ианеицхраауа, инаԥшуагьы ҳаҭыр ақәырҵон.Аҽагеи ажәаԥҟақәеиАжәаԥҟақәа уахьыргәылаԥшуа, ицәырҵыр алшоит агәаанагара "Аҽага аашьацәа ацәымӷуп" ҳәа. Избан акәзар, аашьареи аҽагеи шымааибуа атәы ҳазҳәо ажәаԥҟа бзиақәа аԥҵоуп.Иара убас ирҳәалоит:Амч-алша змоу ауаҩы иаҭәаимшьо аус даҽаӡәы ианиирҟаҵо абас рҳәоит.Згәыжәла цәгьоу, "амҵ иазыҵҟьо" ауаҩы ԥхьаҟа ҽеирак шиԥеиԥшым ҳазҳәо жәаԥҟоуп.Аашьара гра цәгьоуп, уи еилкаауп. Аха убри иаадҩыло иҟоуп мыцхәы ухы аџьабаа анаурбогьы. Есааира "анышә уцәыҵаны" аԥсшьашьа уанақәымшәо, еицәоу ыҟам. Ари азҵаараҿы ахьтәы гәҭа ззырҳәо аԥшаара аҭахуп.Анҵәамҭазы жәабжь кьаҿкАхәыҷра абӷьыцқәа еихыршәшәо уҿанынаухалак, иагьа нашанара уԥылоит. Такәаамҭа шыбжьысхьогь, угәалашәарахьтә цәымзашәа иаауҿалашоит ухәыҷра иадҳәалоу ахҭысқәа. Убас, сеиҳабацәа рҿаԥыц ҳәамҭақәа иреиуоу жәабжь хәыҷык цәырызгарц сҽазысшәоит.Нхаҩык ҩ-ҽагак иман. Ҽнак руак аашьҭихын, рашәара дцеит аҩбатәи аҩны иааныжьны. Актәи ԥхӡашаха амхы ианхыз, аҩбатәи аҽага қьафуран изҿӡаз.Ицон амшқәа, имҩасуан аҵхқәа. Аԥхаррақәа анхьаҵ, аӡынра аҽышьақәнарӷәӷәеит. Уи аҩҽагакгьы реиқәшәара иаамҭахеит.Аԥхынра аахижьҭеи уаҩ дызламкьысыцыз аҩбатәи аҽага: ажьакца иаганы, асаба ақәыҳәҳә, ирыцҳахәха игылан. Аԥшәма иџьа ицеиҩызшаз акәзар, еилыԥхаауа, аҿи ахәи цырцыруа иавагылан.– Сыбла иабо сызхаҵом! Мшәан, сынтәарык ԥынҵала нышәжран узҿӡаз, нас ас уцырцыруа узлаҟалахзеи? Измаанои? – ҿаанаҭит аҩбатәи аҽага.– Аҭак мариаӡоуп! Ааи, аамҭаказы анхаҩы аџьа сирбеит, ихы саирхәеит, аха игәыхәтәы данахьызыгӡа, иаргьы дысхаҵгылт.Аҩыза, унапқәа еиқәыԥсаны утәазар, акгьы уоуӡом, ихаҵа! Аџьа уааӡоит, аашьара уҵнашәаауеит, – аҭак ҟанаҵеит аҽага.
https://sputnik-abkhazia.info/20260620/aaei-akhnygei-nas-aykei-aykakhrazy-imanshalou-aaei-akhnygei-iryzkny-1063696146.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200420/Ilauo-aup-iaaurykhua-akhandeira-iadalou-zhlar-razhaaa-1029929341.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250427/adgyl-iazaaigou-asynry-itsup-adgyl-iazku-azhaaei-ur-rakei-1054626924.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045868416_441:0:3060:1964_1920x0_80_0_0_f1abfd72811d6bbc2e4856e81db37afd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит": амаруга аҽага иахҳәааны
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аԥсуа наџьнатәаахыс инхамҩаҿы ихы иаирхәоз амаруга – аҽага иахҳәааны аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ауаҩы адгьыл даназааигәаха, данықәаарых, ихы аланыҟәигартә алшара инаҭо даналага, изҵәырҵт ахшыҩҵак "Адгьыл уацәымаашьар - иаргьы уцәаашьом", ма даҽакала иуҳәозар, анапылаусуреи ахныҟәгареи еимадоуп. Убри аҟнытә анхацәа еиуеиԥшым аамҭақәа раан махәҿала аус руан: ақыҭаҿы ацәқәеи аҽқәеи ҵаҳәаны иалацәаӷәон, иалалаҵон, напыла аҽага ркуан аџьықәреи аныдрашәоз, напыла аџьықәреи ҿырхуан, ицәдырҳәуан, иҿдырпуан алагаразы, маганала аԥҳә дырхуан. Зегьы рнапы иҵырхуан. "Уџьабаала ирҳау аҿаҵа агьама хаауп" ҳәа ҳабдуцәа башаӡа ражәа иаламзар акәхарын.
Аԥсуа наџьнатә аахыс инхамҩаҿы ихы иаирхәо анырхага маҭәахәқәа ирылан: аиха, аигәышә, ажыга, амагана, аҳәҳәага, аҽага, уҳәа убас ирацәаны. Иаагоу рахьтә аҵыхәтәантәи амаруга алыскаар сҭахуп.
Анхара-нҵыраҿы ианакәзаалак аус рацәоуп, зегьы "аӡәызаҵәык" дзахьӡом, убри азы еихшоуп ҩбаны: аԥҳәыс уси ахаҵа уси ҳәа. Ахаҵа ус иаҵанакуеит еиҳараӡак аҩны анҭыҵтәи аусқәа: ацәмаакра, аҽагакра, абаҳчааӡара, аҭагалара, арахә-ашәахә рныҟәгара, амҿы-амца, аӡлагара, абназара. Ианаҭаххалак, ақыҭа рыцәгьеи рыбзиеи рырҽеира, ажьрацәареи ауа-аҭахи рыцәгьеи рыбзиеи рҿы аҽалархәра, аԥсадгьыл ахьчара.
Аԥҳәыс лакәзар, ҩни-гәареи дрыхьӡароуп, лнапы иануп: ахәыҷқәа рааӡара, ахәы-аԥхь аҟаҵара, аҩны-адәны реилыргара, амаҭәа рыӡәӡәара, рыӡахра, рыуанҭара, аԥсаатә ааӡара, ахшхарҵәы рҭыԥ ақәҵара, асас хәы аҵәахра уҳәа аҩны иҟаҵатәу зегьы аԥҳәыс лакәын иназыгӡоз. Абарҭқәа зегьы рхыхь ацәгьа-бзиаҟны амаҵура лҽахьылыгӡоит. Аԥҳәыс лусқәа ирхыԥхьаӡалан ауҭрагьы. "Аԥҳәыс бзиа луҭрала дудыруеит" рҳәон.
Аха аҭаацәара реилибакаара иауасхыруп – аицхыраара. Иаҳҳәап, аԥҳәыс лхаҵа дшеихьымӡо анылбалак аҽага ицылкуан, бысҭак злалуша фархьк абаҳчахьынтә лхала иаалгон. Уимоу, иаҭахны ианыҟала ацәмаагьы лкуан, ажьгьы лҭаауан. Еиҳараӡак лхаҵа длыԥхар, ма дычмазаҩхазар.
Aҭаацәа ҟыҟда-ҿыҟда ианеицхраауа, инаԥшуагьы ҳаҭыр ақәырҵон.
Ажәаԥҟақәа уахьыргәылаԥшуа, ицәырҵыр алшоит агәаанагара "Аҽага аашьацәа ацәымӷуп" ҳәа. Избан акәзар, аашьареи аҽагеи шымааибуа атәы ҳазҳәо ажәаԥҟа бзиақәа аԥҵоуп.
Аашьаҩ иҽага ахәы ахшәоит; Аашьаҩ иҽага ахәы хжәоит. Аашьаҩ еснагь имаруга еиқәшәаӡам. Уи ус иахьыҟоу еиҳагьы еиӷьишьоит, ҽыцгас иҟаҵаны аусура ихы ацәигоит.
Аашьаҩ "саб иҽага сыманда, иагьа срашәарын" иҳәеит. Аашьаҩ аҽхәарагьы идыруеит, цқьа изыҟамҵо (еиҳаракгьы иҟаимҵар аниҭаху) акы иахароушәа дирбоит ауаа.
Амч-алша змоу ауаҩы иаҭәаимшьо аус даҽаӡәы ианиирҟаҵо абас рҳәоит.
Аҽага иаҿаԥалаз, ахәы иҿақшоит. Згәыжәла цәгьоу, "амҵ иазыҵҟьо" ауаҩы ԥхьаҟа ҽеирак шиԥеиԥшым ҳазҳәо жәаԥҟоуп.
Аҽага зкыз, иԥсы анишьоз, ахаҳә иҟәшәон. Аашьара гра цәгьоуп, уи еилкаауп. Аха убри иаадҩыло иҟоуп мыцхәы ухы аџьабаа анаурбогьы. Есааира "анышә уцәыҵаны" аԥсшьашьа уанақәымшәо, еицәоу ыҟам. Ари азҵаараҿы ахьтәы гәҭа ззырҳәо аԥшаара аҭахуп.
Ахәыҷра абӷьыцқәа еихыршәшәо уҿанынаухалак, иагьа нашанара уԥылоит. Такәаамҭа шыбжьысхьогь, угәалашәарахьтә цәымзашәа иаауҿалашоит ухәыҷра иадҳәалоу ахҭысқәа. Убас, сеиҳабацәа рҿаԥыц ҳәамҭақәа иреиуоу жәабжь хәыҷык цәырызгарц сҽазысшәоит.
Нхаҩык ҩ-ҽагак иман. Ҽнак руак аашьҭихын, рашәара дцеит аҩбатәи аҩны иааныжьны. Актәи ԥхӡашаха амхы ианхыз, аҩбатәи аҽага қьафуран изҿӡаз.
Ицон амшқәа, имҩасуан аҵхқәа. Аԥхаррақәа анхьаҵ, аӡынра аҽышьақәнарӷәӷәеит. Уи аҩҽагакгьы реиқәшәара иаамҭахеит.
Аԥхынра аахижьҭеи уаҩ дызламкьысыцыз аҩбатәи аҽага: ажьакца иаганы, асаба ақәыҳәҳә, ирыцҳахәха игылан. Аԥшәма иџьа ицеиҩызшаз акәзар, еилыԥхаауа, аҿи ахәи цырцыруа иавагылан.
– Сыбла иабо сызхаҵом! Мшәан, сынтәарык ԥынҵала нышәжран узҿӡаз, нас ас уцырцыруа узлаҟалахзеи? Измаанои? – ҿаанаҭит аҩбатәи аҽага.
– Аҭак мариаӡоуп! Ааи, аамҭаказы анхаҩы аџьа сирбеит, ихы саирхәеит, аха игәыхәтәы данахьызыгӡа, иаргьы дысхаҵгылт.
Аҩыза, унапқәа еиқәыԥсаны утәазар, акгьы уоуӡом, ихаҵа! Аџьа уааӡоит, аашьара уҵнашәаауеит, – аҭак ҟанаҵеит аҽага.